Аҭаацәа, шәхәыҷқәа агәрахаҵара ӷәӷәа аизырҳара шәрыцхраала
«Арԥарцәеи, аҭыԥҳацәеи... Иегова ихьӡ ҳарарклааит» (АԤСАЛОМ 148:12, 13, АДҾ).
1, 2. а) Иарбан имариам дҵоу аҭаацәа ирымоу, насгьы ишԥалшо уи анагӡара? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
«ҲАРА Иегова игәра ҳгоит, аха уи иаанагаӡом ҳхәыҷқәагьы игәра ргалоит ҳәа,— рҳәеит Франциа инхо хаҵеи-ԥҳәыси.— Агәрахаҵара шьҭрала ииасуам. Ахәыҷқәа уи хәыҷы-хәыҷла ауп ишеиздырҳауа». Австралиатәи иашьак иҩит: «Ахәыҷы игәаҿы агәрахаҵара аизырҳара зегь раасҭа иуадаҩу дҵоуп. Уи азы иулшо зегь ҟауҵалароуп. Зны-зынла ахәыҷы азҵаара анықәиргылалак, иуҭаз аҭак еиликаазшәа убоит. Аха ԥыҭрак ашьҭахь иара уи азҵаара еиҭа изцәырҵуеит. Иахьа иуҭаз аҭак изхеит, аха уаҵәы еиҳа инарҭбаау аҭак иҭаххоит. Зҵаарақәак зныкымкәа урылацәажәар акәхоит».
2 Шәгәы иаанагахьоума шәхәыҷқәа разыҟаҵареи рыгәрахаҵара арӷәӷәареи шәара шәзы иуадаҩу дҵоуп ҳәа? Ааи, ари адҵа шәхала ишәзынагӡом (Иеремиа [Иеремия] 10:23). Аха Анцәа алабжьара ҳаиҭарц ҳиҳәозар, ақәҿиара ҳауеит. Шәааи еилҳаргап ахәыҷы агәрахаҵара ӷәӷәа аизырҳара ҳицхраар шҳалшо. Уи азы иаҭахуп: 1) ибзианы идырра, 2) бзиабарала иазыҟаҵара, 3) алабҿабатә ҿырԥштәқәа ҟазарыла рхархәара, 4) ачҳара аарԥшреи Анцәа ацхырааразы иҳәареи.
ШӘХӘЫҶЫ ИБЗИАНЫ ДЫЖӘДЫРЛА
3. Ишԥарылшо аҭаацәа Иисус иҿыԥшны рхәыҷқәа азыҟарҵалар?
3 Иисус лассы-лассы иҵаҩцәа зыгәра рго атәы дразҵаауан (Матфеи 16:13—15). Шәаргьы шәиҿыԥшла: шәхәыҷы ицәаныррақәа шәзеиҭеиҳәаларц игәазҭашәҵала. Уи азы зегь раасҭа еиӷьуп иманшәалоу аҭагылазаашьа аԥҵара. Ахәыҷы акы алак-ҩакра изцәырнагозар, уи шәалацәажәар шәылшоит. Абар Австралиа инхо 15 шықәса зхыҵуа аиашьа ииҩыз: «Саб лассы-лассы зыгәра зго далацәажәоит, насгьы еиуеиԥшым атемақәа рызхәыцра дсыцхраауеит. Иаҳҳәап, иара дсазҵаауеит: „Иаҳәозеи уи иазкны Абиблиа? Агәра угома уи уара? Избан агәра зуго?“ Иара иҭахуп мамеи иареи ирҳәо еиҭаҳәо акәымкәа, схатә ажәақәа рыла аҭак ҟасҵаларц. Исызҳацыԥхьаӡа иҟасҵоз аҭакқәа еиҳа инарҭбааны иҟазар акәын».
4. Избан ахәыҷы изҵаарақәа ишабалак изрызнеитәым? Иаажәга аҿырԥштәы.
4 Ахәыҷы библиатә ҵарак уиаҟара агәра имгозар, ачҳара аашәырԥшла. Изҵаарақәа рҭак аԥшаареи азхәыцреи шәицхраа. «Шәхәыҷқәа рызҵаарақәа ишабалак шәырзымнеилан,— иҳәоит абык.— Урҭ хадамшәа шәнапы ҟьаны шәрывымслан. Темақәак рылацәажәара шәахьырцәыԥхашьо иахҟьаны зҿлымҳарада иааншәмыжьлан». Шәахәаԥш уи даҽа ганкахьала: ахәыҷы гәык-ԥсык ала азҵаара аныҟаиҵо, уи иаанарԥшуеит иара зегь шизеиԥшым, насгьы еиликаарц шиҭаху. Иисус 12 шықәса анихыҵуаз, имариамыз азҵаарақәа ықәиргылон. (Шәаԥхьа Лука 2:46.) 15 шықәса зхыҵуа Даниа инхо аҷкәын иҳәоит: «Сҭаацәа ҳдинхаҵара шиашоу агәра шысымго анрасҳәа, уи агәҭынчымра шрызцәырнагазгьы, ҭынч ирыдыркылеит. Дара Абиблиа рхы иархәаны сызҵаарақәа зегьы рҭак ҟарҵеит».
5. Иҟарҵалар рыхәҭоузеи аҭаацәа, ахәыҷқәа агәрахаҵара рымоушәа иҟазаргьы?
5 Шәхәыҷы ибзианы дыжәдыруазар ауп — ихәыцрақәа, ицәаныррақәа, игәҭынчымрақәа. Иара аизарахь, насгьы амаҵзурахьы дшәыцны дцозар, агәрахаҵара имоуп ҳәа шәгәы иаанамган. Есыҽнытәи аусқәа шәанырҿу, абиблиатә ҵарақәа шәрылацәажәала. Шәхәыҷқәа ишраҳауагьы дара рзы Анцәа шәиҳәала. Изықәшәо аԥышәарақәа зегь реилкаара шәҽазышәшәала, насгьы урҭ риааира шәрыцхраала.
ШӘХӘЫҶҚӘА БЗИАБАРАЛА ИАЗЫҞАШӘҴАЛА
6. Абиблиатә ҵабырг аҭаацәа ргәаҿы иҟазар, ишԥарыцхраауеи уи рхәыҷқәа разыҟаҵараҿы?
6 Иисус ииҳәоз ауаа ргәаҵанӡа инеигон, избанзар иара Иеговеи, уи Иажәеи, ауааи бзиа ибон (Лука 24:32; Иоанн 7:46). Абри аҩыза абзиабара аарԥшуа, аҭаацәа ирҳәо рхәыҷқәа ргәаҵанӡа инаргар рылшоит. (Шәрыԥхьа Ҩынтәзакәан [Второзаконие] 6:5—8; Лука 6:45.) Убри аҟынтә шәара, аҭаацәа, Абиблиеи уи шьаҭас измоу аҵаразы ацхыраагӡақәеи инарҵауалны иҭышәҵаалар ауп. Анцәа ишамҭақәа ирызкны еиҳаны еилышәкаала, насгьы урҭ рыӡбахә апубликациақәа рҿы шәаԥхьала (Матфеи 6:26, 28). Убас шәдыррақәа еизшәырҳауеит, Иегова иахь шәыџьшьара еиҳахоит, насгьы шәхәыҷқәа еиҳа еиӷьны разыҟаҵара шәылшоит (Лука 6:40).
7, 8. Иҟарҵалозеи аҭаацәа, абиблиатә ҵабырг ргәаҵанӡа ианнеиуа? Иаажәга аҿырԥштәқәа.
7 Абиблиатә ҵабырг шәгәаҵанӡа инеиуазар, уи хымԥада шәҭаацәараҿы аиҭаҳәара шәҭаххоит. Уи аҭаацәаратә мҵахырхәара анымҩаԥыжәго, насгьы аизарақәа шәҽанырзыҟашәҵо мацара акәымкәа, абжьааԥынгьы шәҽазышәшәала. Ахәыҷқәа адоуҳатә зҵаарақәа рылацәажәара мчыла ирыдцалатәӡам, урҭ атемақәа рхала ицәырҵлар ауп. Еиду Аштатқәа рҿы инхо хаҵеи-ԥҳәыси рхәыҷқәеи дареи Иегова иусқәа ирылацәажәоит, аԥсабара ԥшӡа ианахәаԥшуа, афатә хаа анырфо. Дара ирҳәоит: «Ҳара ахәыҷқәа иргәалаҳаршәоит Иегова иҳаиҭо зегьы ибзиабара дуи иеиҷаҳареи шырныԥшуа». Абар Аладатәи Африка инхо аҭаацәа иҟарҵо. Ҩыџьа рыԥҳацәеи дареи абаҳчаҿы аус аныруа, еиуеиԥшым ашамҭақәа ирызхьадырԥшуеит, иаҳҳәап, ажәла ахы шыҵнахуа, насгьы аҵиаақәа ишрызҳауа: «Ҳара ҳаԥҳацәа ҳрыцхраауеит аԥсҭазаареи уи шеиҿкаауи ианазхәыцуа, апатуқәҵара ду еиздырҳаларц»,—еиҭарҳәоит дара.
8 Австралиа инхо иашьак зны 10 шықәса зхыҵуаз иԥа амузеи ахь дигеит. Иара иҭахын ихәыҷы Анцәа иахь имоу агәрахаҵара ирӷәӷәарц, насгьы уи зегь шишаз ала ашьақәырӷәӷәарақәа ибарц. Уи аиашьа еиҭеиҳәоит: «Ҳара иаҳбеит ажәытәан амшын иҭаз ашамҭақәа — аммонитқәеи атрилобитқәеи. Ҳара иџьаҳшьаз иԥсхьаз арҭ ашамҭақәа иахьа зыԥсы ҭоу реиԥш иахьыԥшӡаз, реиҿартәышьа ахьымариамыз, насгьы иахьынаӡаз ауп. Еиҳа имариоу аԥсҭазааратә формақәа еиҳа ицәгьоу рахь ииасызар, избан арҭ ажәытә шамҭақәа реиҿартәышьа абас изымариам? Ари даара сархәыцит, убри аҟынтә сԥа изеиҭасҳәар сҭаххеит».
АЛАБҾАБАТӘ ҾЫРԤШТӘҚӘА ҞАЗАРЫЛА ШӘХЫ ИАШӘЫРХӘАЛА
9. Избан алабҿабатә ҿырԥштәқәа алҵшәа зрымоу, насгьы ишԥаанарԥшуеи уи ус шакәу ҭаацәарак рҿырԥштәы?
9 Иисус Христос лассы-лассы алабҿабатә ҿырԥштәқәа ихы иаирхәон. Урҭ ауаа ргәаҵанӡа инеиуан, азхәыцреи ииҳәаз агәынкылареи ирыцхраауан (Матфеи 13:34, 35). Ахәыҷқәа ак рхаҿаагара даара ирзымариоуп. Убри аҟынтә иахьынӡашәылшо ирацәаны алабҿабатә ҿырԥштәқәа шәхы иашәырхәала. Убас ҟалҵоит Иапониа инхо аиаҳәшьа. Лыҷкәынцәа 8 шықәсеи 10 шықәсеи анырхыҵуаз, атмосфера аӡбахә, насгьы Иегова уи анишоз иааирԥшыз аиҷаҳара атәы рзеиҭалҳәарц лыӡбеит. Лара аҷкәынцәа ахши, ашьақари, акаҳуеи рылҭан, рҩыџьагьы хаз-хазы акаҳуа лыздыршырц дрыҳәеит. Лара еиҭалҳәоит: «Дара ари адҵа даара ҭакԥхықәрала иазнеит. Избан абас шәгәы ақәкны изыҟашәҵоз ҳәа санразҵаа, дара ирҳәеит сара бзиа ишызбо еиԥш идыршырц шырҭахыз. Усҟан идеилсыркааит Анцәагьы убас еиԥш аиҷаҳара шааирԥшыз, атмосфераҿы еиуеиԥшым агазқәа анеилеиҵа — ҳара уи ахәарҭа ҳзаанагаларц азы». Ари алабҿабатә ҿырԥштәы рықәра зынӡа ианаалон. Дара уи аурок алыркааит, ахаангьы ирхашҭуамызт.
Имариоу аҿырԥштәқәа шәхы иархәаны, ахәыҷы Анцәа иахь имоу игәрахаҵара арӷәӷәареи иара зегь шишаз еиҳа агәра агареи шәицхраар ауеит (Шәахәаԥш абзац 10.)
10, 11. а) Иарбан ҿырԥштәу шәхы иашәырхәар шәылшо, ахәыҷы игәрахаҵара шәырӷәӷәарц азы? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.) б) Иарбан ҿырԥштәқәоу, шәгәаанагарала, алҵшәа аазго?
10 Ахәыҷы игәрахаҵара арӷәӷәаразы шәара иара убас арецепт шәхы иашәырхәар ауеит. Ишԥа? Ишәӡы аторт, насгьы уи азы арецепт заҭаху иеилшәыркаа. Анаҩс ашәыр ишәырба, иаҳҳәап, аҵәа, нас шәиазҵаа: «Иудыруазма уара аҵәагьы „арецепт“ ала ишыҟаҵаз?» Уи ашьҭахь аҵәа еиҟәшаны агәаӷь ишәырба. Изеиҭашәҳәа аҵәа арецепт агәаӷь аҿы «ишану», аха аторт арецепт аасҭа иуадаҩу абызшәала. Ахәыҷы шәиазҵаар ауеит: «Аторт арецепт зхәыцыз дыҟазар, изхәыцда ус анакәха еиҳа иуадаҩу аҵәа арецепт?» Идухахьоу ахәыҷқәа идеилшәыркаар шәылшоит аҵәа арецепт, иара зҿало аҵәаҵлагьы налаҵаны, ДНК иану аинформациа ишахәҭаку. Иара убас шәара ишәылшоит еилшәыргар аброшиура «У истоков жизни. Пять вопросов, которые требуют ответа» адаҟьақәа 10—20 рҿы иану алабҿабатә ҿырԥштәқәеи асахьақәеи.
11 Аҭаацәа аӡәырҩы иргәаԥхоит аларҵәаразы аброшиураҿы иҟоу арубрика «Случайность или замысел?» иану астатиақәа реилыргара. Аҭаацәа рыхшара зынӡа ихәыҷӡазар, уа иану аинформациа ирмарианы ирзеиҭарҳәар рылшоит. Даниа инхо хаҵеи-ԥҳәыси аҳаирпланқәа аҵарақәа ирҿдырԥшит. Урҭ рхәыҷқәа абас ирзеиҭарҳәон: «Аҳаирпланқәа аҵарақәа иреиԥшуп. Аха ирҵома аҳаирпланқәа акәтаӷьқәа, насгьы ихырхуама урҭ ихтәаланы аҳаирплан хәыҷқәа? Ирҭахума аҵарақәа аҳаирпланқәа реиԥш иахьынтәишьҭыԥраауа аҭыԥқәа? Иаҿурԥшыртә иҟоума аҳаирплан абжьы аҵарақәа рашәаҳәабжь? Ус анакәха, еиҳа иҟәышда: аҳаирплан зхәыцыз иакәу, аҵарақәа зшаз иакәу?» Абарҭ рҩызцәа азҵаарақәа рыла ахәыҷқәа шәрыцхраар ауеит «рыхшыҩтә лшарақәа» реизырҳареи рыгәрахаҵара арӷәӷәареи (Ажәамаанақәа [Притчи] 2:10—12).
12. Ишԥарыцхраауеи ахәыҷқәа алабҿабатә ҿырԥштәқәа Абиблиа еиҳа агәра агара?
12 Алҵшәа аазго алабҿабатә ҿырԥштәқәа ахәыҷы Абиблиа еиҳа агәра агара ицхраауеит. Еилҳаргап Иов 26:7 (шәаԥхьа). Ишԥашәылшо ари ажәеинраала Анцәа идоуҳа ацхыраарала ишҩу иеилшәыркаар? Ҳәарада, баша афактқәа ааугаргьы ауеит. Аха еиӷьуп ахәыҷы ихаҿаагара алшара ихы архәара шәицхраар. Ахәыҷы иеилшәыркаа Иов ихаан ателескопқәеи акосмос ахь иԥыруаз аӷбақәеи шыҟамыз. Ишәирбааит Адгьыл еиԥш иҟоу идуӡӡоу акы акгьы ишакым агәра агара шаҟа имариам. Ампыл ма ахаҳә иҭаны шәиҳәа ихьанҭоу амаҭәарқәа аҳауаҿы акгьы иакымкәа аанхара шрылымшо шәирбарц. Убас ахәыҷы агәра игоит Иегова Абиблиа афактқәа шаниҵахьаз, ауаа урҭ шьақәдырӷәӷәаанӡа акыр шықәса раԥхьа (Неемиа [Неемия] 9:6).
АБИБЛИАТӘ ПРИНЦИПҚӘА АХӘАРҬА ШРЫМОУ ДШӘЫРБАЛА
13, 14. Ишԥарылшо аҭаацәа рхәыҷқәа абиблиатә принципқәа даараӡа ишхәарҭоу деилдыркаар?
13 Аҭаацәа рхәыҷқәа абиблиатә принципқәа даараӡа ишхәарҭоу деилдыркаалар ауп. (Шәаԥхьа Аԥсалом 1:1—3 [1:1—3, АдҾ.) Уи азы азнеишьақәа рацәаны иҟоуп. Иаҳҳәап, шәхәыҷы хара дгьылбжьахак ахь нхара диасыр акәушәа ихаҿы иааигар ауеит. Иара ицынхало ауаа алихроуп. Шәиазҵаа: «Иарбан ҟазшьақәоу урҭ ауаа ирылазар акәу, шәара ҭынч, шәеиҩызцәа бзианы шәынхаларц азы?» Иара убас шәрыхцәажәар шәылшоит Галаҭаа рахь 5:19—23 иану иҟәыӷоу ажәақәа.
14 Уи ицхраауеит ихадоу аурокқәа ҩба ралкаара. Актәи, Анцәа инормақәа аҭынчреи акзаареи раарԥшра иуцхраауеит. Аҩбатәи, Иегова иахьа аҵара ҳарҵо адунеи ҿыц аҿы иҟало аԥсҭазаара ҳазыҟаиҵоит (Исаиа [Исаия] 54:13; Иоанн 17:3). Ахәыҷы арҭ аурокқәа ибзианы еиликаарц азы, ҳпубликациақәа рҿы иану абиографиақәа еилшәыргар ауеит. Урҭ шәыԥшаар шәылшоит аларҵәаразы аброшиура иану арубрика «Абиблиа аԥсҭазаара аԥсахуеит» аҿы. Мамзаргьы шәеизараҿы иҟазар ауеит Иегова ддыргәырӷьаларц азы зыԥсҭазаара шьаҭанкыла аԥсахра зықәшәаз ауаа. Шәыҩныҟа ааԥхьара рыҭаны, шәрыҳәа рыԥсҭазаара атәы шәзеиҭарҳәарц. Ус еиԥш иҟоу аҭоурыхқәа абиблиатә принципқәа аус шыруа удырбоит (Ауриацәа рахь 4:12).
15. Ишәхашәмыршҭлар акәзеи ахәыҷқәа аназыҟашәҵо?
15 Ишәхашәмыршҭын: ахәыҷқәа аназыҟашәҵо еиуеиԥшым азнеишьақәа шәхы иашәырхәалар ауп. Шәхаҿаагара алшара шәхы иархәаны идшәырҵо аинтерес рызцәырнагартә, насгьы рыгәрахаҵара арӷәӷәалартә иҟашәҵала. Ахәыҷқәа ахәыцра ргәазҭашәҵала, насгьы рықәра шәазхәыцла. Абар абык ииҳәо: «Ирдыруа деилыркааразы еснагь иҿыцу ак шәхәыцла, азнеишьақәа шәыԥсахла».
АГӘРАХАҴАРЕИ АЧҲАРЕИ ААШӘЫРԤШЛА, АНЦӘА АЦХЫРААРАЗЫ ШӘИҲӘАЛА
16. Избан ахәыҷқәа аназыҟашәҵо ачҳара аарԥшра зхадоу? Иаажәга аҿырԥштәы.
16 Агәрахаҵара арӷәӷәаразы Анцәа идоуҳа аҭахуп (Галаҭаа рахь 5:22, 23). Ашәыр ирласны ишеизымҳауа еиԥш, агәрахаҵара аизҳаразгьы аамҭа аҭахуп. Убри аҟынтә ахәыҷқәа разыҟаҵаразы ачҳара аашәырԥшлар, насгьы шәгәы кашәмыжьлар ауп. Ҩыџьа ахәыҷқәа змоу Иапониа инхо аиашьа иҳәоит: «Ҳара ҳхәыҷқәа аамҭа рацәаны ирзаҳкуан. Урҭ зынӡа ианыхәыҷқәаз, сара есыҽны, аизарақәа анҳамаз ада, 15 минуҭ ирылагӡаны Абиблиа дсырҵон. 15 минуҭ алхра даргьы ҳаргьы иҳалшон». Абар раионтә хылаԥшҩык ииҩуа: «Санхбыџыз азҵаарақәа рацәаны исыман, насгьы алак-ҩакрақәа сызцәырҵуан, аха уи аӡәгьы иасҳәомызт. Ԥыҭрак ашьҭахь урҭ рҭак аизарақәа рҿы, насгьы аҭаацәаратә мҵахырхәареи схатә ҭҵаареи раан исыԥшааит. Убри азоуп аҭаацәа анаҩсгьы рхәыҷқәа азыҟарҵалар зхадоу».
Шәхәыҷқәа ишахәҭоу еиԥш иазыҟашәҵаларц азы, шәхаҭа Анцәа Иажәа бзиа ижәбалар ауп (Шәахәаԥш абзац 17.)
17. Избан аҭаацәа иаадырԥшуа аҿырԥшы зхадоу, насгьы иарбан ҿырԥшу ҭаацәарак рхәыҷқәа иддырбо?
17 Ҳәарада, даара ихадоуп ахәыҷқәа шәхаҭа Анцәа иахь агәрахаҵара шаашәырԥшуа рбаларц, избанзар усҟан даргьы шәара ишәҿыԥшлоит. Убри аҟынтә анаҩсгьы шәыгәрахаҵара шәырӷәӷәала. Ирбалааит шәхәыҷқәа Иегова дшыҟаҵәҟьоу агәра шыжәго. Бермудатәи адгьылбжьахақәа рҿы инхо ҭаацәарак ауадаҩрақәа ианрықәшәо, аҭаацәа рхәыҷқәеи дареи Иегова еициҳәоит аҟәыӷара роурц, насгьы ахәыҷқәа ргәазҭарҵоит рхаҭа Анцәа иҳәаларц. Хаҵеи-ԥҳәыси ирҳәоит: «Иара убас ҳаԥҳа аиҳабы илаҳҳәоит: „Еснагь Иегова биқәгәыӷла, Аҳра аусқәа нагӡала, насгьы уиаҟара бгәы кабмыжьлан“. Алҵшәа анылбо, Иегова дышҳацхраауа агәра лгоит. Иџьоушьартә иҟоуп уи Анцәеи Абиблиеи рахь илымоу агәрахаҵара ишаныруа!»
18. Еилыркаалар акәзеи аҭаацәа?
18 Убри адагьы, ахәыҷқәа рхаҭа рыгәрахаҵара дырӷәӷәалар ауп. Аҭаацәа еиҭарҳауеит, аӡы аҵарҭәоит, аха еиззырҳауа Анцәа иоуп (1 Коринфаа рахь 3:6). Убри аҟынтә Иегова иԥшьоу адоуҳа шәиҭарц шәиҳәала, шәхәыҷқәа анаҩсгьы шәгәақәкны иазыҟашәҵала, усҟан Иегова азылԥхарақәа рацәаны ишәиҭоит (Ефесаа рахь 6:4).