АШӘА 129
Ахачҳара ааҳарԥшлап
1. Ауадаҩрақәа!
Иҳалшарыма рыхгара?
Цәгьа дышгәаҟуазгьы,
Иисус ибон агәырӷьара.
Идыруан — Иаб диашан!
Имч иацымлоз иара.
АХАПА
Зегьы ҳара ҳариааиуеит,
Ҳхаҵара ҳахьчалоит.
Ахачҳара ду ҳаурц,
Игәы шаҳзыбылуа Ҳаб иаҳирбоит!
2. Уаҳа ԥсрак ҟалом,
Зегь ҳалаӷырӡқәа Ҳаб ирбап.
Наҟ ажәытәра цап.
Џьанаҭахь ҳаблақәа ҳархап.
Иҳауп ахақәиҭра!
Ҳашзахәо иҳачҳап!
АХАПА
Зегьы ҳара ҳариааиуеит,
Ҳхаҵара ҳахьчалоит.
Ахачҳара ду ҳаурц,
Игәы шаҳзыбылуа Ҳаб иаҳирбоит!
3. Ҳшәартә еиԥш ҳаҟаӡам.
Ҳарҭ иаҳҳәо ҳҿамшәо ҳнымхалап.
Имаҵ ҳуроуп Ҳаб,
Уи иахь ҳхаҵарагь ҳарӷәӷәалап.
Иааигәами уи аамҭа!
Нас, хьаҵрак ҟаҳамҵап!
АХАПА
Зегьы ҳара ҳариааиуеит,
Ҳхаҵара ҳахьчалоит.
Ахачҳара ду ҳаурц,
Игәы шаҳзыбылуа Ҳаб иаҳирбоит!
(Уахәаԥш иара убас Аус. 20:19, 20; Иак. 1:12; 1 Пиотр 4:12—14.)