Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w21 апрель ад. 8—13
  • Иаҳдырҵозеи Иисус аҵыхәтәантәи иажәақәа?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иаҳдырҵозеи Иисус аҵыхәтәантәи иажәақәа?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • «САБ! ИАҬОУМҴАН АБАРҬ»
  • «УАРА ЏЬАНАҬ УСЫЦҞАЛОИТ»
  • «„АБРИ БАРА ДБЫҶКӘЫНУП“... „АБРИ УАРА ДУАНУП!“»
  • «СЫНЦӘА, СЫНЦӘА! СЗЫНУЖЬЗЕИ УАРА?»
  • «АӠБА САКИТ»
  • «ИНАӠЕИТ!»
  • «СЫԤСЫ УНАПЫ ИАНЫСҴОИТ»
  • «Аҵыхәтәанынӡа бзиа ибон»
    «Усышьҭаланы уаала»
  • Шәазыӡырҩла Иегова ибжьы
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • «Cара сымҩоуп, сҵабыргуп, сыԥсҭазаароуп»
    «Усышьҭаланы уаала»
  • Дызусҭада Иисус Христос?
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
w21 апрель ад. 8—13

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 15

Иаҳдырҵозеи Иисус аҵыхәтәантәи иажәақәа?

«Абри иоуп бзиа избо, сгәахәара злоу Сара Сԥа. Иара шәизыӡырҩла» (МАТФ. 17:5).

АШӘА 17 «Исҭахуп»

АХҲӘААa

1, 2. Изеиԥшрази аҭагылазаашьа Иисус аҵыхәтәантәи иажәақәа аниҳәоз?

НИСАН 14, 33 шықәса ҳ. ҳ. азы Иисус иҟам-ианым изҳәаны ахара идырҵоит. Иара ихыччоит, гәымбылџьбарала дрыпҟоит, анаҩс ашьаҟа дкыдырҵоит. Инапқәеи ишьапқәеи аҵәымыӷқәа рыла уи ашьаҟа иадырчаԥалоит. Иара иԥсыԥ алага-ҩагара даараӡа ицәыцәгьоуп, ажәакгьы аҳәара илшом. Ус шакәугьы иара даара ихадоу ак иҳәароуп.

2 Шәааи еилҳаргап Иисус аԥсра данаҿыз ииҳәаз, насгьы уи иаҳнарҵар алшо ҳазхәыцып. Даҽакала иаҳҳәозар, шәааи Иисус ҳаизыӡырҩып (Матф. 17:5).

«САБ! ИАҬОУМҴАН АБАРҬ»

3. Зыӡбахә иҳәодаз Иисус «Саб! Иаҭоумҵан абарҭ» ҳәа аниҳәоз?

3 Ииҳәазеи Иисус? Иисус ашьаҟа данкыдыз иҳәеит: «Саб! Иаҭоумҵан абарҭ». Изусҭцәадаз Иисус зыӡбахә иҳәоз? Анаҩс ииҳәаз уи ҳаилнаркаауеит: «Избан акәзар ируа рыздыруам» (Лука 23:33, 34). Иҟалап Иисус зыӡбахә иҳәоз ашьаҟа дкыдызҵаз римтәи аруаа ракәызҭгьы. Избанзар дара Иисус дызусҭаҵәҟьаз рыздырӡомызт. Иара убас иҟалап зыӡбахә иҳәоз дкыдҵаны дышьтәуп ҳәа иҳәҳәоз, аха нас игәра згаз ракәызҭгьы (Аус. 2:36—38). Дара Иисус убас ишизныҟәазгьы игәы рызԥымжәаӡеит, насгьы анажьра иаԥсаӡам ҳәа имԥхьаӡаӡеит (1 Пиотр 2:23). Уи аҭыԥан иҟарҵаз Иегова иранаижьырц диҳәеит.

4. Иаҳнарҵозеи Иисус иаӷацәа ранажьра дахьазхиаз?

4 Иаҳнарҵозеи Иисус ииҳәаз? Иисус иеиԥш ҳаргьы ауаа ранажьра ҳазхиазароуп (Кәал. 3:13). Ҳагәрахаҵареи ҳаԥсҭазаашьеи згәамԥхо шьоукы, ҳҭынхацәагьы уахь иналаҵаны, зны-зынла иаҳҿагылоит. Иҟалап дара ҳхыччозар, ауаа рҿаԥхьа ҳаҳаҭыр ладырҟәуазар, ҳпубликациақәа бжьырхуазар, насгьы иҳақәмақаруазар. Урҭ рызгәаара аҭыԥан, даргьы аҵабырг еилыркаарц азы Иегова ҳиҳәалароуп (Матф. 5:44, 45). Ҳәарада, иҽеимкәа иҳазныҟәо ранажьра мариаӡам. Аха урҭ ҳрызгәааны ҳныҟәалар, уи ҳара иаҳзеицәахоит. Абар иаҳәшьак илҳәо: «Ауаҩы иахьианасыжьуа иаанагаӡом иҟаиҵаз иашоуп ҳәа сыԥхьаӡоит ҳәа, мамзаргьы схы дықәсыртәоит ҳәа. Уи иаанаго ауаҩы сизгәааны сшымныҟәало ауп» (Аԥсал. 37:8). Ҳгәы ҳзырхьыз ауаа ианранаҳажьуа иҽеим ацәаныррақәа ҳаԥсҭазаара бжьырхыртә алҳаршаӡом (Еф. 4:31, 32).

«УАРА ЏЬАНАҬ УСЫЦҞАЛОИТ»

5. Дзықәиргәыӷзеи Иисус ицыкнаҳаз ацәгьауцәа руаӡәк, насгьы избан?

5 Ииҳәазеи Иисус? Иисус даныршьуаз аҽны ҩыџьа ацәгьоуцәагьы ицкнарҳаит. Урҭгьы раԥхьа Иисус дладырҟәуан (Матф. 27:44). Аха ԥыҭрак ашьҭахь руаӡәк игәаанагара иԥсахит. Иара еиликааит Иисус ицәгьаз ҳәа акгьы шыҟаимҵаз (Лука 23:40, 41). Уи аԥсра иаҿыз Иисус иеиҳәеит: «Сугәаларшәа, Иҳақәиҭу, Уаҳраҿы уаннеилакь!» (Лука 23:42). Уи иаанарԥшуан ацәгьаҟаҵаҩ агәра шигоз Иисус иԥсы шҭалоз, насгьы аҳас дшыҟалоз. Шаҟа иӷәӷәази ихаҵара! Иисус уи иеиҳәеит: «Ииашаны иуасҳәоит иахьа, уара Џьанаҭ усыцҟалоит» (Лука 23:43, АдҾ). Иазгәашәҭ Иисус хаҭала ацәгьаҟаҵаҩ агәыӷра шииҭаз. Уи иеиҳәеит: «Ииашаны иуасҳәоит», «уара Џьанаҭ усыцҟалоит». Иисус идыруан Иаб агәрыцҳашьара шилоу, убри аҟынтә ацәгьаҟаҵаҩ дыԥсаанӡа агәыӷра ииҭеит (Аԥсал. 103:8).

6. Иҳаилдыркаауазеи Иисус ацәгьаҟаҵаҩ иеиҳәаз ажәақәа?

6 Иаҳнарҵозеи Иисус ииҳәаз? Иисус Иаб илоу аҟазшьақәа ааирԥшуеит (Аур. 1:3). Анкьа иҟаҳҵаз агхақәа ҳрыхьхәуазар, насгьы Иисус иԥсхҭынҵара ҳагәнаҳақәа шҳахнахуа агәра ҳгозар Иегова гәыкала иҳанаижьуеит, насгьы ҳара ҳахь агәшаҭара ааирԥшуеит (1 Иоанн 1:7). Шьоукы анкьа иҟарҵаз агхақәа Иегова ишранаижьыз агәрагара рцәыцәгьоуп. Шәаргьы ишәцәыцәгьазар, шәазхәыц Иисус иҿырԥшы. Иара ацәгьаҟаҵаҩ агәыӷра ииҭеит уи агәрахаҵара аарԥшра дахьалагаз азы. Уажәшьҭа шәазхәыц Иегова изыӡырҩларц азы ирылшо зегь ҟазҵо имаҵзуҩцәа дшырзыҟоу. Ҳәарада иара урҭ рахь еиҳагьы агәшаҭара ааирԥшуеит! (Аԥсал. 51:1; 1 Иоанн 2:1, 2).

«„АБРИ БАРА ДБЫҶКӘЫНУП“... „АБРИ УАРА ДУАНУП!“»

7. Иреиҳәазеи Иисус Мариеи Иоанни, Иоанн 19:26, 27 иану инақәыршәаны, насгьы избан?

7 Ииҳәазеи Иисус? (Шәаԥхьа Иоанн 19:26, 27.) Иисус иан хьаас диман. Иҟалап лара уи аамҭазы деибахахьазҭгьы. Ҳәарада, Иисус иашьцәеи иаҳәшьцәеи лара дырбалон. Аха иреиҷаҳалодаз лдоуҳатә ҭахрақәа? Абиблиаҿы џьаргьы ианӡам дара уи аамҭазы иара иҵаҩцәаны иҟалахьан ҳәа. Иоанн иакәзар Иисус изиашаз иҩыза гәакьа иакәын. Иегова имаҵ зуаз зегьы Иисус доуҳатә ҭаацәас иԥхьаӡон (Матф. 12:46—50). Убри азоуп иан Иоанн инапы дзаниҵаз. Иисус Мариа бзиа дибон, насгьы игәы дыҵхон. Иара идыруан Иоанн лдоуҳатә ҭахрақәа дышреиҷаҳалоз. Иара иан илеиҳәет: «Абри бара дбыҷкәынуп». Иоаннгьы иеиҳәет: «Абри уара Дуануп!» Убри нахыс Иоанн Мариа ԥас дылзыҟалеит. Иара иан гәакьа леиԥш дибон. Иисус Мариа лахь абзиабара дуӡӡа ааирԥшит. Лара Иисус данхәыҷыз инаркны дыԥсаанӡа иааигәара дыҟан!

8. Иаҳнарҵозеи Иисус Мариеи Иоанни иреиҳәаз?

8 Иаҳнарҵозеи Иисус ииҳәаз? Ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи еиҳа иаҳзааигәазар рылшоит ҳауацәеи ҳҭынхацәеи раасҭа. Ҳҭынхацәа ҳҿагылар алшоит, ҳацәажәара иаҟәыҵыргьы ауеит. Аха Иисус ишиҳәахьаз еиԥш Иеговеи иорганизациеи ҳарзааигәазар иаҳцәыӡыз аасҭа шәынтә еиҳаны иҳауеит. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи аӡәырҩы шәара шәзы шәԥацәеи, шәыԥҳацәеи, шәанацәеи, шәабацәеи реиԥш ишәзыҟалоит (Марк 10:29, 30). Шәара адоуҳатә ҭаацәара шәахәҭакуп. Уи аҭаацәара еидызкыло Иеговеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь иҳамоу абзиабареи агәрахаҵареи роуп. Иарбан цәаныррақәоу уи шәара ишәызцәырнаго? (Кәал. 3:14; 1 Пиотр 2:17).

«СЫНЦӘА, СЫНЦӘА! СЗЫНУЖЬЗЕИ УАРА?»

9. Иҳаилдыркаауазеи Матфеи 27:46 иану Иисус ииҳәаз ажәақәа?

9 Ииҳәазеи Иисус? Иисус иԥсра маҷк шагыз иҳәеит: «Сынцәа, Сынцәа! Сзынужьзеи Уара?» (Матф. 27:46). Абиблиаҿы ианӡам иара урҭ ажәақәа зиҳәаз, аха шәааи ҳазхәыцып урҭ иҳаилдыркаауа. Актәи, убас Иисус Аԥсалом 22:1 иану аԥааимбаражәа наигӡеитb. Аҩбатәи, арҭ ажәақәа иаадырԥшит Иегова Иисус ашәарҭарақәа зегьы дшырцәимыхьчоз (Иов 1:10). Иисус еиликаауан ахаан аӡәы дызқәымшәацыз аԥышәарақәа раан Иегова дизиашаны даанхар шихәҭаз. Ахԥатәи, арҭ ажәақәа ишьақәдырӷәӷәеит Иисус ашьаҟа дкыдҵаны дыршьыртә еиԥш цәгьарас ҳәа акгьы шыҟаимҵаз.

10. Иаҳдырҵозеи Иисус Иегова иеиҳәаз ажәақәа?

10 Иаҳнарҵозеи Иисус ииҳәаз? Актәи, ҳара ҳгәы иаанамгозароуп Иегова ҳагәрахаҵара ԥызшәо ауадаҩрақәа зегь рҟынтә ҳихьчалоит ҳәа. Иисус ауадаҩрақәа зегь ихигеит, ҳаргьы аԥышәарақәа зегьы рыхгара ҳазхиазароуп, аԥсра алақҭа ҳҭаԥшуазаргьы (Матф. 16:24, 25). Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова уи азы амч шҳаиҭо (1 Кор. 10:13). Аҩбатәи, ҳаргьы Иисус иеиԥш аиашамра ҳақәшәалар алшоит (1 Пиотр 2:19, 20). Ҳара изҳашьҭашәарыцо ииашам ак ахьыҟаҳҵо азы акәӡам, аха ари адунеи ҳахьатәым, насгьы ауаа аҵабырг ахьрылаҳҳәо азоуп (Иоанн 17:14; 1 Пиотр 4:15, 16). Иисус еиликаауан Иегова ауадаҩрақәа рҟынтә дзимыхьчоз. Аха Иегова изиашоу имаҵзуҩцәа ауадаҩрақәа ианрықәшәо рхы иазҵаалар рылшоит: «Избан Иегова ари ауадаҩра аҟынтә сзимыхьчаз?» (Авв. 1:3). Агәшаҭареи ачҳареи аазырԥшуа Ҳанцәа Иегова еиликаауеит дара ус зырҳәо рыгәрахаҵара ахьрыцәмаҷу азы шакәым. Урҭ агәышьҭыхра рҭахуп. Уи рызҭар зылшо Иегова заҵәык иоуп (2 Кор. 1:3, 4).

«АӠБА САКИТ»

11. Избан Иисус Иоанн 19:28 иану ажәақәа зиҳәаз?

11 Ииҳәазеи Иисус? (Шәаԥхьа Иоанн 19:28.) Изиҳәазеи Иисус «аӡба сакит» ҳәа? Аԥсалом 22:15 (АԤ) иану аԥааимбаражәа наӡарц азы. Уа иануп: «Сымч каԥсеит, сыбз сҟарҟы иадҷаблеит». Уи адагьы, Иисус ихигаз агәаҟрақәа зегь рышьҭахь, агәаҟратә шьаҟаҿы данкыдызгьы уахь иналаҵаны, иҟалап аӡба дакуазҭгьы. Убри аҟынтә уи изыржәуаз диҭахын.

12. Иаҳнарҵозеи Иисус аӡыжәра дахьаҳәаз?

12 Иаҳнарҵозеи Иисус ииҳәаз? Иисус ацхырааразы аӡәы иҳәара ԥхашьароуп ҳәа иԥхьаӡаӡомызт, ҳаргьы ҳацәыԥхамшьалароуп. Лассы-лассы ак анаҳҭаху, уи ҳамацара иҟаҳҵоит. Аха уск ҳамч ақәымхозар, ацхырааразы аӡәы иҳәара ҳацәыԥхамшьалароуп. Иаҳҳәап, ҳақәрахь ҳнеихьазар, ма ҳгәабзиара ҽеимзар аизара аҟынтә аӡәы ҳиҳәар алшоит адәқьан ахь, ма аҳақьым иахь ҳаигарц. Ҳгәы каҳаны ҳаҟазар аизара аиҳабы, ма доуҳала иӷәӷәоу аӡәы даҳзыӡырҩырц, насгьы ҳгәы шьҭихырц ҳиҳәар ауеит (Ажәам. 12:25). Шәааи иаҳхаҳмыршҭлап ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа ҳшырбо, иҳацхраарцгьы шырҭаху (Ажәам. 17:17). Аха ацхыраара шаҳҭаху раҳамҳәар, дара ирыздырӡом.

«ИНАӠЕИТ!»

13. Иалҵшәахазеи Иисус аҵыхәтәанынӡа Иегова дизиашаны дахьаанхаз?

13 Ииҳәазеи Иисус? Нисан 14 азы, асааҭ хԥа раҟара шыҟаз Иисус иҳәеит: «Инаӡеит!» (Иоанн 19:30). Иисус идыруан Иаб иара иҟынтә дыззыԥшыз зегь шынаигӡаз. Инаигӡазеи Иисус? Актәи, Иисус ишьақәирӷәӷәеит Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу, насгьы инаӡоу ауаҩы, Аҩсҭаа иҟаиҵозаалакгьы, Анцәа дизиашаны даанхар шилшо. Аҩбатәи, Иисус ҳара ҳҿихырц азы иԥсы ҳахҭниҵеит. Уи абзоурала инаӡам ауаа Анцәа изааигәахара рылшоит, насгьы наӡаӡа анхаразы агәыӷра роуит. Ахԥатәи, Иисус ишьақәирӷәӷәеит Иегова напхгара аура азин шимоу, насгьы Иаб ихьӡ ирыцқьеит.

14. Иҟаҳҵалар акәзеи ҳара есыҽны? Иҳаилшәыркаа.

14 Иаҳнарҵозеи Иисус ииҳәаз? Ҳара есыҽны Иегова ҳизиашаны ҳаанхаларц азы аџьабаа ҳбалароуп. Шәааи ҳрызхәыцып Ахьчаратә бааш абиблиатә школ Галаад аҿы рҵаҩыс иҟаз Максвелл Френд иажәақәа. Абар жәларбжьаратәи конгресск аҿы иара азиашара иазкны ииҳәаз: «Иахьа ак аҟаҵара, ма ак аҳәара шәылшозар, уаҵәынӡа шәымԥшын. Уаҵәы мааир ҟалоит. Наӡаӡа анхара шәшаԥсоу шьақәшәырӷәӷәаларц азы, есыҽны ишәылшо зегь ҟашәҵала». Шәааи Анцәа ҳашизиашоу есыҽны ишьақәҳарӷәӷәалап. Усҟан аԥсра алакҭа ҳҭаԥшыр акәхаргьы, иаҳҳәар ҳалшоит: «Иегова, сара сузиашаны саанхарц, Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу шьақәсырӷәӷәарц, ухьӡ срыцқьарц, насгьы анапхгара аҟаҵара азин шумоу шьақәсырӷәӷәарц азы исылшо зегь ҟасҵеит».

«СЫԤСЫ УНАПЫ ИАНЫСҴОИТ»

15. Зыгәраганы дыҟази Иисус, Лука 23:46 иану инақәыршәаны?

15 Ииҳәазеи Иисус? (Шәаԥхьа Лука 23:46.) Иисус идыруан иԥеиԥш Иегова инапы ишаныз, насгьы Иаб дшихамышҭуаз агәраганы дыҟан. Убри аҟынтә иара иҳәеит: «Саб! Сыԥсы Унапы ианысҵоит».

16. Ишәнарҵозеи 15 шықәса зхыҵуаз Џьошуа иҿырԥшы?

16 Иаҳнарҵозеи Иисус ииҳәаз? Шәыԥсҭазаара Иегова инапы ианышәҵа. Гәык ала Иегова шәиқәгәыӷла (Ажәам. 3:5). Шәааи ҳазхәыцып Џьошуа зыхьӡыз Иегова ишаҳаҭ иҿырԥшы. Иара ачымазара бааԥс иахҟьаны 15 шықәса анихыҵуаз дыԥсит. Иара Анцәа изакәан еилазгоз ахәышәтәратә методқәа мап рцәикит. Иԥсра маҷк шагыз иан илеиҳәеит: «Сара Иегова инапы сануп. [...] ...сан, агәра ганы сыҟоуп Иегова сыԥсы шҭеиҵо. Иара сгәы иҭоу, насгьы иӷәӷәаны бзиа дшызбо идыруеит»c. Хаҭала зегьы ҳхы ҳазҵаар бзиоуп: «Уи аҩыза алхра аҟаҵара сықәшәар саԥсҭазаара ахьчара сашьҭалоу, мамзаргьы Иегова сизиашаны саанхоу? Иегова сшихамышҭуа агәра ганы сыԥсҭазаара инапы ианысҵома?»

17, 18. Иаҳдырҵозеи Иисус аҵыхәтәантәи иажәақәа? (Шәахәаԥш арамка «Иаҳдырҵозеи Иисус аҵыхәтәантәи иажәақәа?»)

17 Иисус аҵыхәтәантәи иажәақәа иаҳдырҵо рацәоуп. Урҭ иаҳдырбоит шаҟа ихадоу егьырҭ рыгхақәа ранажьра, иара убас Иегова ҳагхақәа шҳанаижьуа ҳаилдыркаауеит. Ҳара адоуҳатә ҭаацәара ҳахәҭакуп. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳацхраара иазхиоуп. Ҳзықәшәо аԥышәарақәа зеиԥшразаалакгьы, Иегова урҭ рыхгара дҳацхраауеит. Уи адагьы, урҭ ажәақәа ҳгәазҭарҵоит есыҽны Иегова ҳшизиашоу шьақәҳарӷәӷәаларц азы иҳалшо зегь аҟаҵара, насгьы иаҳгәаладыршәоит ҳаԥсҭазаара Иегова инапы ишану.

18 Иисус ашьаҟаҿы даныԥсуаз ииҳәаз ажәақәа ҳара ҳзы аҵакы ӷәӷәа рымоуп. Шәааи еилаҳкааз ҳхы иаҳархәалап. Усҟан Иегова иҳарбоит Иԥа ҳшизыӡырҩуа (Матф. 17:5).

Иаҳдырҵозеи Иисус аҵыхәтәантәи иажәақәа?

  1. 1. «Саб! иаҭоумҵан абарҭ».

    Ҳгәы ҳзырхьуа ранажьра ҳазхиазароуп.

  2. 2. «Уара Џьанаҭ усыцҟалоит».

    Иегова ҳара ҳахь агәшаҭара аарԥшра игәаԥхоит.

  3. 3. «„Абри бара дбыҷкәынуп“... „Абри уара Дуануп!“»

    Ҳара зеиԥшыҟам адоуҳатә ҭаацәара ҳахәҭакуп.

  4. 4. «Сынцәа, Сынцәа! Сзынужьзеи Уара?»

    Иегова ҳагәрахаҵара ԥызшәо ауадаҩрақәа зегьы ҳарцәихьчалаӡом.

  5. 5. «Аӡба сакит».

    Аӡәы ацхырааразы иҳәара ԥхашьараӡам.

  6. 6. «Инаӡеит!»

    Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп есыҽны Иегова ҳизиашаны ҳаанхаларц азы.

  7. 7. «Сыԥсы Унапы ианысҵоит».

    Ҳаԥсҭазаара Иегова инапы иануп.

ИАҲДЫРҴОЗЕИ ИИСУС ИИҲӘАЗ АЖӘАҚӘА:

  • Лука 23:34, 43, 46 иану?

  • Матфеи 27:46 иану?

  • Иоанн 19:26—28, 30 иану?

АШӘА 126 Ӷьеҩла шәыҟаз, акрычҳара шәымаз

a Матфеи 17:5 ишану еиԥш, Иегова иҭахуп иԥа ҳаизыӡырҩларц. Ари астатиаҿы еилҳаргоит Иисус агәаҟратә шаҟаҿы данкыдыз ииҳәаз аҵыхәтәантәи ажәақәа иаҳдырҵо.

b Иисус Аԥсалом 22:1 аҿы иаагоу ажәақәа зиҳәаз иазкны еиҳаны еилышәкаар шәылшоит ари аҭыжьымҭаҿы иаагоу «Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа» аҟынтә.

c Шәахәаԥш 1995 шықәса, ианвар 22 азы иҭыҵыз «Пробудитесь!» аҿы иану астатиа: «Џьошуа игәрахаҵара. Қәҿиарала ахәыҷқәа рзинқәа ҳахьчоит» (англ.).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра