Ишԥааирԥшуеи Иегова ҳара ҳахь ибзиабара?
«Шәазхәыц Аб ибзиабара ҳара ҳахь шаҟа иӷәӷәоу» (1 ИОАН. 3:1).
1. Ҳгәы зызҭарҵозеи апостол Иоанн иажәақәа ҳазхәыцырц, насгьы избан уи зхадоу?
1 ИОАНН 3:1 иану ажәақәа ҳгәазҭарҵоит аџьшьара аарԥшны, Иегова ибзиабара дуӡӡа азхәыцра. Апостол Иоанн иҩуеит: «Шәазхәыц Аб ибзиабара ҳара ҳахь шаҟа иӷәӷәоу». Ҳара Иегова шаҟа иӷәӷәаны бзиа ҳаибо, насгьы уи ибзиабара ахьааԥшуа ҳаназхәыцуа, ҳаизыҟазаашьақәа еиҳа иӷәӷәахоит, ҳаргьы еиҳа бзиа даҳбоит.
2. Избан шьоукы Анцәа бзиа ишибо ахаҵара зырцәыцәгьоу?
2 Аха иҟоуп Анцәа бзиа ишибо ахаҿы аагараҵәҟьагьы зыцәтәыму ауаа. Дара ирыԥхьаӡоит Анцәа имҵахырхәараҿы зегь реиҳа ихадоу ацәшәареи азыӡырҩреи роуп ҳәа. Адинхаҵара иадҳәалоу амцҵарақәа ӷәӷәала иахьрыларҵәоу иахҟьаны, дара ргәы иаанагар алшоит Анцәа дгәымбылџьбароуп, насгьы бзиа ибара залшом ҳәа. Аха уи аамҭазгьы Анцәа еилых ҟамҵакәа ауаа зегьы, рхы шымҩаԥыргозаалакгьы, бзиа ибоит ҳәа агәра зго ауаа ыҟоуп. Абиблиа анҭаҳҵаауаз, ҳара еилаҳкааит абзиабара — ари Иегова иҟазшьа хада шакәу, насгьы аҿыхра аҳасабала Иԥа ҳара ҳзы иаашьҭра игәазҭазҵаз иара шакәу (Иоан. 3:16; 1 Иоан. 4:8). Аха уеизгьы, Анцәа ибзиабаразы иҳамоу агәаанагара лассы-лассы ианыруеит ҳхатә ԥышәеи ҳааӡареи.
3. Иарбан библиатә ҵабыргу Иегова ӷәӷәала бзиа ҳшибо аилкаара иҳацхраауа?
3 Ишԥааирԥшуеи Иегова ҳара ҳахь ибзиабара? Ҳара ари азҵаара аҭак ҟаҳҵар ҳалшоит, Анцәеи ауааи реизыҟазаашьақәа ибзианы ҳрызхәыцыр. Иегова — Ҳазшаз иоуп. (Шәаԥхьа Ԥсалом 100:3—5.) Убри азоуп Абиблиаҿы Адам Анцәа иԥа ҳәа ихьӡ зҳәоу. Иара убас Иисус ишьҭанеицәа идирҵон Иегова иахь рхы дырхарц: «Жәҩан иҟоу Ҳаб» (Лука 3:38; Матф. 6:9). Иегова — аԥсҭазаара дахыҵхырҭоуп; уи Ҳаб иоуп, убри аҟынтә Анцәеи ауааи реизыҟазаашьақәа аб ихәыҷқәеи иареи реизыҟазаашьақәа иреиԥшзар ауп. Даҽакала иаҳҳәозар, Иегова убас иӷәӷәаны бзиа ҳаибоит, аиҷаҳара злоу аб ихшара бзиа ишибо еиԥш.
4. а) Дзеиԥшра абузеи Иегова? б) Еилҳаргозеи ҳара ари, насгьы анаҩстәи астатиақәа рҿы?
4 Ҳәарада, ауаа наӡам. Убри аҟынтә зегь иреиӷьу абацәагьы Иегова иеиԥш бзиа абара рылшом. Уи адагьы, шьоукы рабацәеи дареи реизыҟазаашьақәа аныргәалашәо, уиаҟара иаргәырӷьом. Ианыхәыҷыз изықәшәаз ахьааи агәымбылџьбарареи ргәаҿы имӷьаӡо ахәрақәа анырҵеит. Агәра ганы шәыҟаз, Иегова зынӡа даҽакала иҟоу абуп (Ԥс. 27:10). Уи ибзиабареи иеиҷаҳареи ртәы анеилаҳкаауа, ҳара, ҳәарада, иара ҳаизааигәахар ҳҭаххоит (Иак. 4:8). Ари астатиаҿы еилҳаргоит Иегова ҳара ҳахь абзиабара ахьааирԥшуа ԥшь-ганк. Анаҩстәи астатиаҿы еилҳаргоит иара иахь абзиабара ахьааҳарԥшыр ҳалшо аганқәа ԥшьба.
ИЕГОВА БЗИАБАРАЛА ДҲАИҶАҲАУЕИТ
5. Ирзеиҭеиҳәазеи Павел афинаа Анцәа изкны?
5 Апостол Павел Афинақәа рҿы даныҟаз, игәеиҭеит ари абырзен қалақь ныхала ишҭәыз. Афинаа агәра ргон рыԥсҭазаара, насгьы ирымоу зегьы зыбзоуроу анцәахәқәа роуп ҳәа. Уи Павел абас аҳәара игәазҭанаҵеит: «Адунеи зшаз Анцәа — адунеи иаақәу зегьы ԥсҭазаара рызҭаз... Иара ихаҭа зегьы ԥсҭазаара риҭоит, аԥсыԥ лага-ҩагара рылиршоит. Ҳара ԥсҭазаара ахьҳамоу, ҳахьынеиҭаҵ-ааиҭаҵуа, ҳахьыҟоу Иара иҿы ауп» (Аус. 17:24, 25, 28). Ииашаҵәҟьаны, абзиабара Иегова игәазҭанаҵоит ҳаԥсҭазааразы иҳагу зегь ҳаҭара. Шәааи игәаҳҭап уахь иаҵанакуа.
6. Ишԥашьақәнарӷәӷәо ҳапланета Анцәа бзиа ҳшибо? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
6 Шәазхәыц Ҳазшаз «ауаатәыҩсатә ԥацәа ириҭаз» ҳапланета (Ԥс. 115:15, 16). Аҵарауаа ҳара ҳапланета иеиԥшу рыԥшаарц азы, акосмос аҭҵаара аԥара рацәаны иақәдырӡуеит. Иахьа анаука шәкыла апланетақәа шадыруагьы, Адгьыл аҿы иҟоу аԥсҭазааразы иманшәалоу аҭагылазаашьа аҩыза макьана џьаргьы иԥшаам. Иубартә иҟоуп Адгьыл зеиԥшыҟам Анцәа ишамҭа шакәу. Шәхахьы иаажәг: агалактика Асар рымҩа аҿы иҟоу хыԥхьаӡара змам апланетақәа, иара убас урҭ рнаҩсангьы иҟоу зегьы рыбжьара Адгьыл заҵәык ауп иалкаау ароль змоу. Ари аԥсҭазаара ҟалартә ахьзалшо адагьы, ауаа рзы даара иманшәалоу, анхара ахьшәарҭам ҩнуп! (Ис. 45:18). Иегова ҳара бзиа ҳаибаҵәҟьоит! (Шәрыԥхьа Иов 38:4, 7; Ԥсалом 8:3—5.)
7. Ишԥаныԥшуеи Анцәа ибзиабара ҳшишаз аҿы?
7 Иегова иманшәалоу, иԥшӡоу адгьыл ҩныс ишҳаиҭазгьы, иара идыруеит ауаа насыԥ рымазарц азы ирҭаху аматериалтә мазара мацара шакәым. Ахәыҷы насыԥ имоуп, иҭаацәа рыбзиабареи реиҷаҳареи аниныруа. Иегова ауаа иара иеиԥшны ишеит. Уи ҳаишеит ибзиабара ҳнырлартә, иаргьы бзиа даҳбалартә алшара ҳаҭаны (Аҟаз. 1:27). Иара убас Иисус иҳәеит: «Бзазара рымоуп доуҳала зҽыздыруа» (Матф. 5:3). Абзиабара аазырԥшуа Аб иеиԥш, Иегова «гәахәас иҳауа зегьы гәыҭбаарала иҳазҭауа» иоуп — цәеижьла еиԥш, доуҳалагьы (1 Тим. 6:17; Ԥс. 145:16).
ИЕГОВА БЗИАБАРАЛА АҴАБЫРГ ҲИРҴОИТ
8. Избан ҳара изаҳҭаху «аҵабырг Анцәа» арҵара ҳаиҭаларц?
8 Абацәа бзиақәа рхәыҷқәа бзиа ирбоит, насгьы рхәыҷқәа аӡәы амц ижьарц, мамзаргьы идырҩашьарц рҭахӡам. Аха иахьа аҭаацәа аӡәырҩы рхаҭа Анцәа Иажәа иану апринципқәа мап рцәыркуеит, убри аҟынтә рхәыҷқәа ииашоу анапхгара рызрыҭаӡом. Уи иахҟьаны ауаа лассы-лассы насыԥ рымам, насгьы иҟарҵаша рыздыруам (Ажәам. 14:12). Аха Иегова — «аҵабырг Анцәа» иоуп (Ԥс. 31:5). Иара ихәыҷқәа бзиа ибоит, насгьы иҭахуп иҵабырг алашара рыԥсҭазаара аганқәа зегьы арлашаларц, ииашаны имаҵ руларц. (Шәаԥхьа Ԥсалом 43:3.) Иарбан библиатә ҵабыргқәоу Иегова иаҳзааиртыз, насгьы ишԥаныԥши уи иара ибзиабара?
Абацәа-ақьырсианцәа Иегова иҿыԥшуеит, рхәыҷқәа Абиблиа иану аҵабырг анддырҵо, насгьы жәҩантәи Аби дареи еизааигәоу аизыҟазаашьақәа рымазарц ианрыцхраауа (Шәрыхәаԥш абзацқәа 8—10.)
9, 10. Ишԥааирԥши Иегова бзиа ҳшибо: а) иара изку аҵабырг аартны? б) ауаа ирызку аҵабырг аартны?
9 Раԥхьаӡа иргыланы, Иегова иаҳзааиртит иара изку аҵабырг. Ҳара еилаҳкааит Абиблиаҿы егьырҭ ахьӡқәа раасҭа лассы-лассы иуԥыло ихатәы хьыӡ. Абас Иегова еиҳа еиӷьны иеилкаара алшара ҳаиҭеит, еиҳа даҳзааигәахеит (Иак. 4:8). Уи адагьы, Анцәа ихаҭара, насгьы иҟазшьақәа ҳзааиртуеит. Имчи иҟәыӷареи иааҳакәыршаны иҟоу Жәҩантәылаҿы еилыкка иубарҭоуп. Иԥшьоу Аҩыра аҟынтәи ҳара еилаҳкаауеит ииашареи ибзиабара дуи ртәы (Рим. 1:20). Иегова иҟазшьа ссирқәа инарҵауланы еилаҳкаацыԥхьаӡа, иареи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа еиҳа иӷәӷәахоит.
10 Иегова иара убас иаҳзааиртит ауаатәыҩса ирыдҳәалоу ихықәкы. Иара иаҳирҵоит акзаара ахьыҟоу иҭаацәара ду ҳахәҭакхар, насгьы уа аҭынчреи аиҿкаареи ыҟазарц ҳацхраар шҳалшо. Абиблиа аҟынтәи ҳара еилаҳкаауеит Ҳазшаз ауаа ацәгьеи абзиеи аӡбара азин шриимҭаз. Анцәа ихьыԥшӡамкәа инхо, насгьы инапхгара иацымныҟәо ауаа алҵшәа бааԥс ахь икылнагоит (Иер. 10:23). Иегова идыруеит ҳара иаҳзеиӷьу. Убри аҟнытә аҭынчра ахьыҟоу ҳанхаларц азы, Анцәа имчра азхаҳҵалароуп, ҳаизыӡырҩлароуп. Иегова аҵак ду змоу ари аҵабырг ахьҳирҵаз, хымԥада, ибзиабара ду аныԥшуеит!
11. Иарбан гәыӷроу Иегова иҳаиҭаз?
11 Абзиабара злоу абацәа рыхшара рԥеиԥш иазхәыцуеит, насгьы рыԥсҭазаара аҵакы амазарц рҭахуп. Рыцҳарас иҟалаз, ауаа реиҳараҩык ирԥеиԥшу рыздыруам, рыԥсҭазаара ахәарҭа узаазымго иазыркуеит (Ԥс. 90:10). Аха ҳара жәҩантәи Ҳаб ибзиабара ҳныруеит, избанзар иара иҳаиҭеит агәыӷра ссир. Ҳара иҳамоуп иаԥсоу ахықәкы, ус баша ҳанхаӡом.
ИЕГОВА ИХШАРА МҨАҚӘИҴОИТ, НАСГЬЫ ИРИАШОИТ
12. Ишԥааирԥши Иегова абзиабареи аиҷаҳареи, Каини Варухи алабжьарақәа анриҭоз?
12 Иегова Каин агха ӷәӷәа аҟаҵара зынӡаск дшазааигәаӡаз аниба, ус диазҵаауеит: «Угәы ԥызжәазеи, насгьы изеиқәузеи улахь? Абзиара ҟауҵозар, уҳаракымхаӡои? ...Агәнаҳа ушә аҿы ишьҭоуп... аха уаҿагылома уи уара?» (Аҟаз. 4:6, 7). Арҭ ажәақәа ирныԥшуан изаамҭанытәу алабжьареи ак аҟаҵара угәазҭазҵоз анапхгареи. Аха Каин ари агәҽанҵара идимкылеит, алҵшәа бааԥсгьы изаанагеит (Аҟаз. 4:11—13). Даҽа ҿырԥштәык: Иеремиа иписар Варух игәы анкаҳа, имч илӡаазшәа аниба, Иегова алабжьара ииҭеит, ауадаҩра ахьынтәиаауаз иирбеит. Каин иеиԥш акәымкәа, Варух алабжьара идикылеит, уи иԥсҭазаара еиқәнархеит (Иер. 45:2—5).
13. Избан Иегова имаҵзуҩцәа аԥышәарақәа ирықәшәаларц зиаҩижьуа?
13 Иегова бзиа ҳаибоит аҟнытә, анапхгара ҳаиҭоит, насгьы ҳириашоит. Абиблиаҿы иҳәоуп: «Избанзар Иҳақәиҭу бзиа иибауа роуп дызқәыцәҟьауа... ԥаҵас, хшараҵас идикыло дарбанзаалакь ипҟоит» (Аур. 12:6). Аха ариашара — ари еснагь ахьырхәра мацара акәӡам; уи еиуеиԥшым аформақәа амоуп. Абиблиаҿы ҳара аԥышәара ӷәӷәақәа акыр здырҵаз Анцәа имаҵзуҩцәа рыӡбахә ҳаԥхьоит. Иара убас дара зны-зынла ариашара рыдыркылалар акәын. Анцәа Иажәаҿы исахьаркны еиҭаҳәоуп Иосифи, Моисеи, Давиди рыԥсҭазаара. Иегова урҭ аамҭа хьанҭақәа раан иаанижьуамызт, аҵыхәтәангьы ирыдиҵаз рацәоуп. Уи иазкны ҳанаԥхьо, ҳара еиҳагьы иаҳбоит Анцәа имаҵзуҩцәа бзиа ишибо, насгьы дышреиҷаҳауа. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 3:11, 12.)
14. Ишԥаныԥшуеи Иегова ибзиабара иҳаиҭо ариашара?
14 Иегова имаҵзуҩцәа шириашо ибзиабара даҽа ганк аныԥшуеит. Агәнаҳа ҟазҵаз Анцәа ириашара анрыдыркыло, иҟарҵаз ианахьхәуа, иара гәыҭбаарала иранаижьуеит (Ис. 55:7). Иаанагозеи уи? Аҳ Давид Иегова ихаҭара ари аган исахьаркны дахцәажәеит: «...[иара] узакәандарақәа зегьы уанаижьуеит... учымазарақәа зегь ихәышәтәуеит... уԥсҭазаара анышәынҭра аҟынтәи еиқәирхоит, насгьы ибзиабаратә қьиареи игәшаҭареи агәыргьын еиԥш иухаиҵоит... Амрагыламҭа амраҭашәамҭа аҟынтә шаҟа ихароу аҟара, убас ихараны иара ҳацәгьоурақәа ҳԥыригеит» (Ԥс. 103:3, 4, 12). Шәааи Анцәа илабжьарақәа еснагь иҳадаҳкылалап, насгьы ҳанириашо, иахмырԥакәа иахәҭоу ҟаҳҵалап. Ҳара иаҳгәалашәоит Анцәа иҳаиҭо амҩақәҵара ҳара ҳахь иааирԥшуа абзиабара ду шаныԥшуа (Ԥс. 30:5).
ИЕГОВА ҲИХЬЧОИТ
15. Иузырбозеи Иегова ижәлар рыхә ҳаракны ишишьо?
15 Ҳәарада, абзиабареи аиҷаҳареи злоу абацәа зегьы рҭаацәа рыхьчоит. Уи аҿы жәҩантәи Ҳаб Иегова аҿырԥш бзиа ҳаиҭеит. Аԥсаломшәаҳәаҩ Иегова изкны иҳәон: «Иара изиашоу рыԥсы ихьчоит, ицқьам ауаа цәгьақәа рнапқәа ирцәихьчоит» (Ԥс. 97:10). Шәазхәыц: ҳара ҳаблабара даара ҳахӡыӡаауеит, убри аҟынтә ҳаблақәа ҳахьчоит. Убасҵәҟьа Иегова ижәлар ихьчоит. (Шәаԥхьа Захариа 2:8.) Шаҟа рыхә ҳаракны ишьозеи Иегова имаҵзуҩцәа!
16, 17. Ишԥаихьчоз Иегова ижәлар ажәытәан, насгьы ишԥаихьчо урҭ иахьа?
16 Иаҳҳәап, Иегова ижәлар имаалықьцәа рыла ихьчоит (Ԥс. 91:11). Зны амаалықь Иерусалим ассириаа рқәылара аҟынтә ихьчеит, уахык ала 185-нызқьҩык аруаа ҭарханы (2 Аҳ. 19:35). Иара убас амаалықьцәа рыбзоурала абахҭа аҟынтәи иоужьын апостолцәа Пиотр, Павел, насгьы егьырҭ ақьырсианцәа (Аус. 5:18—20; 12:6—11). Ҳара ҳаамҭазгьы Иегова ижәлар рыхьчара дазхиоуп. Африкатәи атәылақәа руак аҿы иҟоу афилиал иаҭааз ахадаратә усбарҭа ахаҭарнак иҳәеит аполитикатә, адинхаҵаратә конфликтқәа уи атәыла хыла-гәыла еиланаҵеит, анархиа ҟалеит ҳәа. Иҟалалон бџьарла аиҿагыларақәа, аӡәырҩы амш рыларгон, иршьуан, иахьабалак аҷанеимҵәаҩцәа алан. Аха ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рҟынтә аӡәгьы дҭамхеит, аӡәырҩы ирымаз шырцәыӡызгьы. Уи ихаҵара ицеиҩызшоз шәыуадаҩрақәа шәышԥариааиуеи ҳәа данразҵаауаз, дара ҿаԥха-ҿаччо аҭак ҟарҵон: «Зегь бзиоуп, уи азы Иегова иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит!» Дара Анцәа ибзиабареи иеиҷаҳареи рныруан.
17 Зны-зынла Иегова иаҩижьуеит аҵабырг аӷацәа ирыхҟьаны, ииашоу имаҵзуҩцәа рҟынтәи шьоукы рыԥсҭазаара иалҵырц, Стефан ишихьыз еиԥш. Аха Иегова ижәлар иааизакны ихьчоит, Аҩсҭаа ицәҟьақәа рҟынтәи ианаамҭоу ргәырҽанҵаны (Ефес. 6:10—12). Иорганизациа ала иҳаиҭо Иажәа, насгьы уи шьаҭас измоу апубликациақәа рҿы иара ҳгәаҳҽаниҵоит ишшәарҭоу, иаҳҳәап, амц узжьо амал ашьҭалара, игәаԥхашәадоу, игәымбылџьбароу агәырҿыхагақәа, аинтернет аҿы иҟоу ацәҟьақәа рганахь ала. Еилкаауп Иегова, абзиабара зҵоу Аб иеиԥш, ижәлар ршәарҭадареи рыманшәалареи дышреиҷаҳауа.
АҲАҬЫР ДУ
18. Иарбан цәаныррақәоу Иегова ибзиабара ишәызцәырнаго?
18 Ҳара еилҳаргеит Иегова абзиабара ахьааирԥшуа ганқәак. Ҳара зыԥсҭазаара акыр шықәса Анцәа имаҵзураҿы изхызгаз Моисеи имаз ацәаныррақәа еилаҳкаауеит, уи иҳәеит: «Ашьыжь убзиабаратә қьиарала ҳгәы рҭәы, ҳаԥсы ҭанаҵы ҳабжьы ҭганы ҳгәырӷьаларц» (Ԥс. 90:14). Ииашаҵәҟьаны, Иегова ибзиабара атәы адырреи уи анырреи — ари даара ҳаҭыр дууп, насгьы зылԥхароуп! Ҳара апостол Иоанн иажәақәа ҳрықәшаҳаҭуп: «Шәазхәыц Аб ибзиабара ҳара ҳахь шаҟа иӷәӷәоу» (1 Иоан. 3:1).