АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АУСҚӘА 25, 26
Павел цезарь иахь аҳәара ҟаиҵоит, насгьы аҳ Ирод Агриппа иҿаԥхьа шаҳаҭра иуеит
«Ахылаԥшцәеи аҳцәеи рахь» ҳанырго иаҳҳәо ҳзымдыруа ҳаҟаӡам, аха ҳгәыӷра иазкны азҵаара ҳарҭозар, «аҭак аҟаҵара» ҳазхиазароуп (Матф. 10:18—20; 1 Пиотр 3:15). Ҳашԥеиҿыԥшуеи Павел «азакәан хьаас имкыкәа ацәгьара зхәыцуа» ҳҿагылаҩцәа ацәгьара ҳақәдыршәарц рҽазыршәозар? (Аԥсал. 94:20).
Ҳара азакәан иаҳнаҭо алшарақәа ҳхы иархәаны, ажәабжь бзиа аҳәаразы ҳзинқәа ҳахьчоит (Аус. 25:11).
Ҳара патуқәҵарала анапхгаҩцәа ҳрацәажәоит (Аус. 26:2, 3).
Иаҭаххар, идеилҳаркаауеит ажәабжь бзиа ҳареи егьырҭ ауааи анырра бзиа шҳанаҭаз (Аус. 26:11—20).