АҴАРАЗЫ АСТАТИА 15
АШӘА 30 Сыхьчаҩ, Саб, Сҩыза
Ҳара ҳзы «Анцәа изааигәахара зылԥхароуп»!
«Сара сзы Анцәа изааигәахара зылԥхароуп» (АԤСАЛ. 73:28).
ЕИЛАҲКААУА
Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ӷәӷәахаларц азы иҟаҵалатәу, насгьы уи хәарҭас иаҳзаанаго.
1, 2. а) Иҟаҵалатәузеи аӡәы ҳаиҩызахарц азы? б) Еилаҳкаауазеи ари астатиа аҟынтә?
УХАҾЫ дааг уҩыза гәакьа. Шәышԥеиҩызцәахеи иареи уареи? Шәара аамҭа еицышәхыжәгозҭгьы, шәеицәажәозҭгьы ҟалап. Уара еилукааит уадаҩрас имоу, игәаԥхо, мамзаргьы игәамԥхо. Иҟалап илоу аҟазшьақәа угәаԥхазар, уиеиԥшхарцгьы уҭаххазар. Убасала уҩыза бзиа дубеит.
2 Аиҩызара амчи аамҭеи аҭахуп. Убас еиԥшҵәҟьа Иеговеи ҳареи ҳаиҩызарагьы. Иегова бзиа даҳбар ҳҭахызар, аамҭа изалаҳхлароуп, еиӷьынгьы деилаҳкаалароуп. Ари астатиа аҟынтә еилаҳкаауеит Анцәа ҳаизааигәахаларц азы иҟаҵалатәу, насгьы иареи ҳареи ҳаиҩызара ҳаԥсҭазаара шеиӷьнатәуа.
3. Избан Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара хәарҭас иаҳзаанаго ҳазхәыцлар зыбзиоу? Иаажәга аҿырԥштәы.
3 Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара хәарҭас иаҳзаанаго ҳазхәыцлар ауп (Аԥсал. 63:6—8). Иааҳгап аҿырԥштәы. Зегьы иаҳдыруеит ахәарҭа ҳзаазго афатә шыфалатәу, абаҩрҵәыра шыҟаҵалатәу, иахьынӡахәҭоу ишыцәалатәу, насгьы аӡы шыжәлатәу. Аха аӡәырҩы ус ҟарҵаӡом, ргәабзиарагьы иахылаԥшӡом. Ауаҩы ашьцылара бзиақәа ахәарҭа шизаарго даназхәыцуа, игәабзиара ахылаԥшра еиҳа изымариахоит. Убас еиԥшҵәҟьа Анцәа иҩызахара шыбзиоу адырра мацара азхаӡом. Уи шаҟа хәарҭа ҳзаанаго еснагь ҳазхәыцлар ауп. Убасҟан ҳҩызеи ҳареи ҳаиҩызара арӷәӷәара еиҳагьы иаҳҭаххоит (Аԥсал. 119:27—30).
4. Ииҳәазеи Аԥсалом 73:28 зҩыз?
4 Шәаԥхьа Аԥсалом 73:28. 73-тәи Аԥсалом зҩыз Иегова иныҳәарҭаҿы амузыка азырҳәоз алевит иоуп. Иара акыршықәса Иегова имаҵ иуазҭгьы ҟалап. Аха иара еиликаауан «Анцәа изааигәахара» шыбзиоу, агәырӷьарагьы шузаанаго ихаҭагьы игәалаиршәалар, егьырҭгьы иргәалаиршәалар шакәу. Шәааи еилаҳкаап уи ус закәу.
АНЦӘЕИ ҲАРЕИ ҲАИҨЫЗАРА АГӘЫРӶЬАРА ҲЗААНАГОИТ
5. а) Избан Иегова шаҟа ҳаизааигәоу аҟара, убриаҟара агәырӷьара ҳамоуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо? б) Еиҭашәҳәа Ажәамаанақәа 2:6—16 рҿы иану алабжьарақәа шәара хаҭала шәшырыхьчо.
5 Иегова шаҟа ҳаизааигәоу аҟара, убриаҟара агәырӷьара ҳамоуп (Аԥсал. 65:4). Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Избанзар Анцәа Абиблиа ала иҟәыӷара ҳацеиҩишоит. Илабжьарақәа ҳарзыӡырҩлар, ҳаргьы аҟәыӷара ҳауеит. Уи еиуеиԥшым ашәарҭарақәеи агха ӷәӷәақәеи рҟынтә ҳахьчоит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 2:6—16.) Убри азоуп Абиблиаҿы изану: «Насыԥ имоуп аҟәыӷара зыԥшааз ауаҩы, аилкаара зауз ауаҩы» (Ажәам. 3:13).
6. Избан аԥсаломшәаҳәаҩ агәырӷьара зицәыӡыз?
6 Ҳәарада, Иегова иҩызцәагьы ргәы анкаҳауа ыҟоуп. 73-тәи Аԥсалом зҩыз угәы казыжьуа ахәыцрақәа иҽанриҭа, агәырӷьара ицәыӡит. Иара иҽеимыз ауаа дрыҵашьыцуа далагеит, насгьы урҭ Анцәа хьаас дышрымамызгьы, хьаада-баада иахьынхоз игәы ԥнажәон. Иара игәы иаанагон рыцҳашьарак злам, зхы ҳаразкуа ауаа џьабаада зегь роуеит ҳәа: урҭ амалгьы рымоуп, ачымазареи агәаҟреи захьӡугьы рыздырӡом ҳәа (Аԥсал. 73:3—7, 12). Аԥсаломшәаҳәаҩ иибоз аиашамра игәы канажьит, насгьы баша Иегова имаҵ зуеит ҳәа иԥхьаӡеит. Ицәаныррақәа абас дрыхцәажәеит: «Баша сгәы срыцқьон, акгьы шысхарам аасырԥшырц азгьы снапқәа баша исыӡәӡәон» (Аԥсал. 73:13).
7. Иҟаҵатәузеи агәкаҳара ҳаиааирц азы? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
7 Аԥсаломшәаҳәаҩ игәы каҳаӡаны дшыҟазгьы, игәкаҳара даиааирц азы ак ҟаиҵеит. Иара «зеиԥшыҟам Анцәа иԥшьаҭыԥ» дыҩналеит (Аԥсал. 73:17—19). Ҳгәы каҳаны ҳаныҟоу зегь иреиӷьу Ҳҩыза, Иегова, уи идыруеит. Иара анапхгара ҳаиҭарц азы ҳиҳәалар, насгьы Иажәеи аизареи рыла иҳаиҭо ацхыраара ҳадаҳкылалар, агәкаҳара аиааиразы амч ҳауеит. Ауадаҩрақәа ирыхҟьаны ҳхы ахьаҳгара анаҳзымдыруагьы, Иегова ҳгәы ирҭынчыр илшоит (Аԥсал. 94:19)a.
73-тәи Аԥсалом зҩыз алевит «зеиԥшыҟам Анцәа иԥшьаҭыԥ» аҿы дгылоуп. (Шәахәаԥш абзац 7.)
АНЦӘЕИ ҲАРЕИ ҲАИҨЫЗАРА ҲАԤСҬАЗААРА АҴАКИ АГӘЫӶРЕИ АНАҬОИТ
8. Иарбан мзызқәоу Анцәа ҳаизааигәахаларц азы иҵегьы иҳамоу?
8 Иарбан мзызқәоу Анцәа ҳаизааигәахаларц азы иҵегьы иҳамоу? Актәи амзыз, Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ҳаԥсҭазаара аҵакы анаҭоит. Аҩбатәи амзыз, уи ԥхьаҟатәи аԥсҭазааразы ашьаҭа ӷәӷәа змоу агәыӷра ҳнаҭоит (Иер. 29:11). Шәааи уи еиҳа инарҭбааны ҳалацәажәап.
9. Избан иаҳҳәар зҳалшо Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ҳаԥсҭазаара аҵакы анаҭоит ҳәа?
9 Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ҳаԥсҭазаара аҵакы анаҭоит. Иахьа аӡәырҩы ауаа Анцәа дыҟаӡам ҳәа рҳәоит. Убри аҟынтә дара ауаа адунеи изықәу рзеилкааӡом, насгьы аԥхьаҟа ауаа адунеи иқәӡаауеит ҳәа ргәы иаанагоит. Аха ҳара Абиблиа аҟынтә еилаҳкааит «Анцәа дшыҟоу, насгьы гәык-ԥсыкала иԥшаара иашьҭоу дшырзылԥхо» (Аур. 11:6). Уи адагьы, Иегова имаҵ ҳауларц азы ҳаишеит. Убри аҟынтә имаҵ анаҳуа агәырӷьараҵәҟьа ҳамоуп (Ҩынтә. 10:12, 13).
10. Аԥсалом 37:29 иану инақәыршәаны, иарбан ԥеиԥшу Иегова иқәгәыӷуа ирзыԥшу?
10 Иахьа аӡәырҩы ауаа ԥхьаҟатәи аԥсҭазааразы ашьаҭа ӷәӷәа змоу агәыӷра рымаӡам. Дара аусура ицоит, ахәыҷқәа рааӡоит, атәанчара ианцо ҳәа аԥара еидыркылоит. Рыԥсҭазаараҿы иҟарҵарц ирҭаху анырыӡбо Анцәа зынӡа изхәыцӡом. Ҳара ҳакәзар, ҳгәыӷрақәа зегьы Анцәа идаҳҳәалоит (Аԥсал. 25:3—5; 1 Тим. 6:17). Анцәа Ҳҩыза иоуп, убри аҟынтә ҳара уи игәра ҳгоит. Иара убас ҳара иаҳдыруеит ҳзықәиргәыӷыз зегь шынаигӡо. Аԥхьаҟа иара иҟынтә аҳамҭақәа рацәаны иаҳзыԥшуп. Аха зегь реиҳа ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳаззыԥшу џьанаҭ дгьыл аҿы Иегова имаҵ анаҳауло аамҭа ауп. (Шәаԥхьа Аԥсалом 37:29.)
11. Ишԥаҳныруеи Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара? Иарбан цәаныррақәоу иара имоу ҳанизааигәахо?
11 Иҟоуп Анцәа ҳаизааигәахалар зыбзиоу ирацәаны егьырҭ амзызқәагьы. Иаҳҳәап, ҳагәнаҳа ҳахьхәуазар, Иегова ишҳанаижьуа ҳаиҳәоит (Ис. 1:18). Убри аҟынтә анкьа иҟаҳҵахьаз гәнаҳак азы ҳхы ахара адҳамҵалароуп (Аԥсал. 32:1—5). Иегова ҳанизааигәахо дгәырӷьоит, уи ҳаргьы агәырӷьара ҳнаҭоит (Ажәам. 23:15). Анцәеи шәареи шәеиҩызара ишәзаанагаз егьырҭ азылԥхарақәагьы шәгәалашәазар ҟалап. Аха иҟашәҵар шәылшозеи, Анцәеи шәареи шәеиҩызара иҵегьы иӷәӷәахарц азы?
АНЦӘЕИ ҲАРЕИ ҲАИҨЫЗАРА АРӶӘӶӘАРА ИҲАЦХРААУА
12. Иҟашәҵазеи Анцәа шәизааигәахарц азы?
12 Аӡы шәыҽӡаашәхаанӡа Анцәа шәиҩызахарц азы иҟашәҵахьаз рацәан. Шәара Иеговеи Иисуси ирызку аиаша еилышәкааит, шәыгәнаҳақәа шәрыхьхәит, Анцәа иахь ахаҵара ӷәӷәа еизшәырҳаит, насгьы ииҭаху аҟаҵара шәалагеит. Аха Иегова иҵегьы шәизааигәахарц азы анаҩсгьы убас ҟашәҵалароуп (Кол. 2:6).
13. Иарбан лабжьарақәоу Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара арӷәӷәара иҳацхраауа?
13 Иҳацхраауазеи Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара арӷәӷәара? 1) Еснагь Абиблиа ҳаԥхьалароуп, насгьы иҭаҳҵаалароуп. Аха ҳара хықәкыс иҳамоу Анцәа изку адыррақәа реизырҳара мацара акәӡам. Ҳара иаҳҭаху Иегова ҳара ҳҟынтә дыззыԥшу аилкаареи абиблиатә принципқәа рыла анхареи роуп (Еф. 5:15—17). 2) Анцәа хаҭала ҳара бзиа ҳшибо ҳзырбо ашьақәырӷәӷәарақәа ҳрызхәыцны ҳхаҵара ҳарӷәӷәалароуп. 3) Иегова иаҳаҭыр лазырҟәуа анаҩсгьы иаҳцәымӷзароуп, насгьы ацәгьара ҟазҵо ауаа ҩызцәас ишьҭаҳамхлароуп (Аԥсал. 1:1; 101:3).
14. Иҟаҳҵалар ҳалшозеи есыҽны, Иегова дҳаргәырӷьаларц азы? (1 Коринфаа 10:31). (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)
14 Шәаԥхьа 1 Коринфаа 10:31. Ҳара есыҽны ҳазхәыцлароуп Иегова дышҳаргәырӷьалаша. Ҳәарада, ҳара ажәабжь анаҳҳәо, насгьы аизарақәа ҳанырҭаауа, игәы ҟаҳҵоит. Аха есыҽны ҳазҿу аусқәа рылагьы дҳаргәырӷьалар ҳалшоит. Иаҳҳәап, Иегова дгәырӷьоит еснагь аиаша анаҳҳәо, насгьы иҳамоу егьырҭ ианрыцеиҩаҳшо (2 Кор. 8:21; 9:7). Уи адагьы, иара иҭахуп иаҳзыҟаиҵаз аҳамҭа — аԥсҭазаара — ахә ҳаракны иаҳшьаларц. Убри аҟынтә ҳара шаҟа ҳфо, шаҟа ҳжәуа ҳацклаԥшуеит, насгьы егьырҭ азнеишьақәа рылагьы ҳгәабзиара ҳахылаԥшуеит. Иегова ҳусқәа зегь рыла иргәырӷьара ҳаҽшазаҳшәо анибо, ҳара ҳахь ибзиабара еиҳагьы еизҳауеит (Лука 16:10).
Иегова дҳаргәырӷьаларц азы алшарақәа рацәаны иҳамоуп. Иаҳҳәап, иара дгәырӷьоит амашьына анныҟәаҳцо агәҽанызаара анааҳарԥшуа, иҳамоу егьырҭ ианрыцеиҩаҳшо, иара убас ҳгәабзиара ҳахьчаларц азы абаҩрҵәыра аныҟаҳҵо, иаҳфогьы ҳанацклаԥшуа. (Шәахәаԥш абзац 14.)
15. Ишԥеиҭаху Иегова ауаа ҳарзыҟазарц?
15 Иегова ауаа зегьы абзиара рзыҟаиҵоит, урҭ имаҵ руазаргьы-ирымуазаргьы (Матф. 5:45). Иара иҭахуп ҳаргьы убас ҟаҳҵалар. Иаҳҳәап, иара иҭахуп имаҵзуҩцәа «аӡәы ихыччаны имцәажәаларц, аимак-аиҿак рҽаларымгалаларц, рҳәатәы иадмыргаларц, зегьы хаала ирзыҟазарц» (Тит 3:2). Убри аҟынтә ауаа Иегова дхарымҵозаргьы, урҭ атәамбаӡакәа ҳрыхәаԥшӡом, насгьы ҳреиӷьуп ҳәа ҳаԥхьаӡаӡом (2 Тим. 2:23—25). Еснагь ауаа ҳрызхәыцлар, насгьы қьиарала ҳрызныҟәалар, еиҳагьы Иегова ҳаизааигәахоит.
ШӘЫГХАҚӘА ИЕГОВА ШӘИЦӘЫХАРАРТӘЫР ШӘЫМУН
16. Иарбан цәаныррақәоу 73-тәи Аԥсалом зҩыз имаз?
16 Зны-зынла Иегова даҳцәыхарахазшәа ҳгәы иабозар алшоит. 73-тәи Аԥсалом зҩыз убас еиԥш иҟаз ахәыцрақәа изцәырҵит. Иара иҳәеит: «Сара сшьақәҟьарц ак аасыгымхеит, хәыҷык ауп исыгхаз сшьацәхнысланы скаҳарц» (Аԥсал. 73:2). Иара иҳәеит игәы хьаала ишҭәыз, насгьы Иегова иҿаԥхьа «акгьы ззеилымкаауа аԥстәы» еиԥш ихы шибоз (Аԥсал. 73:21, 22). Игәы иаанагама Иегова иара уаҳа бзиа дибаӡом ҳәа?
17. а) Иҟаиҵози аԥсаломшәаҳәаҩ игәы каҳаӡаны даныҟазгьы? б) Иаҳнарҵозеи аԥсаломшәаҳәаҩ иҿырԥшы? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)
17 Аԥсаломшәаҳәаҩ Иегова даанижьызшәа шибозгьы, урҭ ахәыцрақәа иҽримҭаӡеит. Игәы каҳаӡаны даныҟазгьы, Анцәа изааигәахара шаҟа ихадоу еиликаауан. Уи ус шакәу удырбоит Иегова иеиҳәаз абарҭ ажәақәа: «Аха уажәшьҭа сара есымша суцуп, уара сарӷьа напы укуп. Алабжьара сыҭаны сымҩақәуҵоит, ахьӡ-аԥша соуртәгьы сҟауҵоит» (Аԥсал. 73:23, 24). Ҳхаҵара ԥсыҽхазшәа ҳбозар, мамзаргьы ҳагхақәа ирыхҟьаны ҳгәы анкаҳауа, Иегова узықәгәыӷыртә иҟоу ацаҟьа дшеиԥшу ҳгәалаҳаршәалароуп (Аԥсал. 73:26; 94:18). Амҩа иаша ҳацәыхҟьазаргьы, иара ҳанажьра дшазхиоу агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит, убри аҟынтә иара иахь ҳхынҳәыр ауеит (Аԥсал. 86:5). Ҳгәы каҳаӡаны ҳаныҟоу Анцәа изааигәахара еиҳагьы ихадоуп (Аԥсал. 103:13, 14).
Ҳхаҵара ԥсыҽхошәа ҳбозар, Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ҳарӷәӷәалароуп: еиҳа лассы-лассы Анцәа ҳиҳәалароуп, аизарақәагьы бжьамыжьӡакәа ҳарҭаалароуп. (Шәахәаԥш абзац 17.)
АНЦӘЕИ ҲАРЕИ НАӠАӠА ҲАИҨЫЗЦӘАХАР ҲАЛШОИТ
18. Избан ҳара наӡаӡа Иегова ҳаизааигәахалар зҳалшо?
18 Ҳара наӡаӡа Иегова ҳаизааигәахалар ҳалшоит, избанзар еснагь иара изкны иҿыцу ак еилаҳкаалоит. Абиблиа ишаҳнарбо еиԥш, Иегова иҟәыӷареи идыррақәеи ҳәаа рымаӡам (Рим. 11:33).
19. Зыгәра ҳдыргозеи аԥсаломқәа ирну ажәақәа?
19 Аԥсалом 79:13 аҿы иануп: «Убасҟан ҳара, ужәлар, ухкаара иҭоу ауасақәа, наӡаӡа ҭабуп ҳәа уаҳҳәалоит, абиԥарақәа зегьы удырҽхәалоит». Шәаргьы агәра ганы шәыҟазар шәылшоит Иегова шәизааигәахалар, шәзылԥхара ахаан дшаҟәымҵуа, насгьы аԥсаломшәаҳәаҩ иеиԥш шәаргьы ишәҳәар шәылшоит: «Анцәа сыцаҟьа иоуп, наунагӡа сыхәҭаа иоуп» (Аԥсал. 73:26).
АШӘА 32 Иегова уидгыл!
a Акыраамҭа ашәара ма агәкаҳара иаргәаҟуа ауаа аҳақьым ицхыраара рҭахызар алшоит. Уи иазкны еиҳаны еилышәкаарц азы шәахәаԥш 2023 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» № 1 (аурыс).