Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w15 1/9 ад. 28—32
  • Ишԥаҳалшо ҳара Иегова бзиа дшаҳбо иҳарбар?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ишԥаҳалшо ҳара Иегова бзиа дшаҳбо иҳарбар?
  • Ахьчаратә бааш 2015
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЕГОВА МЕИГӠАРАХДА ИШӘИҬО АҲАМҬАҚӘА РЗЫ ИҬАБУП ҲӘА ИАШӘҲӘАЛА
  • ГӘЫК-ԤСЫК АЛА АҴАБЫРГ ШӘЫДЫШӘКЫЛАЛА
  • АНЦӘА ИШӘЫДИГАЛО АРИАШАРЕИ АБЖЬАГАРЕИ ШӘЫДЫШӘКЫЛАЛА
  • АХЬЧАРЕИ АИҚӘЫРХАРЕИ ИЕГОВА ИҾЫ ШӘАШЬҬАЗ
  • Шәыбзиабара хьшәашәартә алшәмыршан
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Абзиабара зыхә ҳараку ҟазшьоуп
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Ишԥааирԥшуеи Иегова ҳара ҳахь ибзиабара?
    Ахьчаратә бааш 2015
  • «Саб бзиа [дызбоит]»
    «Усышьҭаланы уаала»
Ахьчаратә бааш 2015
w15 1/9 ад. 28—32

Ишԥаҳалшо ҳара Иегова бзиа дшаҳбо иҳарбар?

«Иара бзиа даҳбап, избан акәзар Иара иоуп аԥхьа ҳара бзиа ҳазбаз» (1 ИОАН. 4:19).

АШӘАҚӘА: 56, 138

ИАРБАН ЦӘАНЫРРАҚӘОУ ИШӘЫЗЦӘЫРҴУА ШӘАРА ИЕГОВА...

  1. ...бзиабарала ҳҭахрақәа дышреиҷаҳауа аныжәбо?

  2. ...бзиабарала ҳдоуҳатә ҭахрақәа дышреиҷаҳауа аныжәбо?

  3. ...бзиабарала абжьагара шҳаиҭо, насгьы ҳашириашо аныжәбо?

1, 2. Ишԥаҳаиҭеи Иегова бзиа абара иазкны аҿырԥш бзиа?

ИШДЫРУ ЕИԤШ, ахәыҷқәа рҭаацәа рҿырԥшы еиҳарак ирықәныҟәоит. Апостол Иоанн иҩуан: «Иара бзиа даҳбап, избан акәзар... [Анцәа] иоуп аԥхьа ҳара бзиа ҳазбаз» (1 Иоан. 4:19). Убас Иегова бзиа абара иазку зеиԥшыҟам аҿырԥшы ҳаиҭеит, уи ҳара ҳгәазҭанаҵоит иаргьы бзиа ибара.

2 Ишԥеилкаатәу «иара аԥхьа ҳара бзиа ҳазбаз иоуп» ҳәа иану? Апостол Павел иҳәеит: «Анцәа ҳара ҳахь имаз абзиабара ааирԥшит иаҳхыԥсааз Христос ила, ҳарҭ агәнаҳаура ҳанаҿыз аамҭазы» (Рим. 5:8). Иара иахь агәрахаҵара аазырԥшуа Иԥа иԥсы рыхҭынҵаны, Иегова иааирԥшит абзиабараҵәҟьа закәу. Ари аҩыза абзиабара ҷыдарас иамоуп аҳалалра, ахатә феида алымхра, ахамеигӡара. Анцәа иҳаиҭаз хәы змам ари аҳамҭа абзоурала, ҳара иҳалшоит иара изааигәахара, ибзиабара анырра, насгьы иаргьы бзиа ибара (1 Иоан. 4:10).

3, 4. Изеиԥшразар ахәҭоузеи Анцәа иахь иҳамоу ҳабзиабара?

3 Абзиабара — Иегова иҟазшьақәа зегь раасҭа ихадоуп. Убри азоуп Иисус Азакәан аҿы зегь реиҳа ихадоу аԥҟара иазкны аӡә изҵаара аҭак аныҟаиҵоз изиҳәаз: «Бзиа дба Иуқәиҭу Унцәа — угәынаӡала, уԥсынаӡала, удырранаӡала, улшара наӡала» (Мар. 12:30). Иисус иажәақәа рҟынтә иубарҭоуп Анцәа иахь иаарԥшу абзиабара раԥхьаӡа иргыланы угәаҟынтә ишаауа. Иегова игәаԥхаӡом аҵыхәтәанынӡа бзиа данаҳамбо. Иара убас ҳара иаҳбоит Анцәа бзиа дышбалатәу гәынаӡала, ԥсынаӡала, дырранаӡала, лшара наӡала. Ус акәзар, абзиабараҵәҟьа — ҳгәы иҳаҵанаҳәо аасҭа акыр еиҳауп. Иара ҳусқәеи ҳхәыцрақәеи ирныԥшуазароуп. Аԥааимбар Михеи ишиҳәаз ала, Иегова иҭахуп ҳара убас бзиа даҳбалар. (Шәаԥхьа Михеи 6:8.)

4 Ишԥаҳалшо жәҩантәи Ҳаб ииашаҵәҟьаны бзиа дшаҳбо аарԥшра? Ҳара иара иҵауланы, насгьы гәык-ԥсыкала бзиа даҳбалар ауп. Иисус ишиҳәоз еиԥш, уи аҩыза абзиабара ҳгәазҭанаҵоит ҳцәеижьтә, ҳемоциатә, иара убас ҳахшыҩтә лшарақәа рхархәара. Ари аԥхьа иҟаз астатиаҿы еилҳаргеит Иегова ҳара ҳахь аб ибзиабара ахьааирԥшуа ԥшь-ганк. Уажәшьҭа ҳара ҳахәаԥшуеит Анцәа бзиа дшаҳбо, насгьы дҳаргәырӷьалар шаҳҭаху злааҳарԥшыр ҳалшо.

ИЕГОВА МЕИГӠАРАХДА ИШӘИҬО АҲАМҬАҚӘА РЗЫ ИҬАБУП ҲӘА ИАШӘҲӘАЛА

5. Ишԥаҳалшарыз ҳара аџьшьара аарԥшра Иегова меигӡарахда иҳаиҭо аҳамҭақәа рзы?

5 Шәышԥазыҟоу шәара ак ҳамҭас ианшәырҭо? Шәара ишакәзаалакгьы аџьшьара аарԥшра шәҽазышәшәозар ауеит. Уи адагьы, шәара уи аҳамҭа пату ақәышәҵалоит, шәхы иашәырхәалоит. Христос иҵаҩы Иаков иҩуан: «Аҳамҭа ҳалалқәа, аҳамҭа наӡақәа зегьы жәҩан лашара Аб иаҳзааишьҭит, Уи — изаҟаразаалакь ԥсахра-еицакра иқәым» (Иак. 1:17). Иегова дааҟәымҵӡакәа иҳаиҭоит ҳаԥсҭазааразы, насгьы анасыԥ ҳаурц азы иаҳҭаху зегьы. Ҳгәазҭанамҵаӡои уи ҳара еиҳагьы бзиа ибара?

6. Иҟарҵалар рыхәҭази израильаа, Анцәа изылԥхарақәа роуларц азы?

6 Ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа израильаа Иегова ибзиабареи иеиҷаҳареи рыгирхомызт, материалла еиԥш доуҳалагьы азылԥхара риҭон (Ҩынтә. 4:7, 8). Аха урҭ азылԥхарақәа анаҩсгьы ироуларц азы, дара Моисеи изакәан иқәныҟәалар акәын, раԥхьа иҭаргало, ирымоу рҟынтә зегь иреиӷьу Иегова изнагарагьы уахь иналаҵаны (Ақәҵ. 23:19). Ус ала израильаа иаадырԥшуан Иегова ибзиабара, насгьы уи иҳамҭақәа ус иахәҭоу ак ауп ҳәа ишрыхәамԥшуаз. (Шәаԥхьа Ҩынтәзакәан 8:7—11.)

7. Ишԥаҳалшо ҳара иҳамоу ахьтә зыхә ҳараку ҳхы иархәаны, Иегова иахь ҳабзиабара ааҳарԥшыр?

7 Иуҳәар алшозеи ҳара иҳазкны? Иахьа Анцәа аԥсаҭатәҵәҟьақәа шизнаҳамгогьы, иара иахь абзиабара ааҳарԥшыр ҳалшоит иҳамоу ахьтә зыхә ҳараку ала (Ажәам. 3:9). Иаҳҳәап, ҳара иҳалшоит Аҳра аус ахь аԥара алаҳҵар. Уи Иегова иахь абзиабара злааҳарԥшуа знеишьа бзиоуп, ҳматериалтә ҭагылазаашьа зеиԥшразаалакгьы (2 Кор. 8:12). Аха Анцәа иахь аџьшьара злааҳарԥшуа егьырҭ азнеишьақәагьы ыҟоуп.

8, 9. Ишԥеидҳәалоу Иегова иқәыргәыӷрақәа рахь иҳамоу агәрагареи иара иахь иааҳарԥшуа абзиабареи? Иаажәга аҿырԥшы.

8 Ишаҳгәалашәо еиԥш, Иисус иҵаҩцәа ргәазҭеиҵон афатәи амаҭәеи гәхьаас иҟарымҵаларц, аха Аҳра аинтересқәа раԥхьа идыргылаларц. Иара иҳәеит Аб иҳагу бзианы ишидыруа (Матф. 6:31—33). Ҳара арҭ ажәақәа шаҟа рыгәра ҳго иаанарԥшуеит Иегова иахь иҵаулоу абзиабара шҳамоу, избанзар абзиабареи агәреибагареи иааицрымшәо еицуп. Зыгәра ҳамго ауаҩы гәык-ԥсыкала бзиа дҳазбаӡом (Ԥс. 143:8). Убри аҟынтә ҳхы ҳазҵаар ҳалшоит: «Иубома Иегова иахь исымоу абзиабара схықәкқәеи схымҩаԥгашьеи рҿы? Агәра згома сара уи дшысхылаԥшуа? Ирныԥшуама уи сусқәа?»

9 Ҳахәаԥшып Маик зыхьӡу ақьырсиан иҿырԥшы. Данқәыԥшыз инаркны иара даҽа тәылак аҿы Анцәа имаҵ иулар иҭахын. Маик аԥҳәыс данааига, ҩыџьа ахшара аниоу ашьҭахьгьы, уи агәаҳәара ицәымӡӡеит. Ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо атәылақәа ирызку аацҳарақәеи астатиақәеи убриаҟара ирнырит, иҭаацәеи иареи рыԥсҭазаара дырмариарц рыӡбеит. Дара рыҩны ҭины, ауаҭах иҩналеит. Маик аилыргаратә маҵзура знапы алакыз акомпаниа дахагылан. Уи амҿхак ирмаҷит, насгьы аинтернет ала анапхгара азушьа иҵеит. Аҵыхәтәаны дара ҭаацәаныла даҽа тәылак ахь ииасит. Ҩы-шықәса насыԥла амаҵзураҿы ианихига, Маик иҳәоит: «Ҳара ҳхатә ԥышәала агәра ҳгеит Матфеи 6:33 иану Иисус иажәақәа шҵабыргу».

ГӘЫК-ԤСЫК АЛА АҴАБЫРГ ШӘЫДЫШӘКЫЛАЛА

10. Ишԥаҳнарбо аҳ Давид иҿырԥшы Иегова иусқәа рызхәыцра шхадоу?

10 3 000-ҟа шықәса раԥхьа инхоз аҳ Давид игәаҵанӡа инеиуан ажәҩан аԥшӡареи уи амҿхаки. Иара иҩуан: «Ажәҩан Анцәа ихьӡ-иԥша рыланаҳәоит, ажәҩан агәышҵа инапала иҟаиҵаз иусқәа ртәы еиҭанаҳәоит». Анцәа изакәанқәа аҟәыӷара шрыҵоу џьашьаны иҩуан: «Иегова изакәан наӡоуп — аԥсҭазаара унаҭоит. Иегова игәаларшәара уақәгәыӷыртә иҟоуп — аԥышәа змам аҟәыӷара инаҭоит». Давид аџьшьара аарԥшны Анцәа иусқәа дрызхәыцуан аҟынтә, иара агәра ганы иҳәеит: «Сажәақәеи сыгәҭахәыцрақәеи уара иугәаԥхалааит, о Иегова, сара Сыцаҟьа, сара Сҿыхҩы». Иубаратәы иҟан Давиди Анцәеи реизыҟазаашьақәа шыбзиаз (Ԥс. 19:1, 7, 14).

11. Ҳгәы зызҭанаҵозеи ҳара Анцәа иахь иҳамоу абзиабара иахьа меигӡарахда иҳауа адоуҳатә дыррақәа рганахь ала? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

11 Ҳара иахьа Иегова ишамҭақәеи игәҭаки ирызкны иҳамоу адыррақәа рацәоуп. Ҳазҭагылоу аамҭазы ахьӡ амоуп ҳәа иԥхьаӡоуп иреиҳаӡоу аҵараиурҭа аҭалара. Аха уи иашьҭаз аӡәырҩы Анцәа иахь ирымаз рыгәрахаҵареи иара иахь абзиабареи рцәыӡит. Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит адырра бзиа абара мацара адагьы, аҟәыӷареи аилкаареи реизырҳара. Уи иаанагоит Иегова иҟынтә иҳауа адыррақәа ҳхы иаҳархәалар шакәу, ҳара ҳада егьырҭгьы ахәарҭа рзаанагаларц азы (Ажәам. 4:5—7). Анцәа «иҭахуп ауаа зегьы еиқәхарц, аиаша-ҵабырг рҭаарц» (1 Тим. 2:4). Ҳара Иегова иахь абзиабара ааҳарԥшуеит Аҳра иазку ажәабжь бзиа гәацԥыҳәарала ауаа ианырзеиҭаҳҳәо, насгьы ауаатәыҩса рганахь ала Анцәа игәҭакы андеилҳаркаауа. (Шәаԥхьа Ԥсалом 66:16, 17.)

12. Ишԥаалырԥши аџьшьара иқәыԥшыз иаҳәшьак Иегова иҳамҭақәа рзы?

12 Аҿар, шәаргьы ишәылшоит Иегова бзиа дшыжәбо ишәырбар, идоуҳатә ҳамҭақәа рзы аџьшьара аарԥшуа. Шаннон зыхьӡу аиаҳәшьа еиҭалҳәоит лара 11 шықәса анылхыҵуаз, лаҳәшьа 10 шықәса, лҭаацәеи лареи «Анцәа изиашара» захьӡыз аобласттә конгресс ишаҭааз. Аконгресс амшқәа руак аан иқәыԥшыз зегьы ҷыдала ирзалхыз асектор аҿы итәарц ирыҳәеит. Шаннон убас иагьыҟалҵеит. Шаҟа деигәырӷьазеи лара, иқәыԥшыз зегьы ҳамҭас ианроу аҿар ргәы иҭыхо азҵаарақәа ахьеилыргоу ашәҟә ҿыц. Иарбан цәаныррақәоу усҟан Шаннон илызцәырҵыз? «Сара иснырит Иегова дшыҟаҵәҟьоу, насгьы даараӡа бзиа сшибо,— илгәалашәоит лара, иара убас иацылҵоит: — Ҳара насыԥ ҳамоуп згәы ҳалалу Ҳанцәа Иегова абри аҩыза аҳамҭа ссирқәа ахьҳаиҭо!»

АНЦӘА ИШӘЫДИГАЛО АРИАШАРЕИ АБЖЬАГАРЕИ ШӘЫДЫШӘКЫЛАЛА

13, 14. Ишԥадҳәалоу Иегова иахь иҳамоу абзиабара уи иҳаиҭо алабжьарақәа ҳашрызнеиуа?

13 Абиблиаҿы иҳәоуп: «Иегова бзиа иибо дириашоит, аб бзиа иибо иԥа дышириашо еиԥш» (Ажәам. 3:12). Ишԥаҳадаҳкылар акәу ҳара ариашара? Апостол Павел ииашаны иазгәеиҭон: «Иарбан ааӡаразаалакь, иарбан қәыцәҟьаразаалакь, агәырӷьа-гәахәара аасҭа еиҳа агәырҩа-гәала урҭоушәа убоит». Арҭ ажәақәа амҩақәҵара аҵакы зынӡа идырԥсыҽӡом, избанзар Павел анаҩс иҳәеит ԥыҭрак ашьҭахь, урҭқәа ирхысыз ауаҩы «имарымажаха иԥылоит [«аиашара», АдҾ]» ҳәа (Аур. 12:11). Ҳара ҳԥагьамхароуп, мамзаргьы Иегова илабжьарақәа ҳарзымгәаароуп. Уи зегьы ирзымариамзар ауеит, аха Анцәа иахь абзиабара амч ҳнаҭоит.

14 Аԥааимбар Малахиа ихаан аиудеицәа аӡәырҩы Анцәа имҩақәҵара пату ақәырҵомызт. Дара ибзианы ирдыруан Азакәан инақәыршәаны инаргараны иҟаз аԥсаҭатә зеиԥшраз, аха иаартны уи мап ацәыркуан, убри аҟынтә Иегова иаарӷәӷәаны алабжьара риҭар акәхеит. (Шәаԥхьа Малахиа 1:12, 13.) Шаҟа иуадаҩзи урҭ рҭагылазаашьа? Иегова иҳәеит: «Сара, хымԥада, ашәи шәзысышьҭуеит, шәзылԥхарақәа сшәиуеит. Урҭ сшәихьеит, избанзар шәара сыԥҟара шәхахьы иаажәгом» (Мал. 2:1, 2). Еилкаауп ауаа ус ишашьцылахьоу еиԥш, ма идырны Иегова имҩақәҵарақәа мап анырцәыркуа, уи иҽеим алҵшәа шаанаго.

Анцәа инормақәа шәрықәныҟәала, ари адунеи анормақәа ракәымкәа (Шәахәаԥш абзац 15.)

15. Иарбан ари адунеи аҿы иҟоу гәазыҟашьоу ҳара ҳҽызцәаҳахьчалар акәу?

15 Иахьатәи аамҭазы аӡәырҩы еиҳарак рхы, насгьы ргәаҳәарақәа ирызхьаԥшуеит. Ауаа алабжьарақәа анрырҭо бзиа ирбаӡом, урҭ рықәныҟәарагьы иахыццакӡом. Амҩақәҵара здызкылогьы уи гәахәарыла акәӡам ишыҟарҵо. Абиблиа ақьырсианцәа аанаԥхьоит: «Ари адунеи злаҟоу, ишьақәнаргылахьоу уи аҵас-қьабз рыла шәыҟамыз, урҭ шәырзымхьын, шәырмеилаҳан». Ҳара ибзианы еилаҳкаауазароуп «здаҟам Анцәа игәаҳәара», насгьы уи наҳагӡалароуп (Рим. 12:2). Иегова иорганизациа ала ианаамҭоу иҳаиҭоит ҳаԥсҭазаара еиуеиԥшым аганқәа ирыдҳәалоу алабжьарақәа, иаҳҳәап, ахацәеи аҳәсеи реизыҟазаашьа, иара убас аҩызцәеи агәырҿыхагақәеи ралхра ирызкны. Гәахәарыла арҭ алабжьарақәа ҳадаҳкылозар, иааҳарԥшуеит Иегова аџьшьара шиаҳҭо, гәыкала бзиа дшаҳбо (Иоан. 14:31; Рим. 6:17).

АХЬЧАРЕИ АИҚӘЫРХАРЕИ ИЕГОВА ИҾЫ ШӘАШЬҬАЗ

16, 17. а) Избан ҳара аӡбарақәа анҳадаҳкыло, Иегова игәаԥхара ҳхахьы изааҳгалар акәу? б) Ишԥаадырԥши израильаа Анцәа иахь абзиабареи агәрагареи шырзымхоз?

16 Ахәыҷқәа ашәарҭара ианҭагыло, инстинқтла рҭаацәа рахь еихоит. Аха иқәыԥшу ирызҳацыԥхьаӡа, еиҳа-еиҳа рхатә гәаанагара иақәгәыӷуеит, насгьы рхатәы ӡбарақәа рыдкылашьа рҵоит. Уи иаабац процессуп. Аха рҭаацәеи дареи аизыҟазаашьа бзиақәа змоу ауаа ирызҳазаргьы, аӡбара рыдыркылаанӡа рҭаацәа иразҵаауеит. Убас ауп Иеговагьы: иара идоуҳа ҳаиҭоит агәаҳәара ҳамазарц, аусгьы ҳауларц. Убри аҟынтә ҳара аӡбарақәа анҳадаҳкыло иара игәаԥхара ҳхахьы иааҳамгозар, уи иаанарԥшуеит Анцәа иахь абзиабареи агәрагареи шаҳзымхо (Флп. 2:13).

17 Самуил ихаан израильаа филистимаа ианрабашьуаз иаҵахеит. Анцәа ижәлар ацхыраареи ахьчареи ӷәӷәала ирҭахын. Рхы шԥамҩаԥыргеи израильаа? Дара ус рҳәеит: «Шәааи Силомынтәи Иегова иеиқәшаҳаҭра аковчег ҳгап, уи ҳара иҳацзарц, насгьы ҳаӷацәа рҟынтә ҳаиқәнархарц азы». Иалҵшәахазеи уи? Абиблиаҿы иануп: «Израиль ацәыӡ ӷәӷәа аиуит: ҩажәижәаба нызқьҩык аршьаҟа ҭахеит. Анцәа иковчег аӷацәа иргеит» (1 Сам. 4:2—4, 10, 11). Израильаа Иегова иқәгәыӷуазшәа убар алшон, избан акәзар аиқәшаҳаҭра аковчег иахьцоз иргеит. Аха урҭ Иегова инапхгара иашьҭаӡамызт, дара ишыргәаԥхоз иҟарҵеит. Уи алҵшәа бааԥс аиуит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 14:12.)

18. Иарбан гәазыҟашьоу иҳамазар акәу Иегова ҳаниҳәо?

18 Ҳара аԥсаломшәаҳәаҩ иеиԥш агәазыҟашьа ҳамазар ауп, уи иашәа иалаҵаны иҳәеит: «Анцәа уизыԥшыз, избанзар дырҩегь иара — сара сыԥсҿыхҩы, Сынцәа дхьыӡразгалоит. О Сынцәа, сгәы каҳаны сыҟоуп. Убри азы ауп уара узысгәалашәо» (Ԥс. 42:5, 6). Аԥсалом автор даара Иегова бзиа дибон, насгьы зегьы рҿы иара диқәгәыӷуан. Ишәымоума шәара жәҩантәи Аб иахь убри аҩыза ацәаныррақәа? «Ааи» шәҳәозаргьы, еиҳа иқәгәыӷшьа аҵара шәҽазышәшәар шәылшоит. Абиблиаҿы иҳәоуп: «Уиқәгәыӷла Иегова гәыкала, уагьақәымгәыӷын ухатәы еилкаара. Дугәалашәала умҩақәа зегь рҿы, иаргьы умҩақәа ириашоит» (Ажәам. 3:5, 6).

19. Ишԥашәҭаху шәара Иегова иахь абзиабара аарԥшра?

19 Иегова иоуп ҳара ҳахь раԥхьаӡа абзиабара аазырԥшыз, уи алагьы аҿырԥш бзиа ҳаиҭеит. Шәааи анаҩсгьы иналукааша аҿырԥшы ҳақәныҟәалап, Анцәа бзиа дбауа ҳгәынаӡала, ҳаԥсынаӡала, ҳдырранаӡала, ҳалшара наӡала (Мар. 12:30).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра