АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АУСҚӘА 23, 24
Аилаҩынтрақәа аԥшьызгаз, насгьы ажәлар рзы аҿкы чымазара иаҩызоу ҳәа ахара идҵоуп
Аиудеиаа Павел дшыршьуа ала Иерусалим «ҭоуба руит» (Аус. 23:12). Аха Иегова игәаԥхара иаҵанакуан Павел Римҟа дцаны уа шаҳаҭра иуларц (Аус. 23:11). Павел иаҳәшьаԥа ари ачарҳәара атәы анеиликаа, ианшьа игәиҽаниҵарц иӡбеит. Уи апостол иԥсҭазаара еиқәнархеит (Аус. 23:16). Иаҳнарҵозеи ари ахҭыс...
- Анцәа игәҭакы анаӡара акгьы аԥырхагахар шалымшо иазкны? 
- Анцәа дҳацхраар шилшо иазкны? 
- агәымшәара ҳазҭо иазкны?