Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w19 март ад. 8—13
  • Шәазыӡырҩла Иегова ибжьы

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Шәазыӡырҩла Иегова ибжьы
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • «УАРА... ГӘЫ ЦАҲӘ-ЦАҲӘЛА БЗИА ИЗБАЗ СԤА УОУП»
  • «ИАРА ШӘИЗЫӠЫРҨЛА»
  • ИЕГОВА ИХЬӠ ҲАРЕИКУЕИТ
  • АНЦӘА ИБЖЬЫ АЗЫӠЫРҨРА ЗХАДОУ
  • «Cара сымҩоуп, сҵабыргуп, сыԥсҭазаароуп»
    «Усышьҭаланы уаала»
  • Иаҳдырҵозеи Иисус аҵыхәтәантәи иажәақәа?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Иисус Христос изку аиаша
    Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
  • Дызусҭада Иисус Христос?
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
w19 март ад. 8—13

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 11

Шәазыӡырҩла Иегова ибжьы

«Абри иоуп гәы цаҳә-цаҳәла бзиа избаз... Сԥа; Иара шәизыӡырҩла» (МАТФ. 17:5).

АШӘА 89 Аӡырҩра азылԥхарақәа аанагоит

АХҲӘААa

1, 2. а) Дышԥарацәажәо Иегова ауаа? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

ИЕГОВА игәаԥхоит ҳара ҳацәажәара. Ажәытәан иара ихәыцрақәа ауаа рҟынӡа инеигон аԥааимбарцәа, амаалықьцәа, насгьы Иԥа Иисус Христос ила (Ам. 3:7; Гал. 3:19; Аат. 1:1). Иахьа иара дҳацәажәоит Иажәа Абиблиа ала. Уи ҳара ҳамҭас иҳаиҭеит ихәыцшьеи иусқәеи ҳаилиркаарц азы.

2 Иисус адгьыл аҿы даныҟаз Иегова ажәҩан аҟынтә ибжьы рганы хынтә диацәажәеит. Шәааи еилаҳкаап арҭ х-хҭыск рҿы Анцәа ииҳәаз, уи иажәақәа иаҳдырҵо, насгьы урҭ ҳарзыӡырҩлар зхадоу.

«УАРА... ГӘЫ ЦАҲӘ-ЦАҲӘЛА БЗИА ИЗБАЗ СԤА УОУП»

3. Ииҳәазеи Иегова Иисус аӡы иҽанӡааихуаз Марк 1:9—11 инақәыршәаны, насгьы иарбан ихадоу фактқәоу урҭ ажәақәа рҟынтә еилаҳкаауа?

3 Марк 1:9—11 (шәаԥхьа) аҿы иануп Иегова ажәҩан аҟынтә ибжьы анирга раԥхьатәи ахҭыс. Иара Иисус иеиҳәеит: «Уара, сгәаԥхара-ҳалал злоу, гәы цаҳә-цаҳәла бзиа избаз Сԥа уоуп». Ҳәарада, Иисус игәы иахәеит бзиа дшибо, насгьы дшизыразу агәра изыргаз Иаб ибжьы ахьиаҳаз. Иегова иажәақәа рҟынтә Иисус изкны ихадоу х-фактк еилаҳкаауеит. Актәи, Иисус — иара Иԥа иоуп. Аҩбатәи, Иегова Иԥа бзиа дибоит. Ахԥатәи, Иегова иара дизыразуп. Инарҭбааны арҭ афактқәа еилҳаргап.

4. Иарбан иҷыдоу еизыҟазаашьақәоу Иисуси Анцәеи ироуз иара аӡы иҽанӡааих ашьҭахь?

4 «Уара... Сԥа уоуп». Арҭ ажәақәа рыла Иегова иааирԥшит бзиа иибо Иԥа Иисуси иареи иҷыдоу аизыҟазаашьақәа шроуз. Иисус адгьыл ахь даанӡагьы уи Анцәа идоуҳатә ԥацәа дреиуан. Аха аӡы иҽанӡааихуаз аамҭазы иара иԥшьоу адоуҳала далхын. Убас ала Анцәа иааирԥшит Иисус иԥшьоу адоуҳала иалху Иԥа иеиԥш ажәҩан ахь ахынҳәразы агәыӷра шиоуз, Анцәа иалихыз Аҳ, насгьы Аԥхьаԥшьаҩы иеиԥш амаҵ иуларц азы (Лука 1:31—33; Аур. 1:8, 9; 2:17). Убри аҟынтә Иисус аӡы иҽанӡааих, Иаб иман амзыз «Уара... Сԥа уоуп» ҳәа аҳәаразы (Лука 3:22).

Ҳара ҳандырҽхәо ҳгәы еизҳауеит (Шәахәаԥш абзац 5.)b

5. Ишԥаҳалшо абзиабара аарԥшраҿы Иегова иҿыԥшра?

5 «Уара... гәы цаҳә-цаҳәла бзиа избаз Сԥа уоуп». Иегова Иисус иахь иааирԥшыз абзиабара аҿырԥшы иаҳнарҵоит алшара анҳамоу егьырҭ ргәы ашьҭыхра шҳахәҭоу (Иоанн 5:20). Ҳара ҳгәы еизҳауеит акыр иаҳзаԥсоу ауаҩы ҳанирҽхәо, насгьы бзиа ҳшибо анҳаиҳәо. Ҳҭынхацәеи аизараҿы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳара ҳҟынтә абзиабареи агәышьҭыхреи рҭахуп. Ҳара егьырҭ анҳарҽхәо, урҭ рыгәрахаҵара ҳарӷәӷәоит, насгьы Иегова изиашаны имаҵ аура ҳрыцхраауеит. Аҭаацәа еиҳагьы ирыхәҭоуп рхәыҷқәа дырҽхәалар. Аҭаацәа ахаара анаадмырԥшуа, насгьы ахәыҷқәа андмырҽхәо, урҭ амра ашәахәақәа ззымхо аҵиаа иаҩызахоит.

6. Избан ҳара Иисус Христос иқәгәыӷра зҳалшо?

6 «Сгәаԥхара-ҳалал злоу». Арҭ ажәақәа рҟынтә иаҳбоит Иегова агәра ганы дшыҟаз Иисус иара игәаԥхара шынаигӡо. Иегова Иԥа убас диқәгәыӷуазар, ҳаргьы агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Анцәа ҳзықәиргәыӷыз зегьы Иисус ишынаигӡо (2 Кор. 1:20). Иисус иҿырԥшы ҳаназхәыцуа, ҳара еиҳагьы иаҳҭахуп иара иаҳирҵо зегьы ашьҭкаара, насгьы ишьҭа ҳхыланы ацара. Иегова ҳагәра игоит. Иара идыруеит ҳара, иара имаҵзуҩцәа, аԥхьаҟагьы Иисус иҿы аҵара шаҳҵало (1 Пиотр 2:21).

«ИАРА ШӘИЗЫӠЫРҨЛА»

7. Данбацәажәоз Иегова ажәҩан аҟынтә аҩынтәраан, Матфеи 17:1—5 инақәыршәаны, насгьы ииҳәазеи иара?

7 Шәаԥхьа Матфеи 17:1—5. Аҩынтәраан Иегова ажәҩан аҟынтә данцәажәоз, Иисус иԥшра анииԥсахыз ауп. Иисус Пиотри, Иакови, Иоанни дрыԥхьеит ицны ашьха ҳарак ахь ицарц. Уаҟа дара иџьоушьаша абара рбеит. Иисус ихы-иҿы лашеит, ишәыз амаҭәагьы убла хнакуа ишкәакәахеит. Иааигәара ицәырҵит Моисеии Илиеи рхаҿсахьа змаз ҩыџьа ахацәа. Урҭ Иисус иԥсреи иԥсҭалареи иазкны иацәажәон. Апостолцәа «ацәа иалаханы иҟан», аха зынӡа ианҿыха иџьоушьаша ари абара рбеит (Лука 9:29—32). Уи ашьҭахь урҭ аԥҭа лаша ихнаҩеит, нас уи иагәылыҩны ираҳаит абжьы — уи Анцәа ибжьы акәын! Иисус аӡы иҽанӡааихуаз еиԥш, Иегова дырҩегь Иԥа агәра ииргеит бзиа дшибо, насгьы дшизыразу. Иара иҳәеит: «Абри иоуп гәы цаҳә-цаҳәла бзиа избаз, сгәаԥхара-ҳалал злоу Сԥа». Аха уажәы Иегова иациҵеит: «Иара шәизыӡырҩла».

8. Ишԥарныри Иисус иҵаҩцәеи иареи ироуз абара?

8 Уи абара иаанарԥшит Иисус Анцәа Иаҳраҿы Аҳас даныҟало имазаауа ахьӡи-аԥшеи амчреи. Иисус ахьааи аргәаҟратә ԥсреи ихигар акәын, аха уи абара игәы шьҭнахит, насгьы дарӷәӷәеит. Иара убас уи Христос иҵаҩцәа рыгәрахаҵара арӷәӷәеит, насгьы акыршықәса рыҩныҵҟа инарыгӡалар рыхәҭаз адҵа иазыҟанаҵеит. Иисус иҽеиҭакра Пиотр убриаҟара инырит, иара уи абара 30 шықәса рышьҭахьгьы игәалашәон (2 Пиотр 1:16—18).

9. Иарбан ихархәагоу лабжьарақәоу Иисус иҵаҩцәа ириҭоз?

9 «Иара шәизыӡырҩла». Арҭ ажәақәа рыла Иегова иҳаилиркааит: иара иҭахуп Иԥа ҳаизыӡырҩларц, насгьы иажәақәа инарықәыршәаны ҳанхаларц. Иисус адгьыл аҿы даныҟаз ишьҭанеицәа ихадаз аҵабырг дирҵон. Иаҳҳәап, иара ишьҭанеицәа бзиабарала идирҵон ажәабжь бзиа еиҭарҳәалар шрыхәҭоу, насгьы изныкымкәа иргәалаиршәон аҷаԥшьара шаҭаху (Матф. 24:42; 28:19, 20). Уи адагьы дара ргәазҭеиҵон ахамеигӡара аадырԥшларц, насгьы ргәы кармыжьларц (Лука 13:24). Иисус инаҵшьны иазгәеиҭон иҵаҩцәа бзиа еибабалар, акзаара рыхьчалар, насгьы иԥҟарақәа ирықәныҟәалар шрыхәҭоу (Иоанн 15:10, 12, 13). Урҭ алабжьарақәа даара ихархәаган, иахьагьы ихархәагоуп.

10, 11. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо Иисус ҳшизыӡырҩуа?

10 Иисус иҳәеит: «Аиашарахьтә иаауа дарбанзаалакь сара сыбжьы дазыӡырҩуеит» (Иоанн 18:37). Ҳара ибжьы ҳазыӡырҩуеит ҳабжьара ачҳара анааҳарԥшуа, насгьы гәыкала ианҳанеибажьуа (Кәал. 3:13; Лука 17:3, 4). Иара убас ҳара азыӡырҩра ааҳарԥшуеит иааиԥмырҟьаӡакәа ажәабжь бзиа анеиҭаҳҳәо, аамҭа бзиа аангьы, аамҭа цәгьақәа раангьы (2 Тим. 4:2).

11 Иисус иара убас иҳәеит: «Суасақәа Сара сыбжьы иаххәыцуеит» (Иоанн 10:27). Христос ишьҭанеицәа ииҳәо азыӡырҩра адагьы, уи иқәныҟәоит. Есыҽнытәи аусқәа уи иахнагартә рылдыршаӡом (Лука 21:34). Дара рзы зегь реиҳа ихадоу Иисус иԥҟарақәа рынагӡара ауп, уи мариамзаргьы. Аӡәырҩы ҳашьцәа ауадаҩра ӷәӷәақәа ирықәшәоит, иаҳҳәап, рыгәрахаҵаразы ашьҭашәарыцарақәа, аӷарра, аԥсабаратә рыцҳарақәа реиԥш иҟоу. Аха егьа ирцәыуадаҩзаргьы дара Иегова изиашаны иаанхоит. Иисус ус еиԥш иҟоу ақьырсианцәа агәра диргоит: «Сара сыԥҟарақәа змоу, ирықәныҟәауа — Сара бзиа сибоит, Сара бзиа сызбауа уи Сара Саб илагьы бзиа дбахоит» (Иоанн 14:21).

Амаҵзура зегь раасҭа ихадоу ҳхы азышьҭра иҳацхраауеит (Шәахәаԥш абзац 12.)c

12. Излоубарҭоузеи еиҭа Иисус ҳшизыӡырҩуа?

12 Ҳара Иисус иахь азыӡырҩра шааҳарԥшуа убарҭахоит, аҭакԥхықәра зду аишьцәа ирыдыркыло аӡбарақәа ҳанрыдгыло (Аур. 13:7, 17). Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ҳорганизациаҿы аԥсахрақәа рацәаны иҟалеит. Ҳара амаҵзуразы иҳауит иҿыцу амыругақәа, рҽырыԥсахит амаҵзуразы азнеишьақәа, насгьы аусура амшқәа раан аиԥыларақәа рымҩаԥгашьа, рхы иадырхәо иалагеит Аҳратә залқәа рыргылареи, рырҭбаареи, реиҷаҳареи рҿы иҿыцу аметодқәа. Ҳара аишьцәа рахь аџьшьара ааҳарԥшуеит абзиабареи аҟәыӷареи зҵоу рнапхгара азы. Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит: Иегова дырзылԥхоит урҭ аӡбарақәа рықәныҟәаразы иҟаҳҵо ҳҽазышәарақәа.

13. Иарбан хәарҭоу Иисус изыӡырҩра иаҳзаанаго?

13 Иисус иажәақәа зегь ҳарзыӡырҩуазар, уи хәарҭа ҳзаанагоит. Иисус ишьҭанеицәа ақәиргәыӷит ирҵарақәа адоуҳатә мчы шырнаҭо. Иара иҳәеит: «Шәыԥсы раҳаҭыстәуеит». Анаҩс иациҵеит: «Сара суӷә бзабаахәуп, сеидарагьы ласуп» (Матф. 11:28—30). Иисус иԥсҭазаареи имаҵзуреи ртәы зҳәо Анцәа Иажәа иахәҭаку ԥшь-Евангелиек ҳацхраауеит ҳдоуҳатә мчқәа рхарҭәаара, насгьы аҟәыӷара аизырҳара (Аԥсал. 19:7; 23:3). Иисус иазгәеиҭеит: «Бзазара рымоуп Анцәа иажәа заҳауа, иацныҟәауа» (Лука 11:28).

ИЕГОВА ИХЬӠ ҲАРЕИКУЕИТ

14, 15. а) Данбацәажәоз Иегова ажәҩан аҟынтә ахынтә раан, Иоанн 12:27, 28 инақәыршәаны? б) Избан иаҳҳәар зҳалшо Иегова иажәақәа Иисус игәы дырҭынчит, насгьы амч ирҭеит ҳәа?

14 Шәаԥхьа Иоанн 12:27, 28. Иоанн иҟынтә Аевангелие аҿы иануп ахынтә раан Иегова ажәҩан аҟынтә ибжьы анирга. Иԥсра мышқәак шагыз Иисус Иерусалим дыҟан, уа иара аҵыхәтәантәи аан Мшаԥы азгәеиҭар акәын. «Сара сыԥсы еилахәоуп»,— иҳәеит иара. Анаҩс Анцәа иахь ихы рханы иҳәеит: «Саб! Ухьӡ ырҳарак». Убасҟан ажәҩан аҟынтә абжьы геит: «Иҳараскхьеит, еиҭаҳараскрангьы сыҟоуп».

15 Иисус агәҭынчымра ӷәӷәа иман, избанзар иара аҭакԥхықәра ду идын: Иегова дизиашаны даанхар акәын. Иара идыруан гәымбылџьбарала дшырыпҟало, анаҩс дгәаҟны дшыԥсуа (Матф. 26:38). Иисус изы Иаб ихьӡ арҳаракра зегь реиҳа ихадан. Иисус Анцәа дирџьоит ҳәа ахара идырҵон, убри аҟынтә иара агәҭынчымра иман иԥсрала Анцәа ихьӡ лаирҟәыр ҳәа. Иегова иажәақәа, ҳәарада, Иисус игәы шьҭырхит. Уажәшьҭа иара агәра ганы дыҟан Иегова ихьӡ шырҳаракхо. Иаб иажәақәа Иисус игәы дырҭынчит, насгьы изыԥшыз аԥышәарақәа рыхгаразы амч ирҭеит. Иҟалап Иисус заҵәык иакәзар Иаб ииҳәарц ииҭахыз еилызкааз, аха уеизгьы Анцәа деиҷаҳаит арҭ ажәақәа ҳаргьы иҳаҳарц (Иоанн 12:29, 30).

Иегова ихьӡ ҳареикуеит, насгьы ижәлар еиқәирхоит (Шәахәаԥш абзац 16.)d

16. Избан ҳара зны-зынла ҳгәы зҭынчым, Анцәа ихьӡ шыладырҟәуа анаҳбо?

16 Иҟалап ҳаргьы Иисус иеиԥш агәҭынчымра ҳазцәырҵуазар, Анцәа ихьӡ шыладырҟәуа анаҳбо. Ҳаргьы Иисус иеиԥш ииашамкәа иҳазныҟәазар алшоит, мамзаргьы ҳаӷацәа ауаа амц рыларҵәаны Анцәа ихьӡи иорганизациеи ладырҟәуазар ауеит. Ус иҟазар, Иегова Иисус иеиҳәаз ажәақәа ҳгәы дырҭынчуеит. Иаԥсаӡам мыцхәы агәырҩара. Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит «ҳара иҳамоу адыррақәа ираԥызго» Анцәа иҭынчра ҳгәи ҳахшыҩи Христос Иисус иҿы ишеиқәнархо (Флп. 4:6, 7). Иегова, ҳәарада, ихьӡ ҳареикуеит. Аҳра ацхыраарала Анцәа иқәигоит Аҩсҭаа напхгара ззиуа идунеии иареи Иегова изиашоу имаҵзуҩцәа ирырҭо аԥхасҭа зегьы (Аԥсал. 94:22, 23; Ис. 65:17).

АНЦӘА ИБЖЬЫ АЗЫӠЫРҨРА ЗХАДОУ

17. Дышԥаҳацәажәо Иегова Исаиа 30:21 инақәыршәаны?

17 Иегова ҳара иахьагьы дҳацәажәоит. (Шәаԥхьа Исаиа 30:21.) Ҳәарада, иара ибжьы ажәҩан аҟынтә игаӡом. Аха иара ҳамҭас иҳаиҭеит аҵара злаҳирҵо Абиблиа. Уи адагьы, Иегова идоуҳа игәрагоу атәы игәазҭанаҵоит иара имаҵзуҩцәа адоуҳатә фатәы рыҭара (Лука 12:42). Меигӡарахда иҟоу ари афатә уаршанхоит: уахь иаҵанакуеит икьыԥхьу алитература, онлаин-апубликациақәа, авидеонҵамҭақәа, аудионҵамҭақәа!

18. Ишԥадырӷәӷәо Иегова иажәақәа шәыгәрахаҵара, насгьы ишԥашәнаҭо агәымшәара?

18 Шәааи ахаан иаҳхамышҭлап Иегова ажәҩан аҟынтә Иԥа иеиҳәаз ажәақәа. Агәра ҳнаргалааит Абиблиа иану Анцәа иажәақәа иара акгьы шиаҩымшәо, насгьы Аҩсҭааи игәымбылџьбароу иара идунеии иҟарҵо аԥхасҭа шықәиго. Ҳара зегьы Анцәа ибжьы ҳазыӡырҩлар ҳахәҭоуп. Убасҟан ҳара иҳалшоит иарбанзаалак ауадаҩрақәа риааира — иахьагьы, ҳаԥхьаҟагьы. «Анцәа игәаҳәара нашәыгӡаразы, Уи шәзықәиргәыӷыз шәоуразы иаҭахуп ахачҳара аарԥшра»,— аҳәоит Абиблиаҿы (Аур. 10:36).

ЕИЛЫШӘКААЗЕИ ШӘАРА АРА ИАНУ ИЕГОВА ИАЖӘАҚӘА РҞЫНТӘ:

  • Марк 1:11?

  • Матфеи 17:5?

  • Иоанн 12:28?

АШӘА 4 «Иегова — сара Сыхьчаҩ»

a Иисус адгьыл аҿы даныҟаз Иегова ажәҩан аҟынтә хынтә диацәажәеит. Урҭ аицәажәарақәа руак аҿы Анцәа Христос иҵаҩцәа иреиҳәеит Иԥа изыӡырҩларц. Иахьа Иегова дҳацәажәоит Иисус ирҵарақәа ахьану Абиблиа ала, насгьы иорганизациа ала. Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Иеговеи Иисуси ҳарзыӡырҩлар зхадоу.

b АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО: аизара аиҳабы ибоит амаҵзуратә цхырааҩ Аҳратә зал атерриториа шеилирго, насгьы алитература иазку астол дадгыланы иҭакԥхықәрақәа шынаигӡо. Аизара аиҳабы уи гәык-ԥсыкала дирҽхәоит.

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: Сьерра-Леоне хаҵеи-ԥҳәыси аԥсыӡкҩы аизарахь ааԥхьара ирҭоит.

d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: Иегова ишаҳаҭцәа рмаҵзура мап ахьацәку атәылаҿы ахатәы ҩнаҿы аиԥылара мҩаԥыргоит. Ауаа рылаԥш иҵамшәаларц азы абжьааԥны еиԥш еилаҳәоуп.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра