Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 апрель ад. 13—17
  • Ахачҳара инагӡаны иааԥшааит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ахачҳара инагӡаны иааԥшааит
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЗАКӘЫЗЕИ АХАЧҲАРА?
  • ИҲАЦХРААУАЗЕИ АХАЧҲАРА ААРԤШРА?
  • «ЗЕГЬЫ ЗЫЧҲАУАЗ»
  • ИААШӘЫРԤШУАМА ШӘАРА ИНАГӠАНЫ АХАЧҲАРА?
  • «Шәазхәыц... ачҳара аарԥшны уи зхызгаз иҿырԥшы»
    «Усышьҭаланы уаала»
  • Ахачҳара аарԥшраҿы Иегова шәиҿыԥшла
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Иҳацхраауазеи аԥышәарақәа раан агәырӷьара ахьчара?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 апрель ад. 13—17
Аӡбаҩ Гедеон израильтәи аруаа еибашьра игоит

Ахачҳара инагӡаны иааԥшааит

«Ахачҳара акәзар, инагӡаны иааԥшааит, зегь рҿы аҟәыӷара шәымазарц, насгьы шәнаӡазарц, џьара ак шәыгымкәа шәҟаларц азы» (ИАК. 1:4, АдҾ).

АШӘАҚӘА: 135, 139

ШӘГӘЫ ИШԤААНАГО?

  • Ишәыцхраауазеи ахачҳара аарԥшра?

  • Иаазырԥшуадаз зеиԥшыҟам ахачҳара?

  • Иаанагозеи «ахачҳара... инагӡаны иааԥшааит»?

1, 2. а) Иаҳнарҵозеи Гедеон 300-ҩык иеибашьцәеи иареи иаадырԥшуаз ахачҳара? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.) б) Избан ахачҳара ааҳарԥшлар зхадоу, Лука 21:19 иану инақәыршәаны?

АРИ аибашьра даара имариамызт. Ауха шаанӡа аӡбаҩ Гедеон напхгара зиҭоз израильааи иареи мадианааи урҭ рыдгылаҩцәеи ирышьҭан. Дара 30-ҟа километра ирхысхьан. Абиблиаҿы иҳәоуп ахҭысқәа анаҩс ишымҩаԥысуаз: «Гедеон Иордан ахь днеины дырит. Ицыз хышәҩык ауааи иареи ааԥсеит». Аха аибашьра макьана еилымгацызт. Гедеон ицыз ауааи иареи 15 000-ҩык рыла ишьақәгылаз ар ирабашьыр акәын. Израильаа мадианаа рхәура иҭеижьҭеи шықәсқәак ҵуан, насгьы еилыркаауан уажәы агәкажьра ишаамҭам. Убри аҟынтә аиааира ргарц азы, дара раӷацәа «анаҩсгьы ирышьҭан». Аҵыхәтәаны израильаа аиааира ргеит (Аӡб. [Суд.] 7:22; 8:4, 10, 28).

2 Ҳаргьы игәымбылџьбароу аибашьра ҳалахәуп. Ҳара ҳарҿагылоуп Аҩсҭаа, уи идунеи, насгьы ҳанамӡара. Ҳара ҳҟынтәи аӡәырҩы ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа адоуҳатә еибашьра иаҿуп, имаҷымкәа аиааирақәагьы ргахьеит. Аха зны-зынла ари аибашьра, насгьы ари адунеи аҵыхәтәа ааира азыԥшра ҳамч зегь ҳамырхуеит. Ҳара макьана аҵыхәтәанынӡа аиааира ҳамгац. Иисус ҳгәаҳҽаниҵеит аҵыхәтәантәи амшқәа раан инхо аԥышәара ӷәӷәақәа ишрықәшәо, насгьы гәымбылџьбарала ишрышьҭашәарыцало. Иара убас уи иҳәеит ахачҳара ааҳарԥшлар, аиааира агара шҳалшо. (Уаԥхьа Лука 21:19.) Аха изакәызеи ахачҳара? Иҳацхраауазеи уи аарԥшра? Иаҳнарҵозеи уи аҟазшьа аазырԥшуаз рҿырԥшы? Насгьы ишԥалшо ахачҳара инагӡаны иааԥшыр? (Иак. 1:4, АдҾ).

ИЗАКӘЫЗЕИ АХАЧҲАРА?

3. Изакәызеи ахачҳара?

3 Абиблиа излаҳәо ала, ахачҳара аарԥшра ус баша ауадаҩрақәеи аԥышәарақәеи рыхгара мацара акәӡам иаанаго. Ахачҳара ҳхәыцрақәеи ҳцәаныррақәеи, даҽакала иаҳҳәозар, иуадаҩу аҭагылазаашьақәа ҳашрызнеиуа, ирыдҳәалоуп. Ари аҟазшьа змоу ауаҩы агәымшәареи, агәазыҟашьа ӷәӷәеи, ачҳареи ааирԥшуеит. Еилыркаагак ишаҳәо ала, ахачҳара — «ари баша азыӡырҩра аарԥшны ауадаҩрақәа рыхгара иуцхраауа ак акәӡам, аха агәыӷра ӷәӷәа зныԥшуа агәазыҟашьа ауп». Уа иара убас иануп: «Ари ауаҩы аԥша данаҿагылоу, ишьапы дықәзмырҟьо ҟазшьоуп. Уи ауаҩы дзықәшәо зегь раасҭа ицәгьоу аԥышәара ахәарҭа алхра ицхраауеит, избанзар ихьаа адагьы, ихықәкы ибоит».

4. Избан иаҳҳәар зҳалшо ахачҳара аарԥшра ҳгәазҭазҵо абзиабара ауп ҳәа?

4 Ақьырсиантә хачҳара аарԥшра ҳгәазҭазҵо абзиабара ауп. (Уаԥхьа 1 Коринфаа рахь 13:4, 7.) Иегова бзиа даҳбоит аҟнытә, ауадаҩрақәа ҳашрықәшәогьы, ахачҳара аарԥшны игәаԥхара наҳагӡоит (Лука 22:41, 42). Ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо рахь иҳамоу абзиабара рынамӡарахь ачҳара аарԥшра иҳацхраауеит (1 Пиотр 4:8). Ҳхатә ҩыза иахь иааҳарԥшуа абзиабара ҳҭаацәалазаара арӷәӷәара, насгьы аҭаацәара иалоу зегьы зықәшәо ауадаҩрақәа рыхгара иҳацхраауеит (1 Кор. 7:28).

ИҲАЦХРААУАЗЕИ АХАЧҲАРА ААРԤШРА?

5. Избан ахачҳара аарԥшраҿы ацхыраара ҳаҭара Иегова иеиԥш аӡәгьы изилымшо?

5 Иегова амч шәиҭарц шәиҳәала. Иегова «ахачҳареи агәашьамх арҵарреи ҳазҭо Анцәа» иоуп (Рим. 15:5). Иара ибзианы идыруеит ҳзықәшәо ауадаҩрақәа. Иара убас уи аҵыхәтәанынӡа еиликаауеит еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа, ҳемоциақәа, насгьы ҳгенетика шаҳныруа. Уи зылшо иара заҵәык иоуп. Ахачҳара аарԥшраҿы ацхыраара ҳаҭара Иегова иеиԥш аӡәгьы илшом. Аԥсалом 144:19 (145:19, АдҾ) аҿы иануп: «Иара ицәшәо ргәаҳәара наигӡоит, ргәанқьбжьы иаҳауеит, иагьаҿихуеит урҭ». Аха ишԥаҟаиҵо Анцәа аҭак, ахачҳара аарԥшразы амч ҳаиҭарц ҳаниҳәо?

6. Ишԥаилшо Иегова аԥышәарақәа раан аԥсеивгарақәа ҳаҭара, Абиблиаҿы ишаҳәо ала?

6 Уаԥхьа 1 Коринфаа рахь 10:13. Аԥышәарақәа раан Иегова ацхырааразы ҳиҳәозар, уи хымԥада аԥсеивгара ҳаиҭоит. Иқәигома Иегова ҳауадаҩра? Иҟалап. Аха лассы-лассы иара ауадаҩрақәа злаҳхаҳгаша аԥсеивгарақәа ҳаиҭоит. Ааи, Иегова аҵыхәтанынӡа ачҳара аарԥшразы, насгьы агәырӷьара ҳцәымӡырц азы амч ҳаиҭоит (Кәал. 1:11). Иегова ҳалшарақәеи ҳцәеижьтә, ҳаԥсихикатә, ҳемоциатә ҭагылазаашьеи даараӡа ибзианы идыруеит. Убри аҟынтә Иегова ҳизиашаны аанхара ҳалымшо аҟынӡа аҭагылазаашьа неигаӡом.

7. Аҿырԥшы шәхы иархәаны иҳаилшәыркаа ҳамҩа ҳақәымҟьарц азы адоуҳатә фатәы заҳҭаху.

7 Адоуҳатә фатәы шәыдкыло, шәыгәрахаҵара шәырӷәӷәала. Зегь раасҭа иҳараку ашьха Еверест ихало ашьханыҟәаҩцәа мышкала 6 000-ҟа калориа нырхуеит, уи ауаҩы бжьаратәла ҽнак ала инихуа аасҭа акырӡа еиҳауп. Ашьхаҩаӡара днеирц азы, ашьханыҟәаҩ даараӡа ирацәаны акалориақәа иоуроуп. Убас еиԥш ҳаргьы ақьырсиантә мҩа ҳақәымҟьарц, насгьы ҳхықәкы наҳагӡарц азы, иааиԥмырҟьаӡакәа адоуҳатә фатәы рацәаны иҳадаҳкылалароуп. Ҳхатә усқәа ииашаны реиҿкаара ҳацхраауеит аизарақәа рҭаареи ҳхатә ҭҵаара амҩаԥгареи рзы аамҭа аԥшаара. Ҳагәрахаҵара зырӷәӷәо арҭ аусқәа рыҽрылархәра ҳаԥсҭазаара наӡаӡазтәуа афатә адкылара иаҿҳарԥшыр ҳалшоит (Иоанн 6:27).

8, 9. а) Иаҳгәалашәалар акәзеи ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо, Иов (Иов) 2:4, 5 иану инақәыршәаны? б) Иҳалшозеи ҳхаҿы иааҳгар, ауадаҩра ҳанақәшәо?

8 Аимактә зҵаара шәхашәмыршҭлан. Иегова имаҵзуҩцәа рҟынтә аӡәы аԥышәарақәа анихиго, аус злоу игәаҟра мацара акәӡам. Ауадаҩрақәа шаҳхаҳго иаанарԥшуеит Иегова ииашаҵәҟьаны Иреиҳаӡоу Зегьирхаку иоуп ҳәа дҳаԥхьаӡоу-дҳамԥхьаӡоу. Иов ихаан Аҩсҭаа иреиҳаӡоу Анцәа имчра данаҿагыла, ҽыԥныҳәа иҭаны иҳәеит: «Ауаҩы иԥсы иахҭниҵоит имоу зегьы. Аха, иҟалозар, унапы неиҵых, [Иов] ибаҩи ицәеи унаркьыс — уимшәиӡои уи уара уҿаԥхьаҵәҟьа?» (Иов [Иов] 2:4, 5). Уи ала Аҩсҭаа иҳәарц иҭахын феида изаламкәа аӡәгьы Иегова имаҵ иуам ҳәа. Иҽиԥсахма Аҩсҭаа уи аахыс? Зынӡаскгьы мап! Ашәышықәсақәа рышьҭахьгьы, уи ажәҩан аҟынтәи данылбаашьҭыз, «ҳашьцәа ахара рыдызҵоз, иахьеи-уахеи Анцәа иҿаԥхьа мыцла ирыхцәажәоз, изырџьоз» шиакәыз даанхеит (Аат. 12:10). Аҩсҭаа ихамышҭӡеит зны ишьҭихыз аимактә зҵаара. Иара даараӡа иҭахуп ауадаҩрақәа раан ҳгәы каҳаны, Анцәа имчра мап шацәаҳкуа ибар.

9 Убри аҟынтә ауадаҩра ӷәӷәақәа шәанрықәшәо, шәхаҿы иаажәгала абри аҩыза аҭагылазаашьа: ганкахьала Аҩсҭаа идемонцәеи иареи гылоуп, урҭ рнацәа шәықәкны ирҳәоит шәԥышәарақәа шәшырзымиааиуа. Егьи аган ахь игылоуп Иегова, аҳра зуа Иԥа, зыԥсы ҭалаз Анцәа идоуҳала иалху, насгьы ҵҩа змам амаалықьцәа. Урҭ шәгәы шьҭырхуеит, насгьы есыҽны ахачҳара аарԥшны Анцәа имчра шәахьадгылоу еигәырӷьоит. Шәхаҿы иаажәг Иегова хаҭала шәара шәахь ихы рханы ишшәеиҳәо: «Уҟәышыз, сԥа, насгьы сыргәырӷьала, сара аҽыԥныҳәа сызҭо аҭак исҭартә» (Ажәам. [Прит.] 27:11).

10. Ишԥаҳалшо, Иисус ҳаиҿыԥшны, иааҳарԥшуа азиашаразы иҳауа аҳамҭа ҳазхәыцлар?

10 Ахачҳаразы ишәоуа аҳамҭа шәазхәыцла. Иааҳгап абри аҩыза аҿырԥшы: шәара акыр инеиуа атоннель шәҭаланы ацара шәаҿуп, уажәы уи агәҭаҵәҟьа шәгылоуп. Шәыкәша-мыкәша лашьцароуп. Аха шәара агәра ганы шәыҟоуп анаҩсгьы ԥхьаҟа шәцалар, иаарласны алашара шыжәбо. Убас еиԥш зны-зынла ауадаҩрақәа нымҵәошәа шәгәы иаанагозар ауеит. Иҟалап Иисусгьы уи аҩыза ацәанырра имазҭгьы. Уи агәнаҳара иаҵаз ауаа рыла дларҟәын, ицәа ԥҽын, ашьаҟаҿы дыргәаҟын. Иисус иԥсҭазаараҿы ари зегь раасҭа иуадаҩыз аамҭан. Аха иара «иаҭәаз агәырӷьара» азы уи зегь ихигеит (Аур. 12:2, 3). Иара иааирԥшуаз ахачҳаразы иоуаз аҳамҭа дазхәыцуан. Иара убас дазхәыцуан изиашара Иегова ихьӡ шыҭнаго, насгьы имчра шышьақәнарӷәӷәо. Иисус игәаҟрақәа аамҭалатәиин, аха жәҩантәи иҳамҭа ссир наӡаӡатәихоит! Иахьа ҳара ҳԥышәрақәагьы даара ицәгьазар ауеит, зны-зынла иҳазхымго аҟынӡагьы ҳнеиуазар алшоит. Аха ишәхашәмыршҭлан наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго амҩаҿы урҭ шаамҭалатәиу.

«ЗЕГЬЫ ЗЫЧҲАУАЗ»

11. Избан изхәарҭоу «зегьы зычҳауаз» рҿырԥшы азхәыцра?

11 Ҳара аԥышәарақәа ҳхала иаҳхаҳгаӡом. Аҩсҭаа ақьырсианцәа имаҷымкәа ауадаҩрақәа ирықәиршәон аҟынтә, Пиотр урҭ ргәы шьҭихырц азы иҩуан: «Шәыгәрахаҵараҿы шәыӷәӷәаз, уи шәыҽишәымҭан, шәиҿагыл, шәашьцәа-гәрахаҵацәа адунеи зегьы аҿы шәара ишәхыжәго ааӡабқәа рҩыза шырхырго жәдыруаз» (1 Пиотр 5:9). «Зегьы зычҳауаз» рҿырԥштәқәа агәазыҟашьа ӷәӷәа аарԥшра иҳацхраауеит, ақәҿиара шҳауа агәра ҳдыргоит, насгьы иааҳарԥшуа азиашаразы хымԥада аҳамҭа шҳауа ҳгәаладыршәоит (Иак. 5:11). Шәааи ҿырԥштәқәак еилҳаргап1.

12. Иаҳнарҵар алшозеи Едемтәи абаҳчаҿы иргылаз ахерувимцәа рҿырԥшы?

12 Ахерувимцәа. Арҭ аҭыԥ ду аанызкыло маалықьцәоуп. Урҭ ауаа раԥхьаӡа ирбаз адоуҳатә шамҭақәа роуп. Арҭ ашамҭақәа имариамыз адҵа рыҭан. Ахачҳара аарԥшраҿы урҭ рҿырԥшы ҳацхраар ҳалшоит. Анцәа Иегова «Едемтәи абаҳча мрагыларатәи аган аҿы аԥсҭазааратә ҵлахьы амҩа зыхьчоз ахерувимцәеи амца зку игьежьуа а́ҳәеи ықәиргылеит» (Аҟаз. [Быт.] 3:24)2. Аԥхьанатә ахерувимцәа уи аус нарыгӡалар акәмызт, избанзар Иегова ауаа анишоз, рынаӡара рцәыӡуеит, насгьы имчра иаҿагылоит ҳәа дазыԥшӡамызт. Аха џьаргьы ианӡам урҭ адоуҳатә шамҭақәа ари аус раҭәаршьаӡомызт, насгьы иашшуан ҳәа. Дара уи ргәы ахымшәаӡеит, иагьаанырмыжьӡеит. Анцәа изыӡырҩны, ахачҳара аарԥшны, ирыдыз адҵа нарыгӡон. Дара уи адҵа Аӡхыҵра ду ҟалаанӡа инарыгӡозҭгьы ҟаларын, шықәса инареиҳаны рыҩныҵҟа.

13. Ицхраауази Иов дзықәшәаз ауадаҩрақәа рыхгара?

13 Анцәа изиашаз Иов. Шәгәы шәдырхьма шәҩыза ма ишәзааигәоу аӡәы ииҳәаз ажәақәа? Шәаргәаҟуама шәара ачымазара ӷәӷәа? Мамзаргьы шәгәырҩома ишәзааигәаз аӡәы дахьыԥсыз азы? Ус иҟазар, азиашара аазырԥшуаз Иов иҿырԥшы шәгәы арӷәӷәоит (Иов [Иов] 1:18, 19; 2:7, 9; 19:1—3). Ари Анцәа имаҵзуҩы игәаҟрақәа зыхҟьаз шизымдыруазгьы, игәы каимыжьит. Избан? Зегь раԥхьаӡа иргыланы Иов «Анцәа дицәшәон» (Иов [Иов] 1:1). Иара Иегова игәаԥхара еснагь анагӡара дазхиан, уи анымариамызгьы. Иегова Иов дрызхьаирԥшит иԥшьоу адоуҳа ихы иархәаны иҟаиҵахьаз аус дуқәа. Урҭ рызхәыцра Иов ицхрааит Иегова ианаамҭоу агәаҟрақәа рҵыхәтәа шԥиҵәо еиҳа агәра агара (Иов [Иов] 42:1, 2). Убас ауп ишыҟалазгьы. Анцәа Иов игәаҟрақәа иԥырихит. Абиблиаҿы иануп: «Иегова Иов уаанӡа имаз аасҭа ҩынтә еиҳаны ииҭеит». Иов акыр шықәса ниҵит, иԥсҭазаарагьы гәахәарыла иҭәын (Иов [Иов] 42:10, 17).

14. Ишԥарыцхраауаз Павел иҿырԥшы егьырҭ, 2 Коринфаа рахь 1:6 иану инақәыршәаны?

14 Апостол Павел. Ишәҿагылоума ма ишәышьҭашәарыцома шәара ииашоу амҵахырхәара аӷацәа? Мамзаргьы иҟалап шәара аизара шәеиҳабызар, ма раионтә хылаԥшҩыс амаҵ жәуазар, убри аҟынтә аҭакԥхықәра дуқәа шәыдзар. Шәазхәыц Павел иҿырԥшы. Иара гәымбылџьбарала ишьҭашәарыцон. Уи адагьы, есымшааира аизарақәа игәы иҵхон (2 Кор. 11:23—29). Аха уеизгьы Павел игәы каижьуамызт. Иара иҿырԥшы аӡәырҩы ргәы шьҭнахуан. (Уаԥхьа 2 Коринфаа рахь 1:6.) Убри аҟынтә ахачҳара аарԥшуа ауадаҩрақәа анышәхыжәго, ишәхашәмыршҭлан шәҿырԥшы егьырҭ ргәы шьҭнахыр шауа.

ИААШӘЫРԤШУАМА ШӘАРА ИНАГӠАНЫ АХАЧҲАРА?

15, 16. а) Избан ахачҳара инагӡаны иааԥшыр закәу? б) Иаажәга ахачҳара ҳқьырсиантә хаҭара ашьақәыргылара ишҳацхраауа узырбо аҿырԥштәқәа.

15 Христос иҵаҩы Иаков иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала иҩит: «Ахачҳара акәзар, инагӡаны иааԥшааит». Изаҭахузеи уи? Иаков иациҵоит: «Зегь рҿы аҟәыӷара шәымазарц, насгьы шәнаӡазарц, џьара ак шәыгымкәа шәҟаларц азы» (Иак. 1:4, АдҾ). Лассы-лассы аԥышәарақәа ҳацхраауеит ҳаԥсыҽрақәа ргәаҭара, насгьы аус зыдулатәу аилкаара. Аԥышәарақәа ҳаныриааиуа, ҳара ақьырсиантә ҟазшьақәа раарԥшышьа ҳҵоит, насгьы еиҳа ҳнаӡаны, ма аҟәыӷара ҳаманы, ҳҟалоит. Иаҳҳәап, ауадаҩрақәа ҳацхраар ауеит ачҳара, аџьшьара, насгьы агәрыцҳашьара реиԥш иҟоу аҟазшьақәа еиҳа еиӷьны раарԥшра.

Аизара аиҳабацәа ақьырсиан игәы шьҭырхырц азы иҭааит, иара дхәыцуеит, Анцәа диҳәоит, аизара аиҳабы диацәажәоит, ажәабжьҳәара иҽалаирхәуеит

Аԥышәарақәа анаҳхаҳго, ҳқьырсиантә хаҭара еиҳа инаӡахоит (Шәрыхәаԥш абзацқәа 15, 16.)

16 Ахачҳара ҳқьырсиантә хаҭара ашьақәыргылараҿы ихадоу аҭыԥ ааннакылоит аҟынтә, аԥышәарақәа ҳԥыраҳхырц азы, абиблиатә принципқәа еилаҳгаӡом. Иаҳҳәап, ицқьам ахәыцрақәа шәызцәырҵуазар, шәыҽрышәымҭалан! Иегова шәиҳәала, насгьы игәаԥхашәадоу агәазыҳәарақәа шәырҿагылала! Убас шәара аҽынкылара аарԥшра шәҵоит. Аха иҟаҵатәузеи, Иегова ишаҳаҭым ишәзааигәоу аӡәы дышәҿагылозар? Шәгәы кашәмыжьын. Анаҩсгьы гәык-ԥсык ала Анцәа имаҵ аура шәазхиаз. Усҟан Иегова иахь ишәымоу агәрагара еиҳагьы иӷәӷәахоит. Ишәхашәмыршҭлан: ахачҳара ааҳмырԥшлар, Анцәа иразра ҳауам (Рим. 5:3, 4; Иак. 1:12).

17, 18. а) Избан ахачҳара аҵыхәтәанынӡа изаарԥшлатәу? Иаажәга аҿырԥштәы. б) Зыгәра ганы ҳаҟоузеи ҳара, ицқьам ари адунеи аҵыхәтәа ааигәахацыԥхьаӡа?

17 Ҳара ахачҳара аамҭак аҩныҵҟа акәымкәа, аҵыхәтәанынӡа иааҳарԥшлар ауп. Шәхаҿы иаажәг аӡааҟәрылара иаҿу аӷба. Уи иҭаз ауаа зегьы рыԥсы еиқәдырхарц азы, амшын ахықә ахь иӡсалар ауп. Урҭ рахьтә аӡәы дахьааԥсаз иахҟьаны, ахықә аҟынӡа метрақәак шыбжьоу аӡсара даҟәыҵыр, уаанӡа иӡааҟәрылахьаз ирыхьыз ихьуеит. Убри аҟынтә ҳаргьы адунеи ҿыц ҟалаанӡа ахачҳара аарԥшра ҳазхиоуп. Уи ауп ҳаԥсҭазаара зхьыԥшу. Ҳара апостол Павел имаз агәазыҟашьа аҩыза ҳамоуп, уи иҩуан: «Гәкажьра ҟаҳамҵароуп» (2 Кор. 4:1, 16).

18 Агәра ганы ҳаҟоуп Иегова аҵыхәтәанынӡа ахачҳара аарԥшра дышҳацхраауа. Ҳара апостол Павел ицәаныррақәа еилаҳкаауеит. Уи иҳәеит: «Аха гәы цаҳә-цаҳәла бзиа ҳазбо илшарала иҳаԥгылақәоу зегьы ҳариааиуеит. Сара агәра ганы сыҟоуп ԥсраз, ԥсҭазаараз, Имаалықьцәаз, зегьы Ирылагамҭоу, зегь зымчу Лшарақәаз, ҳазҭагылоу, мамзаргьы иҟалаша аамҭақәа ракәыз,— Аҩаӡанаӡара, мамзаргьы ҵа змам аҵаулара ракәыз, Иҳақәиҭу Христос Иисус иҿы иҟоу Анцәа ибзиабара ҳаҟәызыҭхо мчылшара шыҟам» (Рим. 8:37—39). Ҳәарада, зны-зынла ҳааԥсоит. Аха уеизгьы, шәааи аҵыхәтәанынӡа ахачҳара ааҳарԥшлап. Усҟан Аӡбаҩцәа (Судей) 8:4 аҿы Гедеон ируааи иареи ирызкны иану ҳаргьы иаҳзуҳәар алшоит: «Дара анаҩсгьы [раӷацәа] ирышьҭан».

^ 1 Абзац 11. Иара убас шәара шәгәы шьҭырхуеит Анцәа имаҵзуҩцәа иаадырԥшуаз ахачҳара шәзырбо иахьатәи аҿырԥштәқәа. Иаҳҳәап, 1992, 1999, 2008 шықәсқәа рзтәи «Ежегодник» аҭыжьымҭақәа рҿы ишәыԥшаауеит шәыгәрахаҵара зырӷәӷәо Ефиопиеи, Малавии, Урыстәылеи рҟынтәи аишьцәа зықәшәаз ахҭысқәа.

^ 2 Абзац 12. Абиблиаҿы ианӡам ари адҵа шаҟаҩы ахерувимцәа ирыҭаз.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра