Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w25 ианвар ад. 20—25
  • Иҳаилнаркаауазеи аҿыхра Иеговеи Иисуси ирызкны?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иҳаилнаркаауазеи аҿыхра Иеговеи Иисуси ирызкны?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АҾЫХРА ИЕГОВА ИЗКНЫ ИҲАИЛНАРКААУА
  • АҾЫХРА ИИСУС ИЗКНЫ ИҲАИЛНАРКААУА
  • ШӘДЫРРАҚӘА ЕИЗШӘЫРҲАЛА
  • Иегова ибзиабара хәарҭас иаҳзаанаго
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Шәазхиоума шәара ашықәс аҿы зегь раасҭа ихадоу ахҭыс?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Аҿыхра — Анцәа иҳаиҭаз зыхә ҳараку ҳамҭоуп
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
  • Иегова игәы шәзыбылуеит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
w25 ианвар ад. 20—25

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 4

АШӘА 18 Аҿыхразы аџьшьара ааҳарԥшуеит

Иҳаилнаркаауазеи аҿыхра Иеговеи Иисуси ирызкны?

«Анцәа Иԥазаҵә дааишьҭит... Убасала иара бзиа ҳшибо ааирԥшит» (1 ИОАНН 4:9).

ЕИЛАҲКААУА

Иисус иҿыхратә ԥсхҭынҵара Иеговеи Иисуси ирызкны иҳаилнаркаауа.

1. Избан есышықәса Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылара ҳаҭаалар зҳахәҭоу?

ИЕГОВА зыхә ҳараку аҳамҭа ҳзыҟаиҵеит — агәнаҳа аҟынтә ҳҿихит (2 Кор. 9:15). Иара Иԥа адгьыл ахь дааишьҭит, уи иԥсҭазаара ҳахҭниҵеит. Уи абзоурала Иегова ҳаиҩызахар ҳалшоит. Уи адагьы, уи абзоурала наӡаӡа анхаразы агәыӷра ҳауит. Иегова даара бзиа ҳаибоит, убри азоуп агәнаҳа аҟынтә ҳазҿихыз (Рим. 5:8). Иеговеи Иԥеи иаҳзыҟарҵаз ҳхаҳмыршҭларц, насгьы еснагь ахә ҳаракны иаҳшьаларц азы Иисус есышықәса иԥсра амш ҳгәалаҳаршәаларц иҳәеит (Лука 22:19, 20).

2. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

2 2025 шықәсазы Иисус Христос иԥсра агәаларшәара амш асабша, апрель 12 рзы имҩаԥысуеит. Ҳәарада, ҳара зегьы уахь ҳнеирц ҳгәы иҭоуп. Иисус Христос иԥсра агәаларшәара амш ааиаанӡа мчыбжьқәак шагу, насгьы уи ашьҭахь Иегова Иԥеи иареи иаҳзыҟарҵаз ҳазхәыцларa бзиоуп. Ари астатиаҿы еилҳаргоит аҿыхра Иеговеи Иисуси ирызкны иҳаилнаркаауа. Анаҩстәи астатиаҿы ҳалацәажәоит аҿыхра хәарҭас иаҳзаанагаз, насгьы уи ахә ҳаракны ишаҳшьо ааҳарԥшыр шҳалшо.

АҾЫХРА ИЕГОВА ИЗКНЫ ИҲАИЛНАРКААУА

3. Еиқәнархар шԥалшо аӡәы иԥсра миллионҩыла ауаа агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

3 Аҿыхра иҳаилнаркааит Иегова аиашара злоу Анцәа шиакәу (Ҩынтә. 32:4). Адам Анцәа данизымӡырҩ, агәнаҳа даҵалеит, нас дыԥсит. Ҳара зегьы ихылҵыз ҳауп, убри аҟынтә агәнаҳа ҳҭынхеит, уи иахҟьаны ҳаԥсуеит (Рим. 5:12). Иегова агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра ҳаиҭарц азы Иисус адгьыл ахь даашьҭны ҳҿихыртә иҟаиҵеит. Аха иалшозма аӡәы иԥсхҭынҵара миллионҩыла ауаа еиқәнархар? Апостол Павел иҳәеит: «Аӡәы [Адам] Анцәа дахьизымӡырҩыз азы, агәнаҳа иаҵалаз рацәаҩхазар, аӡәы [Иисус] Анцәа дахьизыӡырҩыз азы, уаа иашақәаны иԥхьаӡахо рацәаҩхоит» (Рим. 5:19; 1 Тим. 2:6). Даҽакала иуҳәозар, инаӡоу уаҩык Анцәа дахьизымӡырҩыз азы ҳара агәнаҳаи аԥсреи ҳҭынхеит, убри аҟынтә агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра ҳаурц азы инаӡоу даҽа уаҩык Анцәа дизиашаны даанхар акәын.

Асахьақәа реизга: 1) Адам; инахараны ауаа акәыба иаҵагыланы иргоит; 2) Иисус Христос; ишьҭахь еиуеиԥшым аамҭақәа рзы инхоз, насгьы қәралеи милаҭлеи еиԥшым ауаа ануп.

Аӡәы ихҟьаны агәнаҳаи аԥсреи ҳҭынхеит. Даҽаӡәы агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ҳҿихит. (Шәахәаԥш абзац 3.)


4. Иегова Адам ихылҵыз изыӡырҩуаз ауаа наӡаӡа анхаразы алшара риҭар амуӡози?

4 Дыԥсыр акәызма Иисус, ҳаиқәирхарц азы? Иегова Адам ихылҵыз изыӡырҩуаз ауаа наӡаӡа анхаразы алшара риҭар амуӡози? Ҳара инаӡам уаауп, убри аҟынтә уи бзиахон ҳәа ҳгәы иаанагар ауеит. Аха уи аҩыза ҟалашьа амамызт, избанзар Анцәа ус ҟаиҵазҭгьы, Адам иҟаиҵаз агәнаҳа имбазшәа ҟаиҵар акәхон. Аха иара ус ахаан иҟаиҵарымызт, избанзар аиашара злоу Анцәа иоуп!

5. Избан агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо Иегова еснагь иашарала ихы шымҩаԥигало?

5 Иҟалози Иегова аҿыхра ахә имшәазҭгьы, насгьы аиашара анормақәа хьаас имкӡакәа, Адам инаӡам иԥацәеи иԥҳацәеи наӡаӡа анхаразы алшара риҭазҭгьы? Усҟан ауаа аԥхьаҟа иашарала ихы шымҩаԥигало аганахь ала агәыҩбара рызцәырҵыр ауан. Иаҳҳәап, инаигӡалома иара иқәыргәыӷрақәа? Ҳара убас еиԥш иҟоу ахәыцрақәа ҳазцәырҵӡом. Избан? Избанзар Иегова даараӡа ианицәыцәгьазгьы, иашарала ихы мҩаԥигеит: бзиа иибо Иԥа дҳахҭниҵеит. Убри аҟынтә ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Анцәа еснагь иашарала ихы шымҩаԥигало.

6. Игәазҭазҵазеи Иегова илоу аиашара адагьы, агәнаҳа аҟынтә ҳҿыхра? (1 Иоанн 4:9, 10).

6 Ааи, аҿыхра Иегова аиашара шилоу ҳаилнаркаауеит. Аха еиҳарак уи иҳаилнаркаауеит Иегова ибзиабара шаҟа иӷәӷәоу (Иоанн 3:16; шәаԥхьа 1 Иоанн 4:9, 10). Иегова иҭахуп наӡаӡа ҳанхаларц, насгьы иҭаацәара ҳахәҭакны ҳҟаларц. Шәазхәыц, Адам агәнаҳа аныҟаиҵа, Иегова уи иҭаацәара аҟынтә ддәылицеит. Убри аҟынтә ауаатәыҩса рҟынтә аӡәымзар-аӡәгьы Анцәа иҭаацәараҿы диӡом. Аха аҿыхра шьаҭас иҟаҵаны Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанаижьуеит. Уи абзоурала Анцәа дхазҵо, насгьы изыӡырҩуа ауаа ҽнак зны иҭаацәара иахәҭакны иҟалоит. Иара уажәгьы Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бзиазар алшоит. Иара убас ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи аизыҟазаашьа бзиақәа ҳабжьоуп. Шаҟа бзиа ҳаибозеи Иегова! (Рим. 5:10, 11).

7. Ишԥаҳдырбо Иисус игәаҟрақәа Иегова шаҟа иӷәӷәаны бзиа ҳаибо?

7 Иегова бзиа иибо Иԥа дышгәаҟуаз анибоз шаҟа игәы ихьуаз ҳаназхәыцуа, шаҟа иӷәӷәаны бзиа ҳаибо еилаҳкаауеит. Аҩсҭаа иҳәоит ауадаҩрақәа ирықәшәо дарбанзаалак Анцәа дизиашаны дшаанымхо. Уи ус шакәым шьақәирӷәӷәарц азы Иегова Иԥа дгәаҟны дыԥсыртә иуит (Иов 2:1—5; 1 Пиотр 2:21). Иегова ибон аҵабырг зцәымӷыз ауаа Иисус ишихыччоз. Аруаа рыцҳашьарак аамырԥшӡакәа дыпҟаны ашьаҟа дкыдырҵеит, уа дгәаҟны дыԥсырц азы (Матф. 27:28—31, 39). Иегова Иисус игәаҟрақәа ааникылартә алшара иман. Иаҳҳәап, ауаа «Уиаҟара диҭахызар, дзеиқәимырхои?» ҳәа анырҳәа, убас иагьыҟаиҵар илшон (Матф. 27:42, 43). Аха усҟан аҿыхра ахә ахшәаахаӡомызт, гәыӷрак ҳамаӡамкәагьы ҳаанхон. Убри аҟынтә Иегова Иԥа дгәаҟны дыԥсыртә иуит.

8. Иабантәиҳдыруеи Иегова Иԥа дышгәаҟуаз анибоз, игәы даараӡа ишихьуаз? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

8 Анцәа илымшо акгьы ыҟаӡам, аха уи иаанагаӡом иара игәаҵәа жәпоуп ҳәа. Ҳара Анцәа ҳиеиԥшны ҳшоуп, иара иоуп ацәаныррақәа ҳалазҵаз. Ус анакәха, ихаҭагьы ацәаныррақәа имоуп. Абиблиаҿы иануп ауаа Анцәа игәы идырхьуан ҳәа (Аԥсал. 78:40, 41). Иаҳгәалаҳаршәап Авраами Исааки рыԥсҭазаара аҟынтә хҭыск. Анцәа Авраам иеиҳәеит иԥазаҵә кәырбанс днеигарц (Аҟаз. 22:9—12; Аур. 11:17—19). Авраам Исаак аҳәызба илаҵаны дишьырц иҽаназыҟаиҵоз, игәы еиҟәжәозҭгьы ҟаларын. Уажәшьҭа шәазхәыц Иегова Иԥа ауаа цәгьақәа даныршьуаз, шаҟа игәы ихьуаз! (Шәахәаԥш асаит jw.org аҿы иаагоу авидеонҵамҭа «Подражайте их вере. Авраам (часть 2)».)

Иисус ашьаҟа дкыдуп.

Иегова Иԥа дышгәаҟуаз анибоз, даара игәы ихьуан. (Шәахәаԥш абзац 8.)


9. Еилаҳкаауазеи Иегова бзиа ҳшибо иазкны Римаа 8:32, 38, 39 рҟынтә?

9 Аҿыхра ишьақәнарӷәӷәоит Иегова аӡәгьы бзиа ҳшимбо еиԥш бзиа ҳшибо — ҳҭынхацәа ракәыз, ҳҩызцәа гәакьацәа ракәыз. (Шәаԥхьа Римаа 8:32, 38, 39.) Ҳара ҳхы убриаҟара бзиа иаҳбаӡом Иегова шаҟа бзиа ҳаибо аҟара. Ишәҭахума наӡаӡа шәынхалар? Ишәҭахума шәыгәнаҳақәа шәанажьхар? Иегова уи шәара шәаасҭагьы иҭахуп. Иара дзызҳаҳәо, иҳамҭа ҳадаҳкыларц, ахаҵара ааҳарԥшлац, насгьы ҳаизыӡырҩларц заҵәык ауп. Анцәа агәнаҳа аҟынтә ҳҿыхны шаҟа иӷәӷәаны бзиа ҳаибо ҳирбеит. Адунеи ҿыц аҿы уи шьақәзырӷәӷәо еиҳагьы ирацәахоит (Еккл. 3:11).

АҾЫХРА ИИСУС ИЗКНЫ ИҲАИЛНАРКААУА

10. а) Игәы иҵхози Иисус, дыршьраны ианыҟаз? б) Ишԥаихьчеи Иисус Иегова ихьӡ бзиа? (Шәахәаԥш иара убас арамка «Иисус иԥсҭазаара дамеигӡаӡакәа Иегова ихьӡ бзиа ихьчеит».)

10 Иисус ауаа Иаб ихырҳәаауа хьаас иман (Иоанн 14:31). Иисус идыруан иара Анцәа дзырџьо, насгьы аҿагылара шьҭызхуа аӡә иеиԥш дшыршьуа. Иара игәы иҵхон уи Иаб ихьӡ бжьнахыр ҳәа. Убри аҟынтә абас Анцәа диҳәон: «Саб, иауазар, абри аҵәца сумыржәын» (Матф. 26:39). Иисус дыԥсаанӡа Иегова дизиашаны дахьаанхаз ала Иаб ихьӡ бзиа ихьчеит.


Иисус иԥсҭазаара дамеигӡаӡакәа Иегова ихьӡ бзиа ихьчеит

Аҩсҭаа иҳәеит ауаа ауадаҩра ианақәшәалак, Анцәа дшаанрыжьуа. Аха Иисус дыԥсаанӡа Иегова дахьизиашаз ала уи ус шакәым шьақәирӷәӷәеит (Иов 2:4, 5). Уи адагьы, Иисус иаҳирбеит инаӡаз Адам иҭаххазҭгьы, Анцәа дизиашаны даанхар шилшоз, насгьы Иегова Адам данишоз, грак иманы дшимшаз. Убри аҟынтә Адам агәнаҳа ахьыҟаиҵаз зхараз иара заҵәык иоуп — Анцәа акгьы ихараӡам.

Иисус Гефсиманиатәи абаҳчаҿы дӷьаҵәыӷьаҵәуа Анцәа диҳәоит.

Иисус иԥсҭазаара дахьамеигӡаз ала Иаб бзиа дшибо ааирԥшит. (Шәахәаԥш абзац 10.)

Иисус иԥсҭазаара дахьамеигӡаз ала Иаб бзиа дшибо ааирԥшит. (Шәахәаԥш абзац 10.)


11. Излоубарҭахазеи Иисус ауаа гәык-ԥсыкала бзиа ишибо? (Иоанн 13:1).

11 Аҿыхра иҳаилнаркаауа даҽакгьы ыҟоуп: Иисус ауаа дрыцхраауеит, еиҳараӡак иҵаҩцәа (Ажәам. 8:31; шәаԥхьа Иоанн 13:1). Иисус идыруан адгьыл аҿы иоуа дҵақәак даараӡа ишыцәгьахо. Иаҳҳәап, иара дгәаҟны дыԥсыр акәын. Аха уеизгьы урҭ наигӡеит. Уи зыҟаиҵаз ус иахьаҭахыз мацаразы акәӡамызт. Иисус гәык-ԥсыкала ажәабжь бзиа иҳәон, аҵаҩцәа азыҟаиҵон, насгьы ауаа дрыцхраауан. Дыԥсраны даныҟаз амш аҽны иапостолцәа ршьапқәа иӡәӡәарц, ргәы шьҭихырц, насгьы имҩақәиҵарц азы аамҭа иԥшааит (Иоанн 13:12—15). Ашьаҟа данкыдыз ахьаа ӷәӷәа шимазгьы, иааигәара икнаҳаз ацәгьаҟаҵаҩы агәыӷра ииҭеит, насгьы Иоанн Мариа дылхылаԥшларц иеиҳәеит (Лука 23:42, 43; Иоанн 19:26, 27). Иисус гәык-ԥсыкала ауаа бзиа ишибо узырбо дара рзы дахьыԥсыз мацара акәӡам, адгьыл аҿы даныҟаз урҭ дшырзыҟазгьы уи шьақәнарӷәӷәеит.

12. Избан иаҳҳәар зҳалшо Иисус ихы дамеигӡаӡакәа иахьа уажәраанӡа ҳара ҳзы аџьабаа ибоит ҳәа?

12 Иисус иԥсы ҳахҭниҵеит, аха уи аҿы даанымгылаӡеит. Иара иахьа уажәраанӡагьы ихы дамеигӡаӡакәа ҳара ҳзы аџьабаа ибоит (Рим. 6:10). Иҟаиҵозеи иара ҳара ҳзы? Ауаа агәнаҳа аҟынтә иахьҿихыз ахәарҭа алыргарц азы иара Аҳ, Аԥшьаҩ хада, насгьы аизара ахада иаҳасабала аџьабаа ибоит (1 Кор. 15:25; Еф. 5:23; Аур. 2:17). Уи адагьы, арыцҳара ду хыркәшахаанӡа иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа еизгатәуп. Иисус уи аус напхгара азиуеит (Матф. 25:32; Марк 13:27)b. Иара убас Иисус арҭ аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Анцәа изиашоу имаҵзуҩцәа адоуҳатә фатә рымазарц дахылаԥшуеит (Матф. 24:45). Иисус Зқьышықәсатәи инапхгара аангьы даҳхылаԥшлоит. Ааи, Иегова Иԥа дызҳаиҭаз иԥсы ҳахҭниҵарц мацаразы акәӡам, аха ахәарҭа ҳзаазго аусқәа рацәаны инаигӡарц азгьы ауп!

ШӘДЫРРАҚӘА ЕИЗШӘЫРҲАЛА

13. Иҟаҳҵар ҳалшозеи Анцәеи Христоси бзиа ҳшырбо иазкны еиҳаны еилаҳкаарц азы?

13 Иеговеи Христос Иисуси иаҳзыҟарҵаз ҳазхәыцлар, шаҟа иӷәӷәаны бзиа ҳарбо еиҳагьы еилаҳкаауеит. Иаҳҳәап, ишәылшома ари ашықәс азы Иисус Христос иԥсра агәаларшәара амш ааиаанӡа, иара убас уи ашьҭахь шәыхшыҩ азышьҭны акык-ҩбак Евангелиа шәрыԥхьарц азы аамҭа алышәхыр? Зегь зныкала саԥхьоит ҳәа шәаламган. Еиҳа еиӷьхоит шәмыццакӡакәа шәаԥхьар, насгьы Иеговеи Иисуси изакәазы бзиа ижәбо аилкаара хықәкыс иқәшәыргылар. Еилышәкааз егьырҭгьы ирзеиҭашәҳәала!

14. Аԥсалом 119:97 иану инақәыршәаны, ишԥаҳацхраауеи Абиблиа аҭҵаара аҿыхреи егьырҭ атемақәеи ирызкны иҿыцу ак аилкаара? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

14 Шәара аӡы шәыҽӡаашәхижьҭеи акыршықәса ҵуазар, Анцәа аиашара шилоу, ибзиабара, насгьы аҿыхра реиԥш иҟоу атемақәа ибзиаӡаны ижәдыруеит ҳәа шәгәы иаанагозар ауеит. Аха аиаша ҳҳәозар, урҭ атемақәа шаҟантә иҭуҵаауазаалакгьы еснагь иҿыцу ак уԥшаауеит! Иҟашәҵар шәылшозеи уи азы? Ҳпубликациақәа ҭышәҵаа. Уа шәара ишәыԥшаауеит зыхә ҳараку аинформациа рацәаны. Абиблиа шәанаԥхьо ишәзеилымкаауа жәеинраалак жәбар, уи ҭышәҵаа. Анаҩс амш аҩныҵҟа иҭышәҵааз шәазхәыцла. Иара убас Иеговеи Иисуси ирызкны, насгьы бзиа шәшырбо иазкны еилышәкааз шәазхәыцла. (Шәаԥхьа Аԥсалом 119:97.)

Зықәрахь инеихьоу аиашьа апланшети, Абиблиеи, атетради ихы иархәаны ихатә ҭҵаара мҩаԥигоит. Иара аиҭага «Адунеи ҿыц» аҿы Ацҵа Б12-Б «Иисус адгьыл аҿы даныҟаз аҵыхәтәантәи амчыбжь (ахәҭа 2)» аартны икуп, насгьы ашәҟәы «Иисус — путь, истина и жизнь», ахы 129 аартны имоуп.

Аӡы ҳаҽӡааҳхижьҭеи акыршықәса ҵхьазаргьы, аҿыхра иазкны зегь ҳдыруеит ҳәа ҳазҳәаӡом. Уи атема ҭаҳҵаалар, Иеговеи Иисуси иаҳзыҟарҵаз еиҳагьы ахә ҳшьалоит. (Шәахәаԥш абзац 14.)


15. Избан ҳгәы камыжьӡакәа Абиблиаҿы иҵәаху ахазынақәа ҳаԥшаалар зҳахәҭоу?

15 Абиблиа шәанаԥхьо, насгьы уи анҭышәҵаауа, иҿыцу ма аинтерес зҵоу акы еснагь ишәзымԥшаауазаргьы, шәгәы кашәмыжьлан. Шәхаҿы даажәг ахьы иашьҭоу ауаҩы. Иара ак иԥшаанӡа акыраамҭа цар ауеит, амшқәа рацәаны иаҭаххаргьы алшоит. Аха иара игәы каижьӡом, насгьы ԥҽыха хәыҷык аниԥшаалакгьы, уи даара деигәырӷьоит! (Аԥсал. 119:127; Ажәам. 8:10). Абиблиа иану аҵабырг ахьы аасҭа акырӡа ахә еиҳауп, убри аҟынтә ачҳара аарԥшны Абиблиа аԥхьареи уа иҵәаху ахазынақәа рыԥшаареи шәаҟәымҵлан (Аԥсал. 1:2).

16. Ҳарҿыԥшлар шԥаҳалшо Иеговеи Иисуси?

16 Абиблиа анҭышәҵаауа еилышәкаауа шәыԥсҭазаараҿы шәхы иашәырхәала. Иаҳҳәап, Иегова шәиҿыԥшны ауаа еилымхӡакәа иашарала шәрызныҟәала. Иисус шәиҿыԥшны жәҩантәи Шәаби ауааи бзиа ижәбала. Иара убас Иегова ииҭаху ҟашәҵала, насгьы егьырҭ ауаа шәрыцхраала, уи анымариамгьы. Уи адагьы, ауаа ирзеиҭашәҳәала Иегова ирзыҟаиҵаз, даргьы аҿыхра хәарҭа алыргарц азы.

17. Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?

17 Аҿыхра иазкны шаҟа еилаҳкаауа аҟара, насгьы уи шаҟа ахә ҳшьо аҟара, убриаҟара Иегова Иԥеи иареи бзиа иаҳбалоит. Убасҟан даргьы еиҳагьы бзиа ҳарбалоит (Иоанн 14:21; Иак. 4:8). Убри аҟынтә шәааи аҿыхра иазкны еиҳаны еилаҳкааларц азы Абиблиа ҭаҳҵаалап, насгьы Иегова иорганизациа аҟынтә иҳауа аматериалқәа зегь ҳхы иаҳархәалап. Анаҩстәи астатиаҿы еилҳаргоит аҿыхра хәарҭас иаҳзаанагаз, насгьы Иегова ибзиабара ахә шаҳшьо ааҳарԥшыр шҳалшо.

ИҲАИЛНАРКААУАЗЕИ АҾЫХРА...

  • Иегова ииашара иазкны?

  • Иегова ибзиабара иазкны?

  • Иисус ибзиабара иазкны?

АШӘА 107 Анцәа ибзиабара аҿырԥшы

a ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. «Акы азхәыцра» иаанагоит зҵаарак еиҳа еиӷьны еилукаарц азы уи ухшыҩ азышьҭны азхәыцра.

b Павел Ефесаа 1:10 аҿы «ажәҩан аҿы иҟоу» реидкылара даналацәажәоз, зыӡбахә имаз Иисус Матфеи 24:31, насгьы Марк 13:27 аҿы «Анцәа иалихыз» реизгара даналацәажәоз зыӡбахә имаз акәӡамызт. Павел зыӡбахә имаз Иегова Иисус аҳра ицзуло ақьырсианцәа иԥшьоу адоуҳала ианалихуа аамҭа акәын. Иисус иакәзар, адгьыл аҿы иаанханы иҟоу доуҳала иалху ақьырсианцәа арыцҳара ду хыркәшахаанӡа ажәҩан аҿы ианеизгахо аамҭа акәын зыӡбахә имаз.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра