АХЫ 11
«Аҭаацәалазаара зегьы пату рзақәзааит»
«Уқәыԥшра аԥҳәыс лҿы агәырӷьара ԥшаала» (АЖӘАМААНАҚӘА 5:18).
1, 2. Иарбан зҵаароу ҳара еилҳарго, насгьы избан?
УҬААЦӘАРОУМА уара? Ааи акәзар, иузаанагома уара уҭаацәалазаара анасыԥ, мамзаргьы уҭаацәаратә ԥсҭазаараҿы ауадаҩра ӷәӷәақәа умоу? Шәеицәыхарахама ухатә ҩызеи уареи? Иуԥхьаӡома уара уҭаацәара еидарак еиԥш, насгьы иумнахуама уи агәырӷьара? Ус акәзар, уара, ҳәарада, ихьааугоит зны ибзиаз шәеизыҟазаашьақәа ахьыхьшәашәахаз. Уара қьырсианк еиԥш, иҟалап, иуҭахызар уҭаацәалазаара Иегова дҳаранакларц — бзиа иубо Анцәа. Узықәшәаз аҭагылазаашьақәа, иҟалап, агәҭынчымра ӷәӷәеи ахьааи узааргозар. Абри аҩыза уанақәшәахгьы, иҟалозар, угәы иаанамган уи ӡбашьа амам ҳәа.
2 Иахьа ақьырсианцәа рыбжьара иҟоуп узыргәырӷьо аҭаацәара еицалоу ауаа, зны зҭаацәалазаара ӷәӷәоуп ҳәа иԥхьаӡамыз. Аха урҭ ирылшеит рҭаацәалазаара арӷәӷәара. Уаргьы аҭаацәараҿы еиҳа анасыԥ умазарц улшоит. Ишԥа?
УРЗААИГӘАХАЛА АНЦӘЕИ УХАТӘ ҨЫЗЕИ
3, 4. Избан хаҵеи-ԥҳәыси еизааигәахарц зрылшо, Анцәа изааигәахара рҽазыршәозар? Иаага аҿырԥшы.
3 Уара ухатә ҩыза уизааигәахоит, Анцәа изааигәахара уҽазушәалар. Избан? Ҳахәаԥшып аҿырԥшы: ухаҿы иааг аконус асахьа змоу, зышьаҭа ҭбаау, насгьы зкаҵәара ҵару ашьха. Ахаҵа дгылоуп ашьха ашьапаҿы аҩадатәи аганахьала, аԥҳәыс — аладатәи. Рҩыџьагьы ахалара иалагоит. Убри аамҭазы дара-дара еицәыхароуп. Урҭ акаҵәара аҵарра еиҳа-еиҳа иазааигәахацыԥхьаӡа, ирыбжьоу амҩа кьаҿхоит. Еилукаауама уара ари аҿырԥшы ҵакыс иамоу?
4 Инагӡаны Иегова имаҵуразы ижәбо аџьабаа ашьха ахаларазы иаҭаху аџьабаа иаҿурԥшыр ауеит. Шәара Иегова бзиа дыжәбоит аҟынтә, инықәырԥшны иуҳәозар, шәара ашьха ахалара шәаҿуп. Аха шәхатә ҩызеи шәареи шәеицәыхарахазар, иуҳәар ауеит ашьха наҟ-ааҟ ахалара шәаҿуп ҳәа. Иҟалозеи ахалара шәаҟәымҵыр? Ҳәарада, раԥхьа шәара даара шәеицәыхаразаауеит. Аха шаҟа шәгәы ақәкны Анцәа шәизааигәахо аҟара, даҽакала иуҳәозар, шаҟа аҩада шәхало аҟара, еиҳа-еиҳа шәеизааигәахо шәалагоит. Ҵабыргны, ухатә ҩызеи уареи шәеизааигәахарц азы, раԥхьаӡа иргыланы Анцәа уизааигәахароуп. Ишԥаҟаҵатәу уи?
Абиблиатә дыррақәа, урҭ урықәныҟәозар, аҭаацәалазаара дырӷәӷәар рылшоит
5. а) Ушԥаизааигәахо Иегова, насгьы ухатә ҩыза? б) Дышԥазыҟоу Иегова аҭаацәалазаара?
5 Ахаҵеи аԥҳәыси Анцәа Иажәа иану аҭаацәаратә ԥсҭазаара иазку амҩақәҵарақәа ианрықәныҟәо, ашьха ихало иаҩызоуп (Ԥсалом 25:4; Исаиа 48:17, 18). Уахәаԥш иарбан абжьагароу апостол Павел ианиҵаз: «Аҭаацәалазаара зегьы пату рзақәзааит» (Ауриацәа 13:4, АдҾ). Иаанагозеи уи? Ажәақәа «пату рзақәзааит» иаадырԥшуеит пату зқәырҵо, зыхә ҳаракны иршьо. Абасоуп Иегова аҭаацәалазаара дшазыҟоу: уи даара хәы змоу акы акәны дахәаԥшуеит.
УГӘАЗҬАНАҴАЛААИТ ГӘЫКАЛА ИЕГОВА ИАХЬ АБЗИАБАРА
6. Иаанарԥшуазеи Павел иабжьагара аконтекст аҭаацәалазаара иазкны, насгьы избан уи агәалашәара акыр заҵанакуа?
6 Анцәа имаҵуҩцәа реиԥш, ухатә ҩызагьы уаргьы, ҳәарада, аҭаацәалазаара ахә шыҳараку, ишыԥшьаҵәҟьоугьы шәдыруеит, избанзар аҭаацәара аԥызҵаз Иегова иоуп. (Уаԥхьа Матфеи 19:4—6.) Аха шәара уажәы аҭаацәаратә уадаҩрақәа шәрықәшәозар, аҭаацәалазаара пату шақәҵатәу адырра мацара азхаӡом, ухатә ҩызеи уареи бзиабаралеи патуқәҵаралеи шәеизыҟазарц шәгәазҭаҵаразы. Иузырҟаҵозеи уи уара? Уахәаԥш Павел аҭаацәалазаара патуқәҵарала азнеиразы ииҳәаз. Иара имҳәаӡеит «аҭаацәалазаара пату ақәуп» ҳәа, аха иҳәеит «аҭаацәалазаара пату рзақәзааит» ҳәа. Павел иибоз ус баша далацәажәомызт, аха ус ҟарҵаларц иааиԥхьонa. Абри угәалашәозар, иҟалап, уара ухатә ҩыза иахь апатуқәҵара ҿыц аарԥшра уҭаххар. Избан уи акыр заҵанакуа?
7. а) Иарбан библиатә ԥҟарақәоу ҳара инаҳагӡо, насгьы избан? б) Иарбан лҵшәа бзиақәоу иаанаго азыӡырҩра?
7 Уазхәыц уааҭгыланы егьырҭ абиблиатә дҵақәа ушырзыҟоу, иаҳҳәап адҵа аҵаҩцәа разыҟаҵара, мамзаргьы Анцәа имҵахырхәара азы ҭыԥкаҿ аизара (Матфеи 28:19; Ауриацәа 10:24, 25). Иақәшаҳаҭхатәуп зны-зынла арҭ адҵақәа рынагӡара шымариам. Ажәабжьҳәараҿ узацәажәо, иҟалап уи ӷашақә иазыҟазар, ма аусура даара уарааԥсозар, аизарахь ацара улымшо аҟынӡа. Уи уамыхәаԥшӡакәа уара Аҳра иазку ажәабжь уҳәоит, насгьы ақьырсиантә еизара аанужьӡом. Аӡәымзар аӡәы илшаӡом уара уаанкылара, Аҩсҭааҵәҟьагьы! Избан? Избанзар Иегова иԥҟарақәа рынагӡара угәазҭазҵо, уи гәыкала бзиа ибара ауп (1 Иоанн 5:3). Иарбан лҵшәа бзиақәоу уи иаанаго? Ажәабжьҳәара уҽалаурхәлар, аизарахь уныҟәалар, уара агәҭынчра уоуеит, Анцәа игәаԥхара шынаугӡо ахьудыруа агәырӷьара узаанагоит. Абри зегьы уара амч унаҭоит (Неемиа 8:10). Иарбан уроку уи ианыԥшуа?
8, 9. а) Ҳгәазҭазҵозеи ҳара аҭаацәара пату ақәҵара ааԥхьара анагӡара, насгьы избан? б) Иарбан ҩ-зҵаарак уажәы еилҳарго?
8 Иегова иахь иумоу иҵаулоу абзиабара угәазҭанаҵоит ажәабжьҳәареи аизарахь аныҟәареи аԥҟарақәа рынагӡара, ауадаҩрақәа шыҟоугьы, иара убасҵәҟьагьы уи абзиабара угәазҭанаҵоит аҭаацәалазаара пату ақәҵара иазку абиблиатә мҩақәҵара ақәныҟәара, анагӡара аныцәгьоугьы (Ԥсалом 18:29; Екклезиаст 5:4; Ауриацәа 13:4). Уи адагьы, ажәабжьҳәараҿы уҽазышәарақәеи аизарақәа рыбжьамыжьреи Анцәа изылԥхара дуқәа шаарго еиԥш, аҭаацәалазаара пату ақәҵаразы иааурԥшуа аҽазышәарақәа Иегова изгәамҭакәа инхом, иара аҳамҭагьы уиҭоит (1 Фессалоникаа 1:3; Ауриацәа 6:10).
9 Ишԥалшо нас аҭаацәалазаара пату ақәҵара? Актәи, аҭаацәалазаара аԥырхага азаазго ахымҩаԥгашьа аҽацәыхьчара аҭахуп. Ҩбагьы, аҭаацәара зырӷәӷәаша ашьаҿақәа ҟаҵатәуп.
УҼЫРЦӘЫХЬЧАЛА ИИАШАМ АЦӘАЖӘАШЬЕИ АХЫМҨАԤГАШЬЕИ
10, 11. а) Иарбан хымҩаԥгашьоу аҭаацәалазаара аҳаҭыр лазырҟәуа? б) Иарбан зҵаароу ҳхатә ҩыза иаҳҭар акәу?
10 Хаҵа ицахьоу қьырсианк ус лҳәеит: «Сара Иегова сиҳәоит амч сиҭарц зегь схызгарц азы». Илхылго арбан? Лара еиҭалҳәоит: «Схаҵа иажәақәа ахәра снырҵоит. Сара ашәытақәа сынӡам, аха инымҵәаӡо, узыргәаауа иажәақәа „Беидараны бсыдхалеит!“, ма „Акгьы злымҵыз бара!“ реиԥш иҟоу, сгәаҿы ахәра ӷәӷәақәа аанрыжьуеит». Ари ақьырсианԥҳәыс ишьҭылхит акрызҵазкуа азҵаара — аҭаацәараҿы аҳаҭыр лазырҟәуа ацәажәашьа.
11 Шаҟа улахь еиқәнаҵозеи ақьырсиантә ҭаацәараҿы хаҵеи-ԥҳәыси ажәа бааԥсқәа анеибырҳәо, акраамҭа имӷьаӡо аемоциатә хәрақәа рынҵо! Еилкаауп, ахәра унызҵо ажәақәа ахьеибырҳәо аҭаацәараҿы, урҭ рҭаацәалазаара пату шақәым. Иуҳәар иулшои уара уҭаацәалазааразы? Уи злеилукааша знеишьак — хынрааларыла ухатә ҩыза уиазҵаа: «Ишԥауныруеи сара сажәақәа?» Иҭак аҟынтәи иубарҭазар уи аемоциатә хәрақәа уааҟәымҵӡакәа ишинуҵо, уеиӷьхарц азы аҽыԥсахра уазхиаз (Галаҭаа 5:15; уаԥхьа Ефесаа рахь 4:31).
12. Избан Анцәа аӡәы имҵахырхәара акгьы иаԥсам ҳәа иԥхьаӡар зилшо?
12 Иахәҭоуп иугәалашәозар аҭаацәараҿ ушцәажәо Иеговеи уареи шәеизыҟазаашьа ишаныруа. Абиблиаҿы иануп: «Агәрахаҵара зманы ҳәа зхы зыԥхьаӡауа, арахь зыбыз иазымиааиуа, згәаҳәара иацныҟәо ауаҩы ихы ижьоит, уи ицқьа-ԥшьара акымзарак аанагом» (Иаков 1:26). Уара уцәажәашьа Анцәа имҵахырхәара даараӡа иадҳәалоуп. Абиблиа азыразӡам ари аҩыза агәаанагара: уара Анцәа имаҵ ахьынӡаууа, аҩны иҟоу уиаҟара акгьы аанагаӡом. Аха, иҟалозар, ухы умжьан. Ари ихадоу зҵаароуп. (Уаԥхьа 1 Пиотр 3:7.) Иҟалап, уара абаҩхатәра улазар, уҳаҵҳаҵо Анцәа имаҵ ууазар, аха уара идырны ухатә ҩыза жәала духәуазар, уҭаацәалазаара пату узақәым, Анцәа уара умҵахырхәара акгьы иаԥсам ҳәа иԥхьаӡар ауеит.
13. Ишԥалшо хаҵеи-ԥҳәыси дара рхарала аемоциатә хьаа рыбжьалар?
13 Хаҵеи-ԥҳәыси ргәырҽанызароуп дара-дара аемоциатә хьаа рыбжьарымҵарц уиаҟара иузгәамҭо азнеишьақәа рыла. Ҳрыхәаԥшып ҩ-ҿырԥшык: зхала зхәыҷы дзааӡо ақьырсианԥҳәыс лассы-лассы леизара аҟынтә ԥҳәыс дызмоу ақьырсиан ҭелла дизасуеит абжьагара лиҭарц азы, дара акраамҭа еицәажәоит; ԥҳәыс даазымгац аиашьа есымчыбжьа акраамҭа ажәабжьҳәара длыццоит хаҵа ирымоу ақьырсианԥҳәыс. Иҟалап, аԥҳәыс дызмоу аиашьагьы, хаҵа ирымоу аиаҳәшьагьы рыгәҭакқәа бзиазар, аха ишԥарныруеи урҭ рхымҩаԥгашьа рхатә ҩызцәа? Абри аҩыза аҭагылазаашьа иақәшәаз ԥҳәыск илҳәеит: «Схаҵа аамҭеи азҿлымҳареи лзалихуеит аизара аҟынтә даҽа иаҳәшьак. Сара акгьы саԥсамызшәа схы збоит. Уи сара даара сгәы снархьуеит».
14. а) Иаҳәозеи Аҟазаара 2:24 аҭаацәалазаара иазкны? б) Иарбан зҵаароу ҳхы иаҳҭар зыхәҭоу?
14 Еилкаауп, ари аԥҳәыс, насгьы лара леиԥш аҭагылазаашьа змоу гәаар шрылшо, избанзар рхатә ҩызцәа аҭаацәара иалоу рзы Анцәа иԥҟара хьаас иркуам: «Ауаҩԥсы иаби иани ааныжьны, иԥҳәыс иҽлыдикылоит» (Аҟазаара 2:24). Ҳәарас иаҭахузеи, аҭаацәара иалало рҭаацәа пату шрықәырҵац еиԥш ирықәырҵоит, аха Анцәа игәҭакала зегь реиҳа ирзааигәоу ауаҩы дара рзы — рхатә ҩыза иоуп. Абри аҩыза апринцип ҳхаҵара ҳацеиҩызшо рахь ҳхы иаҳархәалароуп: урҭ ҳара даараӡа бзиа иаҳбоит, аха раԥхьа иргыланы бзиа даҳбалароуп ҳхаҵа, ма ҳаԥҳәыс. Убри аҟынтә аҭаацәара иалоу ақьырсианцәа амцхә рхы иақәиҭны рхаҵара рыцеиҩызшо ианрацәажәо, еиҳарак ахаҵа аԥҳәыс данлацәажәо, мамзаргьы аԥҳәыс ахаҵа даниацәажәо, усҟан рҭаацәара ашәарҭара иҭадыргылоит. Убри иахҟьазар уара уҭаацәараҿгьы аилибамкаара ахьыҟоу? Ухы уазҵаа: «Иалысхыҵәҟьома схатә ҩыза изы аамҭеи азҿлымҳареи, насгьы иаасырԥшуама абзиабара уи иқәнагоу?»
15. Избан Матфеи 5:28 инақәыршәаны аҭаацәара иалоу ақьырсианцәа изаадмырԥшлар акәу иақәнагам азҿлымҳара, аҭаацәара изыцалам рахь?
15 Убри инеиҳангьы аҭаацәара иалоу ақьырсианцәа ахацәа аҳәса рахь, мамзаргьы аҳәса ахацәа рахь иақәнагам азҿлымҳара анаадырԥшуа, ирызгәамҭаӡакәа ишәарҭоу амҩа ианылоит. Улахь еиқәнаҵоит арҭ рҩызцәа қьырсианцәақәак иааигәаны изыҿцәажәоз рахь аромантикатә цәаныррақәа ахьдырҿиаз (Матфеи 5:28). Аҵыхәтәаны аемоциатә шьцылара аҭаацәалазаара апату лазырҟәуа ахымҩаԥгашьахь инанагеит. Ҳахәаԥшып уи аганахьала ииҳәоз апостол Павел.
«РИАРҬА ЦҚЬАЗААИТ»
16. Иарбан дҵоу Павел ириҭо аҭаацәалазаара аганахьала?
16 «Аҭаацәалазаара зегьы пату рзақәзааит». Павел ари амҩақәҵара анриҭа ашьҭахь, иаразнак даҽа гәҽанҵарак рзациҵеит: «Риарҭа цқьазааит, избанзар зкалҭ бааԥсуи ацәыбзацәеи Анцәа дрықәыӡбоит» (Ауриацәа 13:4, АдҾ). Павел ииҳәаз ажәа «аиарҭа» иаҵанакуан ацәеижьтә еизыҟазаашьақәа. Абас еиԥш иҟоу аизыҟазаашьақәа «ицқьаны» иаанхоит, дара гәаԥхашәала ицқьоуп, аҭаацәара еицалоу ахаҵеи аԥҳәыси рыбжьара мацара акәзар. Убри аҟынтә ақьырсианцәа ирыдыркылоит Анцәа идоуҳа злоу ажәақәа: «Уқәыԥшра аԥҳәыс лҿы агәырӷьара ԥшаала» (Ажәамаанақәа 5:18).
17. а) Избан ари адунеи ацәыбзара ахәаԥшышьа ақьырсианцәа зақәшаҳаҭым? б) Ишԥаҳалшо Иов иҿырԥшы ақәныҟәара?
17 Зхаҵа, ма зыԥҳәыс дыԥсахны даҽаӡәы цәеижьла данизааигәахо, Анцәа игәаԥхашәатә закәанқәа рахь апатуқәымҵара ӷәӷәа ааирԥшуеит. Иахьа аӡәырҩы ауаа ацәыбзара ицәгьоу ҳәа акгьы адырбалом. Аха ауаа ирымоу ари агәаанагара ақьырсианцәа рыхәаԥшышьа анырра анамҭароуп. Ақьырсианцәа еилыркаауеит аҵыхәтәаны «зкалҭ бааԥсуи ацәыбзацәеи Анцәа дышрықәыӡбо», аха ауаа ракәымкәа (Ауриацәа 10:31; 12:29). Убри аҟынтә ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа ари азҵаара аганахьала Иегова ихәаԥшышьа ӷәӷәала иадгылоит. (Уаԥхьа Римаа рахь 12:9.) Иугәаларшәа апатриарх Иов иажәақәа: «Сара сыблақәеи сареи ҳҿы аиқәшаҳаҭра бжьасҵеит» (Иов 31:1). Ааи, ацәыбзарахьы уназго амҩа ианымларц азы, ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа рылаԥш ахьхоу иацклаԥшуеит, насгьы дара аҭаацәара ирыцалам ацәеижьтә гәазыҳәара ргәы иҭакны ахаан ирыхәаԥшӡом. (Уахәаԥш Ацҵа аҿы иаагоу астатиа «Аилыҵреи хаз-хазы анхареи рзы Абиблиа ахәаԥшышьа».)
18. а) Шаҟа ихьанҭоузеи Иегова иҿаԥхьа агәнаҳа ҳәа иԥхьаӡоу ацәыбзара? б) Ирзеиԥшузеи ацәыбзареи аныха амҵахырхәареи?
18 Шаҟа ихьанҭоузеи Иегова иҿаԥхьа агәнаҳа ҳәа иԥхьаӡоу ацәыбзара? Моисеи изакәан убри инадҳәаланы Иегова цәаныррақәас изцәырнаго ҳаилнаркаауеит. Израил ацәыбзареи аныха амҵахырхәареи ԥсрала иахьдырхәуаз ацәгьоурақәа ирхыԥхьаӡалан (Алевит 20:2, 10). Иубома уара урҭ злеиԥшу? Аныха иамҵахырхәоз израилаа иреиуаз ауаҩы Иеговеи иареи ирыбжьаз аиқәшаҳаҭра еилеигон. Убас еиԥш ацәыбзара ҟазҵоз израилаа иреиуаз ауаҩы иԥҳәыси иареи ирыбжьаз аиқәшаҳаҭра еилеигон. Арҭ аҩыџьагьы аиқәшаҳаҭра еиларгон (Ақәҵымҭа 19:5, 6; Ҩынтәзакәан 5:9; уаԥхьа Малахиа 2:14). Убри аҟынтә рҩыџьагьы Иегова дрықәыӡбар рықәнаган — ахаангьы ииашоу, зыгәрагоу Анцәа (Ԥсалом 33:4).
19. Ицхраауазеи ақьырсиан ацәыбзара ҟаимҵарц дыӷәӷәаны иаанхараҿы, насгьы избан?
19 Ҳәарада, ақьырсианцәа Моисеи изакәан аҵаҟа иҟаӡам. Аха ажәытә Израил ацәыбзара шыгәнаҳа хьанҭаз ргәаларшәо, ақьырсианцәа, иҟалап, уи аҩыза агәнаҳа аҟамҵаразы рыҽдырӷәӷәар. Избан? Иааҳгап абри аҩыза аиҿырԥшра: уҩналарызма уара ауахәама, насгьы ушьамхы арсны асахьа аҿаԥхьа а́ҳәара уалагарызма? «Ахаан иҟасҵом!» — уҳәоит уара. Уақәшаҳаҭхарызма ус аҟаҵара, аԥара рацәаны иудыргалазҭгьы? «Сагьазхәыцуам!» — аҭак ҟауҵоит уара. Ииашаҵәҟьаны, аныха уамҵахырхәаны Иегова иԥсахра азхәыцраҵәҟьа ииашоу ақьырсиан ицәымӷуп. Убри еиԥш ақьырсианцәа ирцәымӷзароуп р-Нцәа Иегова, насгьы рхатә ҩыза иԥсахра азхәыцраҵәҟьагьы. Ацәыбзара ахыриашашьа амам (Ԥсалом 51:1, 4; Кәаласаа 3:5). Ҳара ахаан иҟаҳҵаӡом Аҩсҭаа дзыргәырӷьо, Иеговеи насгьы иԥшьоу иеиҿкаара аҭаацәалазаареи ахьымӡӷ дзырго аус.
АҬААЦӘАРА ШЫРӶӘӶӘАЛАТӘУ
20. Иарбан ҭагылазаашьоу ирымоу ҭаацәалазаарақәак? Иаага аҿырԥшы.
20 Ишԥаулшо уара ухатә ҩыза ҿыц пату иқәҵара уалагар, аҭаацәалазаара аҳаҭыр лазырҟәуа ахымҩаԥгашьа аҽацәыхьчара адагьы? Ухаҿы иааг аҭаацәалазаара — ари ҩнушәа. Ажәа хаақәа, уазхәыцны иҟоуҵо аусқәа, аҭаацәараҿы ахаҵеи аԥҳәыси апатуқәҵара злаадырԥшуа егьырҭ азнеишьақәа — арҭ аҩны зладырԥшӡо, излеиҿыркаауа маҭәарқәоуп. Шәара-шәара шәеизааигәазар, шәҭаацәалазаара арԥшӡагақәа змоу аҩны угәаланаршәоит, урҭ аҩны дырманшәалоит. Шәцәаныррақәа хьшәашәозар, арҭ арԥшӡагақәагьы аамҭа цацыԥхьаӡа иӡуеит, аҭаацәалазаарагьы ԥшшәы ахаӡамкәа иҟалоит ирԥшӡам аҩны еиԥш. Уара уҭаацәалазаара пату ақәҵаразы Анцәа иԥҟара наугӡаларц уҭахуп аҟнытә, иуҭаххоит ари аҭагылазаашьа ариашара. Аҵыхәтәаны уара умч уеигӡаӡом зыхә ҳаракны иушьо иагу аҟаҵареи аиҭашьақәыргылареи. Ишԥаҟаҵатәу уи? Анцәа Иажәаҿы иҳәоуп: «Аҩны ҟәыӷарала еиҿкаахоит, гәеилых бзиала ишьақәыргылахоит, адырра иабзоураны ауадақәа ҭәуеит зыхә ҳараку, угәы иахәо амаҭәарқәа рыла» (Ажәамаанақәа 24:3, 4). Ҳахәаԥшып арҭ ажәақәа аҭаацәалазаараҿы ахархәара шырзутәу.
21. Ишԥалшо хәыҷы-хәыҷла аҭаацәалазаара арӷәӷәара? (Уахәаԥш иара убас арамка «Ишԥасылшо сара сҭаацәалазаара еиҳа инасыԥны иҟаларц?».)
21 Насыԥ змоу аҭаацәара рыҩны ҭәуп «зыхә ҳараку... амаҭәарқәа» рыла — ииашаҵәҟьоу абзиабара, Анцәа игәаԥхо ацәшәара, ахаҵара́ ӷәӷәа (Ажәамаанақәа 15:16, 17; 1 Пиотр 1:7). Арҭ аҟазшьақәа аҭаацәараҿы аизыҟазаашьақәа дырӷәӷәоит. Игәоуҭама уара хыхь зыӡбахә ҳәаз ажәамаана аҟынтәи, ауадақәа зыхә ҳараку маҭәарла иахьҭәыз зыбзоуроу? «Адырра иабзоуроуп». Ииашаҵәҟьаны, абиблиатә дыррақәа, урҭ урықәныҟәозар, ирылшоит ауаа рхәыцшьа аԥсахра, дара-дара рыбжьара абзиабара аиҭарҿиара (Римаа 12:2; Филиппаа 1:9). Убри аҟынтә, ухатә ҩызеи уареи ҭынч шәтәаны библиатә цыԥҵәахак, амш иазалху ажәеинраала, ма «Ахьчаратә Бааши» «Шәҿыхеи!» рҟынтә аҭаацәалазаара иазку статиак анеилшәырго, уи иаҿурԥшыр ауеит шәыҩны еиҳа изырԥшӡаша рԥшӡагак ахәаԥшра. Иегова иахь абзиабара шәгәы аназҭанаҵо уажәы шәызхәаԥшыз аҭаацәалазаара иазку абжьагара ақәныҟәара, инықәырԥшны иуҳәозар, шәара арԥшӡагақәа «шәуада» иҩнашәгалоит. Аҵыхәтәаны шәҭаацәалазаара уаанӡа еиԥш аԥшшәы ахалоит, аԥхарреи аманшәалареи азыхынҳәуеит.
22. Иарбан гәахәароу уара иуоуа уҭаацәалазаара арӷәӷәаразы ухәҭаа алоуҵарц уҽазушәозар?
22 Арԥшӡагақәа хәыҷы-хәыҷла рҭыԥахь рырхынҳәразы, иаҭаххоит аамҭеи аҽазышәарақәеи маҷымкәа. Аха уара ухәҭаа алоуҵарц уҽазушәозар, уара агәахәара дуӡӡа уоуеит абиблиатә дҵа шынаугӡо анудыруа: «Аӡәи-аӡәи ҳаҭыр ахьеиқәышәҵаша шәаҳасабыз» (Римаа 12:10; Ԥсалом 147:11). Зегь реиҳа ихадоу: уҭаацәалазаара пату ақәҵара гәыкала уҽазышәарақәа ирыбзоураны, уара Анцәа ибзиабараҿ уҟазаауеит.
a Аконтекст ишаанарԥшуа ала, Павел аҭаацәалазаара иазку абжьагара риҭоит егьырҭ амҩақәҵарақәа инарываргыланы (Ауриацәа 13:1—5).