АҴАРАЗЫ АСТАТИА 39
Иузааигәоу ауаҩы Иегова данаанижьуа
«Шаҟантә урҭ... игәы идырхьхьази» (АԤСАЛ. 78:40).
АШӘА 102 Иԥсыҽу шәрыцхраала
АХҲӘААa
1. Ихы ибалар шԥаилшо зҭынха аизара иалырцаз ақьырсиан?
ШАҞА угәы унархьуазеи иузааигәоу ауаҩы аизара даналырцо. Иҟалап шәара уи закәу жәдыруазар. Абар Хильда илҳәоb: «Схаҵеи сареи 41 шықәса ҳаицынхеит. Иара данԥсы уи еицәоу ак ыҟоуп ҳәа сгәы иаанагомызт. Аха сыҷкәын аизара анаанижь, насгьы иԥҳәыси ихәыҷқәеи анкаижь уи исзаанагаз ахьаа акы иузадкыломызт».
Иегова еиликаауеит аизара иалцоу ауаҩы иҭынхацәа ргәы иҭоу ахьаа. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 2, 3.)d
2, 3. Ихы шԥеибо Иегова имаҵзуҩцәа аниҿагыло? (Аԥсалом 78:40, 41).
2 Шәхаҿы иаажәг, Иегова идоуҳатә ԥацәа, амаалықьцәа, аниҿагыла шаҟа игәы инархьыз! (Иуда 6). Убас еиԥш израильаагьы Иегова игәы идырхьуан. Иара урҭ бзиа ибон, аха дара лассы-лассы иҿагылон. (Шәаԥхьа Аԥсалом 78:40, 41.) Агәра ганы шәыҟаз ишәзааигәоу аӡәы Иегова данаанижьуа жәҩантәи Ҳабгьы уи игәы шинархьуа. Иегова шәхьаа бзианы еиликаауеит. Агәрыцҳашьара злоу Анцәа цхыраарада шәаанижьӡом.
3 Ари астатиаҿы ҳара еилаҳкаауеит Иегова ахьаа ахгара дҳацхраарц азы иҟаҳҵалар ҳахәҭоу. Иара убас ҳалацәажәоит зҭынхацәа аизара иалырцаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳрыцхраар шҳалшо. Аха шәааи, зны еилаҳкаап иарбан хәыцрақәоу ҳҽызцәаҳахьчалар ҳахәҭоу.
ШӘХЫ АХАРА АДШӘЫМҴАЛАН
4. Рхы шԥарбо Иегова даанзыжьыз ахәыҷқәа змоу аҭаацәа?
4 Иегова даанзыжьыз ахәыҷы дызмоу аҭаацәа лассы-лассы ргәы иаанагоит рхәыҷы Иегова имаҵ аура даҟәымҵырц азы ак ҟарҵар рылшон ҳәа, насгьы агха ахьрыхьыз аԥшаара иашьҭалоит. Абар зыҷкәын аизара иалырцаз Льиуис ииҳәо: «Сара схы ахара адысҵон. Аԥхыӡ бааԥсқәа збон. Сылаӷырӡқәа сызнымкыло санҵәыуозгьы ыҟан. Сгәы тҟәацны ицон». Елизабет лҭаацәараҿгьы уи аҩыза арыцҳара аныҟала иҟалҵара лыздыруамызт. Лара дхәыцуан: «Иҟасҵазеи ииашамкәа? Сыҷкәын Иегова бзиа дахьиимбаз сара соуп изхароу».
5. Издыда аҭакԥхықәра ауаҩы Иегова даанижьзар?
5 Ҳара иаҳхаҳмыршҭлароуп Иегова алхра ахақәиҭра зегьы ишҳаиҭаз. Уи иаанаго Анцәа ҳаизыӡырҩлоу-ҳаизымӡырҩлоу ҳхаҭа ишаҳаӡбо ауп. Аҿарацәа шьоукы рҭаацәа аҿырԥштә бзиа шрырымҭозгьы Иегова имаҵ ауреи изиашаны аанхареи рыӡбеит. Аха иҟоуп зхы иамеигӡакәа зхәыҷқәа зааӡоз, насгьы абиблиатә принципқәа рахь абзиабара рылазааӡоз аҭаацәа. Аха урҭ рхәыҷқәа ианрызҳа Иегова даанрыжьит. Ишыҟазаалакгьы, ауаҩы Иегова имаҵ иулоу-имулоу ихала иӡбароуп (Иис. Н. 24:15). Убри аҟынтә, ҳаҭыр зқәу аҭаацәа, шәхәыҷқәа аҵабырг аанрыжьзаргьы, ҳшәыҳәоит, шәхы ахара адшәымҵалан!
6. Ишԥарныруеи ахәыҷқәа рҭаацәа аизара ианалырцо?
6 Аха иҟоуп ан, ма аб аҵабырг анаанрыжьуа, насгьы рҭаацәара кажьны ианцо (Аԥсал. 27:10). Уи ахәыҷқәа ӷәӷәала ргәы канажьыр ауеит, избанзар ахәыҷқәа рҭаацәа ирҿыԥшуеит. Заб аизара иалырцаз Естер илҳәоит: «Сара есымша сҵәыуон, избанзар саб ус баша аҵабырг дацәымыхьшәашәаӡеит, иара идырны Иегова даанижьит. Сара саб бзиа дызбоит, убри аҟынтә уи аизара даналырца хьаас дсыман. Уахынла ҭынч сзыцәомызт, аҳауа сзымхо сцәырҳаны сааԥшуан».
7. Дышԥарзыҟоу Иегова зҭаацәа аизара иалцоу иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи?
7 Зҭаацәа аизара иалцоу акыр иаҳзаԥсоу иқәыԥшу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи — шәара шәхьаа ҳаргьы иаҳхьаауп. Ҳшәыҳәоит, Иегова шәшеиликаауа агәра ганы шәыҟаз. Иара бзиа шәибоит, насгьы гәыкала имаҵ ахьыжәуа азы шәыхә ҳаракны ишьоит. Ҳаргьы, шәашьцәеи шәаҳәшьцәеи, шәыхә ҳаракны иаҳшьоит. Ишәхашәмыршҭлан, шәҭаацәа ирыдыркыло аӡбарақәа рзы шәара аҭакԥхықәра шәыдӡам. Ишаҳҳәахьоу еиԥш, Иегова зегьы алхра ахақәиҭра риҭеит. Иегова зҽизызкхьоу, насгьы аӡы зыҽӡаазххьоу ақьырсиан «иара иеидара хьанҭа даҵоуп» (Гал. 6:5).
8. Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи иаҳзааигәоу, аизара иалцоу ауаҩы Иегова иахь дхынҳәаанӡа? (Шәахәаԥш иара убас арамка «Иегова иахь ухынҳәы».)
8 Иаҳзааигәоу аӡәы Иегова даанижьзар, уи мышкызны аизарахь дхынҳәуеит ҳәа ҳгәыӷуеит. Аха иҟаҳҵалар ҳалшозеи уи аамҭа ааиаанӡа? Иеговеи шәареи шәеизыҟазаашьақәа шәырӷәӷәала. Убас ала ҳҭынхацәа рзы ҳҿырԥшыгахоит, аизара иалцоу изгьы. Уи адагьы, ҳгәы казыжьуа ацәаныррақәа риааиразы амч ҳауеит. Шәааи еилаҳкаап, уи аҿы иҳацхраауа.
ДОУҲАЛА ҲАӶӘӶӘАНЫ ААНХАРА ИҲАЦХРААУА
9. Иаҳҭар шԥаҳалшо Иегова ҳгәы ашьҭыхразы алшара? (Шәахәаԥш иара убас арамка «Аизара иалцоу ауаҩы иҭынхацәа ргәы шьҭызхуа абиблиатә жәеинраалақәа».)
9 Шәыгәрахаҵара шәырӷәӷәала. Ари аҭагылазаашьаҿы шәҭаацәареи шәареи шәдоуҳара арӷәӷәара даара ихадоуп. Ишԥаҟаҵалатәу уи? Есыҽны Абиблиа шәаԥхьала, шәзыԥхьаз шәазхәыцла, насгьы аизарақәа бжьашәмыжьлан. Убасҟан Иегова шәирӷәӷәарц азы алшара ишәҭоит. Џьоанна лаби лаҳәшьеиҳаби Иегова имаҵ аура иаҟәыҵит. Абар лара илҳәо: «Авигеиеи, Есфири, Иови, Иосифи, Иисуси рыӡбахә санаԥхьо еиҳа сгәы ҭынчхоит. Урҭ рыхҭысқәа сгәы казыжьуа ахәыцрақәа риааира исыцхраауеит, насгьы схьаа дыртәоит. JW Broadcasting аҟынтә ашәақәагьы сыцхраауеит».
10. Ишԥаҳацхраауеи, Аԥсалом 32:6—8 иану ажәақәа, агәкаҳара аиааира?
10 Шәгәы иҵхо Иегова изеиҭашәҳәала. Шәгәы каҳаны шәаныҟоу бзиа ҳазбо Анцәа шәиҳәала шәҭагылазаашьа иара ихәаԥшышьала шәахәаԥшырц. Убасҟан Иегова аилкаара шәиҭоит, амҩа иашагьы шәықәиҵоит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 32:6—8.) Ҳәарада, ҳгәы иҵхо аҳәара ҳалымшошәа ҳбозар ауеит. Зны-зынла уи ахьаа ҳзаанагозаргьы алшоит. Иегова шаҟа шәгәы шәыхьуа ибоит. Иара даара бзиа шәибоит, насгьы шәгәы иҵхо изеиҭашәҳәаларц иҭахуп (Ақәҵ. 34:6; Аԥсал. 62:7, 8).
11. Избан Ауриацәа рахь 12:11 иану инақәыршәаны ауаҩы аизара иалцаразы Иегова иӡбара ҳадгылалар зҳахәҭоу? (Шәахәаԥш иара убас арамка «Аизара алцара — абзиабара зҵоу хьырхәроуп».)
11 Аизара аиҳабацәа рыӡбара шәадгылала. Аизара алцара — агәнаҳа ҟазҵаз иахьырхәразы Иегова иалихыз методуп. Уи абзиабара аҵоуп, насгьы зегьы ахәарҭа рзаанагоит, агәнаҳа ҟазҵазгьы уахь дналаҵаны. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 12:11.) Зны-зынла аизара аҟынтә аӡәы аӡбаратә комитет ирыӡбаз дақәшаҳаҭымхар ауеит. Аха иаҳхаҳмыршҭлароуп ҳара зегь ҳзымдыруазар шалшо. Уи адагьы, аизара аиҳабацәа ирықәшаҳаҭым ауаҩы агәнаҳа ҟазҵаз ихьӡ бжьиимхырц ахьиҭаху азы фактқәак имҳәозар ауеит. Ҳара агәра ганы ҳаҟазароуп аизара аиҳабацәа абиблиатә принципқәа ибзианы ишҭырҵааз, насгьы Иегова ишиҭаху еиԥш аӡбара шрыдыркылаз (2 Аш. 19:6).
12. Избан Иегова аӡәы дириашарц анииӡбо ҳидгылалар зхадоу? Иаажәга аҿырԥштәы.
12 Аизара аиҳабацәа ишәзааигәоу аӡәы аизара далцатәуп ҳәа анырыӡбо, уи аӡбара шәадгылозар, ауаҩы аизарахь ахынҳәра шәицхраауеит. Хыхь зажәақәа аагаз Елизабет илҳәоит: «Зықәра наӡахьаз ҳԥа имацәажәара мариамызт. Аха иара аизарахь даныхынҳә иҳаиҳәеит уи ахьырхәра шиқәнагаз, насгьы инарҵаз шырацәоу. Уажәшьҭа сара агәра ганы сыҟоуп Иегова еснагь дышиашоу». Елизабет лхаҵа Марк ус иҳәоит: «Аамҭак ашьҭахь сыҷкәын исеиҳәеит иацәажәара ҳахьаҟәыҵыз аизарахь ахынҳәра зиҭаххаз амзызқәа ишыруакыз. Сара Иегова ҭабуп ҳәа иасҳәоит, сыԥҳәыси сареи изыӡырҩра дахьҳацхрааз!»
13. Ишәыцхраар алшозеи агәкаҳара аҽамҭара?
13 Гәыкала ишәзыҟоу, шәеилызкаар зылшо шәҩызцәа шәгәы иҵхо рзеиҭашәҳәала. Доуҳала ишәу ақьырсианцәа аамҭа рыцышәхыжәгала. Урҭ агәкаҳара аҽамҭара ишәыцхраауеит (Ажәам. 12:25; 17:17). Хыхь зыӡбахә ҳәаз Џьоанна илҳәоит: «Сара даара схы заҵәны избон! Аха гәыкала исзыҟоу сҩызцәа сыцхрааит». Аха иҟашәҵар шәылшозеи аизараҿы аӡәы иажәақәа еиҳагьы шәгәы шәдырхьуазар?
14. Избан ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳарцәымгәаакәа рыгхақәа ранаҳажьлар зҳахәҭоу?
14 Аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәырцәымгәаалан. Агха змыхьуа ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам (Иак. 3:2). Ҳара ҳнаӡаӡам, убри аҟынтә аӡәы ииҳәо дақәымшәар, ма ҳгәы ҳзырхьуа ак иамхаҳәар ауеит. Ишәгәалашәыршәала апостол Павел иажәақәа: «Аӡәи-аӡәи шәеибачҳала, гәыҭбаарала шәыгхақәа шәанеибажьла, ашшразы амзыз шәымазаргьы» (Кәал. 3:13, АдҾ). Зыҷкәын аизара иалцаз иаҳәшьак илҳәоит: «Иегова ҳашьцәа рыгхақәа ранажьра дсыцхраауан, избанзар агхақәа рыхьуазаргьы ииашаны ахымҩаԥгара рҽазыршәон». Уажәшьҭа шәааи еилаҳкаап, зҭынхацәа аизара иалцоу ақьырсианцәа аизара рыцхраар шрылшо.
АИЗАРА ИҞАНАҴАР АЛШО АЦХЫРААРА
15. Иҟаҳҵар ҳалшозеи ааигәа аизара иалырцаз иҭынхацәа рзы?
15 Аизара иалырцаз иҭаацәара рахь ақьиара аашәырԥшла. Мириам зыхьӡу аиаҳәшьа лашьеиҵбы аизара даналырца, аизарахь аныҟәара лцәыуадаҩхеит. Лара илҳәоит: «Сара ауаа ирҳәо сацәшәон. Аха сҩызцәа сгәырҩа сыцеиҩыршеит, насгьы сашьа изкны ицәгьоу ҳәа акгьы рҳәомызт. Урҭ рыцхыраарала схы заҵәны избомызт». Даҽа иаҳәшьакгьы илҳәоит: «Ҳаҷкәын аизара даналырца ҳҩызцәа гәакьақәа схаҵеи сареи ҳгәы шьҭырхырц азы иааит. Шьоукы ирҳәара рыздыруамызт, егьырҭ сыцҵәыуон, даҽа шьоукы ԥыҭрак ашьҭахь асаламшәҟәы сзаарышьҭит. Уи сара сзы цхыраара дуун!»
16. Ишԥарылшо аишьцәеи аиҳәшьцәеи аизара иалцоу рҭынхацәа анаҩсгьы ирыцхраалар?
16 Аизара иалырцаз иҭынхацәа цхыраарада иаанышьмыжьлан. Абыржәоуп шәыбзиабареи шәыцхыраареи дара еиҳараӡак ианырҭаху (Аур. 10:24, 25). Угәы унархьуеит аха, зны-зынла аизара иалцоу рҭынхацәа рхаҭақәагьы аизара иалцоушәа рхы рбоит. Ус ҟалартә алшәмыршалан. Еиҳараӡак ргәы шьҭыхлатәуп, насгьы ирҽхәалатәуп зҭаацәа Иегова имаҵ аура иаҟәыҵыз иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи. Мариа лхаҵа аҵабырг анаанижь, насгьы иҭаацәа анкаижь аизара цхыраарада даанырмыжьӡеит. Лара илҳәоит: «Аишьцәеи аиҳәшьцәеи сасра иаҳзаауан, афатә ҳзыҟарҵон, насгьы аҭаацәаратә мҵахырхәара амҩаԥгара исыцхраауан. Дара ишысцәыцәгьаз еилыркаауан, насгьы исыцҵәыуон. Аӡәы ишакәым дансыхцәажәоз, сҩызцәа сыдгылон. Исыԥсыхәази урҭ рыда!» (Рим. 12:13, 15).
Аишьцәеи аиҳәшьцәеи аизара иалцоу ауаҩы иҭынхацәа бзиабарала иреиҷаҳауеит. (Шәахәаԥш абзац 17.)e
17. Ишԥарылшо аизара аиҳабацәа згәы каҳаны иҟоу ргәы шьҭырхлар?
17 Аизара аиҳабацәа, аизара иалырцаз иҭынхацәа ргәы ашьҭыхразы ишәылшо зегь ҟашәҵала. Урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи зегь раԥхьаӡа ргәы шьҭызхлаша шәара шәоуп (1 Фес. 5:14). Аизара алагаанӡа, насгьы ианынҵәалак ашьҭахь урҭ шәрацәажәала. Сасра шәрызнеила, Анцәа шәрыциҳәала. Ажәабжьҳәара иаашәыԥхьала, насгьы зны-зынла шәҭаацәаратә мҵахырхәарахь ааԥхьара рышәҭала. Урҭ Иегова иуасақәа абзиабареи, агәрыцҳашьареи, азҿлымҳареи еиҳараӡак ирҭахуп. Убри аҟынтә аизара аиҳабацәа урҭ иреиҷаҳалароуп (1 Фес. 2:7, 8).
АГӘЫӶРА ШӘМЫРӠЛАН, ИЕГОВА ИГӘРА ЖӘГАЛА
18. Дыззыԥшузеи Иегова агәнаҳа ҟазҵаз иҟынтә, 2 Пиотр 3:9 иану инақәыршәаны?
18 Иегова «ҳара ҳахьтә аӡәгьы дҭамхандаз ҳәа дыԥшуп», насгьы зегьы рыҽдыриашарц иҭахуп. (Шәаԥхьа 2 Пиотр 3:9.) Ауаҩы агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵазаргьы, Иегова изы уи иԥсҭазаара ахә ҳаракуп. Шәазхәыц, Иегова агәнаҳа змоу ауаа ҳҿихырц азы шаҟа ҳахә ҳаракны ишәаз. Бзиа иибо Иԥазаҵә иԥсҭазаара ҳахҭниҵеит. Агәрыцҳашьара Анцәа игәазҭанаҵоит даанзыжьыз рыцхраара, насгьы иара иахь ихынҳәырц рыдигалоит. Иегова урҭ хынҳәуеит ҳәа дышгәыӷуа бзианы иаанарԥшуеит Иисус аби иҟьалаз аԥеи ирызкны иааигаз ажәамаана (Лука 15:11—32). Аҵабырг аанзыжьыз аӡәырҩы ԥыҭрак ашьҭахь бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб иахь ихынҳәит, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи урҭ гәыкала ирыдыркылеит. Уи аҩыза агәырӷьара Елизабет лыԥсҭазаараҿгьы иҟалеит лыҷкәын аизарахь даныхынҳә. Лара илҳәоит: «Гәыкала ҭабуп ҳәа расҳәоит иҳацхраауаз, насгьы ҳгәы шьҭызхуаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи!»
19. Избан Иегова есымша ҳиқәгәыӷлар зҳалшо?
19 Ҳара есымша Иегова ҳиқәгәыӷлар ҳалшоит. Иара иҳалымшо, ма иаҳԥырхагахо ҳара ҳҟынтә ахаан дазыԥшӡам. Иегова агәыҳалалреи агәрыцҳашьареи Аб иоуп. Иара бзиа дызбо, насгьы имаҵ зуа гәыкала бзиа ибоит. Иегова ахаан ҳаанижьӡом, ауадаҩрақәа анҳамоу еиҳагьы дҳацхраауеит (Аур. 13:5, 6). Уи ус шакәу хыхь зыӡбахә ҳәаз Марк агәра игеит. Иара иҳәоит: «Ҳара ианаҳцәыцәгьоу Иегова есымша ҳааигәара дыҟоуп». Иара анаҩсгьы ҳамч аасҭа еиҳау амч ҳаиҭалоит (2 Кор. 4:7). Ааи, ишәзааигәоу ауаҩы аизара аанижьзаргьы, шәара Иегова гәыкала имаҵ аура, насгьы агәыӷра амырӡра шәылшоит!
АШӘА 44 Згәы каҳаны иҟоу Анцәа дышиҳәо
a Ауаҩы Иегова данаанижьуа уи иҭаацәеи иҩызцәеи ахьаа ӷәӷәа рзаанагоит. Ари астатиаҿы иаҳбоит Иеговагьы уи шиныруа. Иара убас еилҳаргоит аизара иалцоу иҭынхацәа уи ахьаа ахгареи доуҳала иӷәӷәаны аанхареи ирыцхраауа. Уи адагьы, ҳара ҳахцәажәоит аизара зегьы урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирыцхраар шрылшо.
b Ари астатиаҿы хьыӡқәак ԥсахуп.
d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Иегова даанзыжьыз ахаҵа, иҭаацәа каижьуеит. Иԥҳәыси ихәыҷқәеи рзы уи ааха ӷәӷәоуп.
e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Ҩыџьа аизара аиҳабацәа аизара иалцоу ауаҩы иҭаацәара ргәы шьҭырхырц иааит.