АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Идеилуркаар улшома ауаа Анцәа зегь шишаз агәра зуго?
Ишԥаҟауҵарыз аҭак, Анцәа зегь шишаз агәра зугозеи ҳәа аӡә дуазҵаар? Уара иҟауҵо аҭак агәра угартә иҟазаауеит: актәи, уара ухаҭа агәра ганы уҟазар аԥсҭазаара Анцәа ишишаз (Рим. 12:1, 2), аҩбатәи, уара ибзианы уазхәыцзар угәаанагара егьырҭ идеилуркаар шулшо (Ажәам. 15:28).
УРЫХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬАҚӘА «АХИРУРГ-АОРТОПЕД ЛЫГӘРАХАҴАРА АТӘЫ ЕИҬАЛҲӘОИТ», НАСГЬЫ «АЗООЛОГ ИГӘРАХАҴАРА АТӘЫ ЕИҬЕИҲӘОИТ», ИАРА УБАС ЕИЛКАА ШЬОУКЫ АГӘРА ЗЫРГО АНЦӘА ЗЕГЬ ШИШАЗ. АНАҨС АБАРҬ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
- Избан Ирен Хоф Лорансо агәра зылго Анцәа зегь шишаз, аеволиуциа акәымкәа? 
- Избан Иарослав Довганич агәра зиго Анцәа зегь шишаз, аеволиуциа акәымкәа? 
- Ишԥаулшо егьырҭ идеилуркаар Анцәа зегь шишаз уара агәра зуго? 
- Ухы иаурхәар улшозеи Иегова иорганизациа иҳаднагало аҟынтә, Анцәа зегь шишаз ухаҭа агәра угарц, егьырҭгьы идеилуркаарц азы?