Аҭаацәа, шәрыцхраауама шәхәыҷқәа аҽӡаахра аҽазыҟаҵара?
«Узыԥшузеи? Уҩагыл, уҽнаҭ» (АУСҚӘА 22:16).
1. Зыгәра ргар рҭахузеи иқьырсиану аҭаацәа рхәыҷқәа аӡы рыҽӡаархаанӡа?
«МЫЗҚӘАК рыҩныҵҟа сани саби сыҽӡаасхыр шысҭахыз расҳәон, убри аҟынтә дара уи иазкны ирацәаны исацәажәон. Дара ирҭахын уи аӡбара шаҟа ихадоу шеилыскаауа агәра ргар. Декабр 31, 1934 шықәса сыԥсҭазаараҿы акрызҵазкуа амш акәхеит». Абасала аиаҳәшьа Блоссом Брандт еиҭалҳәеит лыҽӡаалхырц анылыӡба, лҭаацәа уи шрыдыркылаз. Иахьагьы аҭаацәа ирҭахуп рхәыҷқәа иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара ирыцхрааларц. Ахәыҷы амзыз имамкәа аҽӡаахра дахымыццакуазар, уи Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа ирԥырхагахар алшоит (Иаков 4:17). Иҟәыӷоу аҭаацәа рхәыҷы иҽӡааихаанӡа, уи Христос иҵаҩны аҟалара дшазхиоу агәра ргар рҭахуп.
2. а) Иарбан уадаҩроу араионтә хылаԥшыҩцәа иазгәарҭо? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
2 Араионтә хылаԥшыҩцәа иазгәарҭоит еизарақәак рҿы ишыҟоу ақьырсиантә ҭаацәараҿы изызҳаз 20 шықәса раҟара зхыҵуа иӡаахым аҿарацәа. Урҭ раамҭа еиҳарак аизарақәа рҭаареи амаҵзуреи иазыркуеит, насгьы Иегова ишаҳаҭцәаны рхы рыԥхьаӡоит. Аха мзызқәак ирыхҟьаны дара рыԥсҭазаара Иегова изкреи аҽӡаахреи иахыццакӡом. Зны-зынла уи зыхҟьо аҭаацәа рхәыҷы аҽӡаахра дазхиам ҳәа ахьырыԥхьаӡо ауп. Ари астатиаҿы еилҳаргоит аҭаацәа рхәыҷқәа аҽӡаахра изазыҟарымҵо ԥшь-мзызк.
ДХӘЫҶЦӘАӠАМИ СХӘЫҶЫ АҼӠААХРАЗЫ?
3. Иарбан зҵаароу Блоссом лҭаацәа зызхәыцуаз?
3 Хыхь зыӡбахә ҳәаз аиаҳәшьа Блоссом лҭаацәа азхәыцуан: «Дхәыҷцәаӡами ҳаԥҳа аҽӡаахра иаҵанакуа, насгьы уи ашьаҿа шаҟа ихадоу аилкааразы?» Ишԥарылшо аҭаацәа рхәыҷы иԥсҭазаара Иегова изкра дшазхиоу аилкаара?
4. Ишԥарыцхраар алшо аҭаацәа Матфеи 28:19, 20 иану Иисус идҵа?
4 Шәаԥхьа Матфеи 28:19, 20a. (Шәахәаԥш албаага.) Абиблиаҿы ианӡам ауаҩы иҽӡааихырц азы шаҟа ихыҵуазар акәу. Аха аҭаацәа азхәыцыр бзиоуп аҵаҩцәа разыҟаҵара иаанаго. Матфеи 28:19 аҿы «аҵаҩцәа азыҟашәҵала» ҳәа иану ажәақәа абырзен бызшәаҿы иаанагоит ауаҩы аҵаҩ иакәхарц азы иазыҟаҵара. Аҵаҩы — ари Иисус иҵарақәа зегьы еилызкаауа, насгьы урҭ рықәныҟәара зҭаху иоуп. Убри аҟынтә аҭаацәа рхәыҷқәа аниуа инаркны адоуҳатә ҵабыргқәа ддырҵалар ауп, ианрызҳауа урҭ рыԥсҭазаара Иегова изыркырц, насгьы Христос иҵаҩцәа ракәхарц азы. Ҳәарада, асабицәа аҽӡаахра рылшом. Аха Абиблиа иаҳнарбоит ахәыҷқәагьы Анцәа Иажәа иану аҵабырг аилкаареи уи бзиа абареи шрылшо.
5, 6. а) Иарбан лкаау иҟаҳҵар ҳалшо Тимофеи иҽанӡааих аганахь ала Абиблиа иану инақәыршәаны? б) Ишԥарылшо иҟәыӷоу аҭаацәа рхәыҷқәа рыцхраара?
5 Тимофеи данқәыԥшыз инаркны Иегова имаҵ иуларц иӡбеит. Апостол Павел иҳәеит Тимофеи даныхәыҷыз инаркны Анцәа Иажәа иану аҵабырг аилкаара далагеит ҳәа. Тимофеи иаб Иегова имаҵ шимуазгьы, иани иандуи Анцәа Иажәа бзиа абара ицхрааит. Уи абзоурала иара агәрахаҵара ӷәӷәа еизирҳаит (2 Тимофеи иахь 1:5; 3:14, 15). Иҟалап иара 20 шықәса раҟара ихыҵуазҭгьы аизараҿы иҷыдоу аҭакԥхықәра анагӡара даназхиаз (Аусқәа 16:1—3).
6 Ахәыҷқәа зегьы еиԥшӡам. Шьоукы доуҳала еиҳа ирласны ишәуеит егьырҭ раасҭа. Иҟоуп аҵабырг еилызкаауа, иҟәыӷоу аӡбарақәа здызкыло, насгьы аҽӡаахра зҭаху ахәыҷқәа. Егьырҭ аҽӡаахра иазхиазарц азы еиҭа ирызҳар ауп. Иҟәыӷоу аҭаацәа рхәыҷқәа аҽӡаахра мчыла ирыдырцалаӡом. Уи аҭыԥан дара рхәыҷқәа рылшарақәа ирызхәыцуеит, насгьы доуҳала аизҳара ирыцхраауеит. Аҭаацәа гәырӷьоит рхәыҷқәа ҟәыӷарыла рхы анымҩаԥырго. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 27:11.) Аха дара ирхадмыршҭлар ауп хықәкыс ирымоу рхәыҷқәа Иисус иҵаҩцәа ракәхарц азы разыҟаҵара шакәу. Убри аҟынтә урҭ рхы иазҵаар ауп: «Имоума схәыҷы Иегова иҽизкразы, насгьы аҽӡаахразы иаҭаху адыррақәа?»
ИМОУМА СХӘЫҶЫ АҼӠААХРАЗЫ ИАҬАХУ АДЫРРАҚӘА?
7. Идыруазар аума ауаҩы Абиблиа иану зегьы, аӡы иҽӡааихырц азы? Иҳаилшәыркаа.
Ақьырсианцәа зегьы рҽанӡаархлак ашьҭахь ирымоу адыррақәа еиздырҳалар ауп
7 Аҭаацәа ирҭахуп рхәыҷқәа аҵабырг ибзианы еилыркааларц. Урҭ адыррақәа ахәыҷқәа рыԥсҭазаара Иегова изкра ргәазҭанаҵоит. Аха уи иаанагаӡом ахәыҷы иԥсҭазаара Анцәа изикырц, насгьы иҽӡааихырц азы зегьы идыруазар ауп ҳәа. Ақьырсианцәа зегьы рҽанӡаархлак ашьҭахь ирымоу адыррақәа еиздырҳалар ауп. (Шәаԥхьа Кәаласаа рахь 1:9, 10.) Нас шаҟа идыруазар акәзеи ауаҩы иҽӡааихырц азы?
8, 9. Иарбан хҭысу дзықәшәаз Филиппқәа рҿы абахҭа ахьчаҩцәа реиҳабы, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара?
8 Иаҳгәалаҳаршәап ажәытәан инхоз ҭаацәарак рҿырԥштәы (Аусқәа 16:25—33). 50 шықәсазы апостол Павел аҩбатәи имиссионертә ныҟәара аан ақалақь Филиппқәа даҭааит. Уа Силеи иареи ииашамкәа ахара рыдҵаны абахҭа иҭаркит. Уахынла адгьылҵысра ӷәӷәа ҟалеит, насгьы абахҭа ашәқәа зегь аатит. Абахҭа ахьчаҩцәа реиҳабы абаандаҩцәа зегь бналаз џьшьаны иҽишьыр иҭахын. Аха Павел уи дааникылеит. Анаҩс Павели Силеи уи ахаҵа иҭаацәеи иареи Иисус изку аҵабырг рзеиҭарҳәеит. Дара Иисус изкны ирзеиҭарҳәаз агәра ргеит, насгьы еилыркааит уи изыӡырҩра даара ишхадоу. Убри аҟынтә иаразнак рыҽӡаархит. Иаҳнарҵозеи ҳара ари ахҭыс?
9 Иҟалап абахҭа ахьчаҩцәа реиҳабы уаанӡа римтәи арраҿы амаҵ иуазҭгьы. Иара Анцәа Иажәа издыруамызт. Убри аҟынтә дқьырсианхарц азы иара ихадоу абиблиатә ҵабыргқәа, насгьы Иегова имаҵзуҩцәа рҟынтә дыззыԥшу еиликаар акәын, иара убас Иисус иҵарақәа инарықәыршәаны анхара далагар ихәҭан. Иара аамҭа кьаҿк аҩныҵҟа иоуз адыррақәа аҽӡаахра игәазҭарҵеит. Ҳәарада, иара иҽанӡааих ашьҭахьгьы идыррақәа еизирҳалар акәын. Уажәшьҭа шәазхәыц: иҟашәҵар акәзеи шәара шәхәыҷы Анцәа бзиа дахьибо, насгьы дизыӡырҩларц ахьиҭаху азы аӡы иҽӡааихырц шиҭаху аншәеиҳәо? Шәара уи аизара аиҳабацәа рацәажәара игәазҭашәҵар шәылшоит. Дара ирыӡбоит шәхәыҷы аҽӡаахразы иҟоу аҭахрақәа дрықәшәоу дрықәымшәоуb. (Шәахәаԥш албаага.) Зыҽӡаазххьоу ақьырсианцәа зегь реиԥш, иара наунагӡа Иегова изку адыррақәа еизирҳалоит (Римаа рахь 11:33, 34).
ИАРБАН ҴАРОУ СХӘЫҶЫ ИЗЫ ЕИҲА ЕИӶЬУ?
10, 11. а) Иарбан гәаанагароу аҭаацәа шьоукы ирымоу? б) Дзыхьчозеи ахәыҷы?
10 Аҭаацәа шьоукы ргәы иаанагоит рхәыҷы иҽӡааихаанӡа еиҳау аҵараиурҭа далгар, насгьы аусурҭа бзиа иԥшаар еиӷьуп ҳәа. Иҟалап дара рхәыҷқәа ирзеиӷьу иашьҭазар, аха рхы иазҵаар бзиоуп: «Ицхраауазеи схәыҷы ииашаҵәҟьоу ақәҿиара аиура? Ҳгәы зызҭанаҵозеи Абиблиа? Ҳаԥсҭазаара ҳхы иаҳархәаларц шԥеиҭаху Иегова?» (Шәаԥхьа Екклезиаст 12:1.)
11 Иаҳхаҳмыршҭлароуп ари адунеи иҳаднагало зегьы Анцәа ихәыцшьеи игәаԥхареи ишырҿагыло (Иаков 4:7, 8; 1 Иоанн 2:15—17; 5:19). Аҩсҭаа идунеии иареи иҽеим ахәыцшьеи рҟынтә ахәыҷы дзыхьчо Анцәеи иареи реизыҟазаашьа бзиақәа роуп. Аҭаацәа аҵареи аусуреи Аҳра аусқәа раԥхьа идыргылозар, ахәыҷы игәы иаанагар алшоит ари адунеи иуднагало Иеговеи дареи реизыҟазаашьақәа раасҭа ихадоуп ҳәа. Уи даара ишәарҭоуп. Абзиабара злоу аҭаацәа, ишәҭахыҵәҟьоума шәара анасыԥ закәу шәхәыҷы ари адунеи инарҵалар? Ииашацәҟьоу ақәҿиареи анасыԥи ҳзаазго Иегова имаҵ аура ауп. (Шәаԥхьа Аԥсалом 1:2, 3.)
СХӘЫҶЫ АГӘНАҲА ҞАИҴАР?
12. Избан аҭаацәа шьоукы рхәыҷы аҽӡаахра дахымццакыр зырҭаху?
12 Анык еиҭалҳәоит изылҭахымыз лыԥҳа лыҽӡаалхыр. Лара илҳәоит: «Аҳәара сацәыԥхашьоит, аха зегь реиҳа сацәшәон сыԥҳа аизара далырцар ҳәа». Ари аиаҳәшьа леиԥш аҭаацәа шьоукы ргәы иаанагоит рхәыҷы еиҭа изҳароуп ҳәа иҽанӡааихлак ашьҭахь агха ӷәӷәа ҟаимҵарц азы (Аҟазаара 8:21; Ажәамаанақәа 22:15). Иҟалап урҭ аҭаацәа ргәы иаанагозар рхәыҷы дӡаахымзар иара аизара далырцом ҳәа. Аха избан ус ахәыцра зиашам? (Иаков 1:22).
13. Ииашоума иӡаахым ауаҩы Анцәа иҿаԥхьа аҭакԥхықәра идым ҳәа ахәыцра? Иҳаилшәыркаа.
13 Ҳәарада, аҭаацәа ирҭахӡам рхәыҷы иԥсҭазаара Иегова изкра дазхиамкәа иҽӡааихыр. Аха ахәыҷы дӡаахымзар Иегова иҿаԥхьа аҭакԥхықәра идым ҳәа ахәыцра иашам. Ахәыҷы ацәгьеи абзиеи рганахь ала Иегова игәаанагара анеиликаалак инаркны, Анцәа иҿаԥхьа аҭакԥхықәра иоуеит. (Шәаԥхьа Иаков 4:17.) Иҟәыӷоу аҭаацәа рхәыҷы иҽӡааихыр иҭахызар, уи игәы ахдыршәаӡом. Иара дхәыҷызаргьы Иегова бзиа иибо бзиа абара, насгьы ицәымӷу ахь ацәымӷра аарԥшра идырҵоит, иара убас уи аҿы аҿырԥшы идырбоит (Лука 6:40). Иегова иахь абзиабара шәхәыҷы агәнаҳа ӷәӷәа аҟынтә дахьчоит, избанзар иара Иегова игәаԥхара анагӡара иҽазишәалоит (Исаиа 35:8).
ЕГЬЫРҬ АЦХЫРААРА АҞАҴАРА ШРЫЛШО
14. Ишԥарылшо аизара аиҳабацәа аҭаацәа ирыцхраар?
14 Аизара аиҳабацәа аҭаацәа ирыцхраауеит адоуҳатә хықәкқәа ирызкны хаала ахәыҷқәа ирацәажәозар. Иаҳәшьак илгәалашәоит фышықәса анылхыҵуаз аиашьа Рассел дышлацәажәоз. Лара еиҭалҳәоит: «15 минуҭ рыҩныҵҟа иара сдоуҳатә хықәкқәа ирызкны дсацәажәон». Иалҵшәахазеи уи? Ԥыҭрак ашьҭахь уи аиаҳәшьа пионерс амаҵ аура далагеит, насгьы 70 шықәса инареиҳаны уи амаҵзура налыгӡон! Ииашаҵәҟьаны, ақьиара зныԥшуа угәы шьҭызхуа ажәақәа ауаҩы иԥсҭазаара зегьы ианырыр алшоит (Ажәамаанақәа 25:11). Иара убас аизара аиҳабацәа ирылшоит Аҳратә зал аҿы усқәак рынагӡаразы аҭаацәеи ахәыҷқәеи аарыԥхьар. Дара ахәыҷқәа зынагӡара рылшо дҵақәак рырҭар ауеит.
15. Ишԥарылшо аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аизараҿы иҟоу аҿар ирыцхраар?
15 Ишԥарылшо аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аизараҿы иҟоу аҿар ирыцхраар? Дара аҿар рахь аинтерес аадырԥшлар рылшоит. Иаҳҳәап, шәара игәашәҭар ауеит ахәыҷы Иегова изааигәахара иҽшазишәо. Ишәгәаԥхама шәара ахәыҷы аизараҿы иҟаиҵаз аҭак ма инаигӡаз адҵа? Мамзаргьы иҟалап уи ашкол аҿы аӡәы ажәабжь бзиа изеиҭеиҳәазар, ма ахыхра данақәшәа уи иҽеимҭазар. Ус акәзар, дшәырҽхәа! Ҳара хықәкыс иқәҳаргылар ҳалшоит аизара алагаанӡа, насгьы ианынҵәалак ашьҭахь аҿар рацәажәара. Ус ҟаҳҵозар, ахәыҷқәа аизара дуӡӡа иахәҭакны рхы рбалоит (Аԥсалом 34:18 [35:18, АдҾ]).
ШӘХӘЫҶЫ АҼӠААХРА АҼАЗЫҞАҴАРА ШӘИЦХРАА
16, 17. а) Избан ахәыҷы изы аҽӡаахра даара изхадоу? б) Иарбан гәырӷьароу ақьырсиантә ҭаацәа ироур рылшо? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
16 Ахәыҷқәа Иегова иахь абзиабара аизырҳашьа дырҵара аҭаацәа ираҭәашьоу аҳаҭырқәа ируакуп (Аԥсалом 126:3 [127:3, АдҾ]; Ефесаа рахь 6:4). Израильаа рҿы ахәыҷы данилак нахыс Иегова дизкын. Аха ҳаамҭазы ус иҟаӡам. Аҭаацәа Иегова имаҵ руазар, насгьы аҵабырг бзиа ирбозар, уи иаанагаӡом рхәыҷқәагьы ус ҟарҵалоит ҳәа. Ахәыҷы данилак инаркны аҭаацәа хықәкыс ирымазар ауп уи Христос иҵаҩ иакәны дҟаларц, иԥсҭазаара Анцәа изикырц, насгьы иҽӡааихырц азы иазыҟаҵара. Иҟоума уи аасҭа ихадоу даҽакы? Ауаҩы Иегова иҽизикыр, иҽӡааихыр, насгьы Анцәа дизиашаны имаҵ иулар, агәырҩа ду аан деиқәхар илшоит (Матфеи 24:13).
Аҭаацәа хықәкыс ирымазар ауп рхәыҷы Иисус иҵаҩы иакәхарц азы иазыҟаҵара (Шәрыхәаԥш абзацқәа 16, 17.)
17 Блоссом Брандт лыҽӡаалхырц анылыӡба, лҭаацәа агәра ргарц рҭахын лара уи дшазхиаз. Уи ус шакәыз агәра анырга, дара лыӡбара иадгылеит. Блоссом еиҭалҳәоит аӡы лыҽӡаалхырц азы уахык шагыз лаб иҟаиҵаз: «Иара зегьы ҳшьамхышгыларц дҳаҳәеит, нас Анцәа диҳәеит. Иара Иегова иеиҳәеит даара дшеигәырӷьо иԥҳа хәыҷы лыԥсҭазаара Иегова иахьизылкыз». 60 шықәса инареиҳаны рышьҭахь Блоссом илҳәеит: «Агәра ганы шәыҟазар шәылшоит егьа шықәса царгьы, уи ауха ахаан ишысхамышҭуа!» Аҭаацәа, ишәоуааит шәаргьы уи аҩыза агәырӷьареи агәахәареи, шәхәыҷы иԥсҭазаара Иегова ишизикуа, насгьы иҽшӡааихуа аныжәбо.
a Матфеи 28:19, АдҾ: «Убри аҟынтә шәцаны, ажәларқәа зегьы рҿы аҵаҩцәа азыҟашәҵала, Аби, Аԥеи, иԥшьоу адоуҳаи рыхьӡала иӡаашәхла».
b Аҭаацәа ирылшоит ашәҟәы «Ответы на твои вопросы» атом 2, адаҟьақәа 304—310 иану аинформациа рхәыҷқәа ирыцеилдыргар. Шәахәаԥш иара убас апрель, 2011 шықәсазы иҭыҵыз «Наше священное служение», адаҟьа 2 иану арамка.