АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | ИАКОВ 3—5
«Жәҩанынтә аҟәыӷара» аарԥшла
«Жәҩанынтә аҟәыӷара», ма Иегова иҳаиҭо аҟәыӷара, ҳацхраауеит еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы. Иаҳҳәап, уи абзоурала ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыбжьара аҭынчра ҳамоуп. Ҳара ҳхымҩаԥгашьа иаанарԥшуеит «жәҩанынтә аҟәыӷара» ҳамоу иҳамаму.
УХЫ УАЗҴАА: «Иарбан „жәҩанынтә аҟәыӷара“ иамоу ганқәоу сара ааигәа аарԥшра исылшаз? Аус здысулар сыхәҭоузеи еиҭа?»
Ацқьара
Аҭынчра
Аҟәышра
Аҳәатәхаҵара азхиара
Агәыҳалалреи аус қьиақәеи
Еилых-еиламҵара
Гьангьашра аламзаара