Аӡӡаахра — ақьырсианцәа рзы иҟоу ҭахроуп
«Анаҭра... иахьа шәаргьы шәахьчоит» (1 ПИОТР 3:21).
1, 2. а) Иарбан цәаныррақәоу аҭаацәа ирызцәырҵуа рхәыҷы иҽӡааихыр шиҭаху анреиҳәо? б) Избан зыҽӡаазхыр зҭаху Иегова рҽизыркхьоу рҽизырымкхьоу изразҵаауа? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
МАРИА лҭаацәа зыҽӡаазхыр зҭаху ирылагылоу рыԥҳа илыхәаԥшуеит. Ажәахәҟаҵаҩ зыҽӡаазхыр зҭаху ҩ-зҵаарак риҭоит. Мариа лыбжьы ҭыганы еилыкка аҭак ҟалҵоит. Уи ашьҭахь лара лыҽӡаалхуеит.
2 Мариа лҭаацәа еигәырӷьоит рыԥҳа лыԥсҭазаара Иегова иахьизылкыз, насгьы лҽахьӡаалхыз. Аха ари зегь ҟалаанӡа Мариа лан лгәы иҵхоз ак ыҟан. Лара дхәыцуан: «Дхәыҷцәаӡами Мариа аҽӡаахразы? Еилылкааҵәҟьоума лара Иегова иҽизкра шаҟа аҵак ду амоу? Еиӷьӡами макьана дааԥшыр?» Абзиабара злоу аӡәырҩы аҭаацәа рхәыҷы иҽӡааихыр аниҭаху абас еиԥш иҟоу азҵаарақәа рызцәырҵуеит (Екклезиаст 5:5). Уи џьашьатәым, избанзар уԥсҭазаара Иегова изкреи аҽӡаахреи даара акрызҵазкуа шьаҿоуп. (Шәахәаԥш арамка «Уҽизукхьоума уара Иегова?»)
3, 4. а) Ишԥааирԥши апостол Пиотр аҽӡаахра даара ишхадоу? б) Избан Пиотр аӡӡахра аковчег аргылара изаҿирԥшуаз?
3 Апостол Пиотр аӡӡаахра Нои иковчег аргылара иаҿирԥшит. Иара иҳәеит: «Иҟоуп уи иеиԥшу — аӡӡаахра, уи иахьа шәара шәахьчоит». (Шәаԥхьа 1 Пиотр 3:20, 21.)a (Шәахәаԥш албаага.) Аковчег ауаа иднарбон Нои гәык-ԥсыкала Анцәа игәаԥхара анагӡара шиҭахыз. Иара азыӡырҩра аарԥшны Анцәа ииҭаз адҵа наигӡеит. Нои агәрахаҵара ахьааирԥшыз абзоурала Иегова уи иҭаацәеи иареи Аӡхыҵра аҟынтә еиқәирхеит. Ииҳәарц ииҭахызи Пиотр ари аҿырԥштәы ала?
4 Ауаа аковчег анырбоз, еилыркаауан Нои Анцәа дышхеиҵоз. Убас еиԥш аӡәы аӡы иҽшӡааихуа анаҳбо еилаҳкаауеит уи Анцәа иҽшизикыз, насгьы зыԥсы ҭалаз Иисус Христос иахь агәрахаҵара шимоу. Аӡы зыҽӡаазхуа ауаа Нои иеиԥш Анцәа изыӡырҩуеит, насгьы ирыдиҵаз аус нарыгӡоит. Иегова Нои Аӡхыҵра аан дшеиқәирхаз еиԥш, ицәгьоу ари адунеи анықәиго, изиашоу зыҽӡаазххьоу имаҵзуҩцәа еиқәирхоит (Марк 13:10; Аатра 7:9, 10). Ишаҳбо ала, даара ихадоуп ҳаԥсҭазаара Иегова изкра, насгьы аҽӡаахра. Еилкаауп аӡәы аҽӡаахра дахымыццакуазар, наунагӡа анхаразы алшара ицәыӡыр шалшо.
5. Еилаҳкаауазеи ари астатиаҿы?
5 Ишеилҳаргаз ала, аӡӡаахра даара ихадоуп. Уажәшьҭа шәааи абарҭ азҵаарақәа рҭак ҟаҳҵап: иаҳәозеи Абиблиа аӡӡаахра иазкны? Иҟаиҵар акәзеи ауаҩы иҽӡааихаанӡа? Избан аӡӡаахра даара ишхадоу ҳгәалашәалар зҳахәҭоу, ҳхәыҷқәа ма егьырҭ ауаа Абиблиа аныдҳарҵо?
АБИБЛИА АӠӠААХРА ИАЗКНЫ ИАҲӘО
6, 7. а) Избан Иоанн ауаа зӡааихуаз? б) Иарбан ҳаҭыру ианашьаз Иоанн?
6 Абиблиаҿы иануп раԥхьа ауаа рӡаахра иалагаз Иоанн Анаҭҩы шиакәыз (Матфеи 3:1—6). Избан ауаа рыҽӡаархырц азы иара иахь изнеиуаз? Уи ала дара Моисеи Изакәан ишықәымныҟәоз шеилыркаауаз, насгьы рыгәнаҳақәа ишрыхьхәуаз аадырԥшуан. Аха Иоанн иҟаиҵаз зегь раасҭа ихадаз аӡӡаахра даҽа ҵакык аман. Иоанн аҳаҭыр ду ианашьан — инаӡаз Анцәа Иԥа иӡаахра (Матфеи 3:13—17). Иисус агәнаҳа имамызт. Иара ахьхәра ихәҭамызт (1 Пиотр 2:22). Нас избан иара иҽызӡааихыз? Иисус уи ала иааирԥшит иԥсҭазаара Анцәа игәаԥхара анагӡара ишазикуа (Ауриацәа рахь 10:7).
7 Иисус ажәабжьҳәара даналага ашьҭахь иҵаҩцәагьы ауаа ӡаархуан (Иоанн 3:22; 4:1, 2). Уи ала зыҽӡаазхуаз иаадырԥшуан Моисеи Изакәан иахьықәымныҟәоз ишахьхәуаз. Аха Иисус даныршь, насгьы иԥсы анҭала ашьҭахь иҵаҩцәаны аҟалара зҭахыз рӡаахра даҽа ҵакык аиуит.
8. а) Иарбан дҵоу иҟаиҵаз Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь? б) Избан ақьырсианцәа аҽӡаахра зрыхәҭаз?
8 33 шықәсазы Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь иара драцәажәон 500-ҩык инареиҳаны ахацәеи аҳәсеи, иҟалап уа ахәыҷқәагьы ыҟазҭгьы. Убасҟан акәзар ҟалап иара ианреиҳәа: «Убри аҟнытә шәцаны ажәларқәа зегьы рыҩнуҵҟа шәуазҳәала, Аби, Аԥеи, Аԥсы Цқьеи рыхьӡала ишәнаҭла,— идшәырҵала, ишшәасҳәаз ала, аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларазы» (Матфеи 28:19, 20; 1 Коринфаа рахь 15:6). Иисус ишьҭанеицәа аҵаҩцәа азыҟарҵаларц рыдиҵеит. Иара иҵаҩны аҟалара, ма иуӷә аҵалара, зҭаху зегьы рыҽӡаархыроуп (Матфеи 11:29, 30). Анцәа ишиҭаху имаҵ ауразы ауаҩы еиликаалароуп Иисус Анцәа игәҭакы анагӡараҿы ихадоу аҭыԥ шааникыло. Анаҩс иара иҽӡааихыр илшоит. Убасҟан ауп Анцәа ауаҩы иӡӡаахра иашоуп ҳәа аниԥхьаӡо. Абиблиаҿы иануп Иисус иҵаҩцәа аӡӡаахра шаҟа ихадоу шеилыркаауаз шьақәзырӷәӷәо имаҷымкәа аҿырԥштәқәа. Дара рыҽӡаархырц азы аамҭа гатәуп ҳәа ргәы иаанагомызт (Аусқәа 2:41; 9:18; 16:14, 15, 32, 33).
ААМҬА ШӘЫМГАН
9, 10. Еилаҳкаауазеи аӡӡаахра иазкны Ефиопиа аҭыԥ ду аанызкылоз ауаҩи апостол Павели рҿырԥштәқәа рҟынтә?
9 Шәаԥхьа Аусқәа 8:35, 36. Ауриацәа рыгәрахаҵара здызкылаз Ефиопиа аҭыԥ ду аанызкылоз ауаҩы иерусалимтәи ауахәамаҿы Анцәа димҵахырхәаны аҩныҟа дгьежьуан. Иегова имаалықь уи ауаҩ иахь Филипп дишьҭит «Иисус изку агәырӷьаҿҳәаша жәабжь, ажәабжь бзиа» изеиҭеиҳәарц азы. Ишԥақәҿиҭи иара уи? Иара еиликааит Иисус игәра агара шхадоу, насгьы Иегова ақьырсианцәа рҟынтә дыззыԥшыз анагӡара иҭаххеит. Убри аҟынтә уи иаразнак иҽӡааихит.
10 Еилҳаргап ақьырсианцәа ирышьҭашәарыцоз Савл иҿырԥштәы. Аханатә инаркны ауриацәа Анцәа иитәыз жәларын, аха дара Иегова изыӡырҩӡомызт, убри аҟынтә урҭ мап рцәикит. Аха Савл игәы иаанагон ауриацәа Анцәа ишиҭаху имаҵ руеит ҳәа, убри аҟынтә ақьырсианцәа дрышьҭашәарыцон. Аха ҽнак зны зыԥсы ҭалаз Иисус Савл ажәҩан аҟынтәи хаҭала диацәажәеит. Ишԥаиныри уи Савл? Иара дгәырӷьаҵәа иқьырсианыз Ананиа иҟынтә ацхыраара идикылеит. Абиблиа иануп: «Дҩагылт, иара абраҟа дагьырнаҭит» (Аусқәа 9:17, 18; Галаҭаа рахь 1:14). Анаҩс Савл апостол Павел ҳәа деицырдыруан. Иазгәашәҭ: Савл Анцәа игәаԥхара анагӡараҿы Иисус ихадоу ароль шааникыло анеиликаа, иара иаразнак иҽӡааихит. (Шәаԥхьа Аусқәа 22:12—16.)
Абиблиа зҵо аҵабырг ахьеилыркааз азы аџьшьара аадырԥшуеит, убри аҟынтә рыҽӡаархуеит
11. а) Ргәазҭазҵозеи иахьа Абиблиа ҭызҵаауа аҽӡаахра? б) Иарбан цәаныррақәоу иҳазцәырҵуа аӡәы иҽшӡааихуа анаҳбо?
11 Иахьагьы Абиблиа зҵо аҿарацәагьы, иара убас зықәрахь инеихьоугьы убас ҟарҵоит. Дара аҵабырг ахьеилыркааз азы аџьшьара аадырԥшуеит, насгьы уи агәра ргоит аҟынтә, рыԥсҭазаара Иегова изыркуеит, насгьы рыҽӡаархуеит. Аӡӡаахра иазку ажәахә аконгрессқәа рҿы инарылукаауа хҭысуп. Иегова ишаҳаҭцәа даара еигәырӷьоит Абиблиа зҵо аҵабырг анрыдыркыло, насгьы рыҽӡаархырц анырыӡбо. Аҭаацәа рхәыҷқәа ус аныҟарҵо ргәырӷьара ҳәаа амам. 2017-тәи амаҵзуратә шықәса аҩныҵҟа 284 000-ҩык инареиҳаны рыԥсҭазаара Анцәа ишизыркыз аадырԥшырц азы аӡы рыҽӡаархит (Аусқәа 13:48). Иубарҭоуп урҭ ишеилыркаауа аӡӡаахра ақьырсианцәа рзы иҟоу аҭахра шакәу. Аха иҟарҵар акәзеи дара аӡы рыҽӡаархаанӡа?
12. Иҟарҵар акәзеи Абиблиа зҵо аӡы рыҽӡаархаанӡа?
12 Абиблиа зҵо аӡы рыҽӡаархаанӡа еилыркаар ауп Анцәа изку аҵабырг, ауаатәыҩсеи адгьыли рганахь ала иара гәҭакыс имоу, насгьы ауаатәыҩса реиқәырхаразы иҟаиҵаз (1 Тимофеи иахь 2:3—6). Иара убас дара Анцәа изакәанқәа рынагӡара ирыцхраауа, насгьы иара ицәымӷу аусқәа мап рыцәкра ргәазҭазҵо агәрахаҵара еиздырҳар ауп (Аусқәа 3:19). Уи даара ихадоуп, избанзар Иегова ицәымӷу ҟазҵо ауаа идикылаӡом (1 Коринфаа рахь 6:9, 10). Аха уи мацара азхом. Зыԥсҭазаара Анцәа изызкыр зҭаху аизарақәа рахь иныҟәалар ауп, иааиԥмырҟьаӡакәа егьырҭ ажәабжь бзиа рзеиҭарҳәалар ауп, насгьы аҵабырг ддырҵалар ауп (Аусқәа 1:8). Абиблиа зҵо раԥхьа еиқәаҳаԥхьаӡаз ашьаҿақәа зегьы ҟарҵар ауп. Анаҩс дара гәык-ԥсыкала Иегова иҳәаны рыԥсҭазаара изыркыр, насгьы зегьы ишырбо рыҽӡаархыр рылшоит.
АБИБЛИА ЗШӘЫРҴО АҼӠААХРА РГӘАЗҬАШӘҴАЛА
Шәрыцхраауама Абиблиа зшәырҵо аҽӡаахра шаҟа ихадоу аилкаара? (Шәахәаԥш абзац 13.)
13. Избан егьырҭ аҵабырг андҳарҵо урҭ ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа ракәхарц азы аҽӡаахра шрыхәҭоу ҳгәалашәалар зхадоу?
13 Абиблиа зҳарҵо, насгьы ҳхәыҷқәа хыхь еиқәаҳаԥхьаӡаз ашьаҿақәа рыҟаҵара ҳанрыцхраауа, иаҳхаҳмыршҭлар ауп Иисус ишьҭанеира зҭаху зегьы рыҽӡаархыр шакәу. Усҟан урҭ рыԥсҭазаара Анцәа изкра, насгьы аҽӡаахра шаҟа ихадоу раҳәара ҳшәалаӡом. Ҳара иаҳҭахуп ҳхәыҷқәеи Абиблиа зҳарҵо ауааи доуҳала еизҳаларц, насгьы рыҽӡаархырц.
14. Избан аӡәы иҽӡааихырц азы иқәыӷәӷәара зиашам?
14 Ҳәарада, Абиблиа зшәырҵо ма шәхәыҷы иҽӡааихырц азы иқәыӷәӷәара, мамзаргьы иршәара иашаӡам. Иегова имаҵ аура аӡәгьы мчыла идицалаӡом (1 Иоанн 4:8). Егьырҭ аҵабырг андҳарҵо Иеговеи дареи рыбжьара аиҩызара аизырҳара шаҟа ихадоу аилкаара ҳрыцхраалар ауп. Абиблиа зҵо ауаҩы Анцәа изку аҵабырг ахьеиликааз азы аџьшьара ааирԥшуазар, насгьы ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа реиԥш анхара иҭахызар, аҽӡаахра агәаҳәара иоуеит (2 Коринфаа рахь 5:14, 15).
15, 16. а) Шаҟа ихыҵуазар акәзеи ауаҩы иҽӡааихырц азы? б) Избан Абиблиа зҵо ауаҩы Иегова ишаҳаҭны дҟаларц азы иҽӡааихыр зихәҭоу, уаанӡа даҽа динхаҵарак аҿы иҽӡааиххьазаргьы?
15 Ауаҩы иҽанӡааихша азы иалкаау қәрак ыҟаӡам. Ауаа зегьы еиԥшӡам, шьоукы доуҳала еиҳа ирласны еизҳауеит егьырҭ раасҭа. Аӡәырҩы ианқәыԥшыз рыҽӡаархит, ианрызҳагьы Иегова иахь азиашара аадырԥшуеит. Егьырҭ рықәрахь ианнеихьаз ауп Абиблиа иану аҵабырг анеилыркаа, насгьы рҽанӡаарх. Иҟоуп 100 шықәса инареиҳаны зхыҵуазгьы!
16 Абиблиа зҵоз зықәрахь инеихьаз ԥҳәыск еиуеиԥшым адинхаҵарақәа рҿы лыҽӡаалххьан. Убри аҟынтә лара Абиблиа лзырҵоз длызҵааит даҽазнык лыҽӡаалхыр аума ҳәа. Аиаҳәшьа уи лызҵаара аҭак ҟазҵоз абиблиатә жәеинраалақәа ллырбеит. Уи аԥҳәыс абиблиатә ҭахрақәа анеилылкаа ашьҭахь лыҽӡаалхит, 80 шықәса дшырҭагылазгьы. Иҳаилнаркаауазеи ҳара ари аҿырԥштәы? Иегова ҳаӡӡаахра идикыларц азы иара игәаԥхара иазку аҵабырг ҳдыруазар ауп. Даҽа динхаҵарак аҿы ҳаҽӡааҳххьазаргьы, ҳара ҿыц Иегова ишаҳаҭ иеиԥш ҳаҽӡааҳхыр ауп. (Шәаԥхьа Аусқәа 19:3—5.)
17. Дзызхәыцлар акәзеи ауаҩы иҽанӡааихуа амш аҽны?
17 Аҽӡаахра агәырӷьара ду зцу хҭысуп. Иара убас уи аҽазкреи аҽӡаахреи ҵакыс ирымоу азхәыцразы ибзиоу аамҭоуп. Ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа реиԥш анхара ус имариам. Иисус иҵаҩцәа рхазыҳәа акәымкәа «дара рзы иԥсыз, нас игылаз изы» инхалар ауп (2 Коринфаа рахь 5:15; Матфеи 16:24).
18. Иарбан зҵаарақәоу анаҩстәи астатиаҿы еилҳарго?
18 Ишеилаҳкааз еиԥш, ииашаҵәҟьоу қьырсианны аҟалара даара ихадоу шьаҿоуп. Убри азоуп хыхь зыӡбахә ҳәаз Мариа лан азҵаарақәа злызцәырҵуаз. Шәара ахәыҷқәа шәымазар, шәхы шәазҵаауазар ауеит: «Дазхиаҵәҟьоума схәыҷы аҽӡаахра? Имоума иара Иегова иҽизикырц азы иаҭаху адыррақәа? Еиӷьӡами схәыҷы иҽӡааихаанӡа аҵара далгар, насгьы усурак иԥшаар? Аӡы иҽанӡааихлак ашьҭахь агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵар?» Арҭ азҵаарақәа иааиуа астатиаҿы еилҳаргоит, насгьы еилаҳкаауеит аҭаацәа аӡӡаахра ииашаны иазнеилар шрылшо.
a 1 Пиотр 3:21, АдҾ. «Иҟоуп уи иеиԥшу — аӡӡаахра, уи иахьа шәара шәахьчоит (уцәеижь иақәу алымт аӡәӡәара акәым, аламыс цқьа аиуразы Анцәа иҳәара ауп) Иисус Христос иԥсҭалара абзоурала».