АШӘА 49
Иегова дыргәырӷьала
(Ажәамаанақәа 27:11)
1. Ҳшаныло умҩа, ҳа Ҳанцәа,
Иуаҳҭоит аҭоуба ҳара.
Еснагь аҟәышра ааҳарԥшлап,
Убас угәы ҳаргәырӷьалап.
2. Абраҟа адгьылаҿ утәы
Ирҽхәоит уа ухьӡ, ибжьы ҭганы.
Уи афатә ҳаиҭоит ианахәҭоу,
Ҳаб, умаҵ ҳуртә ишақәнаго.
3. Доуҳатә мчыла ҳа ҳаиқәыршәа,
Ҳанылан ҳцартә аиаша мҩа.
Еснагь, Ҳанцәа, уҳарҽхәаларц,
Ҳаргьы уаҳхыҽхәауа ҳҟаларц.
(Уахәаԥш иара убас Матф. 24:45—47; Лука 11:13; 22:42.)