Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 сентиабр ад. 22—26
  • Аҿар, шәыгәрахаҵара шәырӷәӷәала!

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аҿар, шәыгәрахаҵара шәырӷәӷәала!
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • УГӘРАХАҴАРА УРӶӘӶӘАР ШАЛШО
  • АБИБЛИАХЬ ИУМОУ АГӘРАГАРА РӶӘӶӘАЛА
  • ЕГЬЫРҬ ИШЫРЗЕИҬАҲӘАЛАТӘУ
  • ЗЫГӘРА УГО ШИАШОУ АИЛКААРА УҼАЗЫШӘАЛА
  • Ҳазшаз иахь шәыгәрахаҵара шәырӷәӷәала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Иахәҭоума аеволиуциа агәра агара?
    Аҿар ирызцәырҵуа 10 зҵаарак рҭак
  • Ҳрыцхраауеит ашәҟәы «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?» ала аҵара иазхиам
    Иԥшьоу ҳмаҵзура 2013
  • Ишԥалагеи аԥсҭазаара?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 сентиабр ад. 22—26

Аҿар, шәыгәрахаҵара шәырӷәӷәала!

«Агәрахаҵара — ари... иумбо, аха уи шыҟаҵәҟьоу шьақәзырӷәӷәо ауп» (АУРИАЦӘА РАХЬ 11:1, АДҾ).

АШӘАҚӘА: 41, 69

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ишәыцхраар алшозеи шәыгәрахаҵара арӷәӷәара?

  • Избан Абиблиа ахы инаркны аҵыхәанӡа аԥхьара ахықәкы ақәыргылара зыбзиоу?

  • Иарбан знеишьоу ишәыцхраауа зегь шшаз атәы, насгьы Анцәа иӡбахә ауаа рзеиҭаҳәара?

1, 2. Иарбан уадаҩроу иқәыԥшу ақьырсианцәа зықәшәо, насгьы ирыцхраауазеи уи аиааира?

«БАРА мыцхәы бҟәышуп, Анцәа игәра бгартә еиԥш» — абас леиҳәеит Великобританиа инхо иқәыԥшу аиаҳәшьа класск аҿы аҵара лыцызҵо ҷкәынак. Абар Германиа инхо аиашьа ииҳәаз: «Сырҵаҩцәа ргәаанагарала ашара иазкны Абиблиа иану баша мифуп. Дара ашколхәыҷқәа зегьы аеволиуциа агәра ргалар ауп ҳәа рыԥхьаӡоит». Франциа инхо аиаҳәшьа қәыԥш илҳәоит: «Сышкол аҿы арҵаҩцәа аҵаҩы Абиблиа иану уажәыгь агәра игоит ҳәа анраҳауа, даара иџьаршьоит».

2 Иқәыԥшу Иегова имаҵзуҩцәа аӡәырҩы, иара убас ҿыц иӡбахә еилызкаауа ирҳәоит иаарыкәыршаны иҟоу ауаа мчыла ишрыдырцало Ҳазшаз дшыҟоу агәра агара иаҟәыҵырц, насгьы ари адунеи иаларҵәоу аеволиуциа еиԥш иҟоу агәаанагарақәа рыдыркыларц. Уаргьы уи уақәшәахьазар, угәрахаҵара арӷәӷәареи уи ахьчареи иуцхраауа ашьаҿақәа ыҟоуп. Актәи — уи Анцәа иуиҭаз «узыхьчало» ухшыҩтә лшарақәа рхархәара ауп. Урҭ уцхраауеит ухаҵара зырԥсыҽыр алшо адунеи иаларҵәо агәаанагарақәа рҽырцәыхьчара. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа [Притчи] 2:10—12.)

3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

3 Ииашаҵәҟьоу агәрахаҵара шьаҭас иамоу Анцәа изку аиаша-ҵабырг ауп (1 Тимофеи иахь 2:4). Убри аҟынтә Анцәа Иажәеи апубликациақәеи уанрыԥхьо, баша улаԥш рыхгара азмырхакәа, узыԥхьо аҵакы аилкааразы ухшыҩтә лшарақәа ухы иархәала (Матфеи 13:23). Уааи еилҳаргап ус ҟауҵалар, Анцәа зегь шишаз, насгьы Абиблиа агәра агара ишаԥсоу ала ашьақәырӷәӷәарақәа уԥшаар шулшо (Ауриацәа рахь 11:1).

УГӘРАХАҴАРА УРӶӘӶӘАР ШАЛШО

4. Избан аеволиуциа агәра згогьы, Ҳазшаз игәра згогьы, агәрахаҵара зырҭаху, насгьы иҟаҳҵар ҳахәҭоузеи ҳара зегьы?

4 Аӡәырҩы ишырҳәо ала, дара аеволиуциа агәра ргоит, избанзар уи анаукатә фактқәа ишьақәдырӷәӷәоит, Ҳазшаз дшыҟаҵәҟьоу акәзар, уи шьаҭас иамоу агәрахаҵара заҵәык ауп. Аха ихадоу убри ауп, ауаҩы аԥсҭазаара шыҟалаз иазкны иарбан гәаанагароу имазаалакгьы, гәрахаҵарада ԥсыхәа имам. Избан? Избанзар Анцәа, насгьы уи ак шишоз ахаан аӡәгьы имбац (Иоанн 1:18). Убас еиԥш аӡәымзар-аӡәы, аҵарауаагьы налаҵаны, ирымбац, иаҳҳәап, амаҭ шлахаз, ма акаркаламышә шысланхаз (Иов 38:1, 4). Убри аҟынтә ииашоу алкаа ҟаҳҵарц азы, ҳара зегьы хаҭала ҳахшыҩ ҳхы иархәаны афактқәа ҭаҳҵаар ауп. Апостол Павел иҩуан: «Адунеи анаԥҵаха инаркны, ус улаԥш иҵамшәо Анцәа дызлаҟоу аҟазшьақәа, Уи наунагӡатәи илшара, инцәахәратә цәаҩа Иара иусқәа рҟны, иаԥиҵо рҿы уаҩы ибоит, убри аҟнытә агәрахаҵара змам ауаа рхы зладыриашо ҳәа акгьы рымаӡам» (Римаа рахь 1:20).

Угәрахаҵара атәы егьырҭ ирзеиҭоуҳәарц азы, ухы иархәала убызшәала иҟоу амыругақәа зегьы (Шәахәаԥш абзац 5.)

5. Ишԥаҳацхраауеи Анцәа иорганизациа инарҵауланы ахәыцра?

5 Абиблиаҿы иануп «гәрахаҵарала ауп Анцәа адунеи ду шишаз атәы ҳхаҿы ишааҳго» ҳәа (Ауриацәа рахь 11:3). Уи иаанаго иаразнак иумбо абара ауп. Уи азы абареи аҳареи мацара азхом, иаҭахуп инарҵауланы азхәыцра. Агәрахаҵара аарԥшны Ҳазшаз даҳбарц азы, Иегова иорганизациа иаҭаху зегь ҳнаҭоит (Ауриацәа рахь 11:27). Иаҳҳәап, афильм «Чудеса творения прославляют Бога», аброшиурақәа «Была ли жизнь создана?», «У истоков жизни. Пять вопросов, которые требуют ответа», насгьы ашәҟәы «Существует ли заботливый Творец?». Иара убас ҳжурналқәа рҿы иаагоуп ахәыцра иҳацхраауа аинформациа. Иаҳҳәап, ажурнал «Пробудитесь!» аҿы иануп аҵарауаа рыҿцәажәарақәа. Уа дара Анцәа дызхарҵаз атәы еиҭарҳәоит. Арубрика «Случайность или замысел?» аҿы аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи, иара убас аԥсабараҿы иҟоу егьырҭ ашамҭақәа ирызкны аинформациа аагоуп. Уи адагьы, уа иануп аҵарауаа лассы-лассы аԥсабараҿы ирбо аҿыԥшра рыҽшазыршәо.

6. Излахәарҭоузеи иҳамоу амыругақәа, насгьы ишԥауцхраауеи урҭ уара?

6 Абар Еиду Аштатқәа рҿы инхо 19 шықәса зхыҵуа аиашьа хыхь зыӡбахә ҳҳәоз ҩ-брошиурак ирызкны ииҩыз: «Сара сзы урҭ даара хәы змам ракәхеит! Зныкымкәа сеиҭарыԥхьеит». Франциа инхо аиаҳәшьа илҩит: «Арубрика „Случайность или замысел?“ даара иџьашьахәуп. Уи иаҳнарбоит аҵарауаа ирылшо аԥсабараҿы иҟоу аҿыԥшра мацара шакәу. Дара ахаангьы уи аҩыза ашара рылшом». Аладатәи Африка инхо 15 шықәса зхыҵуа аԥҳа дызмоу ҭаацәак ирҳәеит: «Ҳаԥҳа „Пробудитесь!“ анлоуа, раԥхьаӡа иргыланы дзыԥхьо аинтервиу ауп». Ухы иаурхәома уара еиқәаҳаԥхьаӡаз амыругақәа зегьы? Урҭ рыцхыраарала угәрахаҵара аԥша ӷәӷәақәа зыхжәара рылымшо иҵаулоу адацқәа змоу аҵла иеиԥшхоит (Иеремиа [Иеремия] 17:5—8).

АБИБЛИАХЬ ИУМОУ АГӘРАГАРА РӶӘӶӘАЛА

7. Избан Анцәа изиҭаху ҳхаҭа зегь ԥаҳшәаларц?

7 Цәгьарас краҵоума Абиблиа иадҳәаланы азҵаарақәа ҳазцәырҵуазар? Ҳәарада, мап! Иегова иҭахуп ҳхаҭа зегь ԥаҳшәаларц. Иара иҭахӡам ауаа зегьы ак агәра ахьырго азы ҳаргьы иаҳгаларц. Убри аҟынтә ухшыҩтә лшарақәа ухы иархәаны аиаша-ҵабырг еилкаала. Уи угәрахаҵаразы иӷәӷәоу шьаҭахоит. (Шәрыԥхьа 1 Фессалоникаа рахь 5:21; 1 Тимофеи иахь 2:4.) Абиблиа иану аиаша-ҵабырг аилкааразы азнеишьақәа ируакуп иалкаау атемақәа рыҭҵаара.

8, 9. а) Иргәаԥхозеи шьоукы аҭҵаара? б) Иарбан хәарҭоу аӡәырҩы ирзаанаго аҭҵаара аан азхәыцра?

8 Шьоукы абиблиатә ԥааимбаражәақәа, мамзаргьы Абиблиа аҭоурыхи, археологиеи, аԥсабара ҭызҵаауа анаукақәеи рганахь ала шаҟа ииашоу ҭырҵаауеит. Аинтерес зҵоу ԥааимбаражәак Аҟазаара (Бытие) 3:15 аҿы иануп. Ара раԥхьаӡакәны Абиблиа атема хада — Анцәа имчра ашьақәырӷәӷәареи Аҳра ацхыраарала ихьӡ арҳаракреи — аӡбахә ҳәоуп. Жәеинраала заҵәык аҟны исахьаркны иҳаилыркаауп Иегова Едемтәи абаҳчаҿы иҟалаз аҿагылара ашьҭахь ауаа зықәшәо агәаҟрақәа шықәиго. Ишԥаҳалшо Аҟазаара (Бытие) 3:15 ҭаҳҵаар? Иаҳҳәап, иҳалшоит аамҭарбагатә еихшара ҭаҳхыр. Уа Анцәа ари аԥааимбаражәа иадҳәалоу азҵаарақәа шааиртуаз, насгьы уи шынаӡо шьақәзырӷәӷәо ҳзырбо ихадоу ажәеинраалақәа анаҳҵар ауеит. Арҭ ажәеинраалақәа зегьы рҵакы анеилукаалак, агәра угоит аԥааимбарцәеи Абиблиа зыҩуаз ауааи иԥшьоу адоуҳа шрыцхраауаз (2 Пиотр 1:21).

9 Германиа инхо иашьак Абиблиа ашәҟәқәа зегьы Аҳра атема даараӡа ишадҳәалоу дазхәыцуан. Иара иҳәеит: «Уи ус ауп, Абиблиа 40-ҩык ахацәа ишырыҩуазгьы. Дара аамҭак азы инхаӡомызт, насгьы еибадыруамызт». Австралиа инхо аиаҳәшьа аброшиура «Не спешите „колебаться в своих рассуждениях“» даара илгәаԥхеит. Уа Мшаԥы иаанаго еилырган. Иҷыдоу ари аныҳәа Аҟазаара (Бытие) 3:15 иану аԥааимбаражәеи Мессиа иаареи ирыдҳәалоуп. «Ари астатиа анҭысҵаауаз, сара Иегова иааџьоушьартә аҟәыӷара ду шимоу еилыскааит,— илыҩуеит лара.— Иааџьоушьартә иҟоуп Мшаԥы азгәаҭара Иисус дзықәшәаз иаҿырԥшхартә еиԥш зегь шхәыцыз. Санаԥхьоз сааҭгыланы аԥааимбаражәатә ҵакы змаз иџьашьахәыз мшаԥазтәи ари ауаххьа сазхәыцуан». Избан ари аиаҳәшьа абарҭ рҩызцәа ацәаныррақәа злызцәырҵыз? Лара дзыԥхьоз инарҵауланы дазхәыцуан, насгьы аҵакы аилкаара лҽазылшәон. Уи лыгәрахаҵара арӷәӷәареи Иегова изааигәахареи илыцхрааит (Матфеи 13:23).

10. Ишԥарӷәӷәо Абиблиа зыҩуаз рыламысцқьара уи ахь иҳамоу агәрагара?

10 Иара убас ҳагәрахаҵара арӷәӷәоит Абиблиа зыҩуаз иаадырԥшуаз агәымшәареи рыламысцқьареи азхәыцра. Ажәытәан авторцәа аӡәырҩы рнапхгаҩцәа иҟарҵоз русқәа еихаргыла-еиҵаргыла еиҭарҳәон, насгьы рыжәлар мыцхәы иҳараркуан. Аха Иегова иԥааимбарцәа еснагь аиаша рҳәон. Дара рџьынџьуааи аҳцәеи рыгхақәа ртәы иаартны иалацәажәон (2 Ашықәсынҵа [2 Летопись] 16:9, 10; 24:18—22). Уи адагьы, дара рхатә гхақәеи егьырҭ Анцәа имаҵзуҩцәа ииашам русқәеи рҵәахӡомызт (2 Самуил [2 Самуила] 12:1—14; Марк 14:50). Великобританиа инхо иқәыԥшу аиашьа иҳәоит: «Абри аҩыза аламысцқьара шамахамзар иуԥылаӡом. Уи еиҳагьы агәра ҳнаргоит Абиблиа Иегова идоуҳала ишҩу».

11. Ишԥарылшо иқәыԥшу ақьырсианцәа абиблиатә принципқәа ахәарҭа шаарго еилыркаар?

11 Аӡәырҩы Абиблиа Анцәа идоуҳала ишҩу агәра ргеит абиблиатә принципқәа рықәныҟәара ианалага. (Шәаԥхьа Аԥсалом 18:8—11 [19:7—11, АдҾ].) Иапониа инхо иқәыԥшу аиаҳәшьа илҳәеит: «Ҳҭаацәараҿы зегьы Абиблиа иану ақәныҟәара ҳаналага, даараӡа ҳнасыԥны ҳҟалеит! Ҳара зегьы аҭынчреи, акзаареи, абзиабареи раарԥшра ҳалагеит». Абиблиатә принципқәа аӡәырҩы ауаа тҟәаны измоу адинхаҵарақәа рҵасқәеи амцхаҵарақәеи рҟынтә ҳрыхьчоит (Аԥсалом 113:11—16 [115:3—8, АдҾ]). Ишԥаныруеи ауаа рыԥсҭазаара Анцәа дшыҟоу мап ацәызкуа агәаанагарақәа? Аеволиуциа еиԥш иҟоу аҵарақәа аԥсабара нцәахәны иҟарҵоит, Иегова имоу амч амоушәа аадырԥшуеит. Анцәа дшыҟоу хазымҵо ирҳәоит ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш ҳнапаҿы иҟоуп ҳәа. Аха ииашаҵәҟьаны дара ари адунеи еиӷьны аҟаҵара алшара рымам, насгьы ауаа агәыӷра рызрыҭом (Аԥсалом 145:3, 4 [146:3, 4, АдҾ]).

ЕГЬЫРҬ ИШЫРЗЕИҬАҲӘАЛАТӘУ

12, 13. Ишԥеиӷьу класск аҿы аҵара ҳацызҵо, арҵаҩцәа, иара убас егьырҭ ауаа зегь шшаз атәы, насгьы Абиблиа иазку азҵаарақәа деилыркаара?

12 Ишԥеиӷьу зегь шшаз атәы, насгьы Абиблиа аӡбахә егьырҭ рзеиҭаҳәара? Зегь раԥхьа иргыланы, уара урҭ зыгәра рго удыруашәа угәы иаанамган. Зны-зынла аеволиуциа агәра зго ауаа Анцәа дшыҟоугьы агәра ргоит. Дара ргәаанагарала, Анцәа аеволиуциа ихы иаирхәеит еиуеиԥшым ашамҭақәа ишарц азы. Егьырҭ абас ихәыцуеит: аеволиуциа афактқәа шьаҭас иамамызҭгьы, уи ашкол аҿы иддырҵаӡомызт. Иҟоуп адинхаҵарақәа ргәы ахьахшәаз иахҟьаны Анцәа ихаҵара иаҟәыҵыз ауаа. Убри аҟынтә аԥсҭазаара шшаз аӡбахә аӡәы изеиҭоуҳәозар, раԥхьа игәаанагара еилкаа. Еилкаа уи зыгәра иго. Аҟәышра аарԥшны ауаҩы уизыӡырҩыр, иҟалап иаргьы дузыӡырҩыр (Тит иахь 3:2).

13 Ауаҩы иуҳәо агәра имгозар, хаала игәаанагара шьақәирӷәӷәарц уиҳәар ауеит, иаҳҳәап, аԥсҭазаара ахала ишыҟалаз уеилиркаарц. Аԥсҭазаара раԥхьатәи аформа мыӡырц азы, иара иеиԥшу аформа ахала иарҿиалар ахәҭан. Ахимиа апрофессор Девид Димер иажәақәа рыла, уи азы иаҭахын: 1) ацәа иеиԥшу ахьчара зылшо акы, 2) аенергиа аиуреи ахархәареи алшара, 3) агенетикатә информациа (ДНК), насгьы 4) уи аинформациа ахҩылааразы алшара. Иара иациҵоит: «Даараӡа имариоу аԥсҭазааратә формагьы шаҟа имариамкәа еиҿартәу џьоушьартә иҟоуп».

14. Иҟоуҵар улшозеи аеволиуциеи ашареи ирызку атемақәа рылацәажәара узымариамзар?

14 Уара аеволиуциеи ашареи ирызку атемақәа рылацәажәара уцәыцәгьазар, Павел иааигаз аҿырԥштәы ухы иаурхәар ауеит: «Иарбан ҩнызаалакь ахатә ргылаҩ дамоуп, аха Анцәа зегьы рыргылаҩ-рышьақәыргылаҩ иакәны дыҟоуп» (Ауриацәа рахь 3:4). Ииашаҵәҟьаны, иарбан ҩнызаалак аргылаҩ дамоуп. Ҳәарада, аԥсҭазаара аиҿартәышьа аҩны аиҿартәышьа аасҭа еиҳа иуадаҩуп, ус анакәха аԥсҭазаара зшаз дыҟазароуп. Иара убас ухы иаурхәар улшоит иаанало ашәҟәы, мамзаргьы аброшиура. Иаҳәшьак хыхь зыӡбахә ҳәаз аброшиурақәа рԥыск идылгалеит. Иара иҳәеит Анцәа дшыҟоу шхаимҵо, аеволиуциа агәра шиго. Мчыбжьык аҟара анҵы ашьҭахь иара иҳәеит: «Уажәшьҭа сара Анцәа дхасҵоит». Уи Абиблиа аҵара далагеит, иахьа иара ҳашьа иоуп.

15, 16. Ишԥаулшо Абиблиа иазкны ауаа рацәажәара, насгьы иарбан хықәку ухаҿы иумазар акәу?

15 Убас еиԥш ҟауҵар ауеит Абиблиа агәра зымго ауаҩы уаниацәажәо. Еилкаа иара зыгәра иго, насгьы еиҳа зинтерес имоу атемақәа (Ажәамаанақәа [Притчи] 18:13). Анаука агәра игозар, Абиблиа анаука аганахь ала ишиашоу узырбо аҿырԥштәқәа аага. Егьырҭ ирҭаххар алшоит Абиблиа аҭоурых аганахь ала ишиашоу, иара убас уа иану аԥааимбаражәақәа шынаӡаз атәы аилкаара. Мамзаргьы абиблиатә принципқәа, иаҳҳәап, Иисус ашьхаҿы ииҳәаз ажәахә уалацәажәар улшоит.

16 Иухоумыршҭын, уара хықәкыс иумоу аимак-аиҿак аиааира акәӡам, аха ауаҩы игәаҵанӡа анагара ауп. Убри аҟынтә узацәажәо зҿлымҳарыла урзыӡырҩла. Ианаало азҵаарақәа рыҭала, хаала, апатуқәҵара аарԥшны урацәажәала, еиҳарак урҭ уара уаасҭа еиҳабызар. Усҟан даргьы еиҳа гәахәарыла иузыӡырҩлоит. Иара убас дара ирбоит уара инарҵауланы ушхәыцуа, макьана ушқәыԥшугьы. Уи адагьы, иухоумыршҭын: баша ак умаркырц, ма угәрахаҵара иахыччарц зҭаху аҭак рыҭара уалс иудӡам (Ажәамаанақәа [Притчи] 26:4).

ЗЫГӘРА УГО ШИАШОУ АИЛКААРА УҼАЗЫШӘАЛА

17, 18. а) Ишԥаулшо зыгәра уго шиашоу аилкаара аҽазышәара? б) Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?

17 Агәрахаҵара ӷәӷәа шьаҭас иамоу Абиблиа иану ихадоу адыррақәа мацара ракәӡам. Убри аҟынтә Анцәа Иажәа иҵәаху ахазына шырыԥшаауа еиԥш инарҵауланы иҭҵаалатәуп (Ажәамаанақәа [Притчи] 2:3—6). Уҽазышәала аҭҵааразы убызшәала иҟоу амыругақәа зегьы рхархәара, иаҳҳәап, DVD аҿы аелектронтә библиотека, «Онлайн-библиотека Сторожевой башни», «Индекс публикаций Сторожевой Башни», мамзаргьы «Путеводитель по публикациям Свидетелей Иеговы». Иара убас Абиблиа ахы инаркны аҵыхәанӡа аԥхьара хықәкыс иқәургылар бзиоуп. Уҽазышәа шықәсык ала Абиблиа аԥхьара. Анцәа Иажәа аԥхьара еиԥш ҳагәрахаҵара зырӷәӷәо маҷуп. Раионтә хылаԥшҩык иқәыԥшра аамҭа игәаларшәо иҳәоит: «Абиблиа Анцәа Иажәа шакәу агәра агара исыцхрааз ируакуп ахы инаркны аҵыхәанӡа сахьаԥхьаз. Схәыҷы аахыс издыруаз абиблиатә хҭысқәа рҵакы аилкаара сылшеит. Уи даара ихадан доуҳала сеизҳараҿы».

18 Аҭаацәа, шәхәыҷқәа доуҳала реизҳара еиҳарак шәара шәоуп изхьыԥшу. Ишԥашәылшо рыгәрахаҵара арӷәӷәара? Уи анаҩстәи астатиаҿы еилыргахоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра