АШӘА 128
Аҵыхәтәанынӡа ачҳара
- 1. Анцәа иҵабырг ҳақәгәыӷуеит, - Амч ҳнаҭоит, иҳачҳарц. - Аԥышәарақәа ҳԥышькласуеит, - Ҳаӡрыжәны урҭ ҳҟарҵаларц. - Анцәа ҳа ҳзықәиргәыӷуа зегь - Еиқәырхагоуп ҳара ҳзы. - Уазықәԥа ӷәӷәала уцқьара, - Анцәа имш угәы иҭакыз. 
- 2. Абзиабара мырӡлатәуп, - Есымша уи хьчала. - Аԥсҭазаара уадаҩзаргьы, - Ахачҳарагьы аарԥшла. - Ашәара наҟ иԥхауҵароуп, - Уақәшәар ацәгьаԥышәара. - Анцәа иҳаиҭап ԥсеивгарак, - Ҳашсабоу ибоит иара. 
- 3. Аҵыхәтәанынӡа кыр зычҳаз, - Анцәа урҭ еиқәирхоит. - Ишәҟәы ианылап рыхьыӡқәа,— - Наӡаӡагьы инхалоит. - Аԥышәараан акрычҳара, - Инагӡаҵәҟьаны иаарԥшла. - Иегова, Ҳаб, игәы ҟаҵо, - Ибзиабараҿ уаанха. 
(Уахәаԥш иара убас Аур. 6:19; Иак. 1:4; 2 Пиотр 3:12; Аат. 2:4.)