Ианвар 21—27
АУСҚӘА 25, 26
- Ашәа 73, анцәаиҳәара 
- Алагалажәа (3 мин ма еиҵаны) 
АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
- «Павел цезарь иахь аҳәара ҟаиҵоит, насгьы аҳ Ирод Агриппа иҿаԥхьа шаҳаҭра иуеит» (10 мин) - Аус. 25:11. Павел римтәи атәылауаҩ иеиԥш имаз азин ихы иархәаны цезарь иахь аҳәара ҟаиҵоит (bt-U 198, абз. 6). 
- Аус. 26:1—3. Павел ҟазарыла Ирод Агриппа иҿаԥхьа изинқәа ихьчон (bt-U 198—201, абз. 10—16). 
- Аус. 26:28. Павел иажәақәа аҳ игәаҵанӡа инеит (bt-U 202, абз. 18). 
 
- Адоуҳатә бырлашқәа ҳаԥшаауеит (8 мин) - Аус. 26:14. Изахьӡузеи аҵәҩан аҵарыра аҿалара? (nwtsty-U, аҭҵааразы аматериал; nwtstg-U «Рожон»; it-U «Рожон»). 
- Аус. 26:27. Иарбан ҭагылазаашьоу аҳ Агриппа дзықәшәаз, Павел аԥааимбарцәа рыгәра игома ҳәа уи даниазҵаа? (w03-U 15/11 16, абз. 14). 
- Еилукаазеи уара Иегова изкны ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟынтә? 
- Иарбан доуҳатә бырлашқәоу уара еиҭа иуԥшааз ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟны? 
 
- Абиблиа аԥхьара (4 мин ма еиҵаны): Аус. 25:1—12 (th аурок 5) 
АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ
- Аҩбатәи аицәажәара (авидео) (5 мин): идырба авидеонҵамҭа, анаҩс уахцәажәа. 
- Аҩбатәи аицәажәара (3 мин ма еиҵаны): ухы иархәа аицәажәара ахкы (th аурок 2). 
- Аҩбатәи аицәажәара (4 мин ма еиҵаны): ухы иархәа аицәажәара ахкы. Анаҩс идгал ашәҟәы «Иаҳнарҵозеи Абиблиа?» (th аурок 3). 
АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
- «Квебек ажәабжьҳәаратә ус азин аҭара» (15 мин). Аӡырҩцәа злахәу ажәахә. Идырба авидеонҵамҭа. 
- Аизараҿы Абиблиа аҵара (30 мин): jy-U ахы 51 
- Уажәтәии иааиуеи аиԥыларақәа рыхцәажәара (3 мин) 
- Ашәа 122, анцәаиҳәара