АҴАРАЗЫ АСТАТИА 22
АШӘА 127 Закәытә уаҩны сыҟазарц сыхәҭоу?
Аибадырра апериод: иаҳдыруазар ҳахәҭоу
«Ҩныҵҟала, гәаҭала шәзеиԥшроу» ауп зыхә ҳараку (1 ПИОТР 3:4).
ЕИЛАҲКААУА
Ирыцхраауазеи аибадырра иаҿу аиашьеи аиаҳәшьеи ииашоу аӡбара адкылара? Ишԥарылшо аизара аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи урҭ ирыцхраар?
1, 2. Ишԥахцәажәо шьоукы рхатә ҩызеи дареи анеибадыруаз аамҭа?
АИБАДЫРРА аамҭа лассы-лассы агәырӷьареи агәыхыҭхыҭреи ацуп. Ирацәаны аҭаацәарақәа уи иақәшаҳаҭхоит. Шәара уажәы аӡәы иабадырра шәаҿызар, ҳәарада, аԥхьаҟа ари аамҭа шәгәырӷьаҵәа ишәгәалашәыршәалар шәҭаххоит. Ефиопиа инхо аиаҳәшьа Ци́онa илҳәоит: «Сыԥшәмеи сареи ҳанеибадыруаз апериод сыԥсҭазаараҿы зегь иреиӷьыз аамҭақәа иреиуоуп! Ҳара ихадоу атемақәа ҳрылацәажәон, аха ҳазхарагьы ҳаччон. Сара бзиа избо, насгьы бзиа сызбо ауаҩы дахьысыԥшааз сеигәырӷьоит».
2 Нидерланд инхо Але́ссио иҳәоит: «Ҳәарада, сыԥшәмеи сареи ҳанеибадыруаз аамҭа шаҟа ибзиаз ажәала иузҳәом. Аха ауадаҩрақәагьы ыҟан». Ари астатиа аҟны ҳара ҳрылацәажәоит аиқәшәара иаҿу арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи зықәшәар алшо ауадаҩрақәеи, урҭ ирыцхраар алшо абиблиатә принципқәеи. Иара убас ҳара еилаҳкаауеит аизара аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи урҭ ирыцхраар шрылшо.
АИБАДЫРРА АПЕРИОД ХЫҚӘКЫС ИАМОУ ШӘХАШӘМЫРШҬЛАН
3. Хықәкыс иамоузеи аибадырра апериод? (Ажәамаанақәа 20:25).
3 Аибадырра апериод аӡбахә анҳаҳауа аромантика акәзар ауеит лассы-лассы ҳхахьы иааиуа. Аха уи апериод ҭакԥхықәрала иазнеитәуп. Избанзар уи аамҭа иалагӡаны еибадыруа арԥыси аҭыԥҳаи ихадоу аӡбара рыдыркылароуп. Дара еибагарц рыӡбар рчара амш аҽны Иегова иҿаԥхьа ирҳәоит рыԥсы ахьынӡаҭоу бзиа ишеибабало, насгьы пату шеиқәырҵало. Ҳара иаҳҳәо наҳагӡоит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 20:25.) Ҳхатә ҩыза иаҳҭаз ажәагьы уахь иаҵанакуеит. Аибадырра апериод аан аиашьеи аиаҳәшьеи еинаалоу-еинымаалоу еилыркаарц азы еиҳа еиӷьны еибадырроуп. Дара еиԥырҵырц рыӡбар, уи иаанагаӡом ак иашамкәа иҟарҵеит ҳәа. Уи иаанарԥшуеит аибадырра апериод ахықәкы шынанагӡаз — аӡбара адкылара ишрыцхрааз.
4. Избан аибадырра апериод хықәкыс иамоу аибадырра иаҿу рыдагьы, егьырҭгьы ирхадмыршҭлар зрыхәҭоу?
4 Уара аибадырра апериод хықәкыс иамоу ухоумыршҭуазар, аҭаацәара зцалалара угәы иҭам ауаҩы иабадырра уалагаӡом. Аха аибадырра апериод хықәкыс иамоу аҭаацәара иалам рыдагьы, егьырҭгьы ирхадмыршҭлароуп. Иаҳҳәап, шьоукы ргәы иаанагоит аиашьеи аиаҳәшьеи аибадырра иалагазар, еибагоит ҳәа. Ирнырыр шԥалшо уи аҩыза агәаанагара аибадырра иаҿу ақьырсианцәа? Еиду Аштатқәа рҿы инхо аҭаацәара иалам Мели́сса илҳәоит: «Аиқәшәара иаҿу ақьырсианцәа шәанбеибаго ҳәа ианыхҭаркуа ыҟоуп. Убри аҟынтә шьоукы ишеиқәнагам еилыркаахьазаргьы, еиԥырҵӡом. Даҽа шьоукы уи анырбо, аӡәы иабадырра азхәыцраҵәҟьагьы иацәшәоит».
ИБЗИАНЫ ШӘЕИБАДЫР
5, 6. Ирдыруазар рыхәҭоузеи дара-дара ирызкны аибадырра иаҿу аиашьеи аиаҳәшьеи? (1 Пиотр 3:4).
5 Уара уажәы аӡәы иабадырра уаҿызар, иуцхраар алшои уи ауаҩы аҭаацәара ицалалара иаԥсоу-иаԥсаму аилкаара? Ауаҩы ибзианы деилукаарц азы иулшо зегь ҟаҵа. Ҳәарада, иудыруагь ыҟоуп. Аха ари аетап аҿы ауаҩы «ҩныҵҟала, гәаҭала [д]зеиԥшроу» аилкаара хадоуп. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 3:4.) Иаҳҳәап, ауаҩы Иегова шаҟа бзиа дибо, иҟазшьеи ихәыцшьеи зеиԥшроу аилкаара хадоуп. Ԥыҭрак ашьҭахь уара абарҭ азҵаарақәа рҭак уоуеит: «Дысзыҟалома иара ма лара хатә ҩыза бзианы? (Ажәам. 31:26, 27, 30; Еф. 5:33; 1 Тим. 5:8). Ихеибарҭәаалома ҳемоциатә ҭахрақәа? Доусу иҳагу ҳамыхәаԥшӡакәа ҳзеицынхома? (Рим. 3:23)»b. Иухоумыршҭлан: шаҟа шәеиԥшу акәӡам ихадоу, шаҟа аилибакаара шәашьҭоу ауп.
6 Еилкаатәуи иҵегьы ауаҩы изкны? Ауаҩы уишьцылаанӡа иҟалап ихадоу темақәак урылацәажәарц уҭаххар. Иаҳҳәап, еиқәшәома шәхықәкқәа? Ишәҳәар шәылшои агәабзиареи, аԥара иадҳәалоу ауадаҩрақәеи, анкьа шәзықәшәахьаз шәемоциатә гәабзиара иаԥырхагахаз хҭыск иазку азҵаареи рганахь ала? Аибадырра шәшалагаҵәҟьаз зегь ҳәатәӡам. (Иаҿшәырԥш Иоанн 16:12.) Уи макьана иаамҭаӡам ҳәа шәыԥхьаӡозар, уи шәҳәа. Аха ишәхашәмыршҭлан: знымзар-зны иаартны шәеицәажәароуп. Избанзар ауаҩы ииашоу аӡбара идикыларц азы дзабадыруа ауаҩы изкны зегь идыруазароуп.
7. Ишԥарылшо еиқәшәо аиашьеи аиаҳәшьеи еиҳа еиӷьны еибадырыр? (Шәахәаԥш иара убас арамка «Шәеицәыхараны шәынхозар».) (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)
7 Иҳацхраауазеи ауаҩы дзеиԥшраҵәҟьоу аилкаара? Иреиӷьу азнеишьақәа руак — иаартны, акгьы мӡаӡакәа аицәажәара ауп. Азҵаарақәа ықәшәыргылала, насгьы ибзианы шәӡырҩла (Ажәам. 20:5; Иак. 1:19). Ишәыцхраауазеи уи аҿы? Шәеицәажәартә алшара шәызҭо аусқәа еицыҟашәҵала. Иаҳҳәап, акреицышәфала, џьара шәеиццала, ажәабжь еицышәҳәала. Шәҩызцәеи шәҭаацәеи рыбжьара шәаныҟоугьы еиӷьны шәеибадыруеит. Еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы шәхы шымҩаԥыжәго, насгьы еиуеиԥшым ауаа шәшырзыҟоу шәеилзыркаауа аусқәа еицыҟашәҵала. Абар Нидерланд инхо А́свин иԥшәма Али́сиеи иареи анеибадыруаз иҟаиҵоз: «Ҳара еиӷьны аибадырра иҳацхраауаз аусқәа алҳхуан. Лассы-лассы урҭ зынӡа имариан. Иаҳҳәап, афатә ма егьырҭ аҩнусқәа еицыҟаҳҵон. Убас доусу иҳалаз аҟазшьа бзиақәеи иҳагызи ҳбон».
Аицәажәара алшара шәызҭо аусқәа еицыҟашәҵала. Уи еиӷьны аибадырра ишәыцхраауеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 7, 8.)
8. Хәарҭас ирзаанагозеи еибадыруа аиашьеи аиаҳәшьеи Абиблиа еицҭырҵаалар?
8 Иара убас еиӷьны шәеибадырыр шәылшоит, Абиблиа еицҭышәҵаалар. Шәара аҭаацәара шәеицалалар, аҭаацәаратә мҵахырхәара аамҭа азалшәхлар акәхоит, Анцәа шәҭаацәалазаараҿы раԥхьатәи аҭыԥ аҿы дҟаларц азы (Еккл. 4:12). Ишәылшома уажәнатә уи азы шәыграфик аҿы аамҭа алшәхыр? Ҳәарада, еибадыруа аиашьеи аиаҳәшьеи макьана ҭаацәароуп ҳәа иԥхьаӡаӡам, насгьы аиашьа аиаҳәшьа лхада иакәӡам. Аха уеизгьы адоуҳатә зҵаарақәа шәрылацәажәалар, доусу Иегова шаҟа бзиа дибо аилкаара ишәыцхраауеит. Еиду Аштатқәа рҿы инхо Макси Ла́изеи уи хәарҭас иаанаго даҽа ганк алыркааит. Макс иҳәоит: «Ҳара аиқәшәара ҳаналага аибадырреи, аҭаацәара алалареи, аҭаацәаратә ԥсҭазаареи ирызку астатиақәа иаразнак еицҭаҳҵаауа ҳалагеит. Уи абзоурала злацәажәара ҳцәыуадаҩхар алшоз азҵаарақәа иаартны ҳрылацәажәон».
ИҴЕГЬЫ ИЗЫЗХӘЫЦТӘУ
9. Изызхәыцыр рыхәҭоузеи аибадырра иаҿу аиашьеи аиаҳәшьеи реизыҟазаашьақәа рыӡбахә зарҳәаша анырыӡбо?
9 Изашәҳәар шәылшода аибадырра шәшаҿу? Уи зыӡбо шәара шәоуп. Иҟалап раԥхьа аӡәык-ҩыџьак ирашәҳәар (Ажәам. 17:27). Убас иаҭахым агәаанагарақәеи азҵаарақәеи шәҽырцәышәыхьчоит. Аха зынӡа аӡәгьы иашәымҳәар, есымша шәхала шәаанхалоит, уи ашәарҭара аҵоуп. Убри аҟынтә шәшеиқәшәо аӡәы идыруазар бзиоуп. Убасҟан иара алабжьара бзиа шәиҭар, ма даҽакала дшәыцхраар илшоит (Ажәам. 15:22). Иаҳҳәап, шәеизыҟазаашьақәа рыӡбахә шәҭынхацәа, доуҳала ишәу шәҩызцәа, ма шәеизара ахылаԥшыҩцәа рҟынтә шьоукы ирашәҳәар шәылшоит.
10. Ирыцхраауеи аиашьеи аиаҳәшьеи ианеибадыруа аамҭазы ацқьара ахьчара? (Ажәамаанақәа 22:3).
10 Иҟашәҵар шәылшои шәеизыҟазаашьақәа цқьазарц азы? Аамҭа еицышәхыжәгацыԥхьаӡа, шәцәаныррақәа еиҳа-еиҳа иӷәӷәахалоит, насгьы еиҳа-еиҳа шәеишьцылалоит. Иҟашәҵар шәылшои ацқьара шәыхьчарц азы? (1 Кор. 6:18). Шәцәажәашьа цқьазарц азы ишәҳәо шәацклаԥшла, шәхала шәаанымхалан, насгьы амцхә арыжәтә шәымжәлан (Еф. 5:3). Уи зегь асексуалтә гәаҳәара ӷәӷәа шәызцәырнагар ауеит, уи иахҟьаны ииашаны ахымҩаԥгара шәцәыцәгьахар алшоит. Лассы-лассы еибышәҳәала Иегова игәы ишәмырхьырц, насгьы пату еиқәышәҵаларц азы иҟашәҵалар шәылшо. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 22:3.) Абар Ефиопиа инхо Дави́ти А́лмази ирыцхрааз. Дара ирҳәоит: «Ҳара ауаа ахьыҟаз аҭыԥқәа рҿы ма ҳҩызцәа ҳрыцны аамҭа еицаҳхаҳгон. Ҳара ахаан амашьынаҿы ма аҩны ҳамацара ҳаанхаӡомызт. Уи ҳахьчон».
11. Изызхәыцыр рыхәҭоузеи аибадырра иаҿу аиашьеи аиаҳәшьеи рцәаныррақәа аадырԥшлар шрылшо анырыӡбо?
11 Иҟалома шәцәаныррақәа аашәырԥшлар? Еиҳа шәанеизааигәахалак, иҟалоит ҳәа шәыӡбар ауеит. Аха шәгәышәҽанызар ауп, мамзар асексуалтә гәаҳәара ииашаны ахәыцреи ҟәыӷарала ахымҩаԥгареи ишәԥырхагахар алшоит (Ашәа 1:2; 2:6). Уи адагьы, шәцәаныррақәа анаашәырԥшло, аконтроль шәцәыӡны Иегова игәамԥхо ак ҟашәҵар алшоит (Ажәам. 6:27). Убри аҟынтә аибадырра шәаналагалак иаразнак абиблиатә принципқәа шәрызхәыцны, аҳәаақәа шьақәшәыргыл (1 Фес. 4:3—7)c. Шәхы шәазҵаа: «Ҳхымҩаԥгашьа збо уи ԥхашьароуп ҳәа рыԥхьаӡома? Уи ҳара ҳҟынтә аӡәы иҽеим агәаҳәарақәа изцәырнагар алшома?»
12. Ҳзызхәыцыр ҳахәҭоузеи аилибамкаарақәа анҳабжьало?
12 Ишԥашәыӡбо аилибамкаарақәа? Зны-зынла шәгәаанагарақәа еиқәымшәозар, иаанагома уи шәеиқәнагаӡам ҳәа? Ус акәымзаргьы алшоит. Аҭаацәарақәа зегь ус анрыхьуа ыҟоуп. Аҭаацәара ӷәӷәа ҩыџьа еизхәыцуа ауаа рыла ишьақәгылоуп. Шәара уажәы ауадаҩрақәа шышәыӡбо аԥхьаҟа урҭ шышәыӡбало шәнарбоит. Шәхы шәазҵаа: «Иаҳзалҵуама иҳазцәырҵуа азҵаарақәа ҭынч патуқәҵарала рылацәажәара? Агха шҳахьыз иаразнак иҳәаны, уи ариашара ҳҽазаҳшәома? Ҳҳәатәы аргара аҭыԥан, аамҭа мгаӡакәа егьи ииҭаху ҟаҳҵома, ирласны аҭамзаара шьҭаҳҵома, насгьы ианаҳажьуама?» (Еф. 4:31, 32). Есминуҭ аказы ажәа еимашәкуазар, шәанеибагалак аҭагылазаашьа аҽаԥсахуеит ҳәа шәымхәыцлан. Ауаҩы дышуқәнагам еилукаауазар, шәеиԥырҵыр шәҩыџьагьы шәзы еиӷьхоитd.
13. Ирыцхраауеи аибадырра иаҿу аиашьеи аиаҳәшьеи шаҟаамҭа еибадырлар рыхәҭоу аилкаара?
13 Шаҟаамҭа шәеибадырлар акәзеи? Агха шәмыхьырц азы шмыццакын (Ажәам. 21:5). Ибзиан шәеибадырырц азы ԥыҭк аамҭа шәҭахуп. Аха иаҭахӡамкәа аамҭа шәымгалан. Абиблиаҿы иануп: «Уззыԥшу акыраамҭа ианымнаӡо, угәы ухьуеит» (Ажәам. 13:12). Уи адагьы, аамҭа цацыԥхьаӡа шәсексуалтә гәаҳәарақәа рынкылара еиҳа ишәцәыцәгьахар алшоит (1 Кор. 7:9). Убри аҟынтә иҵегьы шаҟаамҭа ҳаибадырлар акәзеи ҳәа ахәыцра аҭыԥан, шәхы шәазҵаа: «Еилыскаар сыхәҭоузеи иҵегьы ауаҩы изкны, аӡбара сыдыскыларц азы?»
ИШԤАҲАЛШО АИБАДЫРРА ИАҾУ ҲРЫЦХРААЛАР?
14. Ишԥаҳалшо ҳара зегьы аибадырра иаҿу ҳрыцхраалар? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
14 Иҟаҳҵар ҳалшои, иаҳдыруа шьоукы аибадырра иаҿызар? Иаҳҳәап, ҳара иҳалшоит шьыбжьхьа еицаҳфарц, аҭаацәаратә мҵахырхәараҿы иҳалатәарц, ма ҳаԥсы еицаҳшьарц ааԥхьара раҳҭар (Рим. 12:13). Уи зегьы еиҳа еиӷьны аибадырра ирыцхраауеит. Урҭ ҭынч еицәажәарц, аха рхала иаанымхарц азы иҟалап џьара ирыццатәызар, машьынала џьара игатәызар, мамзаргьы аҩныҟа ааԥхьара рыҭатәзар (Гал. 6:10). Алисиеи Асвини уи аҩыза ацхыраара ахьрырҭоз ахә ҳаракны иршьоит. Алисиа илгәалалыршәоит: «Аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукы рыҩныҟақәа рахь ҳаарыԥхьон, уи абзоурала ҳара ҳаибабон, аха ҳхалагь ҳаанхаӡомызт. Уи ҳгәы ҟанаҵон». Аиашьеи аиаҳәшьеи шәыгәра ганы џьара шәрыццарц ишәыҳәазар, уи пату ақәышәҵала. Урҭ рхала иаанышәмыжьлан, аха шәаарыдымҵӡо шәрывамгьежьлан, дара ирҭаху акы алацәажәара алшара роурц азы (Флп. 2:4).
Ишԥаҳалшо аибадырра иаҿу аиашьеи аиаҳәшьеи ҳрыцхраар? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 14, 15.)
15. Иҟаҳҵар ҳалшои иҵегьы аибадырра иаҿу рзы? (Ажәамаанақәа 12:18).
15 Иара убас аибадырра иаҿу ақьырсианцәа ҳрыцхраар ҳалшоит, иҳәатәуи-иҳәатәыми ҳаназхәыцуа. Уи азы аҽынкылара анаҭаху ыҟоуп. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 12:18.) Иаҳҳәап, шьоукы аибадырра иалагазар, уи егьырҭ ирзеиҭаҳҳәарц ҳҭахызар алшоит. Аха урҭ рхаҭа уи аҳәара рҭахызар ауеит. Иара убас дара ирызкны уҳәан-сҳәан ҳамҳәалароуп, мамзаргьы рыӡбарақәа акритика рзаҳмулароуп (Ажәам. 20:19; Рим. 14:10; 1 Фес. 4:11). Уи адагьы, аԥхьаҟа ргәы иҭоу иазкны азҵаарақәа анраҳҭо, иҳарԥхашьар ауеит. Ели́з зыхьӡу аиаҳәшьа лыԥшәмеи лареи иргәалашәоит: «Ҳчара иазку апланқәа рыӡбахә ианҳазҵаауаз, ҳхы ахьаҳгара ҳаздыруамызт, избанзар ҳхаҭа уи ҳаламцәажәаӡацызт».
16. Ҳхы мҩаԥаҳгалар шԥаҳахәҭоу аиашьеи аиаҳәшьеи еиԥырҵзар?
16 Аиашьеи аиаҳәшьеи еиԥырҵырц рыӡбар алшоит. Усҟан ҳара рус ҳаламцәажәароуп, мамзаргьы аӡә иган аанаҳамкылароуп (1 Пиотр 4:15). Лиа зыхьӡу аиаҳәшьа илҳәоит: «Ҳара ҳзеиԥырҵыз иазкны уҳәан-сҳәанқәа ныҟәырго иалагеит. Сара уи даараӡа сгәы снархьуан». Ари астатиаҿы ишҳәаз еиԥш, аибадырра иаҿыз еиԥырҵзар, уи ииашамкәа ак ҟарҵеит ҳәа аанагаӡом. Лассы-лассы уи иаанаго аибадырра апериод ахықәкы шынанагӡаз ауп — аибадырра иаҿыз аӡбара адкылара ирыцхрааит. Аха уеизгьы аиашьеи аиаҳәшьеи ргәы рыхьлар, насгьы рхы заҵәны ирбалар алшоит. Убри аҟынтә ҳара ргәы шышьҭаҳхша ҳазхәыцроуп (Ажәам. 17:17).
17. Иззыркыр рыхәҭои рымч аибадырра иаҿу ақьырсианцәа?
17 Ишаҳбаз еиԥш, аибадырра апериод агәырӷьарагьы ауадаҩрақәагьы ацуп. Џье́ссика илҳәоит: «Ҳара ибзианы ҳаибадырырц азы аџьабаа ҳбар акәхеит. Уи азы ирацәаны аамҭеи амчи шаҭаххазгьы, аџьабаа абара иаԥсан!» Шәымч ибзианы аибадырра иазышәк. Уи иҟәыӷоу аӡбара адкылара ишәыцхраауеит. Убри азоуп шәара аибадырра шәзалагазгьы.
АШӘА 49 Иегова дыргәырӷьала
a Хьыӡқәак ԥсахуп.
b Азхәыцразы иҵегьы азҵаарақәа шәыԥшаар шәылшоит ашәҟәы «Ответы на твои вопросы», атом 2 аҿы, адаҟьақәа 39—40.
c Аӡәы иԥхашьаратә ҭыԥқәа рыршьышьра аламысдарахь иаҵанакуеит. Уи аҩыза ахымҩаԥгашьа аҵыхәала аусӡбаратә комитет еиҿкаатәуп. Аӡәы игәыԥҳәы аршьышьреи, иламысдароу СМС-аацҳарақәеи, аҭел ала иҟьашьу аицәажәарақәеи рҵыхәалагьы аусӡбаратә комитет анеиҿкаатәу ыҟоуп.
d Еиҳаны аинформациа шәыԥшаар шәылшоит 1999 шықәса, август 15 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагоу «Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа» аҟны.