Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w25 август ад. 8—13
  • Иегова бзиа ушибо агәра га

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова бзиа ушибо агәра га
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЕГОВА БЗИА ҲШИБО АГӘРА ҲГАЛАР ЗҲАЛШО
  • ИЕГОВА БЗИА ҲШИБО ҲХЫ АГӘРА АҲАРГАР ШҲАЛШО
  • ИИСУС ИЕГОВА БЗИА ҲШИБО АГӘРАГАРА ДЫШҲАЦХРААУА
  • ИЕГОВА БЗИА УШИБО АЛА УГӘРАГАРА РӶӘӶӘАЛА
  • Иегова игәы шәзыбылуеит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Иҳаилнаркаауазеи аҿыхра Иеговеи Иисуси ирызкны?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Иаҳзымдыруа ахьыҟоу зыбзиоу
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Абзиабара ажәабжь аҳәара шәгәазҭанаҵалааит!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
w25 август ад. 8—13

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 33

АШӘА 4 Иегова — сара сыхьчаҩ

Иегова бзиа ушибо агәра га

«Гәыбылрала иҭәу бзиабарала сара сахь [уаасыԥхьеит]» (ИЕР. 31:3).

ЕИЛАҲКААУА

Иегова бзиа ҳшибо ҳхы агәра аҳаргалар зҳахәҭоу насгьы уи шыҟаҵалатәу.

1. Избан Иегова имаҵ аура зуӡбаз? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

ИУГӘАЛАШӘОМА Иегова ажәа шиуҭаз уԥсы ҭанаҵы имаҵ шууло ала? Уара ус уӡбеит, избанзар Анцәа деилукааит, бзиагьы дубеит. Уара Анцәа ажәа иуҭеит зегь раԥхьаӡа иргыланы ииҭаху аҟаҵара ушашьҭазаало, насгьы гәык-ԥсыкала, уԥси ухшыҩи иара изкны, умч улшара иара изы уамеигӡаӡакәа бзиа дшубало (Марк 12:30). Аамҭа цацыԥхьаӡа убзиабара еиҳа-еиҳа иӷәӷәахон. «Иегова бзиа дубаҵәҟьома?» ҳәа аӡәы дуазҵаар, лакҩакрада иуҳәоит: «Бзиа дышԥазымбо! Иегова иаасҭа бзиа избо аӡәгьы дыҟаӡам! Иара еиҳа зыхә сшьо ҳәагьы акгьы ыҟаӡам!»

Асахьақәа реизга «Аиаҳәшьа илгәалалыршәоит лыԥсҭазаара Анцәа ишизылкыз, аӡгьы лыҽшӡаалхыз»: 1) лара аԥсабараҿы дтәоуп, насгьы Анцәа диҳәоит; 2) лара аӡиас аҿы аӡы дӡаархуеит.

Иугәалашәома уԥсҭазаара Иегова изкны аӡы уҽанӡааух иара иахь убзиабара шаҟа иӷәӷәаз? (Шәахәаԥш абзац 1.)


2, 3. Ҳхы зыгәра аҳаргалар ҳахәҭоузеи ҳара, насгьы еилҳаргозеи ари астатиаҿы? (Иеремиа 31:3).

2 Аха аӡәы «Иегова уара бзиа ушибо агәра ганы уҟоума?» ҳәа дуазҵаар, Иегова ибзиабара саԥсаӡам ҳәа ахәыцра уалагома? Зхәыҷра мариамыз иаҳәшьак илҳәоит: «Сара Иегова бзиа дшызбо агәра ганы сыҟоуп. Аха иара бзиа сшибо ала лассы-лассы агәыҩбара сызцәырҵуеит». Дышԥаузыҟаҵәҟьоу Иегова уара?

3 Иегова бзиа ушибо агәра ганы уҟазарц иҭахуп. (Шәаԥхьа Иеремиа 31:3.) Бзиа уахьибаз азы ауп иара иахь узааиԥхьазгьы. Уԥсҭазаара изкны аӡы уҽанӡааух, иара зыхә ҳараку акы ҳамҭас иуиҭеит — гәыбылрала иҭәу ибзиабара. Уи иӷәӷәаны бзиа ушибо, ахаангьы ушаанимыжьуа ауп иаанаго. Иегова изиашоу имаҵзуҩцәа, уаргьы уахь уналаҵаны, иҷыдоу мазараоуп ҳәа рзиҳәоит (Мал. 3:17, албаага). Анцәа иҭахуп апостол Павел зыгәра ганы дыҟаз уаргьы агәра угаларц. Римаа 8:38, 39 рҿы Павел иҳәеит: «Сара агәра ганы сыҟоуп Анцәа бзиа ҳбара даҟәызхыр алшо акгьы шыҟам: аԥсрагьы, аԥсҭазаарагьы, амаалықьцәагьы, аҳәынҭқаррақәагьы, уажәы иҟоу ма ҳаԥхьаҟа иҟалараны иҟоу ахҭысқәагьы, амчқәагьы, аҩаӡарагьы, аҵауларагьы, изакәызаалак акгьы. Анцәа... иааирԥшуа абзиабара иаԥырхагахо ҳәа акымзарак ыҟам». Ари астатиаҿы ҳара ҳалацәажәоит Иегова бзиа ҳшибо ҳхы агәра аҳаргалар зҳахәҭоу, насгьы уи шыҟаҵалатәу.

ИЕГОВА БЗИА ҲШИБО АГӘРА ҲГАЛАР ЗҲАЛШО

4. Зыгәра ҳиргарц иҭахузеи Аҩсҭаа, насгьы ҳаиҿагылар шԥаҳалшо уи?

4 Иегова бзиа ҳшибо агәра ганы ҳаҟазар, Аҩсҭаа «ишьацҳәақәа» ҳарҿашәаӡом (Еф. 6:11). Аҩсҭаа иҟаимҵо ҳәа акгьы ыҟаӡам, Анцәа имаҵ аура ҳаҟәыҵырц азы. Иаҳҳәап, иара илшо зегь ҟаиҵоит Иегова бзиа ҳаибаӡом ҳәа ахәыцра ҳалагарц азы. Аха уи мцуп! Абиблиаҿы Аҩсҭаа алым даҿырԥшуп (1 Пиотр 5:8, 9). Алым иԥсыҽу, зхы ззымыхьчо аԥстәқәа ирыжәлоит. Убас еиԥшҵәҟьа Аҩсҭаагьы еиҳараӡак ҳанԥсыҽхо аамҭа дазыԥшуп. Иаҳҳәап, ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо анкьа иаҳхаҳгахьаз иахҟьаны ҳгәы анҳахьуа, мамзаргьы аԥхьаҟа ҳзықәшәо ахьаҳзымдыруа иахҟьаны ҳгәы анҭынчым, ҳамчқәа ҳалӡаар ауеит. Аҩсҭаа уи ихы иархәаны даҳԥырхагахарц дашьҭалоит (Ажәам. 24:10). Иҳацхраар алшози Аҩсҭаа иҿагылара? Иегова бзиа ҳшибо агәра ҳгалароуп (Иак. 4:7).

5. Избан Иегова бзиа ҳшибо агәраганы ҳаҟазар зҳахәҭоу?

5 Иегова бзиа ҳшибо агәра ганы ҳаҟазар, иареи ҳареи аиҩызара бзиа ҳабжьазаауеит. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Иегова егьырҭ бзиа иаҳбаларц, ҳаргьы бзиа ҳарбаларц агәаҳәара ҳалаҵаны ҳаишеит. Аӡәы бзиа ҳанибо, ҳаргьы бзиа ибара ҳалагоит. Убри азы ауп Иегова ибзиабара шаҟа иаҳбо аҟара, убриаҟара бзиа ибара ҳзалагогьы (1 Иоанн 4:19). Иара иахь ҳабзиабара шаҟа иӷәӷәо аҟара, ҳара ҳахь ибзиабарагьы ӷәӷәахоит. Убри ауп Иаков 4:8 аҿы зыӡбахә ҳәоугьы: «Шәизааигәаха Анцәа, усҟан иаргьы дышәзааигәахоит». Аха иҟаҵатәузеи, Иегова бзиа ҳшибо уеизгьы агәрагара ҳцәыцәгьазар? Ҳхы агәра аҳаргар шԥаҳалшо иара бзиа ҳшибо?

ИЕГОВА БЗИА ҲШИБО ҲХЫ АГӘРА АҲАРГАР ШҲАЛШО

6. Иҟаҵатәузеи, Иегова бзиа ҳшибо агәрагара ҳцәыцәгьазар?

6 Анцәа еснагь уиҳәала бзиа узибо уеилиркаарц азы (Лука 18:1; Рим. 12:12). Иегова уиҳәала иара дышухәаԥшуа ухы ахәаԥшра дуцхраарц азы. Уи азы амш аҩныҵҟа зныкымкәа иҳәара аҭаххаргьы ҟалоит. Ҳара ҳхы ахара адаҳҵозар, Иегова бзиа ҳшибо агәрагара ҳцәыцәгьахоит. Аха ҳара иаҳхаҳмыршҭлар ауп Иегова ҳгәы аасҭа дшеиҳау (1 Иоанн 3:19, 20). Ҳара ҳхы убриаҟара ибзианы иҳаздырӡом, Иегова шаҟа ҳаидыруа аҟара. Иара убас иара иҳалоу аҟазшьа бзиақәа ибоит ҳара, урҭ ҳалоуп ҳәа ҳаҟамзаргьы (1 Сам. 16:7; 2 Аш. 6:30). Убри аҟынтә Иегова бзиа ушибо агәрагара дуцхраарц угәы ҭыӷьӷьаа уиҳәала (Аԥсал. 62:8). Анаҩс ҵаҟа иаагоу алабжьарақәа ухы иархәала.

7, 8. Агәра шԥаҳдырго Аԥсалом иану ажәақәа Иегова бзиа ҳшибо?

7 Иегова ииҳәо агәра гала. Абиблиа Анцәа идоуҳала иҩуп. Убри аҟынтә уа иану зегь ҵабыргуп. Абар Давид Иегова ахаара аарԥшны ауаа дышреиҷаҳауа дшахцәажәаз: «Иегова згәы хьаала иҭәу дырзааигәоуп, иара згәы каҳаӡаны иҟоу еиқәирхоит» (Аԥсал. 34:18). Уара угәы каҳаны уаныҟоу, ухы заҵәны иубалар алшоит. Аха уара ухала уҟаӡам. Иегова уааигәара дыҟоуп, избанзар идыруеит ус еиԥш иҟоу аамҭақәа раан уара еиҳараӡак ицхыраара шуҭаху. Егьи аԥсалом аҿы Давид иҩит: «Сылаӷырӡқәа еизганы, аҳаҭа иҭаҵа» (Аԥсал. 56:8). Анцәа узҭагылоу ибзианы идыруеит. Уара угәы каҳаны уаныҟоу, насгьы аказы угәы анухьуа, иара уеиликаауеит, уи даараӡа игәы инархьуеит. Ацәҳәыра иалсны ицо ауаҩы изы аӡы ахә шыҳараку еиԥш, Иегова изы улаӷырӡқәа рыхә ҳаракуп. Иара аказы угәы анухьуаз, насгьы уанҵәыуоз аҭагылазаашьақәа зегь игәалашәоит. Аԥсалом 139:3 аҿы иануп: «Уара сымҩақәа зегь удыруеит». Иегова умҩақәа зегь идыруеит, аха еиҳараӡак ихы ззишьҭуа уус бзиақәа роуп (Аур. 6:10). Избан? Избанзар дургәырӷьаларц азы иубо аџьабаа ахә ҳаракны ишьоитa.

8 Иегова убас еиԥш иҟоу угәы шьҭызхуа, угәы зырԥшаауа ажәеинраалақәа ихы иаирхәоит шаҟа дуеиҷаҳауа, насгьы шаҟа бзиа уибо уирбарц азы. Аха Аҩсҭаа Иегова бзиа уибаӡом ҳәа агәра уиргарц дашьҭоуп. Убри аҟынтә Иегова бзиа ушибо ала даҽазны агәыҩбара анузцәырҵлак, уааҭгыланы ухы уазҵаа: «Зыгәра згалар сҭахыда сара — „амц абыс“ иамоу иакәу „аҵабырг Анцәа“ иакәу?» (Иоанн 8:44; Аԥсал. 31:5).

9. Изықәиргәыӷуазеи Иегова бзиа дызбо ауаа? (Ақәҵра 20:5, 6).

9 Шәазхәыц Иегова бзиа дызбо ауаа дшырзыҟоу. Иаҳгәалаҳаршәап Иегова Моисеии егьырҭ израильааи иреиҳәаз. (Шәаԥхьа Ақәҵра 20:5, 6.) Анцәа бзиа дызбо ауаа гәыкала бзиа ишибало ажәа риҭоит. Ауаа гәыкала ирзыҟоу Ҳанцәа бзиа дызбо ауаа бзиа имбалар залшом (Неем. 1:5). Убри аҟынтә Иегова бзиа ушибо ала агәыҩбара узцәырҵыр, уааҭгыланы ухы уазҵаа: «Сара Иегова бзиа дызбома?» Анаҩс уазхәыц: уара Иегова бзиа дубозар, игәы аҟаҵарагьы уашьҭазар, уи иаргьы бзиа ушибо ауп иаанаго (Дан. 9:4; 1 Кор. 8:3). Уара Анцәа бзиа дшубо агәра ганы уҟазар, нас, иаргьы бзиа ушибо агәра зумгои? Иара еснагь бзиа уибалоит, ахаангьы уаанижьӡом.

10, 11. Ҳазыҟазар шԥаҳахәҭоу аҿыхра? (Галатаа 2:20).

10 Аҿыхра уазхәыцла. Иисус Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵара Иегова ауаатәыҩса ирзыҟаиҵаз ҳамҭа дууп (Иоанн 3:16). Аха Иисус хаҭала уара узы дыԥсит ҳәа уҳәар алшома? Ааи. Даҳгәалаҳаршәап апостол Павел. Дқьырсианхаанӡа, иара агәнаҳа ӷәӷәақәа ҟаиҵахьан. Аӡы иҽанӡааих ашьҭахьгьы, иԥсыҽрақәа дыриааирц азы ихы аус адиулон (Рим. 7:24, 25; 1 Тим. 1:12—14). Аха уеизгьы иара аҿыхра Иегова хаҭала иара изыҟаиҵаз аҳамҭа еиԥш дахәаԥшуан. (Шәаԥхьа Галатаа 2:20.) Иегова Павел игәазҭеиҵеит уи атәы Абиблиа ианиҵарц. Избан? Ак ҳирҵарц азы (Рим. 15:4). Иегова иҭахуп уаргьы аҿыхра хаҭала иузыҟаиҵаз аҳамҭа еиԥш уахәаԥшларц. Ус ҟауҵалар, еиҳагьы иузымариахоит Иегова бзиа ушибо агәрагара.

11 Иегова Иисус иԥсы ҳахҭниҵарц азы адгьыл ахь дааишьҭит. Уи азы жәҩантәи Ҳаб даараӡа иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит. Аха Иисус даҽа дҵакгьы инапы ианын: Анцәа изку аиаша ауаа рзеиҭаҳәара (Иоанн 18:37). Дара еилыркаар акәын Иегова ихәыҷқәа иӷәӷәаны бзиа ишибо.

ИИСУС ИЕГОВА БЗИА ҲШИБО АГӘРАГАРА ДЫШҲАЦХРААУА

12. Избан Иисус Иегова изкны ииҳәо агәра угартә изыҟоу?

12 Иисус адгьыл аҿы даныҟаз, Иегова иӡбахә ауаа рзеиҭаҳәара игәаԥхон (Лука 10:22). Иисус иажәақәа рыгәра угартә иҟоуп. Избан? Избанзар иара миллиард шықәсала ажәҩан аҿы Анцәа дицын (Кол. 1:15). Иара ихаҭагьы Иегова ибзиабара иныруан, амаалықьцәеи ауааи рахь уи шааирԥшуазгьы ибон. Иисус идыруеит Иегова гәыкала изыҟоу иԥацәеи иԥҳацәеи шаҟа бзиа ибо. Дышԥаҳацхраауеи Анцәа Иԥа жәҩантәи Ҳаб бзиа ҳшибо агәрагара?

13. Ишԥеиҭаху Иисус Иегова ҳаизыҟазарц?

13 Иисус иҭахуп иара Иегова дшизыҟо еиԥш, ҳаргьы убасҵәҟьа ҳаизыҟазарц. Аевангелиеқәа рҿы Иисус 160-нтә инареиҳаны Иегова Аб ҳәа изиҳәоит. Иҵаҩцәа данрацәажәоз, иара «Шәаб», насгьы «жәҩантәи Шәаб» реиԥш иҟаз ажәақәа ихы иаирхәон (Матф. 6:8, 26). «Учебная Библия» аҿы Матфеи 5:16 ахь иаагоу акомментари аҿы иануп: «Ажәытәан Иегова имаҵзуҩцәа иӡбахә анырҳәоз ма ианиацәажәоз, „Зегьзымчу“, „Хыхь иҟоу Анцәа Ду“, „Зегьзшаз“ реиԥш иҟоу атитул дуқәа рхы иадырхәон. Аха Иисус иара „Аб“ ҳәа акәын лассы-лассы ишизиҳәоз. Уи иунарбоит Анцәа имаҵзуҩцәа шаҟа дырзааигәоу». Иубарҭоуп Иисус Иегова зхәыҷқәа иреиҷаҳауа, абзиабара злоу Аб иеиԥш ҳаизыҟазарц шиҭаху. Шәааи Иисус ажәа «Аб» ихы иахьаирхәаз ҩ-ҿырԥштәык ҳрылацәажәап.

14. Иарбан ҿырԥштәу Иисус иааигаз жәҩантәи Ҳаб хьаас ҳашимоу ҳирбарц азы? (Матфеи 10:29—31). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

14 Раԥхьа Матфеи 10:29—31 (шәаԥхьа) иану Иисус иажәақәа ҳрылацәажәап. Уа абаӷырқәа рыӡбахә ҳәоуп. Арҭ аԥсаатәқәа Иегова бзиа ибареи имаҵ ауреи рылшаӡом, аха Иегова урҭ гәеиҭоит. Ҳара ҳакәзар, Иегова бзиа даҳбоит, имаҵгьы ҳуеит. Шаҟа дҳаиҷаҳауазеи, нас, Иегова ҳара! 30-тәи ажәеинраалаҿы иануп: «Уи шәыхцәхәыцқәаҵәҟьа зегь ԥхьаӡаны имоуп». «Учебная Библия» аҿы арҭ ажәақәа рахь иаагоуп акомментари: «Иегова абас еиԥш иҟоу акәамаҵамарақәа гәеиҭозар, Христос ишьҭанеицәа зегьы хьаас ишимоу агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит». Ааи, Иисус иҭахуп жәҩантәи Ҳаб шаҟа хьаас ҳимоу ҳдыруазарц.

Иисус абаӷыр ахь инапы ирхоит. Иисус иҵаҩцәа зҿлымҳарала изыӡырҩуеит.

Баӷыркгьы Иегова изгәамҭаӡакәа инымхозар, уазхәыц уара гәыкала имаҵ ахьууа азы, бзиагьы дахьубо азы шаҟа ухә ҳаракны ишьо! (Шәахәаԥш абзац 14.)


15. Иҳаилдыркаауазеи Иоанн 6:44 аҿы иану Иисус иажәақәа жәҩантәи Ҳаб изкны?

15 Уажәшьҭа Иисус ажәа «Аб» ихы иахьаирхәаз даҽа ҿырԥштәык ҳалацәажәап. (Шәаԥхьа Иоанн 6:44.) Анцәа иахь уаазыԥхьаз Анцәа ихаҭа иоуп. Иара дуцхрааит иеилкаареи бзиа ибареи. Избан ус зыҟаиҵаз? Избанзар аҟазшьа бзиақәа шулаз ибеит (Аус. 13:48). «Учебная Библия» аҿы Иоанн 6:44 ахь иаагоу акомментари аҿы иаҳәоит Иисус зыӡбахә имаз Иеремиа 31:3 аҿы иану азхәыцра акәзар шалшо. Уа иануп: «Гәыбылрала иҭәу бзиабарала сара сахь [уаасыԥхьеит] [мамзаргьы «еснагь уара уахь гәыбылрала иҭәу абзиабара аасырԥшуеит», албаага]». (Иаҿшәырԥш Осиа 11:4.) Ус анакәха, Иегова иулоу абзиарақәа ибоит, уара ухаҭа урҭ иумбозаргьы.

16. а) Иаҳирҵози Иисус Иегова изкны, насгьы избан уи игәра ҳгалар зҳалшо? б) Агәра ҳзыргои Иегова зегь иреиӷьу Аб шиакәу? (Шәахәаԥш арамка «Зегьы иаҳҭаху Аб».)

16 Иисус Иегова Ҳаб ҳәа анизиҳәо, абас ҳаиҳәозшәа ауп ишыҟо: «Иегова сара мацара Саб иакәӡам — уаргьы Уаб иоуп. Исҳәо хаҵа, иара даараӡа бзиа уибоит». Убри аҟынтә зны-зынла Иегова бзиа ушибо агәрагара уцәыцәгьазар, иаразнак Иисус иаҳирҵоз угәаларшәала. Иара Ҳаб зегь раасҭа еиӷьны дидыруеит, насгьы еснагь аиаша ауп ииҳәо (1 Пиотр 2:22).

Зегьы иаҳҭаху Аб

Арҭ ажәақәа ашҟәы «Приближайся к Иегове» аԥхьажәа аҟынтә иаагоуп. Уа иануп Иегова зегьы иаҳҭаху ақьиара злоу Аб иоуп ҳәа. Иара дыӷәӷәоуп, аиашара илоуп, дҟәыӷоуп, насгьы бзиабарала дҭәуп. Иегова гәыкала изыҟоу ахаан иаанижьӡом.

Абар рыцҳашьарак зламыз аб дызмаз иаҳәшьак уи ашәҟәы шлыцхрааз. Лара илҳәоит: «Ажәа „аб“ ансаҳауа уаҳа сцәа сҭаӡыӡаӡом. Уажәы сара еилыскаауеит аб бзиа дзеиԥшразар ахәҭоу. Иегова сара сзы убас еиԥш иҟоу аб иакәхеит. Сара бзиа ирбо аԥҳа леиԥш схы збоит». Даҽа иаҳәшьак абас лҳәеит: «Иегова иаасҭа еиӷьу Аб дыҟаӡам!»

Иуцхраауазеи Иегова уара узы зегь иреиӷьу Аб шиакәу агәрагара? Уи ашәҟәы уаԥхьарц хықәкыс иқәыргыл. Уаԥхьахьазаргьы, даҽазнык узамыԥхьари?

ИЕГОВА БЗИА УШИБО АЛА УГӘРАГАРА РӶӘӶӘАЛА

17. Избан Иегова бзиа ҳшибо ала ҳагәрагара анаҩсгьы иҳарӷәӷәалар зҳахәҭоу?

17 Ҳара Иегова бзиа ҳшибо ала анаҩсгьы ҳагәрагара ҳарӷәӷәалар ауп. Ишеилаҳкааз еиԥш, ҳаӷа гызмал Аҩсҭаа Иегова имаҵ аура ҳаҟәихырц азы иааҟаимҵо ҳәа акгьы ыҟам. Иара иҭахуп ҳаԥсыҽхарц. Убри аҟынтә Иегова бзиа ҳшибо ала агәыҩбара ҳазцәыригалоит. Аха ҳара Аҩсҭаа ҳаижьартә ҳауӡом! (Иов 27:5).

18. Ишԥаҳалшо Иегова бзиа ҳшибо ала ҳагәрагара ҳарӷәӷәалар?

18 Ари астатиа иҳаилнаркааит Иегова бзиа ҳшибо ала ҳагәрагара ҳарӷәӷәалар шҳалшо. Иегова уиҳәала изакәазы бзиа уибо аилкаара дуцхраарц, насгьы иулоу аҟазшьақәа рҟынтә игәаԥхаз уаргьы иубаларц. Иара ахаара аарԥшны имаҵзуҩцәа дшырхылаԥшуа узырбо Абиблиатә жәеинраалақәа урыԥхьала. Иухоумыршҭлан Иегова бзиа дахьубо азы еснагь бзиа ушибало. Аҿыхра хаҭала уара узы иҟаиҵаз аҳамҭа еиԥш уахәаԥшла. Иара убас Иисус ииҳәаз агәра гала — Иегова уара жәҩантәи Уаб иоуп. Убасҟан аӡәы «Иегова бзиа ушибо агәра угома?» ҳәа дуазҵаар, гәыҩбарада «Ааи, агәра згоит! Саргьы иара бзиа дшызбо исырбарц азы есыҽны ак ҟасҵалар сҭахуп» ҳәа аҭак иуҭоит!

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Избан Иегова бзиа ҳшибо агәра ҳгалар зҳахәҭоу?

  • Ҳхы агәра аҳаргар шԥаҳалшо Иегова бзиа ҳшибо?

  • Дышԥаҳацхраауеи Иисус Иегова бзиа ҳшибо агәрагара?

АШӘА 154 Инымҵәаӡо абзиабара

a Угәы шьҭызхуа ажәеинраалақәа еиҳаны ишәыԥшаар шәылшоит ашәҟәы «Ақьырсиан ицхраауа абиблиатә жәеинраалақәа» аҿы (шәахәаԥш атема «Акгьы ҳаԥсамшәа ҳхы анаҳбо»).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра