АШӘА 126
Ӷьеҩла шәыҟаз, акрычҳара шәымаз
- 1. Ӷьеҩла шәыҟаз, шәыӷәӷәахароуп, - Шәарҭ шәхаҵара шәыхьчала. - Ԥхьаҟагьы шәыԥшла, шәымшәароуп, - Иааигәахеит аиааира шьҭа! - Ҳаҳ Иисус ҳаизыӡырҩуеит зегьы. - Еибашьцәак реиԥш ҳгылоуп ҳарҭ уеизгьы. - АХАПА - Ӷьеҩла шәыҟаз, крычҳарагь шәымаз! - Шәызқәу амҩа нашәыгӡа! 
- 2. Кыр шәычҳароуп, нас ижәдыруаз: - Ҳхада иоуп Иисус ҳара. - Атәы иабжьгарагь шәаҳарцаз, - Шәлымҳа кыдҵаны шәӡырҩла. - Бзиабарала ҳаиҳабацәа, - Ҳа иҳабжьоит, напхгара ҳазуа. - АХАПА - Ӷьеҩла шәыҟаз, крычҳарагь шәымаз! - Шәызқәу амҩа нашәыгӡа! 
- 3. Шәыӷәӷәахароуп, шәа шәеидгылан, - Ажәабжь бзиа шәыхьчаларц. - Ҳаӷа дҳақәымлеи хықәкыла, - Мап, уи илшом ҳҭаирхарц. - Нас, Ҳазшаз ҳаицҿакны ихьӡ ҳҳәалап, - Уи иусӡбра шааигәоугь дҳарҳалап. - АХАПА - Ӷьеҩла шәыҟаз, крычҳарагь шәымаз! - Шәызқәу амҩа нашәыгӡа! 
(Уахәаԥш иара убас Матф. 24:13; Аур. 13:7, 17; 1 Пиотр 5:8.)