АҴАРАЗЫ АСТАТИА 6
Ҳаб Иегова даараӡа бзиа ҳаибоит
«Шәныҳәала абас: Жәҩан иҟоу Ҳаб» (МАТФ. 6:9).
АШӘА 135 Иегова гәыкала уааиԥхьоит: «Уҟәышыз, сԥа»
АХҲӘААa
1. Иҟаҵатәызи персиатәи аҳ иацәажәаразы?
ШӘХАҾЫ иаажәг шәара 2 500-ҟа шықәса раԥхьа Персиа шәынхошәа. Шәара ус хадак азы аҳ шәиацәажәар шәҭахуп, убри аҟынтә персиатәи аҳҭнықалақь Сузаҟа шәцоит. Аха аҳ иахь шәнеирц азы ааԥхьара шәоур ауп. Ааԥхьара шәмоукәа шәнеир, шәыршьыр алшоит (Есф. 4:11).
2. Иарбан цәаныррақәоу иҳазцәырнаго Иегова ҳиацәажәалар шиҭаху ахьаҳдыруа?
2 Шаҟа ҳаигәырӷьозеи Иегова персиатәи уи аҳ дахьиеиԥшым! Иегова ауаҩытәыҩсатә напхгаҩы иаасҭа акырӡа амчра имоуп, аха уеизгьы ҳара уи ианааҳҭаххалак ҳиацәажәар ҳалшоит. Иара иҭахуп гәаартыла ҳиацәажәаларц. Иара Зегьзшаз, Зегьзымчу, насгьы Зегьирхаку Иҳақәиҭу реиԥш иҟоу атитул дуқәа шимоугьы, иҭахуп еиҳа иаҳзааигәоу ажәа «Аб» ҳхы иархәаны ҳиацәажәаларц (Матф. 6:9). Ҳара даара ҳаигәырӷьоит Иегова иахьиҭаху иареи ҳареи абас ҳаизааигәазарц.
3. Избан ҳара Иегова Ҳаб ҳәа иаҳҳәар зҳалшо, насгьы еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
3 Иегова Аб ҳәа иаҳәаразы амзызқәа зегь ҳамоуп, избанзар иара аԥсҭазаара ҳаиҭеит (Аԥсал. 36:9). Иара Ҳаб иоуп аҟынтә, ҳаизыӡырҩлароуп. Иегова иҳаиҳәо зегь ҟаҳҵозар, азылԥхарақәа ҳаиҭоит (Аур. 12:9). Урҭ азылԥхарақәа ируакуп наӡаӡатәи аԥсҭазаара — ажәҩан аҿы, мамзаргьы адгьыл аҿы. Аха иҟоуп уажәнатә иҳауа азылԥхарақәагьы. Ари астатиаҿы еилҳаргоит Иегова иахьа абык иеиԥш абзиабара шааирԥшуа, насгьы ахаангьы ҳшаанимыжьуа агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо. Аха зегь раԥхьаӡа шәааи еилҳаргап жәҩантәи Ҳаб гәык-ԥсыкала бзиа ҳшибо, насгьы дышҳаиҷаҳауа агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо.
ИЕГОВА — АБЗИАБАРЕИ АИҶАҲАРЕИ ААЗЫРԤШУА АБ ИОУП
Иегова иҭахуп иара ҳаизааигәазарц, абзиабара аазырԥшуа аб ихәыҷы дшизааигәоу еиԥш (Шәахәаԥш абзац 4.)
4. Избан шьоукы изырцәыцәгьоу Иегова абык иеиԥш изыҟазаара?
4 Ишәцәыцәгьоума шәара Иегова абык иеиԥш изыҟазаара? Шьоукы ргәы иаанагоит Иегова Анцәа дуӡӡа иоуп аҟынтә, дара иара изы ихадаӡам ҳәа. Дара агәра ргаӡом Зегьзымчу Анцәа хьаас ишимоу. Аха бзиа ҳазбо Ҳаб ус ҳхәыцлар иҭахӡам. Иара аԥсҭазаара ҳаиҭеит, насгьы иареи ҳареи ҳаиҩызцәазар иҭахуп. Апостол Павел уи даналацәажәоз, ақалақь Афина инхоз ауаа иреиҳәеит Иегова «ҳара даҳцәыхарам» ҳәа (Аус. 17:24—29). Анцәа иҭахуп ҳара зегьы хаҭала ҳиацәажәаларц, ахәыҷы бзиа дызбо иаб дышиацәажәо еиԥш.
5. Иаҳнарҵозеи иаҳәшьак лҿырԥштәы?
5 Егьырҭ ауаа Иегова абык иеиԥш изыҟазаара рцәыцәгьоуп, избанзар изыхшаз раб уиаҟара бзиа ибомызт, иҟалап зынӡагьы имбозҭгьы, дагьырмеиҷаҳауазҭгьы. Абар ҳаҳәшьак илҳәо: «Саб даара дыџьбаран. Абиблиа аҵара саналага, раԥхьа исцәыцәгьан Иегова жәҩантәи Аб иеиԥш изхәыцра. Аха еиҳа еиӷьны данеилыскаа, зегь аҽаԥсахит». Ишәцәыцәгьоума шәаргьы Иегова абык иеиԥш иԥхьаӡара? Ааи акәзар, шәгәы кашәмыжьын. Аамҭақәак рышьҭахь шәаргьы Иегова зегь иреиӷьу Аб шиакәу жәбар шәылшоит.
6. Дышԥаҳацхрааи Иегова бзиа ҳазбо Ҳаб шиакәу аилкаара, Матфеи 11:27 иану инақәыршәаны?
6 Иегова бзиа ҳазбо Ҳаб иеиԥш иԥхьаӡара ҳзымариахарц азы иара Абиблиаҿы Иисус иажәақәеи иусқәеи рыӡбахә аниҵеит. (Шәаԥхьа Матфеи 11:27.) Иисус Иаб зегь рыла диҿыԥшуан, убри аҟынтә иҳәар илшон: «Сара сызбахьоу Сабгьы дибахьеит» (Иоанн 14:9). Иара лассы-лассы Иегова Аб ҳәа изиҳәон. Ԥшь-Евангелиек рымацара рҿы Иисус Иегова Аб ҳәа акырынтә изиҳәоит. Изыҟаиҵози ус? Амзызқәа ируакын Иегова абзиабара аазырԥшуа Аб шиакәу ауаа агәра дыргара (Иоанн 17:25, 26).
7. Еилаҳкаауазеи Иегова изкны, уи Иԥа дшизыҟаз аҟынтә?
7 Еилаҳкаауазеи Иегова изкны, уи Иԥа дшизыҟаз аҟынтә? Иегова еснагь Иисус иҳәарақәа дырзыӡырҩуан, рҭакгьы ҟаиҵон (Иоанн 11:41, 42). Иисус еиуеиԥшым аԥышәарақәа данрықәшәозгьы, Иегова бзиа дшибоз иныруан, насгьы дышицхраауаз ибон (Лука 22:42, 43).
8. Дышԥаиеиҷаҳауаз Иегова Иисус?
8 Иисус идыруан аԥсҭазаара изҭаз Иегова шиакәу, насгьы иҳәон Иаб ила иԥсы шҭаз (Иоанн 6:57). Иисус Иаб аҵыхәтәанынӡа игәра игон, Иеговагьы уи иҭахрақәа дреиҷаҳауан. Зегь раасҭа ихадоу, Иегова Иисус дицхраауан азиашара аарԥшра (Матф. 4:4).
9. Ишԥаиирбеи Иегова Иисус иара абзиабареи аиҷаҳареи аазырԥшуа Аб шиакәу?
9 Иегова абзиабара аазырԥшуа Аб иеиԥш Иисус агәра ииргеит еснагь дышицхраало (Матф. 26:53; Иоанн 8:16). Иегова Иисус ахьаа изаазгар алшоз зегь аҟынтә дшимыхьчозгьы, аԥышәарақәа зегь рыхгара дицхрааит. Иисус идыруан ихигоз ауадаҩрақәа зегь шаамҭалатәыз (Аур. 12:2). Иегова Иисус иирбеит бзиа дшибоз: иара уи иҳәарақәа дырзыӡырҩуан, иҭахрақәа дреиҷаҳауан, аҵара иирҵон, насгьы дицхраауан (Иоанн 5:20; 8:28). Шәааи еилҳаргап жәҩантәи Ҳаб ҳаргьы дышҳацхраауа.
БЗИА ҲАЗБО ҲАБ ДЫШҲАИҶАҲАУА
Абзиабара аазырԥшуа аб 1) ихәыҷқәа дырзыӡырҩуеит, 2) рҭахрақәа дреиҷаҳауеит, 3) аҵара дирҵоит, 4) ихьчоит. Бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳабгьы убас дҳаиҷаҳауеит (Шәрыхәаԥш абзацқәа 10—15.)b
10. Ишԥааирԥшуеи Иегова бзиа ҳшибо, Аԥсалом 66:19, 20 иану инақәыршәаны?
10 Иегова ҳаҳәарақәа дырзыӡырҩуеит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 66:19, 20.) Иара иҭахӡам мыцхәы ҳиҳәоит ҳәа ҳаԥхьаӡаларц; иара ҳгәазҭеиҵоит еснагь ҳиҳәаларц (1 Фес. 5:17). Ҳара ианакәзаалакгьы, ҳахьыҟазаалакгьы Анцәа ҳиҳәалар ҳалшоит. Иара ахаангьы мыцхәы деилахаӡам ҳзыӡырҩра илымшартә еиԥш, аха еснагь дазхиоуп зҿлымҳарыла ҳаҳәарақәа рзыӡырҩра. Уи ҳаназхәыцуа еиҳагьы бзиа ибара ҳалагоит. «Сара Иегова бзиа дызбоит,— иҳәеит аԥсаломшәаҳәаҩ,— избанзар иара сыбжьы иаҳауеит» (Аԥсал. 116:1).
11. Ишԥаҟаиҵо Иегова ҳаҳәарақәа рҭак?
11 Жәҩантәи Ҳаб ҳаҳәарақәа рзыӡырҩра адагьы, рҭакгьы ҟаиҵоит. Апостол Иоанн агәра ҳиргоит: «[Анцәа] игәаҳәара иатәу акы ҳаҳәар, ҳазҳәо шиаҳауа аадыруеит» (1 Иоанн 5:14, 15). Ҳәарада, уи иаанагаӡом Иегова ҳара ҳшазыԥшу еиԥш аҭак ҟаиҵоит ҳәа. Иара ҳара ҳзы еиҳа еиӷьу идыруеит, убри аҟынтә зны-зынла иҭак «мап» ауп, мамзаргьы иара иҭахуп маҷк ҳааԥшыр (2 Кор. 12:7—9).
12, 13. Дышԥаҳаиҷаҳауеи ҳара Иегова?
12 Иегова ҳҭахрақәа дреиҷаҳауеит. Иара абацәа зегь рҟынтә дыззыԥшу ҟаиҵоит (1 Тим. 5:8). Иара ихәыҷқәа зызгәаҟуа зегь риҭоит. Иара иҭахӡам агәҭынчымра ҳамазарц афатәи, ашәҵатәи, анхарҭа ҭыԥи рганахь ала (Матф. 6:32, 33; 7:11). Абзиабара аазырԥшуа Аб иеиԥш, иара ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥшгьы дазхәыцит.
13 Уи адагьы, Иегова иаҭаху зегь ҳаиҭоит ҳаиҩызара арӷәӷәаразы. Абиблиаҿы еилаҳкаауеит иара изку аҵабырг, игәҭакы, ҳара ҳзишаз, иара убас ҳаԥхьаҟа иҟалараны иҟоу. Иара ҳҭаацәа, мамзаргьы даҽа шьоукы ихы иархәаны аҵабырг аилкаара дҳацхрааит. Иара убас уи дҳацхраауеит абзиабара аазырԥшуа аизара аиҳабацәеи доуҳала ишәу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рыла. Уи адагьы, Иегова ҳдоуҳатә ҭаацәара ахьыҟоу аизарақәа рҿы аҵара ҳирҵоит. Абас еиԥш иҟоу азнеишьақәа рыла Иегова абык иеиԥш ҳара зегьы дҳаиҷаҳауеит (Аԥсал. 32:8).
14. Избан Иегова аҵара заҳирҵо, насгьы ишԥаҟаиҵо уи?
14 Иегова аҵара ҳирҵоит. Иисус днаӡан, аха ҳара ҳнаӡаӡам. Убри аҟынтә бзиа ҳазбо Ҳаб аҵара ҳирҵарц азы ҳириашоит, ианаҭахугьы ҳахьирхәуеит. Абиблиаҿы иануп: «Иегова бзиа иибо дириашоит» (Ажәам. 3:12). Иегова ҳириашоит еиуеиԥшым азнеишьақәа рыла. Иаҳҳәап, Абиблиаҿы ҳзыԥхьо ма аизараҿы иҳаҳауа ҳхәыцшьеи ҳхымҩаԥгашьеи ариашар алшоит. Мамзаргьы аизара аиҳабацәа рҟынтә ацхыраара ҳаур ауеит. Иегова ҳашириашозаалакгьы, уи еснагь бзиабарала ауп ишыҟаиҵо (Иер. 30:11).
15. Ҳашԥаихьчо ҳара Иегова?
15 Иегова аԥышәарақәа раан дҳацхраауеит. Аб ихәыҷқәа ауадаҩрақәа анрымоу дышрыцхраауа еиԥш, жәҩантәи Ҳабгьы аԥышәарақәа рыхгара дҳацхраауеит. Иегова иԥшьоу идоуҳа ҳаиҭоит. Уи иареи ҳареи ҳаиҩызара бжьызхыр алшо аҟынтә ҳахьчоит (Лука 11:13). Иегова иара убас ҳгәы каҳаны ҳаныҟоу дҳацхраауеит. Иаҳҳәап, иара зеиԥшыҟам агәыӷра ҳаиҭоит. Уи агәыӷра ҳауадаҩрақәа рыхгара иҳацхраауеит. Шәазхәыц: ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зеиԥшразаалакгьы, бзиа ҳазбо Ҳаб ҳгәаҟрақәа зегь ықәигоит. Ҳзықәшәо аԥышәарақәа зеиԥшразаалакгьы, урҭ аамҭалатәиуп, Иегова изылԥхарақәа наӡаӡатәиуп! (2 Кор. 4:16—18).
ҲАБ АХААНГЬЫ ҲААНИЖЬӠОМ
16. Иҟалазеи Адам бзиа дызбоз Иаб даниҿагыла?
16 Адам азымӡырҩра анааирԥш ашьҭахь Иегова иҟаиҵаз иаҳнарбоит уи бзиа ҳшибо. Адам жәҩантәи Иаб даниҿагыла ашьҭахь, насыԥ змаз Иегова иҭаацәара дахәҭакны аҟазаара уаҳа алшара имамызт. Уи алшара ихылҵызгьы ирцәыӡит (Рим. 5:12; 7:14). Аха Иегова ауаа дрыцхраарц азы ак иӡбеит.
17. Иҟаиҵазеи Иегова, Адам даниҿагыла ашьҭахь?
17 Иегова Адам дахьирхәит, аха ихылҵыз дрыцхраарц иҭаххеит. Иара иаразнак иӡбеит изыӡырҩуа ауаа еиҭа иҭаацәара иахәҭакны иҟаиҵарц (Аҟаз. 3:15; Рим. 8:20, 21). Уи азы иара бзиа иибоз Иԥа, Иисус, ҳҿихырц азы адгьыл ахь дааишьҭит. Иԥа иԥсҭазаара ҳахҭынҵаны Иегова иаҳирбеит иӷәӷәаны бзиа ҳшибо (Иоанн 3:16).
Ҳара Анцәа ҳаицәыхарахар, аха анаҩс ҳахьхәыр, бзиа ҳазбо Ҳаб Иегова еиҭа ҳадкылара дазхиоуп, уи даараӡагьы иҭахуп (Шәахәаԥш абзац 18.)
18. Иабантәиҳдыруеи Иегова ихәыҷқәа ҳакәзарц шиҭаху, зны-зынла ҳаицәыхарахозаргьы?
18 Ҳара ҳнаӡаӡам, аха уеизгьы Иегова иҭахуп иҭаацәара ҳахәҭакзарц, насгьы иара ҳацхраара ахаангьы уадаҩраны иԥхьаӡаӡом. Зны-зынла игәы иҳархьыр, ма ҳаицәыхарахар алшоит, аха иара ҳхынҳәуеит ҳәа дгәыӷуеит. Заб даанзыжьыз аԥа иҭоурых аҟынтә Иисус иҳаилиркааит Иегова ихәыҷқәа ӷәӷәала бзиа ишибо (Лука 15:11—32). Аб еснагь дгәыӷуан иԥа ҽнак зны дхынҳәуеит ҳәа. Аԥа аҩныҟа дхынҳәны данаа, иаб дгәырӷьаҵәа дыҩны диԥылеит, дагьигәыдиҳәҳәалеит. Ҳара Иегова ҳаицәыхарахазар, аха анаҩс ҳахьхәызар, агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит бзиа ҳазбо Ҳаб еиҭа ҳадкылара дшазхиоу, насгьы уи даараӡа ишиҭаху.
19. Ишԥақәиго Иегова Адам иаҳзааигаз агәаҟрақәа зегьы?
19 Ҳара Ҳаб иқәигоит Адам иаҳзааигаз агәаҟрақәа зегьы. Адам амӡырҩра анааирԥш ашьҭахь Иегова иӡбеит Иԥа Иисус аҳра ицзуло, насгьы ԥшьаҩцәас амаҵ зуло 144 000-ҩык ауаа иҭаацәара иахәҭакхарц. Иисус аҳра ицзулои иареи адунеи ҿыц аҿы Анцәа изыӡырҩло ауаа наӡахарц ирыцхраауеит. Аҵыхәтәантәи аԥышәара анырхыргалак ашьҭахь Анцәа урҭ наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳамҭас ириҭоит. Ҳәарада, Ҳаб инаӡоу иԥацәеи иԥҳацәеи рыла адгьыл шҭәыз анибалак даара дгәырӷьалоит. Уи зеиԥшыҟам аамҭахоит!
20. Ишԥааирԥшуеи Иегова бзиа ҳшибо, насгьы еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?
20 Иегова даара бзиа ҳаибоит. Иара зегь иреиӷьу Аб иоуп. Уи ҳаҳәарақәа дырзыӡырҩуеит, иара убас ҳцәеижьтә, насгьы ҳдоуҳатә ҭахрақәа дреиҷаҳауеит. Иара аҵара ҳирҵоит, дагьҳацхраауеит. Уи адагьы, ҳаԥхьаҟа аҳамҭақәа рацәаны иҳаиҭоит. Шаҟа ҳаигәырӷьозеи Ҳаб Иегова бзиа ҳшибо, насгьы дышҳаиҷаҳауа ахьаҳдыруа! Анаҩстәи астатиаҿы еилыргахоит Иегова ибзиабаразы ҳара, иара ихәыҷқәа, аџьшьара ааҳарԥшлар шҳалшо.
АШӘА 108 Анцәа гәыкала бзиа ҳаибоит
a Ҳара иаҳдыруеит Иегова Ҳазшаз, насгьы Зегьирхаку шиакәу. Аха ҳара имаҷымкәа амзызқәа ҳамоуп Иегова бзиа ҳазбо Ҳаб иеиԥш иԥхьаӡаразы. Ари астатиаҿы урҭ амзызқәа еилҳаргоит. Иара убас еилаҳкаауеит Иегова ахаангьы ҳшаанимыжьуа агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо.
b АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО: аԥшь-сахьак рҿы абацәа рхәыҷқәеи дареи ҳбоит: 1) аб иԥа зҿлымҳарыла дизыӡырҩуеит, 2) аб иԥҳа акрылҿеиҵоит, 3) аб иԥа аҵара иирҵоит, 4) аб иԥа игәы шьҭихуеит. Ашьҭахь Иегова инапы ҳбоит, уи иаҳгәаланаршәоит Иегова ҳаргьы убас дышҳаиҷаҳауа.