АҴАРАЗЫ АСТАТИА 11
АШӘА 57 Ауаа зегьы ажәабжь рзеиҭаҳҳәоит
Гәацԥыҳәарала ажәабжь бзиа зҳәоз Иисус шәиҿыԥшла
«Иисус... дцарц ахьиҭахыз ақалақьқәеи ақыҭақәеи рахь ҩыџьа-ҩыџьала иаԥхьа ишьҭит» (ЛУКА 10:1).
ЕИЛАҲКААУА
Иисус гәацԥыҳәарала ажәабжь аҳәара ицхраауаз, насгьы уи ҳаиҿыԥшлар шҳалшо.
1. Излареиԥшымзеи Иегова имаҵзуҩцәа егьырҭ ауаа?
ИЕГОВА имаҵзуҩцәа гәацԥыҳәарала ажабжь рҳәоит, уи ала ҳқьырсианцәоуп ҳәа зҳәо егьырҭ ауаа ирылукаауеит. Аха зны-зынла ажәабжьҳәараҿы агәацԥыҳәара ҳзымхозар алшоит (Тит 2:14). Иҟалап шәаргьы аџьабаа абара иацәымаашьо аизара ахылаԥшҩык ииҳәаз шәақәшаҳаҭхар. Иара иҳәоит: «Зны-зынла мчыла ауп ажәабжьҳәара сышцо».
2. Избан зны-зынла гәацԥыҳәарала ажәабжь аҳәара мариамзар залшо?
2 Иҟалап ажәабжь аҳәара аасҭа егьырҭ амаҵзура ахкқәа рыҽрылархәра еиҳа иаҳгәаԥхозар. Избан? Избанзар урҭ ҳҽанрылаҳархәуа ҳџьабаа алҵшәақәа иаразнак иаҳбозар алшоит. Иаҳҳәап, Аҳратә залқәа анҳаргыло, урҭ ҳанырхылаԥшуа, аԥсабаратә рыцҳарақәа раан ааха зауз ҳанрыцхраауа, иара убас даҽа џьара акала ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳанрыцхраауа, ихадоу уск шыҟаҳҵаз ҳбоит. Ҳара иаҳгәаԥхоит аҭынчреи абзиабареи зыбжьоу ауаа ҳрывагыланы аџьабаа абара. Ҳџьабаа ахә шыршьо ахьаҳдыруагьы ҳгәы ҟанаҵоит. Аха ажәабжь аҳәара атәы ҳҳәозар, ҳара шықәсыла ҭыԥк аҿы ажәабжь ҳҳәозар алшоит, аха Абиблиа ахь аинтерес аазырԥшуа ауаа шамахамзар иаҳԥымлозар ауеит. Иҟоуп зынӡа ҳазцәымӷугьы. Ҳара иаҳдыруеит ари адунеи аҵыхәтәа ааигәахацыԥхьаӡа иаҳҳәо ажәабжь ауаа ишырҭахымхало (Матф. 10:22). Иҳацхраауазеи ажәабжьҳәараҿы агәацԥыҳәара амырӡра акәым, уи еиҳагьы аизырҳара?
3. Иҳаилнаркаауазеи Иисус изкны Лука 13:6—9 аҿы иану ажәамаана?
3 Иисус ажәабжьҳәара ҳазыҟазар шҳахәҭоу аганахь ала аҿырԥшы ҳирбеит. Иара ахаан ажәабжь аҳәара даҟәыҵӡомызт, аамҭа цацыԥхьаӡа уи аус аҿы еиҳагьы аџьабаа ибон. (Шәаԥхьа Лука 13:6—9.) Иара хышықәса рыҩныҵҟа алаҳа ҿаларц азы алаҳаҵла иахылаԥшуаз аӡахәааӡаҩ ихы иҿирԥшит. Иисусгьы хышықәса раҟара ауриацәа ажәабжь рзеиҭеиҳәон, аха урҭ реиҳараҩык иҵаҩцәаны иҟамлаӡеит. Аӡахәааӡаҩ аҵла акгьы ҿалаӡом, акгьы алҵӡом ҳәа игәы каимыжьӡеит. Убас еиԥшҵәҟьа Иисус урҭ ауаа акгьы рылҵӡом ҳәа имԥхьаӡаӡеит, насгьы урҭ аҵара дырҵара даҟәымҵӡеит. Имаҵзура хыркәшахаанӡа мызқәак шагыз аҵабырг ауриацәа ргәаҵанӡа инеигарц азы еиҳагьы аџьабаа ибон.
4. Еиқәышәыԥхьаӡа Иисус ажәабжь аҳәара ицхраауаз ԥшь-факторк.
4 Ари астатиаҿы еилҳаргоит Иисус гәацԥыҳәарала ажәабжь аҳәара ицхраауаз, еиҳарак аҵыхәтәантәи фымз рыҩныҵҟа. (Шәахәаԥш «Учебная Библия» аҿы Лука 10:1 ахь иаагоу акомментари, ажәақәа «после этого».) Имҩақәҵарақәа ҳрықәныҟәалар, насгьы иара ҳаиҿыԥшлар, ҳаргьы гәацԥыҳәарала ажәабжь ҳҳәалоит. Шәааи Иисус ажәабжь аҳәара ицхраауаз ԥшь-факторк ҳрылацәажәап: 1) иара изы Иегова игәҭакы анагӡара зегь раасҭа ихадан; 2) Абиблиатә ԥааимбаражәақәа инарықәыршәаны дынхон; 3) Иегова диқәгәыӷуан; 4) агәра ганы дыҟан ажәабжь бзиа иақәҿызҭуа шыҟало.
ИАРА ИЗЫ ИЕГОВА ИГӘҬАКЫ АНАГӠАРА ЗЕГЬ РААСҬА ИХАДАН
5. Излоубарҭоузеи Иисус изы Иегова игәҭакы анагӡара зегь раасҭа ишхадаз?
5 Иисус гәацԥыҳәарала «Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа» еиҭеиҳәон. Иара идыруан Анцәа адгьыл ахь дзааишьҭыз уи азы шакәыз (Лука 4:43). Ажәабжьҳәаратә ус Иисус иԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадан. Аҵыхәтәантәи амзақәа рзгьы иара «қалақьи-қыҭеи зегьы дрылсны, ауаа Анцәа иажәа дирҵон» (Лука 13:22). Уи адагьы, Иисус аҵаҩцәа азыҟаиҵон, даргьы иара иеиԥш ажәабжь рҳәаларц азы (Лука 10:1).
6. Иарбан дҵоу Иегова иорганизациаҿы зегь раасҭа ихадоу? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
6 Иахьагьы ажәабжьҳәаратә ус аасҭа ихадоу аус ыҟаӡам. Иеговеи Иԥеи уи аус наҳагӡаларц рҭахуп (Матф. 24:14; 28:19, 20). Иегова иорганизациаҿы инаҳагӡо егьырҭ адҵақәа зегьы ажәабжьҳәаратә ус иадҳәалоуп. Иаҳҳәап, ҳара Аҳратә залқәа зҳаргыло иҳавагыланы Иегова имаҵ зуларц зҭаху ауаа уахь иааҳаԥхьаларц азоуп. Вефиль аҿы инаҳагӡо аусқәагьы ажәабжьҳәаратә ус иадҳәалоуп. Аԥсабаратә рыцҳарақәа аныҟало аишьцәеи аиҳәшьцәеи арыцҳара иақәшәаанӡа адоуҳатә усқәа, ажәабжьҳәаратә усгьы уахь иналаҵаны, ишынарыгӡоз еиԥш инарыгӡаларц азы ирыгу-ирыбзоу гәаҭаны ҳрыцхраауеит. Иегова ажәабжьҳәаратә ус зегь раасҭа ихаданы ишиԥхьаӡо ҳхаҳмыршҭуазар, иахьынӡаҳалшо лассы-лассы ажәабжь ҳҳәалоит. Венгриа инхо Иа́нош зыхьӡу аизара ахылаԥшҩы иҳәоит: «Иегова еиуеиԥшым адҵақәа ҳаиҭоит. Аха ажәабжьҳәаратә ус урҭ адҵақәа зегь раасҭа ишхадоу еснагь исгәаласыршәоит».
Иахьа ажәабжь бзиа аҳәара аасҭа ихадоу акгьы ыҟаӡам. Иеговеи Иисуси уи аус наҳагӡаларц рҭахуп. (Шәахәаԥш абзац 6.)
7. Избан Иегова ажәабжь аҳәара ҳаҟәымҵлар зиҭаху? (1 Тимофеи 2:3, 4).
7 Иҳацхраауазеи гәацԥыҳәарала ажәабжь аҳәара? Ҳара ауаа Иегова дышрыхәаԥшуа еиԥш ҳрыхәаԥшлароуп. Иара иҭахуп иахьынӡалшо ирацәаҩны ауаа ажәабжь бзиа раҳарц, насгьы уи рыдыркыларц. (Шәаԥхьа 1 Тимофеи 2:3, 4.) Иегова ҟазарыла ажәабжь ҳҳәаларц азы аҵара ҳирҵоит, избанзар иаҳҳәо ажәабжь ауаа рыԥсҭазаара еиқәнархоит. Иаҳҳәап, аброшиура «Ауаа бзиа ижәбала. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала» ауаҩы Абиблиа аҵареи Христос иҵаҩны аҟалареи иҭаххартә еиԥш иацәажәашьа ҳнарҵоит. Ауаа уажәы Иегова имаҵ аура иаламгаргьы, арыцҳара ду нҵәаанӡа иган аанкылара иахьӡар ауеит. Усҟан дара ирзеиҭаҳҳәахьоу ргәалашәар алшоит. Убри аҟынтә ажәабжь аҳәара ҳаҟәымҵлароуп.
ИАРА АБИБЛИАТӘ ԤААИМБАРАЖӘАҚӘА ИНАРЫҚӘЫРШӘАНЫ ДЫНХОН
8. Иарбан ԥааимбаражәақәоу Иисус иаамҭа ҟәыӷарала ахархәара ицхраауаз?
8 Иисус иҟалараны иҟаз идыруан, избанзар абиблиатә ԥааимбаражәақәа еиликаауан. Иара идыруан адгьыл аҿы хышықәсеи бжаки заҵәык рыҩныҵҟа амаҵ шиуло (Дан. 9:26, 27). Иара убас идыруан агәаҟрақәа ихигараны, насгьы дыԥсраны дшыҟаз (Лука 18:31—34). Изкыз аԥааимбаражәақәа дрызхәыцны иаамҭа ҟәыӷарала ихы иаирхәон. Убри аҟынтә амаҵзураҿы агәацԥыҳәара ицәыӡыртә иуӡомызт, насгьы идыз адҵа аҵыхәтәанынӡа инаигӡарц азы ихы дамеигӡаӡакәа ажәабжь иҳәон.
9. Ҳгәы шԥазҭарҵо абиблиатә ԥааимбаражәақәа гәацԥыҳәарала ажәабжь аҳәара?
9 Абиблиатә ԥааимбаражәақәа ҳаргьы гәацԥыҳәарала ажәабжь аҳәара иҳацхраауеит. Урҭ иахьа уажәнатә анаӡара ишаҿу ҳаназхәыцуа, ари адунеи аҵыхәтәа зынӡа ишааигәахаз еилаҳкаауеит. Абиблиаҿы заа иҳәан аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ауаа зеиԥшрахо, насгьы адунеи аҿы иҟало ахҭысқәа. Зегь шаныҵәҟьаз еиԥш аҟалара иаҿуп. Великобританиеи Еиду Аштатқәеи Урыстәылеи уи иадгылоу атәылақәеи иааҟәымҵӡакәа иахьеиҿыхо иаҳнарбоит «аҵыхәтәантәи амшқәа рзы» аҩадатәи аҳи аладатәи аҳи реиҿыхара иазку Даниил иԥааимбаражәа анаӡара ишаҿу (Дан. 11:40). Ҳара еилаҳкаауеит Даниил 2:43—45 аҿы зыӡбахә ану абаҟа дуӡӡа ашьапсыргәыҵақәа — Великобританиеи Еиду Аштатқәеи реидгыла шакәу. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Анцәа Иаҳра ауаатәыҩсатә напхгарақәа рҵыхәтәа аныԥнаҵәо амш зынӡа ишааигәоу. Абиблиатә ԥааимбаражәақәа иаҳдырбоит ари адунеи аҵыхәтәа иаарласны ишыҟало. Уи ахьаҳдыруа гәацԥыҳәарала ажәабжь аҳәара ҳгәазҭанаҵоит.
10. Ишԥаҳацхраауеи иҵегьы абиблиатә ԥааимбаражәақәа гәацԥыҳәарала ажәабжь аҳәара?
10 Иара убас абиблиатә ԥааимбаражәақәа рҿы зеиԥшыҟам ақәыргәыӷрақәа ануп. Урҭ рыӡбахә егьырҭгьы ирзеиҭаҳҳәар ҳҭахуп. Доминиканатәи Ареспублика инхо Ке́рри илҳәоит: «Иегова аԥеиԥш бзиа ҳазирхиеит. Ишԥасҭаху ауаа зегьы уи аӡбахә раҳарц!» Лара иацылҵоит: «Иахьа аԥсҭазаара даара ицәгьоуп. Сара еилыскаауеит арҭ ақәыргәыӷрақәа сара сзы мацара акәымкәа, ауаа зегьы рзы ишыҟоу». Абиблиатә ԥааимбаражәақәа ҳацхраауеит агәымшәара аарԥшны еиуеиԥшым ауаа ажәабжь рзеиҭаҳәара, избанзар ҳара еилаҳкаауеит Иегова уи аус аҿы дышҳацхраауа. Венгриа инхо Ле́ила илҳәоит: «Зны-зынла ауаҩы дысзыӡырҩӡом ҳәа сгәы иаанагоит, аха исгәаласыршәоит уи зыӡбо сара сакәымкәа, иара шиакәу. Исаиа 11:6—9 иану ажәақәа исгәаладыршәоит Иегова ицхыраарала дарбанзаалак ауаҩы иҽиԥсахыр шилшо». Замбиа инхо Кри́стофер иҳәоит: «Марк 13:10 аҿы заа иҳәан ажәабжь бзиа адунеи зегь ишалаҵәо. Сара сзы ҳаҭыр дууп ари аԥааимбаражәа анаӡара сахьалахәу». Иарбан библиатә ԥааимбаражәақәоу шәара ажәабжь аҳәара шәгәазҭазҵо?
ИАРА ИЕГОВА ДИҚӘГӘЫӶУАН
11. Избан гәацԥыҳәарала ажәабжь иҳәаларц азы Иисус Иегова диқәгәыӷлар зихәҭаз? (Лука 12:49, 53).
11 Иисус агәра ганы дыҟан Иегова гәацԥыҳәарала ажәабжь аҳәара дышицхраало. Иисус ауаа ажәабжь бзиа анырзеиҭеиҳәоз, ҳаҭырқәҵарала драцәажәон, аха идыруан Аҳра иазку ажәабжь бзиа згәамԥхогьы шыҟало: шьоукы рыԥсахы шеибанаркуа, шьоукы уи ажәабжьҳәаратә ус ишаҿагыло. (Шәаԥхьа Лука 12:49, 53.) Адинхаҵаратә напхгаҩцәа Иисус ииҳәоз ажәабжь бзиа рцәымӷын, акырынтә дыршьырцгьы иашьҭалахьан (Иоанн 8:59; 10:31, 39). Аха Иисус ажәабжь аҳәара даҟәыҵӡомызт, избанзар идыруан Иегова дышицыз. Иара иҳәеит: «Сымацара сыҟаӡам, саазышьҭыз Сабгьы дсыцуп. [...] Иара схала саанимыжьӡеит, избанзар еснагь игәы иахәо ауп иҟасҵо» (Иоанн 8:16, 29).
12. Ишԥазыҟаиҵеи Иисус иҵаҩцәа, ашьҭашәарыцарақәа раангьы ажәабжь аҳәара иаҟәымҵырц?
12 Иисус иҵаҩцәа иргәалаиршәон Иегова дышрыцхраало. Иара зныкымкәа иреиҳәахьан ашьҭашәарыцарақәа ианрықәшәогьы Иегова цхыраарада ишаанимыжьуа (Матф. 10:18—20; Лука 12:11, 12). Убри аамҭазгьы иҵаҩцәа ргәырҽанызарц реиҳәон (Матф. 10:16; Лука 10:3). Иара идирҵон Аҳра иазку ажәабжь аӡәгьы идрымцалаларц (Лука 10:10, 11). Уи адагьы, ианрышьҭашәарыцало даҽаџьара ицарц реиҳәеит (Матф. 10:23). Иисус гәацԥыҳәарала ажәабжь шиҳәозгьы, насгьы Иегова дышицхраало агәра ганы дшыҟазгьы, ианаҭахымыз ихы ашәарҭара иҭаиргылаӡомызт (Иоанн 11:53, 54).
13. Избан Иегова ажәабжь аҳәара дышҳацхраало агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо?
13 Иахьа ақьырсианцәа лассы-лассы ашьҭашәарыцарақәа ирықәшәоит (Аат. 12:17). Убри аҟынтә ажәабжь аҳәара ҳаҟәымҵырц азы Иегова ицхыраара ҳҭахуп. Избан Иегова дышҳацхраало агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо? Иаҳгәалаҳаршәап Иоанн 17-тәи ахаҿы Иисус Анцәа дышиҳәоз. Иара Иегова диҳәеит апостолцәа дырхылаԥшларц. Иегова иҳәара аҭак ҟаиҵеит. Ашәҟәы Аусқәа аҿы иануп апостолцәа ашьҭашәарыцарақәа ишрықәшәозгьы, Анцәа ажәабжь аҳәара дышрыцхраауаз узырбо ахҭысқәа рацәаны. Иисус Анцәа даниҳәоз, апостолцәа ражәақәа здызкылогьы ихьчаларц диҳәеит. Иегова Иисус дзызиҳәаз иахьагьы инаигӡоит. Иара уаргьы уихьчоит. Иегова апостолцәа дышрыцхраауаз еиԥш уаргьы дуцхраалоит (Иоанн 17:11, 15, 20).
14. Избан агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо гәацԥыҳәарала ажәабжь аҳәара иаҳԥырхагахар алшо ҳәа акгьы шыҟамло? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
14 Ари адунеи аҵыхәтәа ааигәахацыԥхьаӡа ажәабжь бзиа аҳәара еиҳагьы ицәгьахар ҟалоит. Аха Иисус иҳәеит гәацԥыҳәарала уи адҵа наҳагӡаларц азы иаҭаху ацхыраара шҳауа (Лука 21:12—15). Актәи ашәышықәсазы инхоз Иисус иҵаҩцәеи иареи реиԥш ҳаргьы еилаҳкаауеит ауаа ҳзыӡырҩру-иаҳзымӡырҩру рхаҭа ишырыӡбо. Ҳара аӡәгьы ажәа имаҳкӡом. Тәылақәак рҿы инхо аишьцәеи аиҳәшьцәеи ажәабжь аҳәара азин рымаӡам. Ус ишыҟоугьы, дара ажәабжь бзиа ауаа ирзеиҭарҳәоит, избанзар рхы акәымкәа Иегова иоуп изықәгәыӷуа. Анцәа актәи ашәышықәсазы инхоз имаҵзуҩцәа дрыцхраауан. Ҳаргьы иҳаду адҵа ишахәҭоу инаҳагӡарц азы дҳацхраауеит (2 Тим. 4:17). Иегова ҳиқәгәыӷлар, гәацԥыҳәарала ажәабжь аҳәара иаҳԥырхагахо ҳәа акгьы ҟалаӡом.
Тәылақәак рҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи иаартны ажәабжь бзиа рызҳәаӡом. Ус шакәугьы, ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәаразы алшарақәа рыԥшаауеит. (Шәахәаԥш абзац 14.)a
ИАРА АГӘРА ГАНЫ ДЫҞАН АЖӘАБЖЬ БЗИА ИАҚӘҾЫЗҬУА ШЫҞАЛО
15. Излоубарҭоузеи Иисус имаҵзура алҵшәа бзиақәа шаанаго агәра шигоз?
15 Иисус агәра ганы дыҟан ажәабжь бзиа иазыӡырҩуа ауаа шыҟало. Уи ицхраауан гәацԥыҳәарала ажәабжь аҳәара. Ҳахәаԥшып 30-тәи ашықәс анҵәамҭазы ҳ. ҳ. аан Иисус дзықәшәаз хҭыск. Иисус аӡәырҩы ауаа иргәарԥханы ишизыӡырҩуаз аниба, аҭагалара иазхиоу иҟалахьоу аҽаҩра иаҿирԥшит (Иоанн 4:35). Шықәсык аҟара ашьҭахь иҵаҩцәа ус реиҳәеит: «Аҽаҩра беиоуп» (Матф. 9:37, 38). Ԥыҭрак ашьҭахь даҽазныкгьы ус реиҳәеит: «Аҽаҩра беиоуп». Анаҩс иациҵеит: «Аҽаҩра Зтәу шәиҳәала аҭагаларазы аусуцәа ааишьҭырц» (Лука 10:2). Иисус агәра ганы дыҟан Аҳра иазку ажәабжь иазыӡырҩуа ауаа шыҟало. Ауаа анизыӡырҩуаз, иара даараӡа дгәырӷьон (Лука 10:21).
16. Ишԥаҳацхраауеи Иисус еиҭеиҳәаз ажәамаанақәа ажәабжьҳәаратә ус ииашаны ахәаԥшра? (Лука 13:18—21). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
16 Иисус иҵаҩцәа ажәабжьҳәаратә ус ииашаны ахәаԥшра дрыцхраауан. Иара урҭ иреиҳәон инарыгӡо аус ақәҿиара ду шаиуа. Шәааи еиҭеиҳәаз ҩ-жәамаанак ҳгәалаҳаршәап. (Шәаԥхьа Лука 13:18—21.) Жәамаанак аҿы Иисус Аҳра иазку ажәабжь иҵла дуны иҟало ажәла сса иаҿирԥшит. Уи иаанагон Аҳра иазку ажәабжь здызкыло ауаа шырацәахо, насгьы уи аус акгьы шаԥырхагамхо. Даҽа жәамаанак аҿы Иисус арҵәыга аӡбахә иҳәеит. Уи иаанагон Аҳра иазку ажәабжь адунеи зегь ишахыҵәоз. Уи ажәабжь ауаа аҽыԥсахра ргәазҭанаҵалоит, урҭ аԥсахрақәа иаразнак ишубарҭамхогьы. Убас Иисус иҵаҩцәа агәра диргеит ирҳәало ажәабжь ирацәаҩӡаны ауаа ахәарҭа шырзаанаго.
Иисус иеиԥш ҳаргьы агәра ганы ҳаҟоуп иаҳҳәо ажәабжь бзиа здызкылогьы шыҟало. (Шәахәаԥш абзац 16.)
17. Иҳацхраауазеи иҵегьы ҳмаҵзура ииашаны ахәаԥшра?
17 Ҳмаҵзура шаҟа алҵшәа бзиақәа аанаго анаҳбо, ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара еиҳагьы иаҳҭаххоит. Есышықәса миллионҩыла ауаа Абиблиа рҵоит, Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥыларагьы иаҭаауеит. Шәнызықьҩыла ауаа аӡы рыҽӡаархуеит, иҳавагыланы ажәабжь аҳәарагьы иалагоит. Ҳара иҳаздырӡом иҵегьы Аҳра иазку ажәабжь здызкыло шаҟаҩы ҟало. Аха ҳара иаҳдыруеит Иегова арыцҳара ду аан еиқәирхо ԥхьаӡашьа змам ажәлар реизгара дшаҿу (Аат. 7:9, 14). Аҽаҩра Зтәу, Иегова, ибоит аҽаҩра макьана ишҭагалам. Убри аҟынтә ҳара анаҩсгьы ажәабжь бзиа ҳҳәалоит.
18. Ишьақәзырӷәӷәозеи Христос иҵаҩцәа шҳакәу?
18 Аханатә аахыс Иисус иҵаҩцәа гәацԥыҳәарала ажәабжь ахьырҳәоз ала егьырҭ ауаа ирылукаауан. Апостолцәа иаадырԥшуаз агәымшәарала ауаа ирдыруан «урҭ Иисус ицыз шракәыз» (Аус. 4:13). Ҳаргьы Ҳарҵаҩы Иисус Христос иеиԥш гәымшәаралеи гәацԥыҳәаралеи ажәабжь ҳҳәалар ҳҭахуп.
АШӘА 58 Ишәыԥшаала аҭынчра згәы азыҳәо
a АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аиашьа агәҽанызаара аарԥшны абылтәы ахьҭарҭәо иқәыԥшу ҷкәынак ажәабжь бзиа изеиҭеиҳәоит.