АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | ААТРА 4—6
Аҽқәа ирықәтәан иаауа ԥшь-ҽыуаҩык
Иисус иаӷацәа рҿаԥхьа «даацәырҵит иаиааиз аӡә иаҳасабала»: ажәҩан аҿы иара Аҩсҭааи идемонцәеи драбашьит, насгьы урҭ адгьыл ахь илбааишьҭит. Иисус аиааира агара даҿуп: иара имаҵзуҩцәа ихьчоит, насгьы урҭ аҵыхәтәантәи аамҭақәа раан дрыцхраауеит. Иара убас, даацәырҵит «аиааирагара дазыхианы»: Иисус аҵыхәтәантәи аиааира игоит Армагеддон аан егьырҭ хҩык аҽыуаҩцәа анааникыло, насгьы урҭ иҟарҵаз аԥхасҭа зегьы анықәиго.