АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Ицқьоу ахымҩаԥгашьеи апатуқәҵареи ухатә ҩыза ирҳара иуцхраауеит
Аҭаацәара иалоу, иқьырсианцәахаз аҳәса лассы-лассы иҿырԥшыгоу рхымҩаԥгашьала рхацәа аҵабырг адкылара ирыцхраауеит. Аха зны-зынла уи акыршықәса иазыԥшуп, иуадаҩу аҭагылазаашьақәа рҿы ачҳара аарԥшны (1 Пиотр 2:21—23; 3:1, 2). Ииашамкәа ибызныҟәозар, ацәгьара бзиарала баиааила (Рим. 12:21). Иҿырԥшыгоу бхымҩаԥгашьа бхатә ҩыза еиҳа анырра инаҭоит, иарбанзаалак бажәақәа раасҭа.
Бҽазышәа аҭагылазаашьа бхатә ҩыза ихәаԥшышьала ахәаԥшра (Флп. 2:3, 4). Агәрыцҳашьара аарԥшла, иҭыԥ аҿы бхы ргылала, апатуқәҵара атәы бхамышҭлан, насгьы гәыкала аҭаацәаратә ҭакԥхықәрақәа нагӡала. Аӡырҩра базхиаз (Иак. 1:19). Ачҳара аарԥшла, насгьы бхатә ҩыза бзиа дшыббо агәра иргала. Бхатә ҩыза қьиаралеи патуқәҵаралеи дыбзыҟамзаргьы агәра ганы быҟаз Иегова бызиашара шибо, насгьы уи ахә ҳаракны ишишьо (1 Пиотр 2:19, 20).
ШӘАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ИЕГОВА ИЦХЫРААРАЛА ЗЕГЬ АХГАРА ҲАЛШОИТ», АНАҨС АБАРҬ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Изеиԥшрази Греис Ли лыԥсҭазаара аҭаацәара даналала раԥхьатәи ашықәсқәа раан?
Илгәазырԥхазеи абиблиатә ҵабырг аилкаара?
Ишԥалхылгоз аиаҳәшьа Ли аӡӡаахра ашьҭахь дзықәшәоз ауадаҩрақәа?
Илҳәози Греис Ли лхаҵа изкны, лара Анцәа даниҳәоз?
Зылԥхарақәас илоузеи аиаҳәшьа Ли ахымҩаԥгашьа цқьеи апатуқәҵареи ахьаалырԥшуаз азы?
Ицқьоу ахымҩаԥгашьеи апатуқәҵареи амч ду рымоуп!