Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w24 октиабр ад. 24—29
  • Алакҩакра ҳаиааир шҳалшо

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Алакҩакра ҳаиааир шҳалшо
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АЛАКҨАКРАҚӘА РИААИРА ИҲАЦХРААУА
  • ХЬААС СИМОУМА ИЕГОВА ХАҬАЛА САРА?
  • ИИАШОУМА ИСЫДЫСКЫЛАЗ АӠБАРАҚӘА?
  • ХӘАРҬА ИЗААЗГОМА ИЕГОВА ИАХЬА УАЖӘРААНӠА?
  • Иегова ҳашиқәгәыӷуа узырбо аӡбарақәа
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
  • Иегова «зыԥсы ҭоу Анцәа» шиакәу шәхашәмыршҭлан
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Иаҳзымдыруа ахьыҟоу зыбзиоу
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Иегова «згәы ахьаа ҭоу ихәышәтәуеит»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
w24 октиабр ад. 24—29

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 43

АШӘА 90 Аӡәи-аӡәи шәгәы шьҭибахла

Алакҩакра ҳаиааир шҳалшо

«Зегь гәашәҭала» (1 ФЕС. 5:21).

ЕИЛАҲКААУА

Иегова имаҵ аура иаҳԥырхагоу алакҩакрақәа ҳшыриааиша

1, 2. а) Иарбан лакҩакрақәоу Иегова имаҵзуҩцәа ирызцәырҵлар алшо? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

ҲАРА зегьы, шаҟа ҳхыҵуазаалакгьы, зны-зынла алакҩакрақәа ҳазцәырҵуеитa. Шәхаҿы даажәг Иегова хьаас симоума ҳәа ихәыцуа иқәыԥшу Иегова ишаҳаҭ. Уи иахҟьаны аҽӡаахра иаԥсоума ҳәагьы длакҩакуазар алшоит. Мамзаргьы шәхаҿы даажәг Иегова имаҵ аураҿы еиҳаны иҟаиҵаларц азы данқәыԥшыз акариера мап ацәызкыз зықәрабжахь инеихьоу аиашьа. Уажәшьҭа, иҭаацәа аԥара рзымхо ианалага, уаанӡа идикылаз аӡбара иашазма ҳәа дхәыцуеит. Зықәрахь инеихьоугьы рхатә уадаҩрақәа рымоуп. Шәхаҿы даажәг зымчқәа каԥсаз аиаҳәшьа. Лара уаанӡа џьабаада иҟалҵоз уажәы иахьылзыҟамҵо лгәы канажьуеит. Ишәызцәырҵхьоума абарҭ реиԥш иҟоу азҵаарақәа: «Хьаас симоума Иегова хаҭала сара? Иаҭахыҵәҟьазма имаҵ ауразы ак мап ацәкра? Хәарҭа изаазгома Иегова иахьа уажәраанӡа?»

2 Ус еиԥш иҟоу ахәыцрақәа ҳрызхьамԥшӡакәа иаанҳмыжьроуп. Урҭ ирыхҟьаны Иегова иахь ҳхаҵара ҳцәыӡыр алшоит, имаҵ аурагьы ҳаҟәыҵыр ауеит. Ари астатиаҿы еилҳаргоит Абиблиа ҳацхраар шалшо лакҩакрақәак ҳамазар, иаҳҳәап 1) Иегова хьаас ҳашимоу, 2) иҳадаҳкылахьоу аӡбарақәа шиашаз, насгьы 3) иахьа уажәраанӡагьы Иегова ахәарҭа шизааҳго.

АЛАКҨАКРАҚӘА РИААИРА ИҲАЦХРААУА

3. Иҟаҵатәузеи алакҩакрақәа анҳазцәырҵуа?

3 Алакҩакрақәа анҳазцәырҵуа Анцәа Иажәаҿы алабжьарақәа ҳаԥшаалар ауп. Убас Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ҳарӷәӷәоит, доуҳала еиҳагьы ҳаӷәӷәахоит, насгьы ҳхаҵара акы иарԥсыҽыртә алҳаршаӡом (1 Кор. 16:13).

4. Иаанагозеи алабжьара «Зегь гәашәҭала»? (1 Фессалоникаа 5:21).

4 Шәаԥхьа 1 Фессалоникаа 5:21. Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит: «Зегь гәашәҭала». Ишԥаҳалшо уи аҟаҵара? Акы агәра жәгаанӡа, уи Абиблиа иаҿагылоу-иаҿамгылоу гәашәҭ. Иаҳҳәап, иқәыԥшу аӡәы Анцәа хьаас дышимоу ала длакҩакуеит. Аха уи аҩыза ахәыцра изцәырҵзар, уи иашоуп ҳәа аанагаӡом. Убри аҟынтә уи ауаҩ Абиблиа аартны еиликаар ауп Иегова иара дшизыҟаҵәҟьоу.

5. «Иҳаҳар» шԥаҳалшо ҳазҵаара иазкны Иегова иҳаиҭо аҭак?

5 Абиблиа ҳанаԥхьо, Иегова ибжьы ҳаҳауазар иаҩызоуп. Аха зҵаарак аганахь ала игәаанагара еилышәкаар шәҭахызар, аџьабаа жәбар ауп. Зинтерес шәымоу атема иадҳәалоу абиблиатә жәеинраалақәа шәыԥшаала. Уи азы ҳпубликациақәа рыла аҭҵаара мҩаԥыжәга (Ажәам. 2:3—6). Иегова шәиҳәала иҭышәҵаауа азҵаара иазкны игәаанагара аилкаара дшәыцхраарц. Анаҩс шәҭагылазаашьа иақәшәо, шәхы иашәырхәар шәылшо абиблиатә принципқәа шәыԥшаар ауеит. Уи адагьы, ибзиахоит абиблиатә аамҭақәа раан инхоз ҳҭагылазаашьа аҩыза змаз Анцәа имаҵзуҩцәа рыхҭысқәа ҭаҳҵаар.

6. Ишԥаҳацхраауеи аизарақәа алакҩакрақәа риааира?

6 Уи адагьы, Иегова аизарақәа рыла дҳацәажәоит. Урҭ бжьамыжьӡакәа ҳарҭаалар, ҳазҵаара аҭак ажәахә аҿы ма ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи иҟарҵо аҭакқәа рҿы иҳаур алшоит (Ажәам. 27:17). Шәааи уажәшьҭа ҳалацәажәап Анцәа имаҵзуҩцәа зны-зынла ирызцәырҵуа алакҩакрақәа.

ХЬААС СИМОУМА ИЕГОВА ХАҬАЛА САРА?

7. Иарбан зҵаароу зны-зынла ауаа ирызцәырҵуа?

7 Зныкыр иузцәырҵхьоума абри аҩыза азҵаара: «Хьаас симоума Иегова?» Акгьы уаԥсамшәа ухы убозар, Зегьзшаз иҩызахара залшом ҳәа угәы иаанагалар ауеит. Урҭ рҩызцәа ацәаныррақәа иҟалап аҳ Давидгьы имазҭгьы. Иара иџьеишьон Иегова ауаа дахьрызхьаԥшуаз, зны абасгьы дҵааит: «Иегова дызусҭада ауаҩы, уара уизхьаԥшыртә еиԥш, ԥсра зқәу иԥа, уара уизхәыцыртә еиԥш?» (Аԥсал. 144:3). Еилукаар шԥаулшо Иегова хаҭала дышуеиҷаҳауа?

8. Игәеиҭозеи Иегова ауаа данрыхәаԥшуа? (1 Самуил 16:6, 7, 10—12).

8 Абиблиа иаҳнарҵоит Иегова ауаа зегь хьаас ишимоу, егьырҭ иатәарымбогьы. Иаҳҳәап, ҽнак Иегова ааҩык аԥацәа змаз Иессеи иахь Самуил дишьҭит. Анцәа Самуил иеиҳәеит урҭ руаӡәк Израиль аҳас далихырц. Иессеи иԥацәа зегьы ааиԥхьеит, зегь иреиҵбыз, Давид, идаb. Аха иара иоуп Иегова иалихыз. (Шәаԥхьа 1 Самуил 16:6, 7, 10—12.) Иегова Давид иҿы егьырҭ ирымбоз ибон, — уи аҷкәын Анцәа даара бзиа дибон.

9. Излоубарҭоузеи Иегова ибзианы ушидыруа? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

9 Уазхәыц Иегова хьаас ушимоу шааирԥшуа. Иара уҭагылазаашьа ианаалаҵәҟьо алабжьара уиҭоит (Аԥсал. 32:8). Иаанамырԥшӡои уи ибзианы ушидыруа? (Аԥсал. 139:1). Иегова иуиҭо алабжьара ухы ианаурхәо, насгьы хәарҭа шузаанаго анубо, уи Иегова уԥсҭазаара дшалахәу агәра унаргоит (1 Аш. 28:9; Аус. 17:26, 27). Иегова имаҵ ауразы, насгьы уизыӡырҩларц азы иҟауҵо ибоит. Уҟазшьа ԥшӡақәа рыхә ҳаракны ишьоит, дуҩызахарцгьы иҭахуп (Иер. 17:10). Иааԥхьара удкыланы иҩызахара уақәшаҳаҭхар, уи насыԥ инаҭоит (1 Иоанн 4:19).

Иқәыԥшу аиаҳәшьа лхатә ҭҵаара мҩаԥылгоит. Лара апланшет аҿы афломастертә анимациа дахәаԥшуеит, астол аҿы лааигәара Абиблиа аартны иқәуп.

«Уара... [Иегова] дуԥшаалар, иара дуԥшаартә еиԥш алшара уиҭоит» (1 Аш. 28:9). (Шәахәаԥш абзац 9.)c


ИИАШОУМА ИСЫДЫСКЫЛАЗ АӠБАРАҚӘА?

10. Иарбан лакҩакрақәоу аамҭа анцалак иҳазцәырҵыр алшо?

10 Аамҭа анцалак ақьырсианцәа шьоукы ирыдыркылаз аӡбарақәа иашазма ҳәа илакҩакуа иалагоит. Иҟалап дара еиҳаны Иегова имаҵ руларц азы аԥара бзианы иахьырзыршәоз аусура ма абизнес аанрыжьзар. Ицеит ашықәсқәа, иҟалап ажәашықәсақәагьы ҵызар, дара ирбоит акариера алызхыз ауаа рхазы акы иамеигӡакәа хьаада-баада инхошәа. Убри аҟынтә абас алакҩакра иалагар ауеит: «Ииашан иҟасҵама Иегова изы ари зегьы мап ахьацәыскыз? Мамзаргьы уи иахҟьаны лшарақәак саҩсыжьу?»

11. Игәы казыжьуази 73-тәи Аԥсалом автор?

11 Шәара урҭ рҩызцәа ахәыцрақәа шәызцәырҵуазар, 73-тәи Аԥсалом ҭышәҵаар бзиоуп. Уи автор уи аҩыза аҭагылазаашьаҿы дыҟан. Иара ибон егьырҭ ауаа Анцәа имаҵ шырымуазгьы, агәабзиареи амали шрымаз, насгьы уадаҩрак рымамкәа ишынхоз (Аԥсал. 73:3—5, 12). Урҭ ихы анырҿирԥшуаз, иԥсҭазаара ҵакыдазшәа, насгьы акы иаԥсамызшәа ибон. Ус еиԥш иҟаз угәы казыжьуаз ахәыцрақәа ирыхҟьаны данымгәаҟуаз «мшык ыҟамызт» (Аԥсал. 73:13, 14). Дышԥариааи урҭ иҽеимыз ацәаныррақәа?

12. Ицхрааи аԥсаломшәаҳәаҩ игәы казыжьуаз ацәаныррақәа риааира? (Аԥсалом 73:16—18).

12 Шәаԥхьа Аԥсалом 73:16—18. Аԥсаломшәаҳәаҩ Иегова иныҳәарҭа дыҩналеит. Уа, Анцәа имаҵзуҩцәа ахьыҟаз иахьҭынчраз аҭыԥаҿы, иара зегь еиликааит. Иара еиликааит қьафла инхоз ауаа аԥеиԥш ҳәа акгьы шрымамыз. Иара агәра игеит Иегова имаҵ аура иԥсҭазаараҿы раԥхьатәи аҭыԥ аҿы иахьиргылаз ииашаны ишыҟаиҵаз. Уи игәы арҭынчит. Убасала анаҩсгьы гәыкала Иегова имаҵ ауразы амч иоуит (Аԥсал. 73:23—28).

13. Иҟашәҵар шәылшозеи, ишәыдышәкылаз ӡбарақәак шәрыхьхәуазар? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

13 Ишәыцхраар алшои агәҭынчра аиура, шәаргьы ишәыдышәкылахьоу аӡбарақәа шәрыхьхәуазар? Ишәымоу шәазхәыц. Шәазхәыц шаҟа шәбеиоу, Иегова ихаҭа дышәзыразуп! Уи еиҳау амал ыҟаӡам. Аха ирзыԥшузеи Анцәа имаҵ зымуа? Урҭ ргәаҳәарақәеи, ргәыӷрақәеи, реихьӡарақәеи ари адунеи мацара ауп издырҳәало. Дара зышьҭо аусура бзиеи иманшәалоу аԥсҭазаареи роуп, избанзар уаҳа изықәгәыӷуа ҳәа акгьы рымаӡам. Ҳара ҳакәзар, Иегова иҟынтә ԥхьаӡашьа змам ҳзыргәырӷьо аҳамҭақәа ҳзыԥшуп (Аԥсал. 145:16). Уи адагьы, иаҳдыруама даҽакала ҳхы мҩаԥаҳгазгьы ҳаԥсҭазаара зеиԥшрахоз? Иаҳдыруа акоуп: иҳадаҳкыло аӡбарақәа Анцәеи ауааи рахь абзиабара шьаҭас иамазар, уи хымԥада ақәҿиареи ииашаҵәҟьоу анасыԥи ҳзаанагоит.

Аиашьа адәқьан асаркьа адәахьала иӡәӡәоит, ԥхьаҟатәи аԥсҭазаарагьы дазхәыцуеит. Иԥшәмаԥҳәыси иареи џьанаҭ аҿы иҟоушәа ихаҿы иааигоит. Иара агәаргәалеи азна ашәыр иманы даауеит, иааигәара абынҽацәқәа ҳәуеит.

Иегова ишәызирхиаз зеиԥшыҟам ԥхьаҟатәи аԥсҭазаара лассы-лассы шәазхәыцла. (Шәахәаԥш абзац 13.)d


ХӘАРҬА ИЗААЗГОМА ИЕГОВА ИАХЬА УАЖӘРААНӠА?

14. Иарбан уадаҩрақәоу ақьырсианцәа шьоукы ирымоу, насгьы иарбан зҵаароу ирызцәырҵлар алшо?

14 Иегова имаҵзуҩцәа шьоукы ақәра ахьрымоу, ргәабзиара ахьуашәшәыроу, ма иахьинвалидцәоу иахҟьаны уаанӡа иҟарҵоз рзыҟаҵаӡом. Уи иахҟьаны Анцәа изы акгьы иаԥсамшәа рбозар ауеит, насгьы абас рхы иазҵаауеит: «Хәарҭа изаазгалар сылшома Иегова уажәгьы?»

15. Зыгәра ганы дыҟази 71-тәи Аԥсалом автор?

15 71-тәи Аԥсалом автор урҭ рҩызцәа агәҭынчымрақәа иман. Иара абас Анцәа диҳәон: «Саанумыжьын сымчқәа анкаԥсалакгьы» (Аԥсал. 71:9, 18). Аԥсаломшәаҳәаҩ имчқәа илӡаазшәа шибозгьы, агәра ганы дыҟан Анцәа дизиашанаҵы, дышицхраало. Иахьагьы Иегова иҽимԥсахӡеит: иара изы ихадоу шаҟа амч ҳамоу акәӡам, урҭ ҳхы ишаҳархәо ауп (Аԥсал. 37:23—25).

16. Иҟарҵар рылшозеи зықәрахь инеихьоу Иеговеи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рзы? (Аԥсалом 92:12—15).

16 Акыр иаҳзаԥсоу зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи! Иегова дышшәыхәаԥшуа еиԥш шәхы ахәаԥшра шәҽазышәшәала. Ишәхашәмыршҭлан, шәара акгьы шәылымшошәа жәбозаргьы, уи Иегова доуҳала аизҳара шәыцхраара иԥырхагахаӡом. (Шәаԥхьа Аԥсалом 92:12—15.) Уажәы ишәылымшо азхәыцра аҭыԥан, ишәылшо шәхы азышәышьҭла. Анцәа гәыкала имаҵ аура шәахьаҿу аишьцәеи аиҳәшьцәеи даара ргәы шьҭнахуеит. Уи адагьы, шәара ишәылшоит хаҭала дара рахь аинтерес аарԥшуа ргәы шьҭышәхлар. Шәыԥсҭазаараҿы Иегова дышшәыцхраауаз, насгьы адунеи ҿыц аҿы еиҳараӡак шәыззыԥшу рзеиҭашәҳәала. Шәара шәхаҿгьы ишәзаагаӡом шаҟа ргәы ҟанаҵо урҭ рзы Анцәа шәиҳәалар! (1 Пиотр 3:12). Ҳҭагылазаашьа зеиԥшразаалакгьы, доусы иҳалшоит Иеговеи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рзы ак аҟаҵара.

17. Избан егьырҭ ҳхы рыҿҳарԥшлар захәҭам?

17 Шәара Иегова ишәҭо маҷӡоуп ҳәа шәгәы иаанагозар, шәгәы кашәмыжьлан. Иара иҟашәҵо зегьы ахә ҳаракны ишьоит. Иҟалап шәара егьырҭ шәхы рыҿшәырԥшуазар. Ус ҟашәымҵалан, избанзар Иегова аӡәгьы шәиҿирԥшӡом (Гал. 6:4). Шәазхәыц: Мариа Иисус зыфҩы хааз, зыхә цәгьаз ахәша ҳамҭас илҭеит (Иоанн 12:3—5). Иӷарыз аԥҳәысеиба лакәзар, ҩ-лепта заҵәык роуп аныҳәарҭахь инаганы иҭалыԥсаз (Лука 21:1—4). Аха Иисус урҭ ҩыџьа аҳәса еиҿимырԥшӡеит. Иара изы ихадаз рҳамҭа зыԥсаз акәӡамызт, иаадырԥшыз ахаҵара акәын. Иеговагьы имаҵзуҩцәа убасҵәҟьа ауп дшырзыҟоу. Иара имаҷишьаӡом абзиабареи ахаҵареи аарԥшны иҟашәҵо зегьы. Уи ахә ҳаракны ишьоит!

18. Иҳацхраауеи алакҩакрақәа рҿагылара? (Шәахәаԥш иара убас арамка «Иегова иажәақәа алакҩакрақәа рҿагылара иуцхраауеит».)

18 Ҳара зегьы аамҭа-аамҭала алакҩакрақәа ҳазцәырҵуеит. Ишаҳбаз еиԥш, Абиблиа ацхыраарала урҭ ҳариааилар ҳалшоит. Анцәа Иажәаҿы шәызҵаарақәа рҭакқәа шәыԥшаалар, алакҩакра шәаҟәыҵуеит, шәыгәгьы ӷәӷәахоит. Иегова хаҭала шәара хьаас шәышимоу агәра жәгалоит. Шәхы мап ацәкны иара изы иҟашәҵо зегьы ахә ҳаракны ишишьо, насгьы хымԥада дшышәзылԥхо агәра ганы шәыҟазаауеит. Ишәхашәмыршҭлан Иегова изиашоу имаҵзуҩцәа зегьы гәыкала бзиа ишибо, дагьшреиҷаҳауа.

Иегова иажәақәа алакҩакрақәа рҿагылара иуцхраауеит

  • Иегова уара хаҭала хьаас уимоуп

    «Умшәан, избанзар сара суцуп. Угәы каумыжьын, избанзар сара соуп Унцәа. Сара усырӷәӷәоит, суцхраауеит, сарӷьа напала унапы скызаауеит» (Ис. 41:10).

    «Сара, Иегова, ишәыхәаша шәзырҵо, шәызныланы шәцалаша амҩала шәызго Шәынцәа соуп» (Ис. 48:17).

  • Иегова имаҵ шууло ала иудукылаз аӡбара ахә ҳаракны ишьоит

    «Сыҷкәын, уҟәышхар, саргьы сгәырӷьалоит» (Ажәам. 23:15).

    «Аԥара бзиа ишәымбалан, ишәымоу маҷшәымшьалан, избанзар иара иҳәеит: „Ахаангьы уаансыжьӡом, ахаангьы укасыжьӡом“» (Аур. 13:5).

  • Иегова иара изы иҟауҵо зегь ахә ҳаракны ишьоит

    «Доусу Шәынцәа Иегова дшизылԥхаз еиԥш, иақәнагоу аҳамҭа неигааит» (Ҩынтә. 16:17).

    «Анцәа диашоуп, убри аҟынтә иахьа уажәраанӡа иԥшьоу рымаҵ уа, ихьӡ азы ижәбо аџьабааи иаашәырԥшуа абзиабареи ихашҭӡом» (Аур. 6:10).

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иабантәиаадыруеи Иегова зегьы хаҭала хьаас ҳашимоу?

  • Иҟашәҵар шәылшои уаанӡа ишәыдышәкылаз аӡбарақәа шәрыхьхәуазар?

  • Иҟаҵатәузеи, Иегова ахәарҭа изааҳгаӡом ҳәа ҳхәыцуазар?

АШӘА 111 Агәырӷьаразы амзызқәа

a ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Ари астатиаҿы алакҩакра ҳәа ҳазлацәажәо ауаҩы изцәырҵуа ахәыцрақәа роуп, иаҳҳәап, Иегова ихә имшьошәа ма идикылаз аӡбарақәа иашамшәа. Уи ауаҩы Иеговеи иқәыргәыӷрақәеи рахь агәрагара анизымхо изцәырҵуа алакҩакрақәа ракәӡам.

b Абиблиаҿы ианӡам Иегова Давид даналих шаҟа шықәса ихыҵуаз, аха иҟалап усҟан дыхбыџызҭгьы. (Шәахәаԥш 2011 шықәса, сентиабр 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш», адаҟьа 29, абзац 2.)

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Иқәыԥшу аиаҳәшьа Абиблиа ҭылҵаауеит, Иегова иҟынтә лызҵаара аҭак лоурц азы.

d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аиашьа иҭаацәа ныҟәигарц азы аԥенџьырқәа иӡәӡәоит. Аусура аан џьанаҭ дыҟоушәа ихаҿы иааигоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра