Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • lff аур. 23
  • Аҽӡаахра — иаԥсоу хықәкуп!

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аҽӡаахра — иаԥсоу хықәкуп!
  • Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА
  • ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА
  • ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ
  • Шәазхиоума шәара аҽӡаахра?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Аӡӡаахреи Анцәа иҩызахареи
    Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
  • Наӡаӡа Анцәа имаҵура хықәкыс ишьҭых
    Наӡаӡатәи аҧсҭазаарахь уназго адырра
  • Изакәызеи аӡӡаахра?
    Абиблиатә зҵаарақәа рҭак
Шәахәаԥш еиҳаны
Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
lff аур. 23
Аурок 23. Аԥҳәыс Иегова ишаҳаҭ лакәхарц азы аӡы лыҽӡаалхуеит. Данӡаархуа, аӡы лхыҵәартә еиԥш дӡааршьуеит.

АУРОК 23

Аҽӡаахра — иаԥсоу хықәкуп!

Икьыԥхьу аформат
Икьыԥхьу аформат
Икьыԥхьу аформат

Иисус ауаа идирҵон иқьырсианхарц зҭаху зегьы аӡы рыҽӡаархыр шрыхәҭоу. (Шәаԥхьа Матфеи 28:19, 20.) Аха изакәызеи аӡӡаахра, насгьы ишԥаҭаху уи аҽазыҟаҵара?

1. Изакәызеи аӡӡаахра?

«Аӡӡаахра» ҳәа еиҭагоу ажәытә бырзен ажәа иаанагоит «аӡы аҭшьра». Иоанн Иисус данӡааихуаз, Иордан аӡиас аҿы аӡы дҭишьит, уи ашьҭахь Иисус аӡы дҭыҵит (Марк 1:9, 10). Ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа аӡы рҽанӡаархуа, Иисус иҿыԥшны, аӡы рхыҵәартә еиԥш иӡааршьуеит.

2. Иааирԥшуазеи ауаҩы аӡы иҽанӡааихуа?

Ауаҩы аӡы иҽанӡааихуа, иԥсҭазаара Анцәа Иегова ишизикыз ааирԥшуеит. Иҽшԥеизикуеи ауаҩы Анцәа? Ауаҩы аӡы иҽӡааихаанӡа, лымкаала Анцәа диҳәоит. Иара Иегова иеиҳәоит наӡаӡа имаҵ иуларц шиҭаху, насгьы ажәа ииҭоит иара заҵәык дышимҵахырхәало, иара убас иԥсҭазаараҿы игәҭакы анагӡара зегь раасҭа ихадоу ак акәны ишыҟало. Иара ихы мап ацәкны, Иисус Христос иҿырԥши иҵаҩцәа идирҵози дықәныҟәаларц иӡбоит (Матфеи 16:24). Ауаҩы Иегова иҽизкны аӡы иҽанӡааихуа, Иегова иҩызахара алшара иоуеит. Урҭ еиҩызцәа бзиахоит. Уи адагьы, Иегова имаҵ зуа ауаагьы ҩызцәа бзиақәаны изыҟалоит.

3. Иҟаиҵар акәзеи ауаҩы иҽӡааихаанӡа?

Аӡы шәыҽӡаашәхаанӡа, Иегова ибзианы дыжәдырроуп, ахаҵарагьы еизшәырҳароуп. (Шәаԥхьа Ауриацәа 11:6.) Иегова еиҳа еиӷьны дыжәдырцыԥхьаӡа, шәхаҵарагьы еизҳацыԥхьаӡа, шәыбзиабарагьы ӷәӷәахалоит. Усҟан шәара ишәҭаххоит Иегова иӡбахә егьырҭ рзеиҭаҳәара, насгьы иԥҟарақәа еснагь рықәныҟәара (2 Тимофеи 4:2; 1 Иоанн 5:3). Ауаҩы Иегова имаҵзуҩцәа ишрықәнагоу еиԥш ихы мҩаԥигозар, Иегова игәы иахәо ҟаиҵозар, иԥсҭазаара Анцәа изкны, иҽӡааихырц иҭаххоитa (Колоссаа 1:9, 10).

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа Иисус аӡы иҽшӡааихыз иаҳнарҵо, насгьы ауаҩы аҽӡаахра иҽазыҟаиҵар шилшо.

4. Иаҳнарҵозеи ҳара Иисус аӡы иҽшӡааихыз?

Шәаԥхьа Матфеи 3:13—17, насгьы еилышәкаа Иисус аӡы иҽшӡааихыз. Анаҩс азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Данысабииз аума Иисус аӡы иҽанӡааих?

  • Иҽшԥаӡааихи? Аӡы иқәдырԥҟҟама, ма даҽакала акәу иҽшӡааихыз?

Иисус аӡы иҽанӡааих ашьҭахь, Иегова ииҭаз акрызҵазкуаз адҵа анагӡара далагеит. Шәаԥхьа Лука 3:21—23, насгьы Иоанн 6:38, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Иарбан усу Иисус изы зегь раҵкыс ихадахаз, аӡы иҽанӡааих ашьҭахь?

5. Аҽӡаахра — иузынагӡо хықәкуп

Шәыԥсҭазаара Иегова изкреи аҽӡаахреи шәаназхәыцуа, раԥхьа уи шәаршәозар ауеит. Аха аамҭак ашьҭахь ихадоу уи аӡбара адкылара еиҳа ишәзымариахоит. Абар ҿырԥштәқәак. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА.

АВИДЕОНҴАМҬА: «Иегова шәиҩызахар шшәылшо» (1:11)

Шәаԥхьа Иоанн 17:3, насгьы Иаков 1:5, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ишәыцхраауазеи аӡы аҽӡаахра аҽазыҟаҵара?

1: аԥҳәыс Иегова иалҳәоит лыԥсҭазаара иара ишизылкуа. 2: уи аԥҳәыс Иегова ишаҳаҭ лакәхарц азы аӡы лыҽӡаалхуеит. Данӡаархуа, аӡы лхыҵәартә еиԥш дӡааршьуеит.
  1. Ауаҩы Иегова иҽизикуеит, наӡаӡа имаҵ иуларц шиҭаху аниеиҳәо

  2. Аӡы иҽанӡааихуа, иԥсҭазаара Анцәа ишизикыз егьырҭ идирбоит

6. Аӡы ҳҽанӡааҳхлак, Иегова иҭаацәара ҳахәҭакны ҳҟалоит

Ауаҩы аӡы иҽанӡааихуа, адунеи ахьынӡанаӡааӡо иҟоу Иегова иҭаацәара дахәҭакхоит. Иегова ишаҳаҭцәа ахьынхозаалакгьы, милаҭс изҵанакуазаалакгьы, зыгәра рго акоуп, дара зегьы Иегова иԥҟарақәа ирықәныҟәоит. Шәаԥхьа Аԥсалом 25:14, насгьы 1 Пиотр 2:17, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Аӡы шәыҽӡаашәхырц шәыӡбар, ишԥаныԥшуеи уи Иеговеи шәареи шәеиҩызареи имаҵ зуеи шәареи шәеиҩызареи?

Асахьақәа: аӡы зыҽӡаазхыз аиаҳәшьа ақьырсиантә еизараҿы иҟоу лашьцәеи лаҳәшьцәеи лареи реизыҟазаашьа бзиақәа дрызхәыцуеит: 1) лара лгәы иҭоу иаҳәшьак илзеиҭалҳәоит; 2) зықәрахь инеихьоу аиаҳәшьа лнапы кны даалгоит; 3) қәрала еиҟарам лҩызцәеи лареи афатә хаа еицырфоит; 4) даҽа иаҳәшьаки лареи хаҵак Абиблиа иану ажәабжь бзиа изеиҭарҳәоит; 5) аконгресс аҿы даҽа милаҭк иатәу ҩыџьа лаҳәшьцәеи лареи рпатреҭ еицҭырхуеит.

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Сара аӡы аҽӡаахра сазхиам».

  • Шәаргьы ус шәгәы иаанагозар, избан уеизгьы аӡы аҽӡаахра хықәкыс ишәымазар зыбзиоу?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Иисус иҳәон иқьырсианхарц зҭаху зегьы аӡы рыҽӡаархыр шрыхәҭоу. Уи азы ауаҩы Иегова иахь ахаҵара ӷәӷәа еизирҳароуп, иԥҟарақәа дрықәныҟәалароуп, насгьы иԥсҭазаара изикроуп.

Аиҭахысра

  • Изакәызеи аӡӡаахра, насгьы избан аӡы аҽӡаахра заҭаху?

  • Иааирԥшуазеи ауаҩы, аӡы иҽанӡааихуа?

  • Иҟаиҵар акәзеи ауаҩы, Иегова иҽизкны, аӡы иҽӡааихаанӡа?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Еилышәкаа ииашаны аӡы аҽӡаахра шаҭаху.

«Изакәызеи аӡӡаахра?» (авеб-статиа)

Аҽӡаахра уҽазыҟауҵар шулшо.

«Иегова бзиа дыжәбар, шәыҽӡаашәхырц шәҭаххоит» («Ахьчаратә бааш», март 2020)

Шәаԥхьа хаҵак иҭоурых. Иара ус иахәҭоуп ҳәа акәӡам аӡы иҽшӡааихыз.

«Они хотели, чтобы я сам удостоверился в истине» («Ахьчаратә бааш», февраль 1, 2013, аурыс)

Избан аӡы аҽӡаахра изаԥсоу, насгьы уҽазыҟауҵар шԥаулшо уи?

«Следует ли мне креститься?» («Ответы на твои вопросы», атом 2, ахы 37)

a Ауаҩы уаанӡа даҽа динхаҵарак идкыланы, аӡы иҽӡааиххьазаргьы, уи ҿыц иҽӡааихроуп. Избан? Избанзар уаанӡа имаз адинхаҵараҿы Абиблиа иану аҵабырг акәӡам идырҵоз. (Шәахәаԥш Аусқәа 19:1—5, иара убас аурок 13.)

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра