АҴАРАЗЫ АСТАТИА 20
АШӘА 67 Уазышаҳаҭла ажәа
Абзиабара ажәабжь аҳәара шәгәазҭанаҵалааит!
«Раԥхьа ажәларқәа зегь ажәабжь бзиа рылаҳәахар ауп» (МАРК 13:10).
ЕИЛАҲКААУА
Абзиабара гәыкала ажәабжь аҳәара ҳгәы шазҭанаҵо.
1. Еилаҳкаазеи 2023 шықәсазы имҩаԥысыз есышықәсатәи аизараҿы?
2023 ШЫҚӘСАЗЫ имҩаԥысыз есышықәсатәи аизараa аҭоурых аҿы иаанхоит! Ҳара еиҭарҿыцу аилкаарақәа ҳауит. Иара убас ҳмаҵзура иазку лаҳәарақәак ҳаҳаит. Иаҳҳәап, ҳара еилаҳкааит Вавилон ду анықәгахалак ашьҭахьгьы ауаа Иегова ижәлар рыҽрыдкыларазы алшара роур шалшо. Иара убас ҳара еилаҳкааит 2023 шықәса, ноиабр мза инаркны Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа амаҵзура иазку аҳасабырба уаҳа ишарымҭало. Иаанагома уи ажәабжьҳәаратә ус уажәшьҭа уиаҟара ихадаӡам ҳәа? Ҳәарада, мап!
2. Избан ажәабжьҳәаратә ус есааира еиҳа-еиҳа изхадахо? (Марк 13:10).
2 Ажәабжьҳәаратә ус есааира еиҳа-еиҳа ихадахоит. Избан? Избанзар аҵыхәтәа еиҳа-еиҳа иааигәахоит. Шәазхәыц Иисус ишьҭанеицәа аҵыхәтәантәи амшқәа рзы инарыгӡало аус иазкны ииҳәаз аԥааимбаражәа. (Шәаԥхьа Марк 13:10.) Матфеи Иисус иажәақәа абас еиҭеиҳәеит: «Аҳра иазку ажәабжь бзиа адунеи зегь аҿы ирылаҳәахоит... Убасҟан иааиуеит аҵыхәтәа» (Матф. 24:14). Ара Аҩсҭаа идунеи цәгьа аҵыхәтәа ауп зыӡбахә цо. Иегова аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу ахҭысқәа рзы «амши асааҭи» алиххьеит (Матф. 24:36; 25:13; Аус. 1:7). Уи есыҽны еиҳа-еиҳа иааигәахоит (Рим. 13:11). Аха уи амш ааиаанӡа ҳара ажәабжь ҳҳәалароуп.
3. Ҳгәазҭазҵозеи ажәабжь аҳәара?
3 Шәааи абри азҵаара ҳазхәыцып: «Ҳгәазҭазҵозеи агәырӷьажәабжь аҳәара?» Ажәак ала иаҳҳәозар — абзиабара. Ҳара ажәабжь анаҳҳәо агәырӷьажәабжьи, ауааи, насгьы, еиҳагьы ихадоу, Иегова ихьӡи иареи бзиа ишаҳбо ааҳарԥшуеит. Шәааи уи еиҳа инарҭбааны ҳалацәажәап.
ҲАРА АГӘЫРӶЬАЖӘАБЖЬ БЗИА ИАҲБОИТ АЗОУП АЖӘАБЖЬ ЗАҲҲӘО
4. Ҳхы шԥаҳбо ажәабжь бзиақәа анҳаҳауа?
4 Ишәгәалашәыршәа жәабжь бзиак аншәаҳа, шаҟа шәеигәырӷьаз. Иҟалап шәыуацәа ахшара дроузар, ма акыраамҭа шәзышьҭаз аусура шәыԥшаазар. Ҳәарада, шәара ишәҭахын уи ажәабжь иаразнак шәҭынхацәеи шәҩызцәеи ирзеиҭашәҳәар. Шәхы шԥажәбеи зегь иреиӷьу ажәабжь — Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа — аншәаҳа?
5. Шәхы шԥажәбеи Анцәа Иажәа иану аҵабырг раԥхьаӡа ианшәаҳа? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)
5 Шәааи Анцәа Иажәа иану аҵабырг раԥхьаӡа ианҳаҳа ҳгәалаҳаршәап. Ҳара еилаҳкааит жәҩантәи Ҳаб бзиа ҳшибо, насгьы иҭаацәара ҳахәҭакхарц шиҭаху. Еилаҳкааит ахьааи агәаҟрақәеи рҵыхәтәа шԥиҵәо. Иара убас бзиа иаҳбоз ауаа адунеи ҿыц аҿы рыԥсы анҭало ишаҳбо агәыӷра ҳауит (Марк 10:29, 30; Иоанн 5:28, 29; Рим. 8:38, 39; Аат. 21:3, 4). Ари зегьы ҳгәы арԥхеит (Лука 24:32). Ҳара Анцәа Иажәа иану аҵабырг бзиа иаҳбеит, убри аҟынтә уи егьырҭгьы ирзеиҭаҳҳәар ҳҭаххеит! (Иаҿшәырԥш Иеремиа 20:9.)
Ҳара раԥхьаӡа акәны агәырӷьажәабжь анҳаҳа, уи зегьы ирзеиҭаҳҳәарц ҳҭаххеит! (Шәахәаԥш абзац 5.)
6. Ишәнарҵозеи Ернести Розеи рыхҭыс?
6 Абар ҭаацәарак рыхҭыс. Ерне́стb 10 шықәса раҟара анихыҵуаз, иаб дыԥсит. Иара зҵаарак ҭаха инаҭомызт: «Дабаҟоу уажәы иара — ажәҩан аҿы дыҟоу, мамзаргьы џьаргьы дыҟаму?» Иара зангьы забгьы ыҟаз ахәыҷқәа дрыҵашьыцуан. Ернест есыҽны уҳәаратәы иаб инышәынҭрахь дцаны дшьамхышгыланы Анцәа абас диҳәон: «Анцәа, суҳәоит, саб дахьыҟоу аилкаара усыцхраа». 17 шықәса раҟара ашьҭахь Ернест Абиблиа аҵара идыргалеит. Иара дгәырӷьаҵәа уи дақәшаҳаҭхеит. Иара еиликааит иԥсхьоу акгьы шырзымдыруа, ицәоу ишреиԥшу, аԥхьаҟагьы рыԥсы шҭало (Еккл. 9:5, 10; Аус. 24:15). Ари зегьы игәаҵанӡа инеит. Иара акыршықәса игәы иҵхоз азҵаарақәа рҭак иоуит. Ернест Абиблиа иану аҵабырг даара игәаԥхон. Иԥшәма Розагьы Абиблиа аҵара далагеит. Ларгьы еилылкаауаз бзиа илбеит. 1978 шықәсазы рҩыџьагьы аӡы рыҽӡаархит. Дара рхы иамеигӡаӡакәа зыхә ҳараку аҵабыргқәа рҭаацәа, рҩызцәа, насгьы егьырҭ ауаа ирзеиҭарҳәон. Ернести Розеи рыцхыраарала 70-ҩык инареиҳаны Иегова деилыркааит, аӡгьы рыҽӡаархит.
7. Ҳгәы зызҭанаҵозеи абиблиатә ҵабырг ахь иҳамоу абзиабара? (Лука 6:45).
7 Ииашаҵәҟьаны, ҳгәаҿы абиблиатә ҵабырг ахь абзиабара ыҟазар, ҿымҭкәа ҳазтәаӡом. (Шәаԥхьа Лука 6:45.) Ҳара актәи ашәышықәсазы Иисус иҵаҩцәа реиԥш ҳхы ҳбоит. Дара ирҳәеит: «Ҳара иаҳбаз-иҳаҳаз ҳамҳәар ауам» (Аус. 4:20). Ҳара аҵабырг даараӡа бзиа иаҳбоит, убри аҟынтә иахьынӡалшо ирацәаҩны ауаа уи рзеиҭаҳҳәар ҳҭахуп.
ҲАРА АУАА БЗИА ИАҲБОИТ АЗОУП АЖӘАБЖЬ ЗАҲҲӘО
8. Ҳгәазҭазҵозеи ауаа агәырӷьажәабжь рзеиҭаҳәара? (Шәахәаԥш арамка «Ауаа бзиа ижәбала. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала».) (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
8 Иеговеи Иԥеи ауаа бзиа ирбоит (Ажәам. 8:31; Иоанн 3:16). Ҳара урҭ ҳарҿыԥшлар ҳҭахуп. Ҳара иаҳзааигәоу даараӡа ирыцҳаҳшьоит, избанзар урҭ Анцәа ида инхоит, агәыӷрагьы рымаӡам (Еф. 2:12). Дара рыуадаҩрақәа рҟынтә рхы ахьыргара рыздырӡом. Ҳара урҭ ирыцхрааша ак ҳамоуп — уи Анцәа Иаҳра иазку агәырӷьажәабжь ауп. Абзиабареи арыцҳашьареи ҳгәазҭарҵоит алшара шааҳаулак ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара. Анцәа изку адыррақәа урҭ уажәнатә анасыԥ аиура ирыцхраауеит, адунеи ҿыц аҿы наӡаӡатәи аԥсҭазаара шроуагьы агәыӷра рнаҭоит (1 Тим. 6:19).
Абзиабареи арыцҳашьареи ҳгәазҭарҵоит еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы ауаа агәырӷьажәабжь рзеиҭаҳәара. (Шәахәаԥш абзац 8.)
9. Иарбан гәҽанҵароу ҳара ауаа ираҳҭо, насгьы избан уи зыҟаҳҵо? (Иезекииль 33:7, 8).
9 Ҳара ауаа бзиа иаҳбоит, убри аҟынтә ари адунеи цәгьа аҵыхәтәа ааигәахара ишаҿу рылаҳҳәоит. (Шәаԥхьа Иезекииль 33:7, 8.) Иегова имаҵ зымуа ауаа зегьы, ҳҭынхацәагьы уахь иналаҵаны, ирзыԥшу ҳаназхәыцуа ҳгәы ҳахьуеит. Аӡәырҩы ирыздырӡом «адунеи аншаз инаркны иахьа уажәраанӡа иҟамлацыз, уаҳа иҟаларангьы иҟам арыцҳара ду» шыҟало (Матф. 24:21). Ҳара иаҳҭахуп Иегова иӡбара амш аан иҟало рдыруазарц: раԥхьа амцдинхаҵара шықәгахо, анаҩс Армагеддон аҿы — ицәгьоу адунеи зегь (Аат. 16:14, 16; 17:16, 17; 19:11, 19, 20). Ҳара Анцәа ҳиҳәоит иахьынӡалшо ирацәаҩны згәызҽанаҳҵо ауаа уажәнатә иҳавагыланы иара имаҵ аура иалагарц. Аха иаҳҳәар ҳалшозеи макьана иаҳзымӡырҩуа ауаа, бзиа иаҳбо ҳҭынхацәагьы уахь иналаҵаны, ирызкны?
10. Избан уажәы даараӡа изхадоу аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу атәы ауаа рзеиҭаҳәара?
10 Ҳазхысыз астатиаҿы ишҳәаз еиԥш, Иегова еиқәирхар илшоит амцдинхаҵара шықәгахаз анырбалак игәра зго ауаа. Ус акәзар, уажәы даара ихадоуп Вавилон ду иахьраны иҟоу ауаа рылаҳәара. Шәазхәыц, ҳара ауаа уажәы ираҳҳәо аԥхьаҟа иргәалашәар рылшоит. (Иаҿшәырԥш Иезекииль 33:33.) Иҟалап дара уажәы ираҳауа агәҽанҵара ргәалашәар, насгьы аамҭа ыҟанаҵы ицқьоу амҵахырхәара рҽадыркылар. Иаҳҳәап, Филипп инхоз абахҭахьчаҩ «адгьылҵысра ӷәӷәа» аныҟала ауп Иисус игәра анига (Аус. 16:25—34). Убас еиԥш Вавилон ду анықәгахалак, уи збо шьоукы Иегова игәра ргар рылшоит. Уажәы урҭ агәырӷьажәабжь иақәҿырымҭуазаргьы, уи иаанагаӡом аԥхьаҟагьы ргәаанагара рыԥсахӡом ҳәа.
ҲАРА ИЕГОВА ИХЬӠИ ИАРЕИ БЗИА ИАҲБОИТ АЗОУП АЖӘАБЖЬ ЗАҲҲӘО
11. Ишԥаиаҳҭо Иегова хьӡи-ԥшеи, аҳаҭыри, амчи? (Аатра 4:11). (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)
11 Ҳара агәырӷьажәабжь заҳҳәо зегь раасҭа ихадоу амзыз — уи Иеговеи иԥшьоу ихьӡи бзиа иахьаҳбо азоуп. Ажәабжьҳәара бзиа иаҳбо Ҳаб ирҳаракра алшара ҳнаҭоит. (Шәаԥхьа Аатра 4:11.) Ҳара гәыкала абарҭ ажәақәа ҳрықәшаҳаҭуп: «Ҳанцәа Иегова, уара хьӡи-ԥшеи, аҳаҭыри, амчи урыԥсоуп» (Аат. 4:11). Ҳара Иегова хьӡи-ԥшеи аҳаҭыри иаҳҭоит, иара зегь шишаз, насгьы аԥсҭазаара ҳазҭаз иара шиакәу узырбо зыгәра угартә иҟоу ашьақәырӷәӷәарақәа ауаа ирзеиҭаҳҳәозар. Ҳамч иаҳҭоит, иахьынӡаҳалшо ирацәаны ажәабжь ҳҳәаларц азы ҳаамҭа, ҳамч, насгьы иҳамоу аҟынтә акгьы ҳамеигӡозар (Матф. 6:33; Лука 13:24; Кол. 3:23). Ари зегь зыҟаҳҵо бзиа иаҳбо Ҳанцәа иӡбахә аҳәара ахьаҳгәаԥхо азы ауп. Иара убас ҳара иаҳҭахуп ихьӡи иҟазшьақәеи ауаа ирзааҳартлар. Избан?
Ҳара Иегова ҳамч иаҳҭоит ҳаамҭеи, ҳалшарақәеи, иҳамоу-иҳахӡуи иахьынӡаҳалшо ажәабжьҳәара аҽалархәразы ҳхы ианаҳархәо. (Шәахәаԥш абзац 11.)
12. Ишԥаҳаԥшьо ҳмаҵзурала Иегова ихьӡ?
12 Ҳара Иегова бзиа даҳбоит, уи абзиабара ихьӡ аԥшьара ҳгәазҭанаҵоит (Матф. 6:9). Ҳара иаҳҭахуп Аҩсҭаа Иегова изиҳәаз шымцу ауаа ираҳҳәалар (Аҟаз. 3:1—5; Иов 2:4; Иоанн 8:44). Иаҳзыӡырҩуа ауаа аиаша анырзеиҭаҳҳәо Ҳанцәа ҳидгылоит. Ҳара иаҳҭахуп ҳара ҳаиԥш егьырҭ ауаагьы аиаша рдырырц. Зегь раасҭа ихадоу Анцәа иҟазшьа — абзиабара ауп. Инапхгара иашоуп, Иаҳра иаарласны агәаҟрақәа рҵыхәтәа ԥнаҵәоит, насгьы ауаа аҭынчреи, агәырӷьареи, анасыԥи рзаанагоит (Аԥсал. 37:10, 11, 29; 1 Иоанн 4:8). Иегова изкны аиаша анаҳҳәо, ихьӡ ҳаԥшьоит. Иара убас ҳара ҳаигәырӷьоит ҳхаҭақәагьы иаҳху ахьӡ инақәыршәаны ҳахьынхо. Иаҳҳәарц иаҳҭахузеи?
13. Избан Иегова ҳахьишаҳаҭцәоу пату заҳзақәу? (Исаиа 43:10—12).
13 Иегова ишаҳаҭцәа ҳакәны ҳҟаларц азы ҳалихит. (Шәаԥхьа Исаиа 43:10—12.) Анапхгаратә хеилак аҟынтә иҳауз асаламшәҟәқәа руак аҿы абас аҳәон: «Иегова ишаҳаҭцәа ҳәа ахьӡ ахьаҳху ауаҩы ианаршьар алшо зегьы иреиҳау ҳаҭыруп»c. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Ҳахәаԥшып ҿырԥштәык. Шәхаҿы иаажәг цәгьарак шәузшәа ахара шшәыдырҵо. Шәара шәышуаҩ бзиоу, насгьы ахаан ус шыҟашәымҵарыз зҳәо ашаҳаҭ дышәҭахуп. Иалышәхрыдаз уи азы? Ҳәарада, ибзианы ижәдыруа, зыгәра жәго, ахьӡ бзиа змоу, зажәа акраҵанакуа ауаҩы. Иегова ҳишаҳаҭцәаны ҳахьалихыз ала иааирԥшит ибзианы ҳшидыруа, насгьы Нцәас иҟоу иара заҵәык шиакәу ауаа раҳәаразы аҳаҭыр шҳаҭәеишьаз. Ҳара ҳзы Иегова ишаҳаҭцәаны аҟазаара ҳаҭыр дууп. Убри аҟынтә Анцәа ихьӡ ауаа ирылаҳҳәаларц азы, насгьы изырҳәо амц аҿаԥҽразы иҳамоу алшарақәа зегь ҳхы иаҳархәоит. Убас ала пату ақәҵаны иныҟәаҳго ахьӡ — Иегова ишаҳаҭцәа — ҳшаԥсоу ааҳарԥшуеит! (Аԥсал. 83:18; Рим. 10:13—15).
ҲАРА АҴЫХӘТӘА ААИААНӠА АЖӘАБЖЬ ҲҲӘАЛОИТ
14. Иҟалараны иҟоузеи иаарласны?
14 Иҟалараны иҟоузеи иаарласны? Ҳара ҳгәыӷуеит ажәабжьҳәаразы ҳхы ҳамеигӡакәа иаҳбо аџьабаа Иегова дазылԥхоит ҳәа, насгьы имаҷҩымкәа ауаа арыцҳара ду алагаанӡа аҵабырг рыдыркылоит ҳәа. Ауаҩытәыҩсатә ҭоурых аҿы зегь раасҭа иуадаҩу аамҭазы — арыцҳара ду аан — иҟалап ауаа ииаӡаауа Аҩсҭаа идунеи ааныжьны, иҳавагыланы Иегова ирҽхәара иалагар. Ҳара уи ҳаигәырӷьоит (Аус. 13:48).
15, 16. Иҟаҳҵалои, насгьы ианбанӡа?
15 Аха макьана ҳара аусутә рацәаны иҳамоуп. Ҳара уаҳа ахаан иҟамло аус ҳаҿуп: адунеи ахьынӡанаӡааӡо Анцәа Иаҳра иазку агәырӷьажәабжь ауаа ирылаҳҳәоит. Убри аамҭазгьы ицәгьоу ари адунеи аҵыхәтәа еиҳа-еиҳа ааигәахара ишаҿу ауаа ираҳҳәоит. Аӡбара амш анааиуа дара еилыркаауеит иаҳҳәоз ажәабжь Иегова иҟынтә шакәыз (Иез. 38:23).
16 Ҳгәы зызҭанаҵои ари астатиа? Абзиабара аарԥшра — агәырӷьажәабжь ахь, ауаа рахь, насгьы, еиҳагьы ихадоу, Иегова ихьӡи иареи рахь. Убасҟан ҳара анаҩсгьы гәык-ԥсыкала ажәабжь ҳҳәалоит Иегова «аусура хыркәшоуп!» ҳәа иҳәаанӡа.
АШӘА 54 «Абар, амҩа»
a Есышықәсатәи аизара мҩаԥысит 2023 шықәса, октиабр 7 рзы Иегова ишаҳаҭцәа Ньиуберг (аштат Ньиу-Иорк, Еиду Аштатқәа) ирымоу аконгрессқәа рзал аҿы. Ԥыҭрак ашьҭахь апрограмма зегь JW Broadcasting® аҿы иаҳдырбеит: 1-тәи ахәҭа — 2023 шықәса, ноиабр мзазы, 2-тәи ахәҭа — 2024 шықәса, ианвар мзазы.
b Шәахәаԥш 2015 шықәса, февраль 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» (аурыс) аҿы иану астатиа «Библия меняет жизнь. Меня убедили ясные и логичные ответы из Библии».