АҴАРАЗЫ АСТАТИА 10
Исԥырхагоузеи аӡы аҽӡаахра?
«Аӡы иҩҭалеит, Филипп уи дӡааихит» (АУС. 8:38).
АШӘА 52 Ақьырсиантә ҽазкра
АХҲӘААa
1. Ирцәыӡзеи Адами Евеи, насгьы иалҵшәахазеи уи?
ИЗЫХӘҬАДА ацәгьеи абзиеи рнормақәа рышьақәыргылара? Адами Евеи ацәгьеи абзиеи закәу уеилзыркаауа аҵла аҟынтә ашәыр анырфа, еилыкка иаадырԥшит Иегова игәра шырымго, насгьы ацәгьеи абзиеи реиҩдырааразы инормақәа хырҩа шырзыруа. Дара ирҭахын ацәгьеи абзиеи закәу рхала ирыӡбаларц (Аҟаз. 3:22). Аха шәааи ҳахәаԥшып урҭ ирцәыӡыз. Дара ирцәыӡит Иеговеи дареи реиҩызара, насгьы наӡаӡа анхаразы алшара. Иара убас дара рхылҵшьҭра агәнаҳаи аԥсреи рзынрыжьит (Рим. 5:12). Адами Евеи ирыдыркылаз аӡбара ахьааи агәаҟреи аанагеит.
Ефиопиа иатәыз, аҭыԥ бзиа аанызкылоз ауаҩы Иисус Христос иахь агәрахаҵара аарԥшны иаразнак аӡы иҽӡааихырц иӡбеит (Шәрыхәаԥш абзацқәа 2, 3.)
2, 3. а) Иҟаиҵазеи Ефиопиа иатәыз, аҭыԥ бзиа аанызкылоз ауаҩы Филипп ажәабжь бзиа аниеиҳәа? б) Иарбан зылԥхарақәоу иҳауа аӡы ҳҽанӡааҳхуа, насгьы иарбан зҵаарақәоу ҳаззааҭгыло?
2 Шәааи шьҭа ҳазхәыцып Филипп ажәабжь бзиа зеиҳәоз Ефиопиа иатәыз, аҭыԥ бзиа аанызкылоз ауаҩы иҟаиҵаз. Иара Иеговеи Иисуси изыҟарҵаз азы аџьшьара аарԥшны, иаразнак аӡы иҽӡааихит (Аус. 8:34—38). Иааҳарԥшуазеи Иегова ҳҽанизаҳкуа, насгьы аӡы ҳҽанӡааҳхуа? Ҳара Иеговеи Иисуси иаҳзыҟарҵаз азы аџьшьара ааҳарԥшуеит. Уи адагьы иааҳарԥшуеит Иегова игәра шаҳго, насгьы ацәгьеи абзиеи закәу аӡбара азин змоу иара шиакәу шеилаҳкаауа.
3 Ҳазхәыцып иарбан зылԥхарақәоу иҳауа Иегова имаҵ аура ҳаналаго. Иара Адами Евеи ирцәыӡыз зегьы ширхынҳәуа ҳақәиргәыӷуеит, наӡаӡа анхара алшарагьы уахь иналаҵаны. Иисус Христос иахь ҳагәрахаҵара шьаҭас иҟаҵаны, Иегова ҳагхақәа ҳанаижьуеит, насгьы аламыс цқьа ҳамҭас иҳаиҭоит (Матф. 20:28; Аус. 10:43). Уи адагьы зеиԥшыҟам аԥсҭазаара ззыԥшу амаҵзуҩцәа рыла ишьақәгылоу Иегова иҭаацәара ҳахәҭакхоит (Иоанн 10:14—16; Рим. 8:20, 21). Иегова имаҵ аура иаԥсоуп, аха уеизгьы Иегова деилызкааз шьоукы Ефиопиа иатәыз, аҭыԥ бзиа аанызкылоз ауаҩы иҿырԥшы ақәныҟәара рзыгәаӷьуам. Ирԥырхагоузеи дара? Ишԥаиааири ирԥырхаго?
АҼӠААХРА ИАҲԤЫРХАГОУ
Аҽӡаахразы иаҳԥырхагоу
Улшарақәа рыгәра анумго (Шәрыхәаԥш абзацқәа 4, 5.)b
4, 5. Ирԥырхагази Еиверии Ханнеи?
4 Улшарақәа рыгәра анумго. Еивери Иегова ишаҳаҭцәа рҭаацәараҿы изҳаит. Иара бзиа дызбо, насгьы аизара аиҳаб бзиа ҳәа ирдыруа аб димоуп. Уеизгьы Еивери аӡы аҽӡаахра дахыццакӡомызт. Избан? Абар иара ииҳәо: «Саб иеиԥш сзыҟамлар ҳәа сшәон». Уи адагьы, Еивери игәы иаанагон аԥхьаҟа ирҭар алшо адҵақәа изынамыгӡар ҳәа. Иара иҳәоит: «Сара Анцәа иҳәара, ажәахә аҳәара, мамзаргьы ажәабжьҳәара иазку аиԥылара амҩаԥгара сықәшәар ҳәа сшәон».
5 18 шықәса зхыҵуа Ханна лылшарақәа дрықәгәыӷуамызт. Лҭаацәа Иегова ишаҳаҭцәа шракәызгьы, лара Анцәа инормақәа инарықәыршәаны анхара лылшап ҳәа дақәгәыӷуамызт. Избан? Ханна акгьы даԥсамызшәа лхы лбон. Зны-зынла лара убриаҟара лгәы каҳауан, лцәеижь ахәрақәа анылҵон, аха еиҳагьы деицәахон. Лара илҳәоит: «Сара уи аӡбахә аӡәгьы иасҳәаӡомызт, сҭаацәаҵәҟьагьы. Сгәы иаанагон Иегова уи аҩыза амаҵзуҩы диҭаххом ҳәа».
Аҩызцәа рнырра (Шәахәаԥш абзац 6.)c
6. Илԥырхагази Ванесса аҽӡаахра?
6 Аҩызцәа рнырра. 22 шықәса зхыҵуа Ванесса илҳәоит: «Сара аҩыза гәакьа дсыман. Лареи сареи ҳаиҩызцәеижьҭеи жәабаҟа шықәса ҵуан». Ванесса аӡы лыҽӡаалхыр лҭахын, аха лҩыза уи аҿы длыдгыломызт. Ванесса уи даара лгәы лнархьуан. Лара илҳәоит: «Сара ауаа рабадырра сцәыцәгьан, убри аҟынтә ҳаиҩызара сцәыӡыр ҳәа сшәон. Сгәы иаанагон ус еиԥш иҟоу аҩыза дсоуам ҳәа».
Агха ӷәӷәа ҟауҵар ҳәа ашәара (Шәахәаԥш абзац 7.)d
7. Дзыцәшәози Макеила, насгьы избан?
7 Агха ӷәӷәа ҟауҵар ҳәа ашәара. Макеила хәышықәса лхыҵуан лашьа аизара даналырца. Илызҳацыԥхьаӡа лара илбон закәытә хьаау лҭаацәа ирзаанагоз лашьа ихымҩаԥгашьа. Макеила илҳәоит: «Сара сшәон сҽанӡаасхлак ашьҭахь агха ҟасҵар, насгьы аизара салырцар, уи сҭаацәа еиҳагьы ахьаа рзаанагар ҳәа».
Аҿагылара ацәшәара (Шәахәаԥш абзац 8.)e
8. Дзыцәшәози Маилз?
8 Аҿагылара ацәшәара. Маилз иаби ианԥсеи Иегова ишаҳаҭцәа роуп, аха иан мап. Иара иҳәоит: «Сани сареи 18 шықәса ҳаицынхон, насгьы аӡы аҽӡаахра шысҭаху лаҳәара сшәон. Сара исгәалашәоит саб Иегова ишаҳаҭс дҟаларц аниӡба сан лхымҩаԥгашьа, убри аҟынтә дысԥырхагахар ҳәа сшәон».
ҲАШԤАИААИРИ АҼӠААХРА ИАҲԤЫРХАГОУ?
9. Иҟалар алшозеи Иегова иааирԥшуа абзиабареи ачҳареи анеилышәкаалак?
9 Адами Евеи Иегова иахь абзиабара ахьырзымхоз азы иҿагылеит. Ус ишыҟазгьы Иегова азин риҭеит ахәыҷқәа роурц азы аамҭак иналагӡаны инхарц, насгьы дара ишырҭаху ирааӡарц ахақәиҭра риҭеит. Рацәак мҵыкәа, еилкаахеит Адами Евеи Анцәа иҟынтә рхьыԥшымра иахьнанагаз. Дара рԥеиҳаб акгьы зхарамыз иашьа дишьит, аамҭак ашьҭахь ауаа еиҳа ахбзиабареи агәымбылџьбарареи аадырԥшуа иалагеит (Аҟаз. 4:8; 6:11—13). Уеизгьы Иегова имаҵ аура зҭаху Адами Евеи рхәыҷқәа зегьы аиқәхаразы алшара риҭеит (Иоанн 6:38—40, 57, 58). Иегова шаҟа абзиабареи ачҳареи ааирԥшуа еилышәкаацыԥхьаӡа еиҳагьы иӷәӷәаны бзиа дыжәбоит. Шәара Адами Евеи иалырхыз амҩа ааныжьны, шәыԥсҭазаара Иегова изышәкыр шәҭаххоит.
Ҳашԥаиааири иаҳԥырхагоу?
(Шәрыхәаԥш абзацқәа 9, 10.)f
10. Ишԥашәыцхраауеи Аԥсалом 19:7 иану Иегова имаҵ аура азы аӡбара адкылара?
10 Иегова изку адыррақәа реизырҳара шәаҟәымҵын. Иегова деилышәкаацыԥхьаӡа, иара имаҵ аура шшәылшо ала шәыгәрагара еиҳа иӷәӷәахоит. Хыхь зыӡбахә ҳәаз Еивери иҳәоит: «Сара сылшарақәа рыгәра зго салагеит Аԥсалом 19:7 (шәаԥхьа) иану ажәақәа санрызхәыцуаз». Еивери ибеит Иегова иажәа шынаигӡо, насгьы Анцәа иахь ибзиабара еиҳа ишыӷәӷәахаз. Иегова иахь абзиабара ҳалшарақәа рыгәра агара иҳацхраауеит, аха уи адагьы, зегь раԥхьаӡа иргыланы иара ҳизхәыцларц, насгьы игәаԥхара наҳагӡаларц ҳгәазҭанаҵоит. Хыхь зыӡбахә ҳәаз Ханна илҳәоит: «Абиблиа аԥхьареи схатә ҭҵаареи исеилдыркааит сцәеижь ахәрақәа ананысҵоз Иегова игәы шисырхьуаз» (1 Пиотр 5:7). Ханна Анцәа Иажәа аҟынтә еилылкаауаз лыԥсҭазаараҿы лхы иалырхәо далагеит (Иак. 1:22). Иалҵшәахазеи уи? Ханна илҳәоит: «Иегова сара сҟынтә дыззыԥшу аныҟасҵоз, избон иарбан хәарҭоу исзаанагоз, насгьы иара иахь сыбзиабара еиҳагьы иӷәӷәахеит. Шьҭа издыруеит: ацхыраара сҭаххар Иегова амҩа иаша сықәиҵоит». Ханна лцәеижь ахәрақәа анҵара ашьцылара илымаз ааныжьра лылшеит. Лара лыԥсҭазаара Иегова изылкит, насгьы аӡы лыҽӡаалхит.
(Шәахәаԥш абзац 11.)g
11. Ишԥалыԥшааи Ванесса аҩызцәа бзиақәа, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара?
11 Ҟәыӷарыла аҩызцәа ралхра. Хыхь зыӡбахә ҳәаз Ванесса ԥыҭрак ашьҭахь еилылкааит лҩызеи лареи реиҩызара Иегова иҽизкра ишылԥырхагаз. Убри аҟынтә уи аиҩызара аҵыхәтәа ԥылҵәеит, насгьы аизараҿы аҩызцәа рыԥшаара лҽазылшәеит. Лара излалҳәо ала, Нои иҭаацәареи иареи рҿырԥштәы лыцхрааит. Лара илҳәоит: «Дара Иегова бзиа дзымбоз ауаа ирыланхон, аха рҭаацәара аҩныҵҟа еизааигәаз аизыҟазаашьақәа рыман». Ванесса аӡы лҽанӡаалх, пионерс амаҵ аура далагеит. Абар уажәшьҭа илҳәо: «Убас ала сара исылшеит зеиԥшыҟам аҩызцәа рырҳара сеизараҿы мацара акәымкәа, егьырҭ аизарақәа рҿгьы». Шәаргьы аҩызцәа бзиақәа шәоуеит, шәаамҭа зегь Иегова иҳадиҵаз аус иазышәкыр (Матф. 24:14).
(Шәрыхәаԥш абзацқәа 12—15.)h
12. Иарбан шәароу Адами Евеи ирымамыз, насгьы иаанагазеи уи?
12 Шәгәаҿы Анцәа иҿаԥхьа ашәа́ра еизшәырҳала. Зны-зынла ашәара ҳамазар бзиоуп. Иаҳҳәап, ҳара Иегова игәы иаҳмырхьырц азы иҭышәынтәалоу ашәара ҳамазар ауп (Аԥсал. 111:10). Адами Евеи ргәаҿы уи аҩыза ашәара еиздырҳазҭгьы, дара ахаан Иегова ицәхьаҵуамызт. Дара Анцәа ианиҿагыла, рылақәа аатит — еилыркааит агәнаҳа шыҟарҵаз. Уажәшьҭа рхәыҷқәа ирырҭар рылшоз агәнаҳаи аԥсреи мацара ракәын. Уи анеилыркаа, Адами Евеи рцәеижь ахьыхтыз иацәыԥхашьан, рыҽхырҩеит (Аҟаз. 3:7, 21).
13, 14. а) Избан 1 Пиотр 3:21 инақәыршәаны аԥсрахьы иҭышәынтәалоу ашәара ҳамазар зҳахәҭоу? б) Иарбан мзызқәоу Иегова бзиа ибаразы иҳамоу?
13 Иегова иахь иҳамоу ашәара ҭышәынтәалазароуп, аха иара убас иҭышәынтәалазароуп аԥсрахьгьы иҳамоу ашәара. Иегова иҳаиҭеит наӡаӡа анхаразы алшара. Ҳара агәнаҳа ҟаҳҵаргьы, гәык-ԥсык ала ҳахьхәыр, Иегова иҳанаижьуеит Иԥа иԥсхҭынҵарахьы иҳамоу ҳагәрахаҵара шьаҭас иҟаҵаны. Уи аԥсхҭынҵарахьы агәрахаҵара ааҳарԥшуеит Иегова ҳаԥсҭазаара анизаҳкуа, насгьы ҳҽанӡааҳхуа. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 3:21.)
14 Ҳара Иегова бзиа даҳбаларц азы амзызқәа рацәаны иҳамоуп. Иаҳҳәап, есыҽны ҳзыргәырӷьо ҳаиҭоит, насгьы иара изку аҵабырги игәҭакқәеи ҳзааиртуеит (Иоанн 8:31, 32). Уи ҳирӷәӷәоит, насгьы ақьырсиантә еизара ала алабжьарақәа ҳаиҭоит. Иара ҳауадаҩрақәа рыӡбара дҳацхраауеит, насгьы иҳаиҭоит агәыӷра — џьанаҭ дгьыл аҿы наӡаӡа анхара (Аԥсал. 68:19; Аат. 21:3, 4). Иегова бзиа ҳшибо шьақәирӷәӷәарц азы иаҳзыҟаиҵахьоу зегьы ҳанрызхәыцуа, ҳара ҳабзиабарагьы иара иахь еизҳауеит. Иегова иахь иҳамоу абзиабара ҳгәазҭанаҵоит иҭышәынтәалоу ашәара аарԥшра — иӷәӷәаны бзиа иаҳбо игәы иҳархьыр ҳәа ашәара.
15. Дышԥаиааи Макеила агха ҟалҵар ҳәа илымаз ашәара?
15 Хыхь зыӡбахә ҳәаз Макеила Иегова бзиабарала ҳагхақәа шҳанаижьуа анеилылкаа, агха ҟалҵар ҳәа илымаз ашәара даиааит. Лара илҳәоит: «Сара еилыскааит ҳара зегь ҳшынаӡам, насгьы агхақәа шыҟаҳҵало. Иара убас еилыскааит Иегова бзиа ҳшибо, насгьы аҿыхра абзоурала ҳагәнаҳақәа шҳанаижьуа». Макеила Иегова иахь илымаз лыбзиабара лгәазҭанаҵеит лыԥсҭазаара иара изылкырц, насгьы аӡы лыҽӡаалхырц.
(Шәахәаԥш абзац 16.)i
16. Ишԥаилшеи Маилз ишәара аиааира?
16 Аӡы иҽӡааихырц шиҭаху иан ианеилылкаалак диҿагылар ҳәа ишәоз Маилз араионтә хылаԥшҩы ацхырааразы диҳәеит. «Иаргьы изҳаит иҭаацәа руаӡәк Иегова имаҵ ахьиимуаз аҭаацәараҿы,— еиҭеиҳәоит Маилз.— Иара дсыцхрааит сазхәыцырц сан агәра шылсыргаша аҽӡаахра сара схала ишысыӡбаз, уи саб ишсыдимцалаз». Маилз иан уи ӷәӷәала даҿагылеит. Ԥыҭрак ашьҭахь иара хазы анхара дцар акәхеит, аха аӡы аҽӡаахразы имаз агәаҳәара ицәымӡӡеит. Иара иҳәоит: «Сара еилыскааит Иегова шаҟа абзиара сзыҟаиҵаз. Уи сгәаҵанӡа инеит. Иисус иԥсхҭынҵара инарҵауланы азхәыцра сыцхрааит Иегова шаҟа ӷәӷәала бзиа сибо аилкаара. Уи сгәазҭанаҵеит сыԥсҭазаара Иегова изыскырц, насгьы аӡы сыҽӡаасхырц».
ШӘЫӠБАРА ШӘАЗИАШАЗ
Анцәа иаҳзыҟаиҵаз зегьы рзы аџьшьара ааҳарԥшыр ҳалшоит (Шәахәаԥш абзац 17.)
17. Иарбан лшароу зегьы иҳамоу?
17 Ева ацәгьеи абзиеи уеилзыркаауа аҵла аҟынтә ашәыр анылфа, дызшаз Лаб дышицәхьаҵыз аалырԥшит. Адам лара данлыдгыла, Иегова Адам иахь иааирԥшуаз ақьиара зынӡа ахә шиимшьаз ааирԥшит. Ҳара зегьы иааҳарԥшыр ауеит Адами Евеи ҳреиԥшхарц шаҳҭахым. Ҳҽанӡааҳхуа ҳара иааҳарԥшуеит ацәгьеи абзиеи закәу аӡбара Иегова азин шимоу ҳшақәшаҳаҭу. Ҳара ишьақәҳарӷәӷәоит Ҳаб бзиа дшаҳбо, насгьы игәра шаҳго.
18. Ианбаанаго алҵшәа бзиақәа Иегова имаҵ аура?
18 Ҳҽанӡааҳхлак ашьҭахь ҳара ишаҳҭаху акәымкәа есыҽны Иегова инормақәа инарықәыршәаны анхара ҳҽазаҳшәозароуп. Убас ҟарҵоит миллионҩыла Анцәа имаҵзуҩцәа. Шәаргьы ус анхара шәылшоит анаҩсгьы Абиблиа иану адыррақәа еизшәырҳалар, аишьцәеи аиаҳәшьцәеи есымша шәрыҿцәажәалар, насгьы абзиабара злоу жәҩантәи Ҳаб изкны еилышәкааз гәаҳәарыла егьырҭ ирзеиҭашәҳәалар (Аур. 10:24, 25). Аӡбара аншәыдышәкыло Иегова Абиблиа ала, насгьы иорганизациа ала ишәиҭо алабжьарақәа шәырзыӡырҩла (Ис. 30:21). Уи алҵшәа бзиақәа аанагоит (Ажәам. 16:3, 20).
19. Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи ҳара ахаангьы, насгьы избан?
19 Иегова илабжьарақәа шаҟа азылԥхарақәа шәзаарго ахаангьы ишәхашәмыршҭуазар, шәара шәыбзиабара иара иахь, насгьы инормақәа рахь еиҳа иӷәӷәахоит. Усҟан Аҩсҭаа иоуӡом алшара Иегова имаҵ аура аҟынтә шәымҩахҟьара. Шәхаҿы иаажәг зқьышықәса рышьҭахь иҟало аамҭа. Аӡы шәыҽӡаашәхырц зны ишәыдышәкылаз аӡбара анышәгәалашәалак, хымԥада ишәҳәоит: «Ари сыԥсҭазаараҿы зегь иреиӷьу ӡбароуп!»
АШӘА 28 Иегова уиҩызаха
a Аӡы сыҽӡаасхру сыҽӡаасымхру? Уи ауаҩы иԥсҭазаараҿы идикылар ахәҭоу зегь раасҭа ихадоу ӡбароуп. Избан? Аҭак ари астатиаҿы еилаҳкаауеит. Иара убас ари астатиа аӡы аҽӡаахра иазхәыцуа ирыцхраауеит уи ашьаҿа аҟаҵара ирԥырхаго аиааира.
b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: Улшарақәа рыгәра анумго. Арԥыс изыгәаӷьӡом аизараҿы аҭак аҟаҵара.
c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: Аҩызцәа рнырра. Иегова дхазымҵо аҩыза дызмоу иқәыԥшу аиаҳәшьа Иегова ишаҳаҭцәа анылба дыԥхашьоит.
d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: Агха ӷәӷәа ҟауҵар ҳәа ашәара. Аӡӷаб лашьа аизара даналырца, насгьы хазы данца, ларгьы агәнаҳа ҟалҵар ҳәа ашәара далагеит.
e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: Аҿагылара ацәшәара. Аҷкәын игәы ҭынчӡам иара Анцәа дышиҳәо игәрахаҵара ицеиҩызымшо иан иахьылбо азы.
f АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: Улшарақәа рыгәра анумго. Арԥыс иҽазишәоит еиҳаны Абиблиа аҭҵаара.
g АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: Аҩызцәа рнырра. Иқәыԥшу аиаҳәшьа еилылкаауеит лыгәрахаҵара дазгәдузар шлыхәҭоу.
h АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: Агха ӷәӷәа ҟауҵар ҳәа ашәара. Аӡӷаб лыгәрахаҵара шиашоу агәра ганы, аӡы лыҽӡаалхуеит.
i АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: Аҿагылара ацәшәара. Аҷкәын агәымшәара аарԥшны игәрахаҵара ицеиҩызымшо иан зыгәра иго атәы леилиркаауеит.