Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • bh ахы 18, ад. 174—183
  • Аӡӡаахреи Анцәа иҩызахареи

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аӡӡаахреи Анцәа иҩызахареи
  • Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АДЫРРЕИ АГӘРАХАҴАРЕИ АҬАХУП
  • АБИБЛИАТӘ ИАША ЕГЬЫРҬ ИРЗЕИҬАҲӘАЛА
  • АХЬХӘРЕИ АХЬАҲӘРЕИ
  • АНЦӘА УԤСҬАЗААРА ИЗКРА
  • АҚӘЫМҾИАРАЗЫ ИҲАМОУ АШӘАРА ҲАИААИУЕИТ
  • АӠӠААХРАЛА АНЦӘА УԤСҬАЗААРА ИЗКРА
  • АӠӠААХРА ИАА́НАГО
  • Аҽӡаахра — иаԥсоу хықәкуп!
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Наӡаӡа Анцәа имаҵура хықәкыс ишьҭых
    Наӡаӡатәи аҧсҭазаарахь уназго адырра
  • Шәазхиоума шәара аҽӡаахра?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Сҽизыскрыма Анцәа, насгьы сыҽӡаасхрыма?
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
bh ахы 18, ад. 174—183

АХЫ 18

Аӡӡаахреи Анцәа иҩызахареи

  • Ишԥамҩаԥысуеи ақьырсиантә ӡӡаахра?

  • Иҟаҵатәузеи, аӡы аҽӡаахразы аҭахрақәа рықәшәаразы?

  • Ишԥаилшо ауаҩы иԥсҭазаара Анцәа изикыр?

  • Изхадоузеи аӡы аҽӡаахра?

1. Избан ефиопиатәи аҳкәажә лҟны аҭыԥ бзиа аанызкылоз ауаҩы аӡы иҽӡааихырц зиҭаххаз?

«АБАР, аӡы; иара абраҟа снаҭзар замурызеи?» — ари азҵаара ҟаиҵеит I ашәышықәса ҳ. ҳ. инхоз ефиопиатәи аҳкәажә лҟны аҭыԥ бзиа аанызкылоз ауаҩы. Ақьырсиантә жәабжьҳәаҩ Филипп уи ауаҩы изеиҭеиҳәеит Иисус изқәыргәыӷыз Мессиа шиакәыз. Аԥшьаҩыра аҟынтә ажәақәа уи ауаҩы игәаҵанӡа инеит, насгьы аӡы иҽӡааихырц иҭаххеит! (Аусқәа 8:26—36).

2. Избан аӡы аҽӡаахра инарҵауланы азхәыцра захәҭоу?

2 Ари ашәҟәы раԥхьатәи ахқәа Иегова ишаҳаҭцәа рыцхыраарала ухшыҩ азышьҭны иҭуҵаазар, иҟалап ухы уазҵаар: «Снаҭзар замурызеи?» Абиблиа аҵара уанаҿыз, уара еилукааит уи ашәҟәы ҳшақәнаргәыӷуа Џьанаҭ дгьыл аҿы наӡаӡатәи аԥсҭазаара (Лука 23:43; Аатра 21:3, 4). Уара еилукааит аԥсҭаларазы агәыӷра шыҟоу, насгьы иԥсхьоу ҭагылазаашьас ирымоу (Екклезиаст [Экклезиаст] 9:5; Иоанн 5:28, 29). Иҟалап уара ақьырсиантә еизарақәа рахь аныҟәара уалагахьазар, насгьы Иегова ишаҳаҭцәа адинхаҵара иаша шныҟәырго гәоуҭахьазар (Иоанн 13:35). Зегь реиҳа ихадоу, Иегова иеилкаара, насгьы шәеизыҟазаашьақәа реизырҳара уахьалагаз ауп.

3. а) Ирыдиҵазеи Иисус ишьҭанеицәа? б) Ишԥамҩаԥысуеи аӡӡаахра?

3 Ишԥааурԥшуеи уара Анцәа имаҵ аура шуҭаху? Иисус ишьҭанеицәа ирыдиҵеит: «Шәцаны ажәларқәа зегьы идшәырҵа инаҭуа» (Матфеи 28:19, Аевангелиа Цқьа). Иисус ихаҭа аӡы иҽӡаахны, иаҳзаанижьит аҿырԥш бзиа. Аӡы иҽанӡааихуаз иара аӡы иқәыдмырԥҟҟаӡеит, насгьы иқәрымҭәаӡеит (Матфеи 3:16). Абырзен бызшәала аҟаҵарба «аӡы аҽӡаахра» иаанагоит «аӡы ахыҵәара», ма «аӡаашьра». Убри азоуп ақьырсиантә ӡӡаахра инагӡаны аӡаашьрала изымҩаԥырго.

4. Ишьақәнарӷәӷәозеи аӡӡаахра?

4 Аӡы аҽӡаахра — ари акрызҵазкуа ҭагылазаашьоуп Анцәа Иегова иҩызахарц зҭаху зегьы рзы. Аӡы аҽӡаахрала ҳара ажәлар зегьы рҿаԥхьа иаартны ишьақәҳарӷәӷәоит Анцәа имаҵ ауразы агәазыҳәара шҳамоу. Аӡӡаахра иаршаҳаҭуеит ҳара Анцәа игәаԥхара анагӡара ҳшазхиоу (Аԥсалом 39:8, 9 [40:7, 8, АдҾ). Аха аӡӡаахра аҭахрақәа ҳрықәшәарц азы, иахәҭоуп крызҵазкуа ашьаҿақәа рыҟаҵара.

АДЫРРЕИ АГӘРАХАҴАРЕИ АҬАХУП

5. а) Иарбан раԥхьатәи шьаҿоу иҟауҵар ахәҭоу, аӡӡаахра уаԥсахарц азы? б) Избан ақьырсианцәа реизарақәа рахь аныҟәара зхадоу?

5 Уара уалагахьеит аԥхьатәи ашьаҿа аҟаҵара. Изла? Абиблиа аҵара абзоурала уара уалагеит Иеговеи Иисус Христоси ирызку адырра аилкаара. (Шәаԥхьа Иоанн 17:3.) Аха ари макьана алагамҭа ауп. Ақьырсианцәа ргәазыҳәоит Анцәа «игәаҳәаратә» рдырразы (Кәаласаа рахь 1:9). Уи аҟны уара иуцхраауеит Иегова Ишаҳаҭцәа реизарахь аныҟәара. Арҭ аизарақәа рахь аныҟәара даара ихадоуп (Ауриацәа рахь 10:24, 25). Иааиԥмырҟьаӡакәа аизарақәа рҿы аҟазаара Анцәа изку адырра аизырҳара иуцхраауеит.

Анцәа Иажәа аҟынтә адырра иаша арҳара — аӡӡаахразы ҭахрақәак ируакуп

6. Иарбан дыррақәоу иҳамазар акәу аӡӡаахра ҳаԥсахарц азы?

6 Ҳәарада, аӡы аҽӡаахразы иаҭахӡам Абиблиа иану зегьы адырра. Ефиопиатәи аҳкәажә лҟны аҭыԥ бзиа аанызкылоз ауаҩы дыррақәак иман, аха уеизгьы Аԥшьаҩыра ҭыԥқәак реилкаараҿы ацхыраара иҭахын (Аусқәа 8:30, 31). Уара иҵегь иуҵаша рацәоуп. Анцәа изку адырра даара иҵаулоуп (Екклезиаст [Экклезиаст] 3:11). Аха уара аӡы уҽӡааухаанӡа, иахәҭоуп еилкааны иудукыларц Абиблиа аҵара хадақәа (Ауриацәа рахь 5:12). Иаҳҳәап, иахәҭоуп аилкаара иԥсхьоу рҭагылазаашьа зеиԥшроу, Анцәа ихьӡ иамоу аҵакы, насгьы Анцәа Иаҳра закәу.

7. Иунырыр шԥахәҭоу уара Абиблиа аҵара?

7 Аха адырра мацара азхаӡом. Иахәҭоуп иара убасгьы агәрахаҵара́ аарԥшра, избанзар «гәрахаҵарада Анцәа уигәаԥхартә аиԥш аҽыҟаҵара — изымуа усуп» (Ауриацәа рахь 11:6). Абиблиаҿы иҳәоуп ажәытәтәи ақалақь Коринф инхоз ауаа Христос изкыз ажәабжь анраҳа «дазхарҵеит, рҽырнаҭит» ҳәа (Аусқәа 18:8). Абиблиа аҭҵаара уцхраауеит ари ашәҟәы адоуҳа зҵоу Анцәа Иажәа шакәу агәра агара. Иара убас уара агәра угоит Анцәа иқәыргәыӷрақәа зегь шиашоу, насгьы Христос иԥсхҭынҵара ииашаҵәҟьаны аиқәырхара шаанаго (Иисус Навин [Иисус Навин] 23:14; Аусқәа 4:12; 2 Тимофеи иахь 3:16, 17).

АБИБЛИАТӘ ИАША ЕГЬЫРҬ ИРЗЕИҬАҲӘАЛА

8. Иугәазырԥхозеи уара иуоуз адырра егьырҭ рзеиҭаҳәара?

8 Шаҟа угәрахаҵара ӷәӷәахо аҟара, убриаҟара иуцәыцәгьахоит иудырыз егьырҭ рзеиҭамҳәара (Иеремиа [Иеремия] 20:9). Уара агәаҳәара ду уоуеит Анцәа изку аиашеи игәҭакқәеи ауаа рзеиҭаҳәара. (Шәаԥхьа 2 Коринфаа рахь 4:13.)

Иумоу агәрахаҵара́ угәазҭанаҵоит Анцәа изку адырра егьырҭ рзеиҭаҳәара

9, 10. а) Иззеиҭоуҳәар улшода раԥхьа абиблиатә иаша? б) Иҟаҵатәузеи, Иегова ишаҳаҭцәа ражәабжьҳәара аус уҽалаурхәырц уҭахызар?

9 Раԥхьа уара иулшоит абиблиатә иаша уҭынхацәа, уҩызцәа, угәылацәа, насгьы аус уцызуа хаала рзеиҭаҳәара. Аамҭақәак рышьҭахь уара иуҭаххоит Иегова ишаҳаҭцәа еиҿыркааз ажәабжьҳәара аус аҽалархәра. Иумоу агәазыҳәара атәы Абиблиа узырҵо изеиҭоуҳәар улшоит. Уара иахәҭоу аҭахрақәа урықәшәозар, ақьырсиантә еизара аиҳабацәа ҩыџьа уи азҵаара аӡбаразы иуацәажәоит.

10 Абри аҩыза аиԥылара уцхраауеит «Анцәа иԥсаса» иахылаԥшуа аизара аиҳабацәа еиҳа еиӷьны рабадырра (Аусқәа 20:28; 1 Пиотр 5:2, 3). Уара Абиблиа аҵара хадақәа еилукаауазар, урҭ хауҵозар, иара убас Анцәа ипринципқәа инарықәыршәаны унхозар, насгьы Иегова ишаҳаҭцәа уруаӡәкхар уҭахызар, аизара аиҳабацәа иуарҳәоит аӡы иӡаахым жәабжьҳәаҩыс уҟалар шулшо.

11. Иарбан ԥсахрақәоу иҟаҵатәу, ажәабжьҳәаразы аҭахрақәа урықәшәарц азы?

11 Аха ажәабжьҳәаразы аҭахрақәа урықәшәарц азы уԥсҭазаараҿы ԥсахрақәак ҟауҵар акәхоит. Уахь иаҵанакуазар алшоит егьырҭ ирбарҭам, ицқьам ашьцыларақәа. Убри азы аӡы иӡаахым жәабжьҳәаҩык иеиԥш уҟалар шуҭаху уҳәаанӡа, иахәҭоуп асексуалтә ламысдареи, аҩҽаршьреи, анаркотик цәгьашақә ахархәареи реиԥш иҟоу иӷәӷәоу агәнаҳарақәа рааныжьра. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 6:9, 10; Галаҭаа рахь 5:19—21.)

АХЬХӘРЕИ АХЬАҲӘРЕИ

12. Избан ахьхәра зхадоу?

12 Аӡы уҽӡааухаанӡа крызҵазкуа, ихадоу егьырҭ ашьаҿақәагьы ҟауҵароуп. Апостол Павел иҳәеит: «Шәыҽшәырҭынч, шәныҳәа, шәызҵоу агәнаҳарақәа шәанаижьразы» (Аусқәа 3:19). Ахьхәра — ари ииашамкәа иҟауҵаз аус гәык-ԥсык ала ахьаагара ауп. Аха ахьхәра зыхәҭоу патударала зыԥсҭазаара мҩаԥызгоз мацара ракәӡам. Избан? Избанзар ауаа зегьы агәнаҳа ҟарҵоит, насгьы Анцәа ианажьра иазгәаҟуеит (Римаа рахь 3:23; 5:12). Абиблиа аҵара уалагаанӡа, уара Анцәа игәаԥхара удыруамызт. Иулшозма уара инагӡаны иара инормақәа рықәшәара? Ишаабо еиԥш, дарбанзаалак ауаҩы иӷәӷәоу агәнаҳарақәа ҟаимҵахьазаргьы, ахьхәра ихәҭоуп.

13. Изакәызеи ахьаҳәра?

13 Ахьхәра иашьҭанеиуазароуп ахьаҳәра. Иҟауҵоз аусқәа рахьхәра мацара азхаӡом. Иахәҭоуп уаанӡатәи уԥсҭазаашьа мап ацәкра, насгьы уажәынахыс ӷьеиҩлаҵәҟьа ииашаны ахымҩаԥгара. Ахьхәреи ахьаҳәреи — ари аӡы уҽӡааухаанӡа иҟауҵаша шьаҿақәоуп.

АНЦӘА УԤСҬАЗААРА ИЗКРА

14. Иарбан крызҵазкуа шьаҿоу иҟаҵатәу аӡы уҽӡааухаанӡа?

14 Аӡы уҽӡааухаанӡа даҽа крызҵазкуа шьаҿак ҟаҵатәуп. Иахәҭоуп Анцәа Иегова уԥсҭазаара изкра.

Изукыма уара уԥсҭазаара Иегова иҳәарала?

15, 16. Иаа́нагозеи Анцәа уԥсҭазаара изкра, насгьы иаҳгәазырԥхозеи уи ҳара?

15 Иегова гәык-ԥсыкала иҳәарала уԥсҭазаара изкра иаа́нагоит еснагь Анцәа иахь зеиԥшыҟам гәыкала ушизыҟоу аарԥшра (Ҩынтәзакәан [Второзаконие] 6:15). Иугәазырԥхар алшозеи уи уара? Иаҳҳәап, рԥыск ӡӷабк дигәаԥхеит. Иааигәаны данлабадыруа, иара ибоит лҟазшьа бзиақәа, насгьы лара лахь ицәаныррақәа еиҳа-еиҳа иӷәӷәахоит. Аамҭақәак рышьҭахь, иара ԥҳәысс диццарц длыҳәоит. Ҳәарада, аҭаацәара алалара иара изы еиҳау аҭакԥхықәра аа́нагоит. Аха абри аҩыза ашьаҿа аҟаҵара иара игәазырԥхо бзиа иибо аӡӷаб лахь имоу ацәанырра ӷәӷәақәа роуп.

16 Иегова деилкаауа, насгьы иара иахь абзиабара еизырҳауа, уара иуҭаххоит гәык-ԥсык ала имаҵ ауреи игәаԥхара анагӡареи. Анцәа Иԥа Иисус Христос иҿырԥшы ақәныҟәара зҭаху ауаҩы ихәҭоуп «ихы мап ацәкны» анхара (Марк 8:34). Ухы мап ацәкра — иаа́нагоит зегь рыла Анцәа изыӡырҩра, насгьы ухатә гәазыҳәарақәеи ухықәкқәеи уи иаԥырхагамхартә аҟаҵара. Ишаабо еиԥш аӡы уҽӡааухаанӡа Иегова игәаԥхара анагӡара уԥсҭазаараҿы ихаданы иҟазароуп. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 4:2.)

АҚӘЫМҾИАРАЗЫ ИҲАМОУ АШӘАРА ҲАИААИУЕИТ

17. Избан шьоукы рыԥсҭазаара Анцәа изкра зырзымгәаӷьуа?

17 Шьоукы Иегова рыԥсҭазаара изкра рзыгәаӷьуам, избанзар ари даара ҵакы змоу шьаҿоуп. Иҟалап урҭ ақьырсиантә ԥсҭазаара аҽазкра ирыднаҵо аҭакԥхықәра иацәшәозар. Урҭ реиԥш иҟоу ауаа иаԥсамхар ҳәа ишәаны, Иегова игәы нҳархар аасҭа, еиҳа еиӷьуп зынӡа ҳаԥсҭазаара Анцәа изаҳамкыр ҳәа ргәы иаанагар алшоит.

18. Угәазҭазҵозеи уара Иегова уԥсҭазаара изкра?

18 Уара Иегова иахь абзиабара урҳазар, иуҭаххоит уԥсҭазаара изкра, насгьы агәаҳәара уоуеит иҟауҵаз ари ашьаҿа инақәыршәаны анхара (Екклезиаст [Экклезиаст] 5:4). Анцәа уԥсҭазаара анизуклак ашьҭахь, уара уҽазушәалоит ухымҩаԥгашьа «Анцәа иаҳаҭыр иаԥсахарц» (Кәаласаа рахь 1:10). Уара Анцәа бзиа дубозар, игәаԥхара анагӡара мыцхәы иуадаҩушәа угәы иаанагалом. Уара урықәшаҳаҭхоит апостол Иоанн иажәақәа, уи иҳәеит: «Анцәа иахь иҳамоу абзиабара иҳәахьа ушазыҟоу ала иааԥшуеит; Уи иуасиаҭқәа рықәныҟәара иуадаҩу ак акәым» (1 Иоанн 5:3).

19. Избан ашәара заҭахым, Анцәа уԥсҭазаара анизукуа?

19 Анцәа уԥсҭазаара изкразы, иаҭахӡам унаӡаны аҟазаара. Иегова ибзианы идыруеит уара улшарақәа, насгьы иулымшо дазыԥшӡам (Аԥсалом 102:14 [103:14, АдҾ]). Иара абзиара узеиӷьаишьоит, амч уиҭалоит, дагьуцхраалоит. (Шәаԥхьа Исаиа [Исаия] 41:10.) Агәра ганы уҟаз, уара гәыкала Анцәа игәра угозар, иара «умҩақәа ириашоит» (Ажәамаанақәа [Притчи] 3:5, 6).

АӠӠААХРАЛА АНЦӘА УԤСҬАЗААРА ИЗКРА

20. Избан Анцәа уԥсҭазаара шизукыз егьырҭ ирдырыр захәҭоу?

20 Хыхь иаҳәаз уазхәыцлар, иҟалап уара иуҭаххар ухатә аҳәарала Иегова уԥсҭазаара изкра. Аха Анцәа бзиа дызбаҵәҟьо ауаа зегь аиқәырхара роурц азы, ирыхәҭоуп рыгәрахаҵара аӡбахә «иаартны» ажәлар рылаҳәара (Римаа рахь 10:10). Ишԥаҟаҵатәу уи?

Аӡӡаахра — ари ақьырсиан уаанӡатәи иԥсҭазааразы дшыԥсуа, насгьы Анцәа игәаԥхара анагӡаразы ҿыц дшиуа иасимволуп

21, 22. Ишԥаулшо ухаҵара́ аӡбахә «иаартны» ажәлар зегьы рылаҳәара?

21 Уара аӡы уҽӡааухыр уҭахызар, аизара аиҳабацәа рхеилак акоординатор иаҳәатәуп. Иара деиҷаҳауеит аизара аиҳабацәеи уареи Абиблиа аҵара хадақәа шәрылацәажәарц. Аизара аиҳабацәа аӡӡаахразы иҟоу аҭахрақәа урықәшәоит ҳәа рыӡбазар, алшара шаауоуз еиԥшҵәҟьа аӡы уҽӡааухыр улшоитa. Ишаԥу еиԥш, ари ахҭыс ҵакыс иамоу иазкны ажәахә иаԥхьоит. Убри ашьҭахь ажәахәҟаҵаҩ дрыҳәоит аӡы зыҽӡаазхуа зегьы ҩ-зҵаарак рҭак ҟарҵарц, рыгәрахаҵара «иаартны» ажәлар зегьы рылаҳәара алшара рызҭо.

22 Аӡӡаахрала ҳара ишьақәҳарӷәӷәоит Анцәа ҳаԥсҭазаара шизаҳкыз, насгьы Иегова Ишаҳаҭцәа ҳаруаӡәкны ҳшыҟалаз. Аӡы иӡаархуа ауаҩы аӡы ихыҵәартә дҭыршьуеит, иԥсҭазаара Иегова ишизикыз иадырганы.

АӠӠААХРА ИАА́НАГО

23. Иаа́нагозеи аӡӡаахра «Аби, Аԥеи, Аԥсы Цқьеи [иԥшьоу адоуҳа, АдҾ]» рыхьӡала?

23 Иисус иҳәеит иара иҵаҩцәа аӡы рыҽшӡаархуа «Аби, Аԥеи, Аԥсы Цқьеи [иԥшьоу адоуҳа, АдҾ]» рыхьӡала (Матфеи 28:19). Ари иаанагоит аӡы зыҽӡаазхуа ауаҩы Анцәа Иеговеи Иисус Христоси рымчра шыҟоу шеиликааз (Аԥсалом 82:19 [83:18, АдҾ]; Матфеи 28:18). Иара убас еиликаар ихәҭоуп, иарбан рольу иԥшьоу адоуҳа, ма аус зуа Анцәа имч инанагӡо (Галаҭаа рахь 5:22, 23; 2 Пиотр 1:21).

24, 25. а) Символтә ҵакыс иамоузеи аӡӡаахра? б) Иарбан зҵаароу хшыҩзышьҭрала изызнеитәу?

24 Аха аӡӡаахра — аӡы ахыҵәара аасҭа еиҳауп. Аӡӡаахра акрызҵазкуа асимволтә ҵакы амоуп. Ақьырсиан аӡы анихыҵәо, иаанагоит уаанӡатәи иԥсҭазааразы дшыԥсуа. Аӡы аҟынтә иҽанааҩышьҭихуа, иара Анцәа игәаԥхара анагӡаразы ҿыц диизшәа дҟалоит. Иухамыршҭлароуп уара уԥсҭазаара ззукыз уск, уаҩык, ма организациак шакәым, аха Анцәа Иегова шиакәу. Уԥсҭазаара Анцәа изкреи аӡы уҽӡаахреи — ари Анцәа изааигәахареи иӷәӷәоу ииашаҵәҟьоу аиҩызареи ралагамҭа ауп (Аԥсалом 24:14 [25:14, АдҾ]).

25 Аха аӡӡаахра иаанагаӡом аиқәырхара хымԥада иуоуеит ҳәа. Апостол Павел иҩит: «Ҭакԥхықәрала, шәаӡыӡарала ишәылшо зегьы ҟашәҵала шәхы злеиқәшәырхашазы» (Филиппаа рахь 2:12). Аӡӡаахра ари алагамҭоуп. Аха ишԥаҳалшо Анцәа ибзиабараҿы аҟазаара? Уи уара еилукаауеит аҵыхәтәантәи ахаҿы.

a Ишаԥу еиԥш, аӡӡаахра мҩаԥысуеит Иегова ишаҳаҭцәа рконгрессқәа рҿы.

ИАҲНАРҴОЗЕИ АБИБЛИА

  • Ақьырсиантә ӡӡаахра — ари аӡы ақәырԥҟҟара акәӡам, аха аӡы ухыҵәартә уанӡааршьуа ауп (Матфеи 3:16).

  • Аӡы уҽӡааухаанӡа, иахәҭоуп адырра арҳара, ахаҵара́ аарԥшра, ахьхәра, ахьаҳәра, Анцәа уԥсҭазаара изкра (Иоанн 17:3; Аусқәа 3:19; 18:8).

  • Иегова уԥсҭазаара изкны иухәҭоуп ухы мап ацәкра, Иисус ишьҭанеиуаз иҵаҩцәа ишыҟарҵаз еиԥш (Марк 8:34).

  • Аӡӡаахра — ари ақьырсиан уаанӡатәи иԥсҭазаара азы дшыԥсуа, насгьы Анцәа игәаԥхара анагӡаразы ҿыц дшиуа иасимволуп (1 Пиотр 4:2).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра