Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w21 сентиабр ад. 20—25
  • Шәдоуҳатә ҭаацәареи шәареи шәеизыҟазаашьақәа шәырӷәӷәала

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Шәдоуҳатә ҭаацәареи шәареи шәеизыҟазаашьақәа шәырӷәӷәала
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЕГОВА ҲАИЗААИГӘАХАРЦ ИҬАХУП
  • ШӘАШЬЦӘЕИ ШӘАҲӘШЬЦӘЕИ ИЕГОВА ДШЫРЗЫҞОУ ЕИԤШ ШӘЫРЗЫҞАЗ
  • ИЕГОВА ИҬААЦӘАРА ШӘАХЬАХӘҬАКУ АХӘ ҲАРАКНЫ ИШӘШЬАЛА
  • Ҳаб Иегова даараӡа бзиа ҳаибоит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Ҳара Ҳаб Иегова гәык-ԥсыкала бзиа даҳбоит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Иаҳирҵозеи Иисус бзиа иибоз аҵаҩы?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • «Саб бзиа [дызбоит]»
    «Усышьҭаланы уаала»
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
w21 сентиабр ад. 20—25

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 38

Шәдоуҳатә ҭаацәареи шәареи шәеизыҟазаашьақәа шәырӷәӷәала

«Схалоит Сара Исабу иахь, шәара Ишәабу иахь» (ИОАНН 20:17).

АШӘА 3 Ҳара ҳамч, ҳгәыӷра, ҳагәрагара

АХҲӘААa

1. Иарбан еизыҟазаашьақәоу ирыбжьазар рылшо Иеговеи гәыкала изыҟоу ауааи?

ИЕГОВА аҭаацәара ду имоуп. Уахь иаҵанакуеит «аханатә аахыс» иҟоу Иисуси, ирацәаҩны амаалықьцәеи (Кәал. 1:15; Аԥсал. 103:20). Гәыкала Анцәа имаҵ зуа ауаагьы Иегова Абыс дрыԥхьаӡалар рылшоит. Иисус иҵаҩцәа иреиҳәаз ажәақәа уи шьақәдырӷәӷәоит: «Схалоит Сара Исабу иахь, шәара Ишәабу иахь» (Иоанн 20:17). Убри аҟынтә, Иегова ҳҽанизаҳкуа, насгьы аӡы ҳҽанӡааҳхуа аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыла ишьақәгылоу бзиа ҳазбо аҭаацәара ҳауеит (Марк 10:29, 30).

2. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

2 Шьоукы ирцәыуадаҩуп Иегова бзиа избо Аб иеиԥш ихәаԥшра. Даҽа шьоукы аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь абзиабара аарԥшра рцәыцәгьоуп. Ари астатиа иҳаилнаркаауеит аби ахәыҷи ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа рҩызцәа Иеговеи ҳареи иҳабжьазар шҳалшо. Иеговеи Иисуси реизыҟазаашьақәа уи аилкаара иҳацхраауеит. Уи адагьы, ҳара еилаҳкаауеит Иегова ҳаиҿыԥшлар шҳалшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи иара иеиԥш ҳарзыҟазарц азы.

ИЕГОВА ҲАИЗААИГӘАХАРЦ ИҬАХУП

3. Ишԥаҳацхраауеи узҿыԥшуа анцәаиҳәара Иегова изааигәахара?

3 Иегова бзиа ҳазбо Ҳаб иоуп. Иисус иҭахуп иара Иегова дшизыҟоу еиԥш ҳаргьы ҳаизыҟазарц. Иегова ҳара ҳҟынтә ак иазыԥшу еиҳабык диеиԥшӡам. Ҳара еснагь иҳалшоит ҳгәы иҵхо изеиҭаҳҳәалар, избанзар иара ҳацхраара дазхиоуп. Убри азоуп, Иисус ҳазҿыԥшларц иҳаиҭаз анцәаиҳәараҿы ажәа «Ҳаб» ихы изаирхәаз (Матф. 6:9). Иԥшьоу Аҩыраҿы ирацәаны атитулқәа аагоуп, иаҳҳәап «Зегьзымчу», «Зегьзшаз», «наӡаӡатәи Аҳ». Иисус урҭ атитулқәа руак ҳхы иаҳархәаларц ҳаиҳәар ауан (Аҟаз. 49:25; Ис. 45:18; 1 Тим. 1:17). Аха иара иҳәеит, аԥхарра зҵоу ажәа «Ҳаб» ҳәа Иегова иаҳҳәаларц.

4. Иҭахума Иегова иареи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бзиазарц? Иҳаилшәыркаа.

4 Ишәзымариоума шәара Иегова бзиа шәызбо Аб иеиԥш ихәаԥшра? Шьоукы уи рцәыцәгьоуп. Иҟоуп зхәыҷра аамҭақәа цәгьаз. Убри аҟынтә ажәа «аб», насгьы «абзиабара» реидҳәалара рцәыцәгьоуп. Аха Иегова ҳцәаныррақәа еиликаауеит, изыхҟьогьы идыруеит. Уи ҳгәы арҭынчуеит. Анцәа иҭахуп иареи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бзиазарц. Убри азоуп иажәаҿы изану: «Шәизааигәаха Анцәа — усҟан Иаргьы дышәзааигәахоит» (Иак. 4:8). Иегова бзиа ҳаибоит, насгьы адунеи аҿы зегь раасҭа еиӷьу Аб иеиԥш даҳзыҟалар иҭахуп.

5. Иҳацхраауазеи Иегова изааигәахара, Лука 10:22 иану инақәыршәаны?

5 Иисус Иегова изааигәахара дҳацхраауеит. Иара Иаб ибзианы дидыруеит, насгьы зегь рыла диҿыԥшуеит. Убри азоуп иара абас зиҳәаз: «Сара сызбахьоу Сабгьы дибахьеит» (Иоанн 14:9). Аиашьа еиҳаб иеиԥш, Иисус жәҩантәи Ҳаб пату иқәҵашьеи изыӡырҩшьеи ҳирҵоит. Иара убас, иара иҳаилиркаауеит Иегова дҳаргәырӷьаларц азы иҟаҳҵалар акәу, насгьы игәы иаҳмырхьырц азы иҟаҳамҵалар акәу. Иисус адгьыл аҿы даныҟаз дзықәшәоз ахҭысқәа Иегова шаҟа дқьиоу, насгьы шаҟа абзиабара илоу ибзианы иаадырԥшуеит. (Шәаԥхьа Лука 10:22.) Шәааи уи еиҳа инарҭбааны ҳалацәажәап.

Абзиабара злоу Аб иеиԥш, Иегова Иԥа игәы шьҭихырц азы амаалықь дизынаишьҭит. (Шәахәаԥш абзац 6.)c

6. Иабантәиаадыруеи Иегова Иисус иҳәарақәа дшырзыӡырҩуаз? Иаажәга аҿырԥштәы.

6 Иегова ихәыҷқәа дырзыӡырҩуеит. Иаҳгәалаҳаршәап раԥхьаӡа иишаз Иԥа дшизыӡырҩуаз. Иисус адгьыл аҿы амаҵ аниуаз лассы-лассы Иаб диҳәон. Иегова уи дизыӡырҩуан (Лука 5:16). Иисус ихадоу аӡбарақәа идикылараны даныҟаз, иаҳҳәап 12-ҩык апостолцәа аналихуаз, Анцәа диҳәон. Иегова урҭ аҳәарақәа дырзыӡырҩуан (Лука 6:12, 13). Иара убас, Иегова Иисус дизыӡырҩуан аԥсҭазааратә уадаҩрақәа изааргоз агәҭынчымрақәа анизеиҭеиҳәоз. Зегьы данаанрыжьыз аухагьы Иисус Иегова диҳәон, изыԥшыз аԥышәара ахгаразы амч ииҭарц. Иегова акыр изаԥсаз Иԥа иҳәарақәа ус баша дырзымӡырҩӡеит, уи дирӷәӷәарц азы амаалықь дизынаишьҭит (Лука 22:41—44).

7. Иарбан цәаныррақәоу ишәызцәырнаго Иегова шәыҳәарақәа дахьырзыӡырҩуа?

7 Убас еиԥш, иахьагьы Иегова имаҵзуҩцәа рыҳәарақәа дырзыӡырҩуеит, насгьы ианаамҭоу еиҳа ишеиӷьу аҭак ҟаиҵоит (Аԥсал. 116:1, 2). Индиа инхо иаҳәшьак уи лхатә ԥышәала еилылкааит. Лара аемоциатә уадаҩрақәа лыман, насгьы ацхырааразы ӷәӷәала Иегова диҳәон. Абар лара илҩыз: «2019 шықәса маи мзазы иҭыҵыз JW Broadcasting® аҭыжьымҭа агәҭынчымрақәа ишыриааилатәу иазкын. Уи ҷыдала сара сзы иҭрыжьызшәа збон. Уи сынцәаиҳәарақәа рҭак акәхеит».

8. Ишԥааирԥшуаз Иегова Иисус иахь ибзиабара?

8 Иисус адгьыл аҿы даныҟаз Иаб иара иахь абзиабара шааирԥшуаз еиԥш, Иегова ҳара ҳахьгьы абзиабара ааирԥшуеит (Иоанн 5:20). Иегова Иисус диеиҷаҳауан, насгьы адоуҳатә, аемоциатә, аматериалтә ҭахрақәа рганахь ала зда ԥсыхәа ыҟамыз зегь ииҭон. Иара убас Иегова иԥа бзиа дшибоз агәра ииргон, насгьы дирҽхәон (Матф. 3:16, 17). Иисус ианакәзаалак бзиа иибоз жәҩантәи Иаб диқәгәыӷлар илшон, убри аҟынтә ахаангьы ихы заҵәны ибаӡомызт (Иоанн 8:16).

9. Агәра шәзыргозеи Иегова бзиа шәшибо?

9 Иисус иеиԥш ҳаргьы хаҭала зегьы иаҳныруеит Иегова бзиа ҳшибо. Шәазхәыц Иегова шаҟа хкы ҳзыҟаиҵо. Иара аҵабырг ҳзааиртит, насгьы ҳанҵәыуогьы ҳангәырӷьогьы иҳадгыло аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳаиҭеит (Иоанн 6:44). Ҳагәрахаҵара еизҳаларц азы Иегова ирацәаны адоуҳатә фатә ҳаиҭоит. Уи адагьы, есыҽнытәи ҳматериалтә ҭахрақәа дреиҷаҳауеит (Матф. 6:31, 32). Иегова шаҟа бзиа ҳаибо ҳазхәыцлацыԥхьаӡа иара иахь ҳабзиабара еизҳалоит.

ШӘАШЬЦӘЕИ ШӘАҲӘШЬЦӘЕИ ИЕГОВА ДШЫРЗЫҞОУ ЕИԤШ ШӘЫРЗЫҞАЗ

10. Иаҳнарҵозеи Иегова ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи дшырзыҟоу?

10 Иегова ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа ибоит. Аха ҳара урҭ бзиа рбареи, насгьы бзиа ишаҳбо аарԥшреи ҳзымариамзар ауеит. Уи џьашьатәӡам, избанзар ҳара зегь ҳааӡашьеи ҳкультуреи еиԥшӡам. Уи адагьы, ҳара зегьы агхақәа ҟаҳҵоит, уи иахҟьаны ҳгәы нибархалар ауеит. Ус шакәугьы ҳдоуҳатә ҭаацәараҿы абзиабара аарԥшра ҳалшоит. Убри азы жәҩантәи Ҳаб ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи дшырзыҟоу еиԥш ҳарзыҟазарц азы ҳхы аус адаҳулалароуп (Еф. 5:1, 2; 1 Иоанн 4:19). Шәааи Иегова иҿырԥшы ҳазхәыцып, насгьы ҳаиҿыԥшлар шҳалшо еилаҳкаап.

11. Ишԥааирԥшуаз Иисус Иегова иеиԥш ауаа рахь арыцҳашьара?

11 Иегова арыцҳашьара ду илоуп (Лука 1:78). Арыцҳашьара злоу ауаҩы аӡәы ацхыраара шиҭаху анибалак уи дицхраауеит, игәгьы ирҭынчуеит. Убас ауп Иеговагьы ауаа дшырзыҟоу. Иисусгьы иара диҿыԥшуан (Иоанн 5:19). Иара ауаа рацәа анибоз игәы гәрыцҳашьарала иҭәуан, «урҭ уаҳа нарылымшо иааԥсаны, икараханы, ахьча-ԥыза дызмамкәа зҽыԥсаҟьаны идәықәу ауасақәа иахьреиԥшыз азы» (Матф. 9:36). Аха Иисус урҭ ррыцҳашьара адагьы, ачымазцәа ихәышәтәуан, насгьы ауадаҩрақәеи аџьабаа ӷәӷәа змази рыцхраара иҽазишәон (Матф. 11:28—30; 14:14).

Аишьцәеи аиҳәшьцәеи Иегова дшырзыҟоу еиԥш шәырзыҟаз: агәыҳалалреи ақьиареи аашәырԥшла. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 12—14.)d

12. Иааҳарԥшлар шԥаҳалшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь арыцҳашьара?

12 Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь арыцҳашьара ааҳарԥшларц азы, урҭ зықәшәо ауадаҩрақәа ҳрызхәыцлароуп. Иаҳҳәап, иаҳәшьак ӷәӷәала дычмазаҩуп. Иҟалап, лара ацхыраара шылҭаху лымҳәозар, аха ак лзыҟаҳҵарц лыдаҳгалар иҟалап, мап ацәылымкыр. Илзыҟаҵома лара аҩнусқәа? Афатәҟаҵараҿы, ма аҩны аилыргараҿы илыцхраатәызар? Мамзаргьы, иаҳҳәап, аиашьа аусурҭа имамзар? Ҳара ԥара хәыҷык иаҳҭар ҳалшоит. Урҭ аԥарақәа ҳара ҳҟынтә шакәу иаҳамҳәаргьы ауеит. Иҟалап, урҭ аԥарақәа аусура иԥшаанӡа изирхар.

13, 14. Ишԥаҳалшо Иегова иҿыԥшра агәыҳалалра аарԥшраҿы?

13 Иегова агәыҳалалра илоуп (Матф. 5:45). Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ацхырааразы ианҳаҳәо ҳәа ҳазыԥшымзароуп. Иегова иеиԥш, ҳара ҳхаҭа раԥхьатәи ашьаҿа ҟаҳҵар ҳалшоит. Шәазхәыц, Иегова есыҽны амра иргылоит уи азы имыҳәо, насгьы ҭабуп ҳәа иазымҳәо шыҟоугьы. Ишьақәырӷәӷәаны иаҳҳәар ҳалшоит Иегова ҳҭахрақәа дахьреиҷаҳауа, ҳара ҳахь ибзиабара аанарԥшуеит ҳәа. Иегова иааирԥшуа ақьиареи агәыҳалалреи азы даара бзиа даҳбоит.

14 Жәҩантәи Ҳаб иеиԥш иахьа аӡәырҩы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ирыҳәаанӡа агәыҳалалра аарԥшра иазхиоуп. Иаҳҳәап, 2013 шықәсазы Филиппинқәа рҿы «Хаииан» захьӡу аԥша ӷәӷәа асит. Усҟан имаҷҩымкәа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыҩнқәеи ирымаз-ирыхӡызи ада иаанхеит. Аха адунеизегьтәи ҳаиашьара иаразнак ацхыраара ҟарҵеит. Аӡәырҩы хатәгәаԥхарала аҭара ҟарҵеит, егьырҭ аиҭашьақәыргыларатә усқәа рыҽрыладырхәит. Шықәсык еиҵаны ала ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыцхыраарала 750 ҩны еиҭашьақәыргылан. Иегова ишаҳаҭцәа шеицхыраауа апандемиа COVID-19 аангьы ибзианы иубарҭахеит. Ҳдоуҳатә ҭаацәара аҟынтә аӡәы ауадаҩра данақәшәо иаразнак ацхыраара иаҳҭоит. Убас ала, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа ишаҳбо ааҳарԥшуеит.

15, 16. Иҟаҳҵалар акәзеи жәҩантәи Ҳаб ҳаиҿыԥшларц азы, Лука 6:36 иану инақәыршәаны?

15 Иегова арыцҳашьара илоуп, анажьрагь дазхиоуп. (Шәаԥхьа Лука 6:36.) Уи ҳара есыҽны иаҳбоит (Аԥсал. 103:10—14). Иисус иҵаҩцәа рахь арыцҳашьара ааирԥшуан, урҭ ирыгыз шыҟазгьы. Уи адагьы, ишьҭанеицәа рыгәнаҳақәа ранажьхарц азы иԥсҭазаара дамеигӡеит (1 Иоанн 2:1, 2). Шаҟа ҳаигәырӷьозеи Иеговеи Иисуси ҳареи аизыҟазаашьа бзиақәа ҳабжьазар ахьҳалшо!

16 Ҳдоуҳатә ҭаацәара ӷәӷәазарц азы ҳагхақәа ҳанеибажьлароуп (Еф. 4:32). Зны-зынла аӡә игха ианажьра ҳзымариамзар ауеит. Уи азы аџьабаа батәуп. «Великодушно прощайте друг друга»b захьӡу астатиа ҳаҳәшьак даара илыцхрааит. Абар лара илҩыз: «Ари астатиа сыцхрааит анажьра даҽакала ахәаԥшра, насгьы хәарҭас иаанаго збеит. Уи астатиаҿы ианын: „Аӡәы игха анианаужьуа, уи иаанагаӡом иҽеим ихымҩаԥгашьа уадгылоит ҳәа, мамзаргьы уи иаанаго алҵшәа бааԥсқәа хырҩа рзыууеит ҳәа. Анажьра иаанагоит агәаара аҽамҭара, агәҭынчра аиура“». Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳрыцәгәааргьы уи ҳхаршҭны иранаҳажьуазар, урҭ бзиа ишаҳбо, насгьы Иегова ҳшиҿыԥшуа ааҳарԥшуеит.

ИЕГОВА ИҬААЦӘАРА ШӘАХЬАХӘҬАКУ АХӘ ҲАРАКНЫ ИШӘШЬАЛА

Ахәыҷқәагьы адуцәагьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь абзиабара аадырԥшуеит. (Шәахәаԥш абзац 17.)e

17. Ишԥаҳалшо жәҩантәи Ҳаб ирҳаракра, Матфеи 5:16 иану инақәыршәаны?

17 Абзиабара аазырԥшуа адунеизегьтәи ҳаиашьара ҳрывагыланы Иегова имаҵ аура ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп! Ҳара иаҳҭахуп иахьынӡалшо ирацәаҩны ауаа иҳамоу агәырӷьара ҳацеиҩыршарц. Убри аҟынтә, ҳара ҳхы ҳацклаԥшлароуп, жәҩантәи Ҳаби иуаажәлари рыхьӡ бжьызхуа ак ҟаҳамҵарц азы. Ауаа ҳара иҳахәаԥшны Иегова имаҵ аура рҭаххартә еиԥш ҳхы амҩаԥгара ҳҽазаҳшәоит. (Шәаԥхьа Матфеи 5:16.)

18. Иҳацхраауазеи гәымшәарыла ажәабжь аҳәара?

18 Жәҩантәи Ҳаб ҳахьизыӡырҩуа азы зны-зынла ауаа ҳхыччоит, иҟоуп ианҳашьҭашәарыцогьы. Убри аҟынтә, ажәабжь аҳәара ҳзымариамзар ауеит. Иҳазҭозеи усҟан агәымшәара? Ҳара есымша Иеговеи Иԥеи рыцхыраара ҳақәгәыӷлар ҳалшоит. Иисус иҵаҩцәа ргәы шьҭызхуаз абарҭ ажәақәа реиҳәеит: «Иаҳҳәара шаҳҳәара ҳәа агәхьаа шәмоун, убасҟан, убри асааҭ азы, ишәҳәараны иҟоу иара ахала ишәҿашәоит. Избанзар убри аамҭазы ишәҳәауа зҳәо шәара шәакәӡам, Шәаб идоуҳа акәхоит шәара шәыҩнуҵҟа ицәажәауа» (Матф. 10:19, 20).

19. Ишԥаҳацхраауеи Анцәа идоуҳа гәымшәарала ажәабжь аҳәара? Иаажәга аҿырԥштәы.

19 Еилҳаргап Аладатәи Африкаҿы инхо Роберт ихҭыс. Иара Абиблиа аҵара даналага ашьҭахь хара имгакәа, Абиблиа иазкны еиликаахьаз шырацәамызгьы, арра ацара мап ацәикит. Уи иахҟьаны аӡбарҭа аҿаԥхьа дықәгылар акәхеит. Иара агәымшәара аарԥшны иҳәеит абџьар шышьҭимхуа, иашьцәа бзиа иахьибо азы. Роберт адоуҳатә ҭаацәара дахьахәҭаку ахә ҳаракны ишьон. Иаалырҟьаны аӡбаҩ диазҵааит: «Иазусҭцәада уашьцәа?» Роберт уи аҩыза азҵаара аӡбаҩ ииҭоит ҳәа дыҟамызт. Аха иаразнак ихаҿы иааит уи амш иазалхыз абиблиатә жәеинраала: «Жәҩантәи Саб игәаԥхара назыгӡо дарбанзаалакь — Сара дсашьоуп, дсаҳәшьоуп, дсануп» (Матф. 12:50). Роберт Абиблиа аҵара ааигәа дшалагазгьы Анцәа идоуҳа ицхрааит дыззыԥшымыз азҵаарақәа рҭак аҟаҵара. Ҳәарада, Роберт Иегова диргәырӷьеит. Убас еиԥш, ҳаргьы Иегова дҳаргәырӷьоит, аҭагылазаашьа цәгьақәа раан иӡбахә аиҭаҳәаразы агәымшәара ҳаиҭарц ҳаниҳәо.

20. Иҟаҳҵалар акәзеи ҳара? (Иоанн 17:11, 15).

20 Бзиа ҳазбо Анцәа иҭаацәара ҳахьахәҭаку ҳаҭыр дууп! Ҳара зегь раасҭа еиӷьу Аб, насгьы гәыкала иаҳзыҟоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳамоуп. Уи ахә ҳшьалароуп. Аҩсҭаа идгылоуи иареи Иегова бзиа ҳшибо аганахь ала алакҩакра ҳазцәырыргарц, насгьы иҳабжьоу акзаара иаԥырхагахарц азы ирылшо зегь ҟарҵоит. Иисус уи еиликаауан, убри аҟынтә Иаб ҳихьчаларц, насгьы ҳҭаацәараҿы акзаара ҳамазарц дҳацхрааларц диҳәон. (Шәаԥхьа Иоанн 17:11, 15.) Иегова уи аҳәара аҭак ҟаиҵоит. Иисус жәҩантәи Иаб бзиа дшибоз, насгьы дышицхраауаз еснагь агәра ганы дыҟан. Шәааи, ҳаргьы Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ҳарӷәӷәалап, насгьы еиҳа-еиҳа ҳдоуҳатә ҭаацәара ҳарзааигәахалап!

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Агәра шәзыргозеи Иегова абзиабара злоу Аб шиакәу?

  • Ишԥаҳалшо аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь абзиабара аарԥшра?

  • Ишԥаҳалшо Иегова иҭаацәара ҳахьахәҭаку ахә ҳаракны ишаҳшьо аарԥшра?

АШӘА 99 Ҵҩа змам аишьцәа

a Ҳара насыԥ змоу уаауп, избанзар бзиа ҳазбо адоуҳатә ҭаацәара ҳамоуп! Ҳара зегьы иаҳҭахуп ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳабжьара ҳаизыҟазаашьақәа ҳарӷәӷәаларц. Уи азы жәҩантәи Ҳаб ҳара дшаҳзыҟоу еиԥш, ҳаргьы егьырҭ ҳарзыҟазароуп. Уи адагьы, Иисуси ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳарҿыԥшлар ҳалшоит.

b Шәахәаԥш 2012 шықәса, ноиабр 15 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш», адаҟьақәа 26—30 (аурыс).

c АСАХЬА РҾЫ ИАҲБО. Иисус Гефсиманиатәи абаҳчаҿы Иегова даниҳәоз, игәы шьҭихырц азы, амаалықь дизынаишьҭит.

d АСАХЬА РҾЫ ИАҲБО. Апандемиа COVID-19 аан Иегова ишаҳаҭцәа аӡәырҩы аишьцәеи аиҳәшьцәеи афатә рызнаргон.

e АСАХЬА РҾЫ ИАҲБО. Абахҭа иҭаку аиашьа игәы шьҭылхырц азы аӡӷаб асахьа изҭылхуеит, ан лыԥҳа длыцхраауеит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра