АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Ҟәыӷарыла агәырҿыхагақәа шалхлатәу
Избан ҳара агәырҿыхагақәа ҟәыӷарыла иалаҳхлар зҳахәҭоу? Ҳара ҳазхәаԥшыша афильм, ҳаззыӡырҩыша ашәа, ҳазҭалаша асаит, ҳзыԥхьаша ашәҟәы ма авидеохәмарра аналҳхуа, ҳахшыҩ злаҳарҭәуа ауп иалаҳхуа. Ҳара иҟаҳҵо алхра ҳхымҩаԥгашьа ианыруеит. Илахьеиқәҵагоуп, аха иахьа имаҷымкәа иҟоу агәырҿыхагақәа Иегова ицәымӷуп (Аԥсал. 11:5; Гал. 5:19—21). Убри аҟынтә Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит Иегова дҳаразкуа еснагь ҳазхәыцларц (Флп. 4:8).
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ИАРБАН ГӘЫРҾЫХАГОУ ИАЛХТӘУ?», АНАҨС АБАРҬ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Излареиԥшузеи иахьатәи агәырҿыхагақәа Ажәытәтәи Рим иҟаз агладиатортә хәмаррақәа?
Ишԥарылшо аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аизараҿы, иқәыԥшу ақьырсианцәа ҟәыӷарыла агәырҿыхагақәа ралхра ирыцхраар?
Ишԥаҳацхраауеи Римаа рахь 12:9 иану апринцип агәырҿыхагақәа аналаҳхуа?
Иаага ақьырсианцәа ирнаало агәырҿыхагақәа рҿырԥштәқәа.