Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • lv ахы 10, ад. 110—120
  • Аҭаацәалазаара — бзиа ҳазбо Анцәа иҳамҭоуп

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аҭаацәалазаара — бзиа ҳазбо Анцәа иҳамҭоуп
  • «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз»
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЗАҬАХУЗЕИ АҬААЦӘАРА АЛАЛАРА?
  • ИҞАЛАРЦ ЗЫЛШОДА ИУНААЛО ХАТӘ ҨЫЗАНЫ?
  • УШԤАҼАЗЫҞАУҴАР УЛШО АҬААЦӘАРАТӘ ԤСҬАЗААРА?
  • ИШԤАԤҴАТӘУ АҬААЦӘАРА ӶӘӶӘА?
  • Анасыԥ змоу аҭаацәалазаара аҽазыҟаҵара
    Аҭаацәаратә насыԥ амаӡа
  • Иҟаҵатәузеи аҭаацәалазаара насыԥзарц азы?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Иаҳәозеи Абиблиа аҭаацәара аламзаареи аҭаацәара алазаареи ирызкны?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Аҭаацәа шеилыҵра иҟазар
    Аҭаацәаратә насыԥ амаӡа
«Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз»
lv ахы 10, ад. 110—120
Счастливая пара

АХЫ 10

Аҭаацәалазаара — бзиа ҳазбо Анцәа иҳамҭоуп

«Хԥаны еикәыршоу ашаха лассы иԥҵәом» (ЕККЛЕЗИАСТ 4:12).

1, 2. а) Иарбан зҵаароу ҳхы иаҳҭар ҳалшо ҿыц еибагаз анаҳбо, насгьы избан? б) Иарбан зҵаарақәоу ҳаззааҭгыло ари ахаҿы?

БЗИА иубома уара ачарақәа рахь аныҟәара? Аӡәырҩы бзиа ирбоит, избанзар урҭ рҩызцәа ахҭысқәа агәырӷьара маҷымкәа иузааргоит. Арԥыси аҭацеи ԥшӡаны еилаҳәоуп, урҭ рхы-рҿқәа насыԥла иҭәуп! Уи амш аҽны ачча рҿықәуп, рԥеиԥш гәыӷрала иҭәушәагьы убоит.

2 Аха иазхаҵатәуп иахьа аҭаацәалазаара аинститут арыцҳара ишҭагылоу. Ҳара ҿыц еибагаз абзиара шырзеиӷьаҳшьогьы, зны-зынла ҳхы ҳазҵаалоит: «Инасыԥхома ари аҭаацәара? Изыҟалома иара наӡаӡа?» Арҭ азҵаарақәа рҭак зхьыԥшу ахаҵеи аԥҳәыси аҭаацәара иаҵанакуа Анцәа иабжьагарақәа рыгәра шырго, насгьы рхы ишадырхәо ауп. (Уаԥхьа Ажәамаанақәа 3:5, 6.) Дара урҭ рхы иадырхәалароуп, Анцәа ибзиабараҿ иаанхарц азы. Уааи уажәшьҭа ҳахәаԥшып анаҩстәи ԥшь-зҵаарак рҭак Абиблиа ишҳанаҭо: изаҭахузеи аҭаацәара алалара? Уара аҭаацәара аԥуҵарц уӡбазар, дышԥалхтәу иунаало ахатә ҩыза? Ишԥаҭаху аҽазыҟаҵара аҭаацәаратә ԥсҭазаара? Ишԥарыхьчалар акәу ахаҵеи аԥҳәыси аҭаацәараҿы анасыԥ?

ИЗАҬАХУЗЕИ АҬААЦӘАРА АЛАЛАРА?

3. Избан уазымхәыцӡакәа аҭаацәара алалара изаԥсам?

3 Шьоукы ҭаацәарада унасыԥхом ҳәа ргәы иаанагоит: уара агәырӷьареи агәахәареи уоуам, ухатә ҩыза дуԥшаанӡа. Аха уи зынӡа ус акәӡам! Иисус ԥҳәыс димаӡамызт, аҭаацәарадара ҳамҭоуп ҳәа аниҳәоз, уи иазхиаз убас инхаларц ргәы азҭеиҵон (Матфеи 19:11, 12). Апостол Павелгьы далацәажәон аҭаацәарадара иамоу аԥыжәара (1 Коринфаа 7:32—38). Аха Иисусгьы, Павелгьы ари аус аҿы аԥҟара шьақәдмыргылаӡеит; иуҳәозар, аҭаацәара аламлара аԥҟара «аҩсҭаацәа ирыладырҵәо аҵара» ауп изҵазкуа (1 Тимофеи 4:1—3). Уеизгьы аҭаацәарадара Иегова имаҵ хьамҳәрада изуларц зҭаху рзы, алшарақәа рацәаны ирнаҭоит. Ҟәыӷарахомызт умхәыцӡакәа аҭаацәара уалалар, ус зегьы иахьыҟарҵо азы.

4. Иарбан шьаҭоу ишьҭанаҵо қәҿиара змоу аҭаацәалазаара ахәыҷқәа рааӡаразы?

4 Аха иҟоума аҭаацәара алалара заԥсоу амзыз? Ааи. Аҭацәалазаара — аригьы бзиа ҳазбо Анцәа иҳамҭоуп. (Уаԥхьа Аҟазаара 2:18.) Аҭаацәалазаара иалкаау ԥыжәарақәак унаҭоит, насгьы азылԥхарақәагь ирхыҵхырҭахар алшоит. Иаҳҳәап, иқәҿиароу аҭаацәалазаара — аҭаацәаратә ԥсҭазааразы зегьы иреиӷьу шьаҭоуп. Усҟан ахәыҷқәа иманшәалоу аҭагылазаашьаҿы ирызҳауеит, аҭаацәа урҭ бзиа ирбоит, ирааӡоит, амҩагьы иқәырҵоит (Ԥсалом 127:3; Ефесаа 6:1—4). Аха ахәыҷқәа рааӡара аҭаацәара алаларазы имзыз заҵәым.

5, 6. а) Иамоузеи хәарҭарас еизааигәоу аиҩызара Екклезиаст 4:9—12 инақәыршәаны? б) Избан аҭаацәалазаара хԥаны еикәыршоу ашаха иаҿурԥшыр залшо?

5 Уааи ҳахәаԥшып ари ахы иамоу ажәеинраала хада аконтекст: «Ҩыџьа еицыҟазар еиӷьуп, аӡәы ихала иаҵкыс, избанзар рҩыџьагьы иқьиоу рџьабааԥса роуеит. Аӡәы дкаҳаргьы, егьи иҩыза даашьҭихуеит. Аха иҟаиҵарызеи зхала иҟоу? Дкаҳаргьы дзыргыло дҟалаӡом. Ҩыџьа еицышьҭазаргьы, еибарԥхоит. Зхала иҟоу дзырԥхарызеи? Аӡәы егьи дииааиуа далагаргьы, ҩыџьа уи акгьы илдыршом, хԥаны еикәыршоу ашаха лассы иԥҵәом» (Екклезиаст 4:9—12).

6 Ари ацыԥҵәахаҿы раԥхьаӡа иргыланы аиҩызара ахә шыҳараку атәы ауп иаҳәо. Аха аҭаацәалазаараҿгьы, ҳәарада, еизааигәоу аиҩызарада иауам. Арҭ ажәеинраалақәа ишудырбо еиԥш, ари аҩыза аҭаацәараҿы иуԥшаар улшоит ацхыраара, агәырҭынчра, ахьчара. Аҭаацәалазаара еиҳа иӷәӷәоуп, уи ҩыџьа ауаа рымацара ракәымзар ишьақәзыргыло. Арҭ ажәеинраалақәа инарықәыршәаны иуҳәозар, ҩбаны еикәыршоу ашаха ԥуҵәар ауеит. Аха уи хԥаны еикәыршазар, ма еидҳәалазар, уи аԥҵәара даара ицәгьахоит. Ахаҵеи аԥҳәыси раԥхьа Иегова игәы аҟаҵара иашьҭазар, рҭаацәалазаара хԥаны еикәыршоу ашаха иаҩызахоит. Хаҵеи-ԥҳәыси Иегова изиашаны имаҵ руазар, урҭ еидызкыло ииашаҵәҟьаны иӷәӷәазаауеит.

7, 8. а) Иарбан абжьагароу Павел ианиҵаз аҭаацәара иалам ақьырсианцәа, асексуалтә гәаҳәара ӷәӷәақәа зызцәырҵуа рзы? б) Иарбан иҟаҵәҟьоу хәаԥшышьоу аҭаацәалазаара азы Абиблиа аҿы иаарԥшу?

7 Уи адагьы, аҭаацәалазаараҿы мацара ауп асексуалтә гәазыҳәарақәа ахьынаугӡо ишахәҭоу еиԥш. Убри аҟынтә асексуалтә еизыҟазаашьақәа уԥхьаӡар ауеит аҭаацәараҿы иҵабыргыҵәҟьоу агәахәара иахыҵхырҭаны (Ажәамаанақәа 5:18). Аҭаацәара иалам «рқәыԥшра ашәҭра» аниаслак,— ус Абиблиаҿ иахьӡуп раԥхьаӡатәи иӷәӷәоу асексуалтә цәанырра аамҭа,— дара уи ашьҭахьгьы ирымазар ауеит иӷәӷәоу асексуалтә гәаҳәарақәа. Урҭ ирхыламԥшыр, ицқьам, изыхәҭам ахымҩаԥгашьахь унанагар ауеит. Павел Анцәа идоуҳала иҩит аҭаацәара иалам рзы анаҩстәи алабжьара: «Аха ус еиԥш ала аныҟәара, уи аҩыза аҽынкылара рылымшозар — аҭаацәара иалалааит; ари еиҳа еиӷьуп, уцәаныррақәа уеиларбылуа, уҽузнымкло уҟазар аасҭа» (1 Коринфаа 7:9, 36; Иаков 1:15).

8 Ауаҩы аҭаацәара алалара игәы азҭазҵозаалакгьы, аԥсҭазаара ишыҟаҵәҟьоу дахәаԥшуазароуп. Павел иажәақәа рыла иуҳәозар, аҭаацәара иалало «рыԥсҭазаараҿ ауадаҩра ҿыцқәа цәырҵуеит» (1 Коринфаа 7:28). Иҭаацәароу ауаа аҭаацәара иалам ирымам ауадаҩрақәа ирықәшәоит. Уара аҭаацәара аԥҵара уӡбазар, ишԥаулшо урҭ ауадаҩрақәа урмаҷыр, насгьы аҭаацәараҿы анасыԥ ҟаларц азы уацхраарц? Знеишьақәак иреиуоуп — ахаҵа, ма аԥҳәыс ралхра ҟәыӷарала азнеира.

ИҞАЛАРЦ ЗЫЛШОДА ИУНААЛО ХАТӘ ҨЫЗАНЫ?

9, 10. а) Иарбан ҿырԥшу Павел иааигаз, ухаҵара уцеиҩызымшо аҭаацәара ицалалара шаҟа ишәарҭоу ҳирбарц? б) Иабананаго лассы-лассы Анцәа иабжьагара ухаҵара уцеиҩызымшо аҭаацәара ицалалара уаназымӡырҩуа?

9 Анцәа идоуҳала Павел ианиҵеит ахатә ҩыза даналухуа ухы иаурхәаша ихадоу апринцип: «Агәрахаҵара змам ауаа руӷә шәҽаҵашәымҳәан» (2 Коринфаа 6:14). Ари лабҿабатәи аҿырԥшы ақыҭанхамҩа аҟынтә иаагоуп. Шәагаалеи мчылеи даара акыр еиҟарам аԥстәқәа еицҵаукыр, рыҩбагьы ургәаҟуеит. Убас еиԥш, аҭаацәалазаара ахаҵара змоуи измами еиднакылар, рыбжьара, мҩашьарада, иҟалоит аиқәымшаҳаҭрақәеи аилибамкаареи. Руаӡәк Иегова ибзиабараҿ даанхарц иҭахызар, егьи уи аинтерес имамзар, аԥсҭазаараҿы рхықәкқәа еиқәшәалаӡом, аҵыхәтәаны ауадаҩрақәа узырцәыбналарым. Убри аҟынтә Павел ақьырсианцәа ааиԥхьоит изыццо «Иҳақәиҭу иитәу иакәзааит» ҳәа (1 Коринфаа 7:39).

10 Аха аҭаацәара иалам ақьырсианцәа шьоукы абри аҩыза алкаа ҟарҵеит, изаҵәны инхар аҵкыс, агәрахаҵара змам руӷә рҽаҵарҳәар еиӷьуп ҳәа. Дара ишырдыруа абиблиатә алабжьара хьаас иркуам, нас аҭаацәара ицалалоит Иегова имаҵ зымуа ауаҩы. Ишаԥу еиԥш, уи абзиарахь инанагом. Ус иҟоу ақьырсианцәа рыԥсҭазаара идырҳәалоит дара зыхә ҳаракны ирыԥхьаӡо рыцеиҩызымшо ауаҩы. Аҵыхәтәаны дара ачара аԥхьа аасҭа, еиҳагьы изаҵәны рхы рбо иалагоит. Шаҟа уаргәырӷьозеи зқьҩыла аҭаацәара иалам ақьырсианцәа ари азҵаараҿы Анцәа имҩақәҵара агәра ахьырго, насгьы иахьрыдыркыло. (Уаԥхьа Ԥсалом 32:8.) Дара знымзар-зны аҭаацәара аԥырҵап ҳәа ишгәыӷуагьы, уи иахыццакӡом, ахаҵа, ма аԥҳәыс Анцәа Иегова имаҵуҩцәа рыбжьара дрыԥшаауеит.

11. Иуцхраауазеи уара ҟәыӷарала ахаҵа, ма аԥҳәыс ралхраҿы? (Уахәаԥш арамка «Избарц исҭахузеи сара схатә ҩыза иҿы?».)

11 Ҳәарада, дарбанзаалак Иегова имаҵуҩы иаразнак уара дуқәнагоит ҳәа узҳәом. Уара аҭаацәара аԥҵара уазхәыцуазар, дыԥшаала зҟазшьақәеи, здоуҳатә хықәкқәеи, Анцәа иахь ибзиабареи уара утәы иақәшәо. Ииашоу атәы икласс иҳаднагалоит ари атема ала азхәыцразы афатә рацәаны, уара ииашаны иҟауҵоит анцәаиҳәарала урызхәыцыр арҭ абиблиатә абжьагарақәа, нас уи ихадароу аӡбара анудукыло ухы иаурхәарa. (Уаԥхьа Ԥсалом 119:105.)

12. Ишԥаԥырҵо атәылақәа жәпакы рҿы аҭаацәарақәа, насгьы иарбан библиатә ҿырԥшу анапхгара рызҭо?

12 Атәылақәа жәпакы рҿы иаԥуп аҭаацәа рыхшара рзы ахатә ҩыза далырхларц. Урҭ акультурақәа рҿы иԥхьаӡоуп акрызҵазкуа ари азҵаараҿы иаҭаху аҟәыӷареи аԥышәеи аҭаацәа ирымоуп ҳәа. Аҭаацәа рхәыҷқәа рҭаацәалазаара ианалацәажәо, уи лассы-лассы иӷәӷәахоит, абиблиатә аамҭақәа раан еиԥш. Убри аҟынтә ҳара ҳаамҭазы абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы иҟоу аҭаацәа акыр днарҵар алшоит Авраам иҿырԥшы, уи иԥа Исаак изы аԥҳәыс диԥшаарц имаҵуҩы даниишьҭ. Авраам аԥареи асоциалтә ҭагылазаашьеи дрышьҭамызт. Ус акәымкәа, иара илшоз зегь ҟаиҵеит зынӡа Исаак изы аԥҳәыс Иегова имҵахырхәаҩцәа рыбжьара диԥшаарц (Аҟазаара 24:3, 67)b.

ИЗБАРЦ ИСҬАХУЗЕИ САРА СХАТӘ ҨЫЗА ИҾЫ?

Апринцип: «Ҩ–цәеижьк цәеижькны иҟалоит» (Матфеи 19:5).

Азхәыцразы азҵаарақәа

  • Избан изхадароу аҭаацәара уалалаанӡа «уқәыԥшра ашәҭра» ииасырц? (1 Коринфаа 7:36; 13:11; Матфеи 19:4, 5).

  • Иарбан хәарҭоу исзаанаго ԥыҭраамҭак ԥҳәыс даасымгар, ма хаҵа сымцар, сара сықәраҿ аҭаацәара уалалар шыҟалогьы? (1 Коринфаа 7:32—34, 37, 38).

  • Акыр заҵанакуазеи исхатә ҩызахараны иҟоу ԥыҭраамҭак Иегова дизиашан имаҵ иуазарц, сара аҭаацәара салаларц сыӡбар? (1 Коринфаа 7:39).

  • Ишԥалыцхраауеи аиаҳәшьа абарҭ ажәеинраалақәа дзыццараны иҟоу ауаҩы илазарц зыхәҭоу аҟазшьақәа ралкаараҿы? (Ԥсалом 119:97; 1 Тимофеи 3:1—7).

  • Ишԥаицхраауеи аиашьа Ажәамаанақәа 31:10—31 рҟны иану ажәақәа ҟәыӷарала аԥҳәыс лалхраҿы?

УШԤАҼАЗЫҞАУҴАР УЛШО АҬААЦӘАРАТӘ ԤСҬАЗААРА?

13—15. а) Ишԥаицхраауеи Ажәамаанақәа 24:27 иану апринцип ԥҳәыс даазгарц згәы иҭоу арԥыс? б) Ишԥалылшо аҭыԥҳа хаҵацара аҽазыҟаҵара?

13 Уара ииашаҵәҟьаны аҭаацәара аԥуҵарц уӡбазар, ҟәышрахон ухы уазҵаар: «Сазхиаҵәҟьоума уи сара?» Ари азҵаара аҭак уара абзиабара, асекс, аизыҟазаашьақәа, ахәыҷқәа рааӡара ушрызхәыцуа иахьыԥшӡам. Уи ахаҭыԥан, еибагараны иҟоу ахаҵеи аԥҳәыси ирызхьаԥшлароуп иалкаау ахықәкқәа.

14 Аԥҳәыс дзыԥшаарц зҭаху арԥыс даара зҿлымҳарала дазхәыцроуп абри апринцип: «Уҩны анҭыҵ уусқәа ҟаҵа, инагӡа урҭ умхырҭаҿгьы, анаҩс уҩнаҭа иҟоу рӷәӷәала» (Ажәамаанақәа 24:27). Иаадырԥшуазеи арҭ ажәақәа? Усҟантәи аамҭазы ахаҵа ԥҳәыс дааигарц, аҭаацәара аԥиҵарц иҭахызҭгьы, ихы дазҵаар акәын: «Сазхиоума сара сыԥҳәыс, насгьы иираны иҟоу ахшара рхылаԥшреи рныҟәгареи?» Раԥхьа иара аџьабаа ибар акәын: имхқәеи иҽаҩреи дырхылаԥшыр ахәҭан. Ари апринцип ҳаамҭазгьы аус ауеит. Ԥҳәыс даазгарц зҭаху ахаҵа дазхиазароуп аҭакԥхықәра ихахьы агара. Игәабзиара илнаршозар, иара аус иуазар ауп. Анцәа Иажәаҿы иҳәоуп зҭаацәа рцәеижьтә, ремоциатә, рдоуҳатә ҭахрақәа ирзымхәыцуа, ахаҵара́ змам иаҵкыс деицәоуп ҳәа! (Уаԥхьа 1 Тимофеи иахь 5:8.)

15 Ақьырсиан ҭыԥҳа аҭаацәара далаларц лыӡбозар, уи иаалырԥшуеит аҭакԥхықәра дуқәа лхахьы ргара дышрықәшаҳаҭу. Абиблиаҿы дырҽхәоуп ахаҵа ицхраараҿы аҟазшьақәеи аҟазареи злоу, аҩнаҭа иҟоу ирхылаԥшуа аԥҳәыс (Ажәамаанақәа 31:10—31). Аҭаацәалазаара иадҳәалоу аҭакԥхықәра иазхиамкәа, аҭаацәара алалара иахыццакуа ахацәеи аҳәсеи ахыбзиабара ауп иаадырԥшуа, избанзар дара ирхатә ҩызахараны иҟоу ирҭаша иазхәыцӡом. Аха зегь реиҳа ихадоу, аҭаацәара алалара згәы иҭоу адоуҳа аганахьала ихиазароуп.

16, 17. Иарбан библиатә принципқәоу изызхәыцлар рыхәҭоу аҭаацәара алалара згәы иҭоу ауаа?

16 Аҭаацәалазаара аҽазыҟаҵарахь иаҵанакуеит Анцәа ахаҵеи аԥҳәыси рольс ирзалихыз азхәыцра. Ахаҵа идыруазароуп ақьырсиантә ҭаацәараҿы хадас аҟазаара иаанаго. Аҭаацәараҿы ахаҵа ироль азин инаҭаӡом гәымбылџьбарала ахымҩаԥгара. Ус акәымкәа, ахаҵа Иисус хадара шиуа даҿыԥшлароуп (Ефесаа 5:23). Ақьырсиан ԥҳәысгьы еилылкаауазароуп шаҟа ҳаҭыр амоу аԥҳәыс иналыгӡо ароль. Дацныҟәома лара гәахәарыла «лхаҵа изакәан»? (Римаа 7:2). Лара уажәнатә Иеговеи Христоси рзакәан аҵаҟа дыҟоуп (Галаҭаа 6:2). Аха аҭаацәараҿы лхаҵа имчра зынӡа даҽа закәануп иаанарԥшуа. Илылшома лара лхаҵа ицхраара, ма ииҳәо ацныҟәара, уи инаӡам аӡә иеиԥш, имчра атәы анаҳҳәо? Ари аҩыза аԥеиԥш лара дыхнамхуазар, хаҵа дымцар еиӷьуп.

17 Уи адагьы, ахаҵеи аԥҳәыси ирыхәҭоуп иҷыдоу рҭахрақәа реиҷаҳара иазхиазарц. (Уаԥхьа Филиппаа рахь 2:4.) Павел иҩуан: «Доусы иԥҳәыс, ихы бзиа ишибо еиԥш, бзиа дибалааит; аԥҳәысгьы лхаҵа дицәшәалааит [ӷәӷәала пату иқәылҵалааит, АдҾ]». Анцәа идоуҳала Павел иаҵишьит ахаҵа иҷыдоу аҭахра шимоу — иԥҳәыс ӷәӷәала пату иқәылҵаларц; аԥҳәыс — лхаҵа бзиа дибаларц (Ефесаа 5:21—33).

Аибадырраан ҩыџьа ауаа ҟәыӷарала рхы мҩаԥыргоит, аӡәы рааигәара дыҟазарц ианиҳәо

18. Избан аибадырра аамҭаан аҽынкылара аарԥшра заҭаху?

18 Аибадырра аамҭа — ари баша гәырҿыхара аамҭам. Усҟан ахаҵеи аԥҳәыси еилыркаауеит дара-дара шеизыҟазаалар акәу, насгьы ирыӡбоит реибагара иаԥсоу-иаԥсаму. Аха убри аамҭазы аҽынкылара аарԥшра акраҵанакуеит. Аизааигәахара агәаҳәара ӷәӷәазар ауеит, мап узацәкуам уи ацәанырра шыԥсабаратәу. Аха ииашаҵәҟьаны бзиа еибабо ауаа рыҽрыцәхьарклоит бзиа ирбо ауаҩы адоуҳатә ԥырхага изаазго аусқәа (1 Фессалоникаа 4:6). Убри аҟынтә аибадырраан иаарԥшла аҽынкылара. Ари аҟазшьа уԥсы ҭанаҵы ахәарҭа узаанагалоит, аҭаацәара уалаларгьы, уаламларгьы.

ИШԤАԤҴАТӘУ АҬААЦӘАРА ӶӘӶӘА?

19, 20. Ишԥеиԥшымзар ахәҭоу ақьырсиан аҭаацәалазаара иахәаԥшышьеи ари адунеи ахәаԥшышьеи? Иаага аҿырԥшы.

19 Ахаҵеи аԥҳәыси аҭаацәара ӷәӷәа аԥырҵарц рҭахызар, дара уи ииашаны иахәаԥшуазароуп. Ароманқәеи афильмқәеи рҿы, ишаԥу еиԥш, зегьы чарала инҵәоит — ауаа зегьы ззыԥшу, насыԥ змоу аҵыхәтәала. Аха аԥсҭазаараҿы ачара — ари нҵәамҭаӡам, аха Иегова игәҭакала наӡаӡа иҟазарц зыхәҭоу аиқәшаҳаҭра алагамҭоуп (Аҟазаара 2:24). Рыцҳарас иҟалаз, ҳаамҭазы ари аҩыза агәаанагара змоу рацәам. Культурақәак рҿы аҭаацәара анаԥырҵо, ауаҩы «ашашәа еиқәиҳәалоит» рҳәоит. Ауаа аҵыхәтәанынӡа ирзеилымкаауазар ҟалап шаҟа ииашаны иаадырԥшуа арҭ ажәақәа аҭаацәаразы ирымоу агәаанагара. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Иӷәӷәоу аиқәҳәала ԥытлар акәӡам, иара уҭахнаҵы, уи иамоуп даҽа ҷыдарак — аиқәҳәалара адагьы, имарианы иузԥыртлоит.

20 Ҳаамҭазы аӡәырҩы ауаа аҭаацәалазаара аамҭалатәуп ҳәа ирыԥхьаӡоит. Ус иҟоу ауаа имхәыцӡакәа аҭаацәара иалалоит, рҭахрақәа нарыгӡарц азы, аха уадаҩрак анцәырҵлак, аилыҵра рзымариахоит. Аха иугәаларшәа Абиблиаҿы аҭаацәалазаара ианахцәажәо ашаха иадҳәалоу аҿырԥшы. Аԥрашхәазы ашахақәеи аӷбашахақәеи иӷәӷәаны, иԥымҵәо иҟарҵоит, афырҭын ӷәӷәа шьҭыҵыргьы имхарц, насгьы иԥымтларц. Аҭаацәалазаарагьы иӷәӷәоу еиқәшаҳаҭраны иӡбан. Иугәаларшәа Иисус иажәақәа: «Анцәа иеидикылаз ауаҩы еиҟәимгааит» (Матфеи 19:6). Аҭаацәара уаналало, абри аҩыза агәаанагара умазароуп. Иҟалома ари аиқәшаҳаҭра еидара хьанҭаны? Мап.

21. Ишԥеизыҟазар рыхәҭоу ахаҵеи аԥҳәыси, насгьы ирыцхраауазеи уи аҿы?

21 Ахаҵеи аԥҳәыси ирыхәҭоуп ирыбжьоу ииашоу аизыҟазаашьа рыхьчаларц. Досу егьи ихатә ҩыза иҟазшьа бзиақәеи иҽазышәарақәеи ргәаҭара дазхиазар, аҭаацәалазаара агәырӷьареи алахҿыхреи ирхыҵхырҭахоит. Иалшарыма инаӡам ауаҩы иахь абри аҩыза ибзиоу ахәаԥшышьа амазаара? Иаҳҳәап, Иегова ибоит ҳагхақәа, аха ҳара ҳақәгәыӷуеит иара ҳара ҳҟны абзиара гәеиҭалап ҳәа. Аԥсаломшәаҳәаҩ дҵаауан: «Уара, о Иаг, ҳзакәандарақәа урыцклаԥшуазҭгьы, О Иегова, изылшодаз аанхара?» (Ԥсалом 130:3). Ахацәеи аҳәсеи ибзиоу ахәаԥшышьа рымазароуп, насгьы рхатә ҩызцәа рыгхақәа ранарыжьлароуп. (Уаԥхьа Кәаласаа рахь 3:13.)

22, 23. Ишԥарырҭеи Авраами Сарреи аҿырԥш бзиа иахьатәи ахацәеи аҳәсеи?

22 Ашықәсқәа цацыԥхьаӡа, аҭаацәалазаара ахаҵеи аԥҳәыси рыԥсҭазаара насыԥла иарҭәуеит. Абиблиаҿы еиҭаҳәоуп Авраами Сарреи рықәрахь ианнеихьаз рҭаацәара аӡбахә. Дара рыԥсҭазаараҿы иҟан ауадаҩрақәа, агәаҟрақәа. Уазхәыц 60 шықәса ирҭысхьаз аԥҳәыс Сарра дшыҟаз, ишәҭуаз ақалақь Ур аҟны иманшәалаз лыҩны ааныжьра анлықәшәа, иаанхаз лыԥсҭазаара зегь ақьалақәа рҿы дынхаларц азы. Аха усгьы лара лхаҵа инапхгара дацныҟәеит. Сарра, иара иҵабыргны дхазырҭәаауаз, ицхраауаз аӡә леиԥш, иӡбарақәа пату рықәылҵон, урҭ рынагӡараҿы дицхраауан. Лара лхаҵа дзизыӡырҩуаз аӡәы ибандаз ҳәа акәӡам. Лара «гәанылагьы» лхаҵа «исықәиҭу» ҳәа изылҳәон (Аҟазаара 18:12; 1 Пиотр 3:6). Уи Авраам иахь илымаз апатуқәҵара лгәы аҟынтәи иаауан.

23 Ҳәарада, уи иаанагаӡом Авраами Сарреи еснагь хәаԥшышьак рыман ҳәа. Зны лара Авраам иабжьылгеит «даара игәы иамыхәаз» акы. Аха Иегова имҩақәҵара идкыланы, Авраам хынрааларыла иԥҳәыс илҳәаз дазыӡырҩит, уи аҭаацәа азылԥхара рзаанагеит (Аҟазаара 21:9—13). Иахьатәи ҳаамҭазы ахацәеи аҳәсеи, жәашықәсала аҭаацәара иалоугьы, акыр днарҵар алшоит Анцәа ицәшәоз абарҭ хаҵеи-ԥҳәыси рҿырԥшы.

24. Иарбан ҭаацәалазаароу Анцәа Иегова ҳаҭыр изаазго, насгьы избан?

24 Ақьырсиантә еизараҿы иҟоуп зқьҩыла насыԥ змоу аҭаацәарақәа, аԥҳәыс лхаҵа иахь апатуқәҵара ӷәӷәа ахьаалырԥшуа, ахаҵа иԥҳәыс бзиа дахьибо, ҳаҭыргьы ахьлықәиҵо. Урҭ рҩыџьагьы рыԥсҭазаараҿы Иегова игәаԥхара анагӡара ихадоу аҭыԥ аанакылоит. Уара аҭаацәара уалаларц уӡбазар, ахатә ҩыза иалхра ҟәыӷарала уазнеи, аҭаацәалазаара ибзианы уҽазыҟаҵа, иулшо зегь ҟаҵа уҭаацәараҿы абзиабареи аҭынчреи ыҟазарц, уи Анцәа Иегова аҳаҭыр изаанагаларц азы. Усҟан уара уҭаацәалазаара, мҩашьарада, Анцәа ибзиабараҿ аанхара иуцхраауеит.

a Уахәаԥш Иегова Ишаҳаҭцәа иҭрыжьыз ашәҟәы «Аҭаацәаратә насыԥ амаӡа» 2-ахы.

b Ииашаз апатриархцәа шьоукы аҳәса ԥыҭҩык рымазар ауан. Ажәытәтәи Израил апатриархцәа рхаан Иегова иаҩижьуан аҳәса рацәа амазаара. Уи аҵас иара ишышьақәимыргылазгьы, уи ириашеит. Аха ақьырсианцәа ирдыруеит Иегова уаҳа ишиаҩимыжьуа аҳәса рацәа рымазаара имаҵуцәа рыбжьара (Матфеи 19:9; 1 Тимофеи 3:2).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра