Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w24 маи ад. 20—25
  • Ахатә ҩыза иԥшаара шулшо

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ахатә ҩыза иԥшаара шулшо
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИУНААЛО АХАТӘ ҨЫЗА ИԤШААРА ИУЦХРААУА
  • УМЫЦЦАКЫН — АУАҨЫ УИЦКЛАԤШ
  • АИБАДЫРРА ШӘАНАЛАГО
  • ИШԤАҲАЛШО ҲАРА ЗЕГЬЫ АЦХЫРААРА ҞАҲҴАР?
  • Аибадырра апериод: иаҳдыруазар ҳахәҭоу
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Анасыԥ змоу аҭаацәалазаара аҽазыҟаҵара
    Аҭаацәаратә насыԥ амаӡа
  • Аҭаацәалазаара — бзиа ҳазбо Анцәа иҳамҭоуп
    «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз»
  • Иаҳәозеи Абиблиа аҭаацәара аламзаареи аҭаацәара алазаареи ирызкны?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
w24 маи ад. 20—25

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 21

АШӘА 107 Анцәа ибзиабара аҿырԥшы

Ахатә ҩыза иԥшаара шулшо

«Дзыԥшаауада абзиара аҟаҵара иашьҭоу аԥҳәыс? Лара акораллқәа раасҭа лыхә ҳаракуп» (АЖӘАМ. 31:10).

ЕИЛАҲКААУА

Иарбан библиатә принципқәоу ауаҩы ахатә ҩыза иԥшаара ицхраауа? Ишԥалшо аизара аҭаацәара алалара зҭаху аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирыцхраар?

1, 2. а) Иҳацхраауазеи ауаҩы еиҳа еиӷьны иабадырра ҳазхиоу-ҳазхиаму аилкаара? б) Иаанагозеи ауаҩы еиҳа еиӷьны иеилкаара? (Шәахәаԥш «Жәақәак рҵакы».)

ИУҬАХУМА уара аҭаацәара аԥуҵар? Аҭаацәара уаламларгьы аԥсҭазаараҿы анасыԥ умазар алшоит. Ус шакәугьы, ақьырсианцәа аӡәырҩы — иқәыԥшугьы зықәра шәхьоугьы — ирнаалаша ахатә ҩыза ишьҭоуп. Ҳәарада, аӡәы иабадырра уалагаанӡа раԥхьа емоциалеи доуҳалеи ишәу уаҩны уҟалароуп, насгьы ахныҟәгашьа уҵароуп (1 Кор. 7:36)a. Убасҟан уҭаацәараҿы анасыԥ уоур алшоит.

2 Аха хаҵа бзианы ма ԥҳәыс бзианы иаҳзыҟало ауаҩы иԥшаара мариаӡам (Ажәам. 31:10). Аӡәы даҳгәаԥхазаргьы, уи ауаҩы еиҳа еиӷьны иеилкаара шаҳҭаху иаҳәара ҳзымариамзар ауеитb. Ари астатиаҿы ҳара еилаҳкаауеит хатә ҩыза бзианы иаҳзыҟалар зылшо ауаҩы иԥшаареи, еиҳа еиӷьны иеилкаареи иҳацхраауа. Уи адагьы, ҳара ҳалацәажәоит аизараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи аҭаацәара алалара зҭаху ирыцхраалар шрылшо.

ИУНААЛО АХАТӘ ҨЫЗА ИԤШААРА ИУЦХРААУА

3. Дзызхәыцыр ахәҭоузеи ахатә ҩыза дзыԥшаауа?

3 Зегь раԥхьаӡа иргыланы ухатә ҩыза дзеиԥшразар уҭаху уазхәыц. Ус ҟаумҵар, иунаало ауаҩы дузгәамҭар алшоит, мамзаргьы иунымаало ауаҩи уареи аибадырра шәалагар ауеит. Ҳәарада, ахатә ҩыза аӡы зыҽӡаазххьоу ақьырсианцәа рыбжьара ауп дахьыԥшаалатәу (1 Кор. 7:39). Аха аӡы зыҽӡаазххьоу дарбанзаалак уара дунымаалар ауеит. Убри аҟынтә ухы уазҵаа: «Иарбан хықәкқәоу аԥсҭазаараҿы исымоу? Иарбан ҟазшьақәоу схатә ҩыза илазарц ма илылазарц исҭаху? Сзықәгәыӷуа ҟалашьа змам ак акәӡами?»

4. Изызиҳәозеи Анцәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукы?

4 Шәара аҭаацәара шәалаларц шәҭахызар, уи азы Анцәа шәиҳәозар ҟалап (Флп. 4:6). Ҳәарада, Иегова ахатә ҩыза дшышәзиԥшаауа ала ажәа шәимҭаӡеит. Аха иара шәҭахрақәеи шәцәаныррақәеи дреиҷаҳауеит, насгьы ахатә ҩыза иԥшаара дшәыцхраар илшоит. Убри аҟынтә анаҩсгьы шәыгәҭыхақәа, иара убас шәҭахрақәа рыӡбахә изеиҭашәҳәала (Аԥсал. 62:8). Ачҳареи аҟәыӷареи шәиҭарц шәиҳәала (Иак. 1:5). Аҭаацәара иаламлац Еиду Аштатқәа рҿы инхо Џьонc Анцәа дзызиҳәо иҳәоит: «Сара схатә ҩыза илылазарц исҭаху аҟазшьақәа Иегова изеиҭасҳәоит. Уи адагьы сиҳәоит, аӡәы лабадырра алшара соуртә. Иара убас Иегова сиҳәоит, схаҭагьы хатә ҩыза бзианы сҟаларц азы аҟазшьа бзиақәа реизырҳара дсыцхрааларц». Шри-Ланка иатәу Таниа илҳәоит: «Сара макьана ахатә ҩыза дсымԥшааӡацт, аха сгәы касыжьӡом. Сара Иегова сиҳәоит, сизиашаны аанхара дсыцхрааларц, сгәы касмыжьларц, насгьы аԥсҭазаараҿы агәырӷьара смырӡларц». Шәара шәшақәгәыӷуаз еиԥш акәымкәа, еиҳаны аԥшра шәықәшәаргьы, Иегова дшәеиҷаҳалоит, абзиабарагьы азҿлымҳарагьы шәыгижьӡом (Аԥсал. 55:22).

5. Ишԥарылшо аҭаацәара иалам ақьырсианцәа еибадырыр? (1 Коринфаа 15:58). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

5 Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит: «Иҳақәиҭу иус аҿы... аџьабаа рацәаны ижәбала». (Шәаԥхьа 1 Коринфаа 15:58.) Иегова имаҵ аураҿы ирацәаны аџьабаа бала, насгьы еиуеиԥшым аишьцәеи аиҳәшьцәеи урыҿцәажәала. Убасҟан аамҭа бзианы иухугалоит, уи адагьы уара уеиԥш аҭаацәара аԥызҵарц зҭаху доуҳала ишәу ақьырсианцәа урабадырыр улшоит. Иегова иргәырӷьара уҽазушәалар, анасыԥҵәҟьа уоуеит.

Асахьақәа реизга: 1) аҭаацәара иалам аиаҳәшьа ажәабжьҳәараан илгәарԥханы илеиҳабу аиаҳәшьа ак лзеиҭалҳәоит; 2) аҭаацәара иалам уи аиаҳәшьа атеократиатә ргылараҿы афатә ахьеихыршо ацхыраара ҟалҵоит; 3) аҭаацәара иалам аиашьа аизара ахылаԥшҩы дицны хаҵеи-ԥҳәыси ргәы шьҭырхырц рыҩныҟа иааит; 4) аиаҳәшьа афатә аихшара дахьрыцхраауаз аргылараҿы аҭаацәара иалам аиашьа атруба ԥиҟоит.

Гәацԥыҳәарала Иегова имаҵ уулар, насгьы еиуеиԥшым аишьцәеи аиҳәшьцәеи аамҭа рыцухугалар, уара уеиԥш аҭаацәара аԥызҵар зҭаху дуԥшаауеит. (Шәахәаԥш абзац 5.)


6. Ирхадмыршҭлар рыхәҭоузеи аҭаацәара иалалар зҭаху ақьырсианцәа?

6 Аха ухы уацклаԥшла ахатә ҩыза иԥшаара ада уаҳа акы уазымхәыцуа уҟамларц азы (Флп. 1:10). Анасыԥҵәҟьа узаазго Иеговеи шәареи ишәыбжьоу аизыҟазаашьақәа роуп, аҭаацәара уалоу-уаламу акәӡам (Матф. 5:3). Аҭаацәара иалам ақьырсианцәа еиҳа ахақәиҭра рымоуп (1 Кор. 7:32, 33). Уи ухы иархәала, иаҳҳәап, иҿыцу амаҵзура ахкы аҽалархәразы. Еиду Аштатқәа рҿы инхо, 40-ҟа шықәса анылхыҵуаз аҭаацәара иалалаз Џье́ссика илҳәоит: «Сара аҭаацәара салалар сҭахын, аха уи мыцхәы сазхәыцӡомызт. Сара ирацәаны Иегова имаҵ зуан, уи аԥсҭазаара алагәырӷьара исыцхраауан».

УМЫЦЦАКЫН — АУАҨЫ УИЦКЛАԤШ

7. Избан ауаҩы дшугәаԥхо иоуҳәаанӡа, маҷк уицклаԥшыр зҟәыӷароу? (Ажәамаанақәа 13:16).

7 Иаҳҳәап, шәара аӡәы дышәгәаԥхеит. Иҟашәҵар шәылшои? Абиблиаҿы иануп, аҟәышра змоу хшыҩла рхы шымҩаԥырго. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 13:16.) Убри аҟынтә аӡәы дшугәаԥхо иоуҳәаанӡа, маҷк уицклаԥшыр бзиоуп. Нидерланд инхо А́свин иҳәоит: «Ацәаныррақәа ирласны ишузцәырҵуа еиԥш, ирласынгьы ииасыр ауеит. Умыццакыр, уемоциақәа ишуҵарҳәо еиԥш ухы мҩаԥугаӡом, насгьы иунымаало ауаҩы иабадырра уалагаӡом». Ауаҩы уицклаԥшыр, уи зынӡа дшунымаало гәоуҭар ауеит.

8. Ишԥаулшо ауаҩы еиӷьны деилукаар? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

8 Ауаҩы ибзианы деилукаар уҭахызар, аизараҿы ма иҩызцәа данрыцу ихы шымҩаԥиго уацклаԥшла. Убасҟан идоуҳара, насгьы иҟазшьа зеиԥшроу еилукаар улшоит. Ухы уазҵаа: «Ҩызцәас имада иара? Дызлацәажәои? (Лука 6:45). Еиқәшәома ҳхықәкқәа?» Иара убас иеизара иатәу аизара ахылаԥшыҩцәа ма ибзианы дыздыруа доуҳала ишәу егьырҭ ақьырсианцәа урацәажәар улшоит (Ажәам. 20:18). Уразҵаа закә ҟазшьақәоу илоу, насгьы ауаа рҿаԥхьа имоу ахьӡ зеиԥшроу (Руфь 2:11). Аха ауаҩы деилукаарц азы уаницклаԥшуа, дзырԥхашьаша аҭагылазаашьа дақәумыршәалан, игәы ԥумҵәалан, насгьы ицәаныррақәа урызхәыцла.

Асахьақәа реизга «Хыхьтәи асахьақәа рҿы ианыз аиашьеи аиаҳәшьеи аизарақәа рҿы еицклаԥшуеит»: 1) аиаҳәшьа зықәрахь инеихьоу хаҵеи-ԥҳәыси аиашьа дышрацәажәо дахәаԥшуеит; 2) аиашьа аусура амшқәа раан имҩаԥысуа аиԥылараҿы аиаҳәшьа адҵа лыманы дшықәгыло дахәаԥшуеит.

Ауаҩы дшугәаԥхо иоуҳәаанӡа уицклаԥш. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 7, 8.)


9. Зыгәра ганы ҳаҟазар ҳахәҭоузеи ауаҩы ҳцәаныррақәа рыӡбахә иаҳҳәаанӡа?

9 Ианбаиаҳәатәу иугәаԥхаз ауаҩы иумоу ацәаныррақәа рыӡбахә? Уи уахыццакцәар, ачҳара узымхошәа иалҵыр ауеит (Ажәам. 29:20). Аха амцхә аамҭа угаргьы, уи агәаӷьра узымхошәа уаанарԥшыр ауеит — еиҳараӡак иугәаԥхо ауаҩы дшугәаԥхо гәеиҭахьазар (Еккл. 11:4). Иухоумыршҭын, уи аетап аҿы шәеибагоу-шәеибамгоу аӡбара шаҭахым. Аха уара агәра ганы уҟазароуп аҭаацәара алалара ушазхиоу, насгьы уи ауаҩы хатә ҩыза бзианы дузыҟалар шилшо.

10. Иҟауҵар улшозеи аӡәы ушигәаԥхо гәоуҭазар, аха уара уи дугәамԥхозар?

10 Аха иҟауҵар улшои аӡәы ушигәаԥхо гәоуҭазар? Уи дугәамԥхозар, иаразнак иеилыркаа. Ауаҩы агәыӷра иҭаны ицәаныррақәа рылахәмарра иашахаӡом (1 Кор. 10:24; Еф. 4:25).

11. Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи ҳҩыза изы ма ҳҭынха изы ахатә ҩыза дҳаԥшаарц иҳаҳәазар?

11 Тәылақәак рҿы иаԥуп аҭаацәа рхәыҷқәа рзы ахатә ҩыза далырхларц. Даҽа ҭыԥқәак рҿы аҭынхацәа ма аҩызцәа еиқәнагоит ҳәа ирыԥхьаӡо арԥыси аӡӷаби еибадырдыруеит, нас урҭ еиҳа еиӷьны еибадыруоу-еибамдыруоу рхаҭа ирыӡбоит. Ҳара ҳҩыза изы ма ҳҭынха изы ахатә ҩыза дҳаԥшаарц иҳаҳәазар, рҩыџьагь рзы ихадоу ҳазхәыцроуп. Ауаҩы ахатә ҩыза данизыҳаԥшаауа, иалҳхуа ауаҩы иҟазшьа зеиԥшроу еилаҳкаароуп, насгьы зегь раасҭа ихадоу, идоуҳара зеиԥшроу ҳазхәыцроуп. Иеговеи иареи ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа еиҳа ихадоуп, имоу-ихӡу, иҵара, насгьы иааникыло аҭыԥ раасҭа. Аха шәааи иаҳхаҳмыршҭлап, еибагоу-еибамгоу зыӡбо аиашьеи аиаҳәшьеи рхаҭақәа шракәу (Гал. 6:5).

АИБАДЫРРА ШӘАНАЛАГО

12. Ишԥаулшо аӡәы еиҳа еиӷьны деилукаарц шуҭаху иоуҳәар?

12 Ишԥаулшо ауаҩы еиҳа еиӷьны уиабадырырц шуҭаху иоуҳәар?d Иаҳҳәап, уара иулшоит ауаҩы хаҭала уиқәшәар — ҳәарада, шәхала шәахьаанымхо аҭыԥ аҿы — мамзаргьы аҭел уизасыр. Угәы иҭоу еилыкка изеиҭаҳәа (1 Кор. 14:9). Ауаҩы иаразнак аҭак уҭара дазхиамзар, аамҭа иҭ (Ажәам. 15:28). Аха уара еиҳа еиӷьны уабадырра иҭахымзар, ауаҩы иӡбара пату ақәҵа.

13. Иҟауҵар улшои аӡәы ушигәаԥхо уеиҳәазар? (Колоссаа 4:6).

13 Иҟауҵар улшои аӡәы ушигәаԥхо уеиҳәазар? Иҟалап иара уи уаҳәара изымариамызҭгьы. Убри аҟынтә қьиаралеи патуқәҵаралеи аҭак иҭ. (Шәаԥхьа Колоссаа 4:6.) Аҭак иуҭарц азы аамҭа уҭахызар, убасҵәҟьа иаҳәа. Аха мыцхәы аамҭа умган (Ажәам. 13:12). Ауаҩы еиҳа еиӷьны уиабадырырц уҭахымзар, иаартны, аха ақьиара аҵаҵаны уи иаҳәа. Абар Австриа инхо Ханс иаҳәшьак еиӷьны диабадырырц шылҭаху аниалҳәа ихы шымҩаԥигаз: «Сара иаартны, аха иртаатаны мап лцәыскит. Уи иаразнак иҟасҵеит, избанзар баша акы дақәсыргәыӷыр сҭахӡамызт. Уи ашьҭахьгьы сыӡбара сыԥсахызшәа лгәы иаанагартә еиԥш схы мҩаԥызгаӡомызт». Уара ауаҩы еиӷьны иабадырра уақәшаҳаҭхар, шәеибадырра аамҭазы шәхы шымҩаԥыжәгало шәалацәажәа. Избанзар, шәааӡара, шәкультура, ма даҽа мзызқәак ирыхҟьаны ҩыџьа анеибадыруа рхы шымҩаԥыргалаша аганахь ала шәгәаанагарақәа еиқәымшәалар алшоит.

ИШԤАҲАЛШО ҲАРА ЗЕГЬЫ АЦХЫРААРА ҞАҲҴАР?

14. Ишԥаҳалшо аҭаацәара иалам ақьырсианцәа ргәы шьҭаҳхлар?

14 Ишԥаҳалшо доусу аҭаацәара иалалар зҭаху аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳрыцхраар? Раԥхьаӡа иргыланы иаҳҳәо ҳацклаԥшлароуп (Еф. 4:29). Ҳхы ҳазҵаар ҳалшоит: «Аҵәы рылсхуама аҭаацәара аԥызҵар зҭаху аишьцәеи аиҳәшьцәеи? Аҭаацәара иалам иашьаки иаҳәшьаки еидгыланы ишеицәажәо анызбо, урҭ гәаԥхеибашьоит ҳәа ахәыцра салагома?» (1 Тим. 5:13). Уи адагьы, иаҳҳәо ма иҟаҳҵо иахҟьаны аҭаацәара иалам аишьцәеи аиҳәшьцәеи ак рыгушәа рбалартә иҟаҳамҵароуп. Хыхь зажәақәа аагаз Ханс иҳәоит: «Шьоукы ус иҵаауеит: „Ԥҳәыс данбаауго? Уззыԥшуи?“ Урҭ рҩызцәа ажәақәа угәы удырхьуеит, насгьы аҭаацәара уаламзар ак угушәа, иара убас аамҭа мгаӡакәа ахатә ҩыза дуԥшаар акәушәа ахәыцра уалагоит». Аҭаацәара иалам аишьцәеи аиҳәшьцәеи лассы-лассы иҳарҽхәалар еиҳа еиӷьуп! (1 Фес. 5:11).

15. а) Ҳзызхәыцыр ҳахәҭоузеи аӡәы аҭаацәара дызцалалар илшо ауаҩы данизыҳаԥшаауа? (Римаа 15:2). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.) б) Ишәнарҵазеи шәызхәаԥшыз авидеонҵамҭа? (Шәахәаԥш албаага.)

15 Аха иашьаки иаҳәшьаки еиқәнагоит ҳәа ҳгәы иаанагозар? Абиблиа иҳанаҳәоит ауаа рцәаныррақәа ишрызхәыцлатәу. (Шәаԥхьа Римаа 15:2.) Аҭаацәара иалам ақьырсианцәа рацәаҩны хатә ҩызаны ирзыҟалар зылшо ирабадырдырлар рҭахӡам. Ҳара урҭ ргәаанагара пату ақәаҳҵалароуп (2 Фес. 3:11). Даҽа шьоукы ирыцхраар цәгьа ирбом. Аха ацхырааразы иаҳмыҳәазар, ҳус злам ҳус алаҳамҵароуп (Ажәам. 3:27)e. Ақьырсианцәа шьоукы зегь ахала иҟаларц рҭахуп. Германиа инхо аҭаацәара иалам Лидиа илҳәоит: «Ҳара иҳалшоит гәыԥҩык ауаа ԥсшьара ҳәа еизаҳгар, насгьы еинааларын ҳәа иҳаԥхьаӡо иашьаки иаҳәшьаки уахь ааԥхьара раҳҭар. Уа дара еибабоит, егьи зегь рхала ирыӡбоит».

Урҭ аиашьеи аиаҳәшьеи аҩызцәа реиԥылараҿы еицәажәоит.

Ирацәаҩны аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыԥсы еицыршьарц ианеизо ԥҳәыс даазымгац аишьцәеи хаҵа имцац аиҳәшьцәеи еицәажәалар, насгьы еиӷьны еибадырлар рылшоит. (Шәахәаԥш абзац 15.)


16. Ирхадмыршҭлар рыхәҭоузеи аҭаацәара иалам ақьырсианцәа?

16 Ҳара зегьы, аҭаацәара ҳалазаргьы-ҳаламзаргьы, насыԥла иҭәу аҵакы змоу аԥсҭазаара ҳалагәырӷьалар ҳалшоит (Аԥсал. 128:1). Убри аҟынтә уара аҭаацәара аԥуҵарц уҭахызар, аха макьана иунаало ауаҩы дузымԥшаацзар, уи хьаас имкыкәа Иегова имаҵ ула. Мака́о инхо аиаҳәшьа Синь И илҳәоит: «Аҭаацәара уалалаанӡа иумоу аамҭа зынӡа имаҷуп, адунеи ҿыц аҿы ухатә ҩызеи уареи шәанеицынхало ишәымазаауа аамҭа аасҭа. Убри аҟынтә иумоу уалагәырӷьала, насгьы ҟәыӷарала ухы иархәала». Аха иаҳҳәап, аҭаацәара узцалалар улшо ауаҩы дуԥшааит, насгьы аибадырра шәалагеит. Анаҩстәи астатиаҿы ҳалацәажәоит шәанеибадырло аамҭазы ауаҩы дунаалоу-дунымаалоу аилкаара иуцхраауа.

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ишәыцхраар алшозеи ишәнаало ахатә ҩыза иԥшаара?

  • Избан ауаҩы еиӷьны уиабадырырц шуҭаху иоуҳәаанӡа маҷк уицклаԥшыр зыбзиоу?

  • Ишԥарылшо аизараҿы зегьы аҭаацәара иалаларц зҭаху аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирыцхраар?

АШӘА 137 Азиашара аазырԥшуа аҳәса

a Аҭаацәара аԥҵара уазхиоу-уазхиаму аилкаара иуцхраауеит асаит jw.org аҿы иҟоу астатиа «Свидания. Часть 1. Готов ли я с кем-то встречаться?», аҟәша «Вопросы молодёжи».

b ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Ари, насгьы анаҩстәи астатиаҿы ҳхы иаҳархәо ажәа аибадырра ҵакыс иамоуп ахаҵеи аԥҳәыси еиқәнагоу, насгьы ихеибарҭәаауа хаҵеи-ԥҳәыси ракәны иҟалоу-иҟамлоу еилыркаарц азы еиҳа еиӷьны ианеибадыруа. Уи апериод иара убас аиҽырбара, аиқәшәара, насгьы аромантикатә еизыҟазаашьақәа ҳәа иашьҭоуп. Уи алагоит ахаҵеи аԥҳәыси рцәаныррақәа рыӡбахә анеибырҳәалак, насгьы ихыркәшахоит аҭаацәара еицалалоу-еицаламлоу анырыӡбалак, ма ианеиԥырҵлак.

c Хьыӡқәак ԥсахуп.

d Культурақәак рҿы иаԥуп ахаҵа аԥҳәыс аиқәшәара лыдигалаларц. Аха аԥҳәысгьы уи ҟалҵар лылшоит (Руфь 3:1—13). Еиҳаны еилышәкаар шәылшоит 2004 шықәса, октиабр 22 азы иҭыҵыз «Пробудитесь!» аҿы иаагоу астатиа «Вопросы молодёжи: Как мне рассказать ему о своих чувствах?» аҟны.

e Шәахәаԥш асаит jw.org аҿы авидеонҵамҭа «Дара рыгәрахаҵара қәҿиарала иазықәԥоит. Аҭаацәара иалам».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра