АҴАРАЗЫ АСТАТИА 23
Аҭаацәа, шәхәыҷқәа Иегова бзиа ибара шәрыцхраала
«Бзиа дба Иуқәиҭу Унцәа — угәы наӡала, уԥсы наӡала, удырра наӡала» (МАТФ. 22:37).
АШӘА 134 Ахшара — Иегова иҟынтә аҭынха
АХҲӘААa
1, 2. Иҳаилшәыркаа ҳҭагылазаашьақәа рҽанырыԥсахуа абиблиатә принципқәа даҽакала рыхәаԥшра ҳзалаго.
ИААИТ ачара амш. Иԥшӡаны еилаҳәоу арԥыси аҭацеи ажәахә зҳәо аиашьа изыӡырҩуеит. Аиашьа ииҳәо ахаан ирмаҳацызт ҳәа узҳәаӡом. Аха дара рзы уи уажәы аҵак ду амоуп. Избан? Избанзар уажәшьҭа дара хаҵеи-ԥҳәыси роуп, насгьы ираҳаз рхы иадырхәалар анасыԥ рымазаауеит.
2 Убас еиԥш иҟалоит ақьырсиантә ҭаацәарақәа ахәыҷы данроуагьы. Урҭ ахәыҷқәа рааӡара иазкыз ажәахәқәа зныкымкәа ираҳахьан. Аха рҭагылазаашьақәа рҽырыԥсахит, убри аҟынтә уажәшьҭа урҭ апринципқәа дара ирыҵанакуеит. Дара аҭаацәа ахьракәхаз ҭакԥхықәра дууп! Уажәшьҭа уаанӡагьы ирдыруаз абиблиатә жәеинраалақәа даҽакала ирыхәаԥшуа иалагеит. Убри аҟынтә Иегова имаҵзуҩцәа рыԥсы ахьынӡаҭоу Иԥшьоу Аҩыра иаԥхьалароуп, насгьы иазхәыцлароуп (Ҩынтә. 17:19).
3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
3 Аҭаацәа, шәара шәхәыҷқәа Иегова иабардырра аҳаҭыр шәаҭәашьоуп. Уи акгьы иузаҿырԥшӡом. Аха ахәыҷқәа Анцәа иӡбахә рзеиҭаҳәара мацара азхаӡом. Шәхәыҷқәа Иегова игәыбылра дшәыркыроуп. Ишәыцхраауазеи уи аҿы? Шәааи, абиблиатә принципқәа ԥшьба еилҳаргап. Урҭ ахәыҷқәа змоу ақьырсианцәа аӡәырҩы ирыцхраахьеит (2 Тим. 3:16). Ари астатиаҿы урҭ рҟынтә шьоукы ражәақәагьы аагоуп.
АҬААЦӘА ИРЫЦХРААУА ԤШЬ-ПРИНЦИПК
Шәрыцхраар шԥашәылшо шәхәыҷқәа Иегова аҟәыӷара шәиҭарц шәиҳәозар, насгьы аҿырԥш бзиа рышәҭозар? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 4, 8.)
4. Иарбан принципу аҭаацәа рхәыҷы Иегова игәыбылра иркра ирыцхраауа? (Иаков 1:5).
4 Актәи апринцип. Иегова ацхырааразы шәиҳәала. Шәхала шәхәыҷқәа Анцәа иахь абзиабара рылааӡара шәылшаӡом. Убри аҟынтә Анцәа аҟәыӷара шәиҭарц шәиҳәала. (Шәаԥхьа Иаков 1:5.) Иара иаасҭа еиӷьны аҭаацәа алабжьарақәа рызҭо дыҟаӡам. Уи ҳаилзыркаауа рацәоуп, аха шәааи ҩ-шьақәырӷәӷәарак ҳарзааҭгылап. Ахәыҷқәа рааӡараҿы Иегова имоу аԥышәа аҟара змоу аӡәгьы дыҟаӡам (Аԥсал. 36:9). Уи адагьы, иара иҳаиҳәо еснагь ахәарҭа ҳзаанагоит (Ис. 48:17).
5. а) Ишԥарыцхраауеи аҭаацәа Иегова иорганизациа? б) Ишәгәаԥхазеи Абилиуи Улеи Аморим рхәыҷқәа шырааӡоз аҟынтә? (Шәахәаԥш албаага.)
5 Иегова иҭахуп ҳхәыҷқәа иара бзиа дырбарц. Убри аҟынтә меигӡарахда адоуҳатә фатә ҳаиҭоит. Анцәа Иажәа ҳамҭас иҳаиҭеит, иорганизациа Абиблиа аилкаара иҳацхраауеит (Матф. 24:45). Рхы иадырхәалар рылшозеи аҭаацәа? Иаҳҳәап аҟәша «Аҭаацәарақәа рзы ацхыраара». Уи акыршықәса ажурнал «Пробудитесь!» аҿы иркьыԥхьуан, уажәы асаит jw.org аҿы иҟоуп. Иара убас уи асаит аҿы авидеоинтервиуқәеи егьырҭ авидеонҵамҭақәеи аагоуп. Урҭ аҭаацәа рхәыҷқәа рааӡараҿы Иегова ипринципқәа рхы иадырхәалар шрылшо днарбоитb (Ажәам. 2:4—6).
6. Дышԥахцәажәеи абык Иегова иорганизациа иԥшәмеи иареи рхәыҷқәа рааӡараҿы иахьрыцхраауа?
6 Анацәеи абацәеи аӡәырҩы Иегова иорганизациа ала дахьрыцхраауа ҭабуп ҳәа иарҳәоит. Џьо зыхьӡу аиашьа иҳәоит: «Ҳара хҩык ахәыҷқәа ҳамоуп. Урҭ Иегова иҩызахара рыцхраара ус имариаӡам. Убри аҟынтә сыԥшәмеи сареи есымша Анцәа ҳиҳәоит. Уадаҩрак шааҳазцәырҵлак еиԥш иаҳҭаху астатиа, ма авидеонҵамҭа ҭыҵуеит. Лассы-лассы убас иҟалалоит. Иегова даара дҳацхраауеит». Џьо иԥшәмеи иареи даара ахә ршьоит Иегова рхәыҷқәа абас дахьреиҷаҳауа.
7. Избан аҭаацәа рхәыҷқәа аҿырԥш бзиа ддырбалар зрыхәҭоу? (Римаа рахь 2:21).
7 Аҩбатәи апринцип. Шәхәыҷқәа аҿырԥш бзиа рышәҭала. Ахәыҷқәа рҭаацәа ирыхәаԥшны ирҿыԥшуеит. Ҳәарада, ангьы абгьы наӡаӡам (Рим. 3:23). Аха уеизгьы рхәыҷқәа аҿырԥш бзиа ддырбалароуп. (Шәаԥхьа Римаа рахь 2:21.) Абар абык ииҳәо: «Ахәыҷқәа иаҳҳәои иҟаҳҵои гәныркылоит. Сажәақәеи сусқәеи еиқәымшәозар, дара уи иаразнак игәарҭоит». Ус анакәха, шәхәыҷқәа Иегова бзиа дырбарц шәҭахызар, шәхаҭагьы уи бзиа дшыжәбо рбалароуп.
8, 9. Ишәгәаԥхазеи Ендриуи Еммеи еиҭарҳәаз аҟынтә?
8 Шәааи ҳалацәажәап аҭаацәа рҿырԥшы ахәыҷқәа ишырныԥшуа. 17 шықәса зхыҵуа Ендриу иҳәоит: «Сани саби еснагь исгәаладыршәон Иегова иацәажәара шаҟа ихадоу. Есыуаха саб Анцәа дсыциҳәон, уи схала иҟасҵахьазаргьы. Саҳәшьеи сареи ҳҭаацәа лассы-лассы иҳарҳәон: „Иегова шаҟа шәҭаху шәиҳәалар шәылшоит“. Убри аҟынтә анцәаиҳәара сашьцылеит. Сара Иегова иацәажәара даара исгәаԥхоит, уи бзиа сызбо Аб иеиԥш сизыҟоуп». Аҭаацәа, ишәдырҵозеи арҭ ажәақәа? Иегова иахь ишәымоу абзиабара шәхәыҷқәагьы Иегова бзиа ибара ирыцхраауеит. Шәҿырԥшы амч шамоу шәхашәмыршҭлан.
9 Абар Емма зыхьӡу аиаҳәшьа лҭоурых. Лара данхәыҷыз лаб рҭаацәара кажьны дцеит, лангьы ауал даҵеиҵеит. Емма илҳәоит: «Ҳара аԥара ҳазхаӡомызт. Аха сан есымша илҳәон Иегова имаҵзуҩцәа ахаан ишаанимыжьуа. Илҳәоз агәра шылгозгьы убарҭан. Сан егьырҭ идлырҵоз ала лхаҭагьы дынхон». Емма лҭоурых ишьақәнарӷәӷәоит аҭаацәа рыԥсҭазаара анымариамгьы, рхәыҷқәа аҿырԥш бзиа ддырбалар шрылшо (Гал. 6:9).
10. Иарбан лшарақәоу израильаа рхәыҷқәа рацәажәаразы ирымаз? (Ҩынтәзакәан 6:6, 7).
10 Ахԥатәи апринцип. Есымша шәхәыҷқәа шәрацәажәала. Иегова израильаа ириҭаз азакәан аҿгьы уи анын. (Шәаԥхьа Ҩынтәзакәан 6:6, 7.) Усҟантәи аамҭақәа рзы аԥсҭазаара зынӡа ҽакала иҟан: ахәыҷқәа есымша рҭаацәа рааигәара иҟан. Иаҳҳәап, аҷкәынцәа рабацәа ирыцны амхурсҭақәа рҿы аус руан. Аӡӷабцәа ранацәа аҩн усқәа рыҟаҵара ирыцхраауан. Аус анеицыруаз, ҳәарада, еицәажәон. Убри аҟынтә рхәыҷқәа Иегова игәыбылра ддыркырц азы, ихадоу азҵаарақәа ирылацәажәалартә алшара рыман. Иаҳҳәап, дара ирылшон Иегова иқьиареи рҭаацәара дышрыцхраауеи рзеиҭарҳәалар.
11. Иарбан лшароу аҭаацәа рхәыҷқәа рацәажәаразы ирымоу?
11 Аха уажәы зынӡа даҽа аамҭоуп. Ирацәаны атәылақәа рҿы аҭаацәа аусура ицоит, ахәыҷқәа — ашкол ахь. Уи иахҟьаны аҭаацәарақәа рызхара изеибабаӡом. Убри аҟынтә анацәеи абацәеи рхәыҷқәа ирацәажәаларц азы аамҭа алырхлароуп (Еф. 5:15, 16; Флп. 1:10). Аҭаацәаратә мҵахырхәара уи азы лшара бзиоуп. Алекс зыхьӡу иқәыԥшу иашьак иҳәоит: «Саб изы аҭаацәаратә мҵахырхәара зегь раасҭа ихадоуп. Иара цәгьала деилахазаргьы, есымчыбжьа аҭаацәаратә мҵахырхәара мҩаԥигоит. Уи ашьҭахь ҳгәы иҵхо еибаҳҳәоит».
12. Ирхадмыршҭлар рыхәҭоузеи аҭаацәара ахадацәа аҭаацәаратә мҵахырхәара шымҩаԥгалатәу иазкны?
12 Ишԥарылшо аҭаацәара ахадацәа аҭаацәаратә мҵахырхәара аинтерес аҵаҵаны амҩаԥгара? Ҳара иҳауит «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» захьӡу зеиԥшыҟам ашәҟә ҿыц. Уи Абиблиа аинтерес аҵаҵаны алацәажәара иҳацхраауеит. Шәара уи ҭаацәашәала аҭҵаара хықәкыс иқәшәыргылар ауеит. Шәхәыҷқәа ргәы иҭоу, насгьы уадаҩрас ирымоу иацәыԥхамшьаӡакәа ишәарҳәаларц шәҭахызар, ҳшәыҳәоит, аҭаацәаратә мҵахырхәараан шәырмацәҳалан. Абиблиа иаҿагыло ак рҳәозаргьы ҭынч шәырзыӡырҩ. Ргәы иҭоу ахьшәарҳәо шәеигәырӷьала. Ргәаанагара аҳәара иацәымшәаларц азы ишәылшо зегь ҟашәҵала. Узлаицхраари ахәыҷы игәы иҭоу узымдыруазар?
Ишԥарылшо аҭаацәа рхәыҷқәа Анцәа ишамҭақәа ирызхьарԥшуа Иегова игәыбылра дыркра? (Шәахәаԥш абзац 13.)
13. Иҟарҵалар рылшозеи аҭаацәа иҵегьы, рхәыҷқәа Иегова иҩызахара ирыцхрааларц азы?
13 Аҭаацәа, шәхәыҷқәа Иегова иҩызахара шәрыцхраарц азы лшарас иҟоу зегь шәхы иашәырхәала. Ахәыҷы Анцәа иӡбахә изеиҭашәҳәарц азы абиблиатә ҵара, ма аҭаацәаратә мҵахырхәара шәазымԥшлан. Хҩык аԥацәеи ӡӷабки змоу Лиза илҳәоит: «Ҳхәыҷқәа Иегова еиҳа еиӷьны деилыркаарц азы сыԥшәмеи сареи ашамҭақәа ирызхьаҳарԥшуан. Иаҳҳәап, урҭ ҳла аныхәмаруаз иарччон. Убасҟан ҳара ираҳҳәон Иегова аччара-ахәмарра бзиа ишибо, насгьы ҳара ҳаиԥш аԥсҭазаара бзиа ишибо».
Аҭаацәа, ижәдыруама шәхәыҷқәа рҩызцәа? (Шәахәаԥш абзац 14.)d
14. Избан аҭаацәа рхәыҷқәа аҩызцәа ралхра ирыцхраалар зрыхәҭоу? (Ажәамаанақәа 13:20).
14 Аԥшьбатәи апринцип. Шәхәыҷқәа аҩызцәа бзиақәа рыԥшаара шәрыцхраала. Абиблиаҿы еилыкка иануп ҳҩызцәа бзиазар, ҳаргьы ҳшыбзиахо, иҽеимзар, ҳаргьы ҳашҽеимхо. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 13:20.) Ҳаҭыр зқәу аҭаацәа, шәхәыҷқәа зцу жәдыруама? Шәхәыҷқәа рҩызцәа шәрыдтәаланы шәрацәажәахьоума? Иҟашәҵар шәылшозеи шәхәыҷқәа Иегова бзиа дызбо ҩызцәас ишьҭырхырц азы? (1 Кор. 15:33). Иаҳҳәап, урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи аамҭа шәыцырхыргарц азы ааԥхьара рышәҭалар ауеит (Аԥсал. 119:63).
15. Ишԥарылшо аҭаацәа рхәыҷқәа аҩызцәа бзиақәа рыԥшаара рыцхраара?
15 Ентони иԥҳәыси иареи хҩык аԥҳацәеи ҩыџьа аԥацәеи рымоуп. Дара рхәыҷқәа аҩызцәа бзиақәа рыԥшаара ирыцхрааит. Ентони иҳәоит: «Иегова бзиа дызбо, насгьы игәырӷьаҵәа имаҵ зуа рыбжьара зықәрахь инеихьоу реиԥш иқәыԥшугьы ыҟоуп. Ҳхәыҷқәа ианрызҳауаз сыԥҳәыси сареи урҭ рҩызцәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи аҩныҟа иааҳаԥхьон. Урҭ акырҳацырфон, насгьы аҭаацәаратә мҵахырхәара еицымҩаԥаҳгон. Уи ҳхәыҷқәа аҩызцәа бзиақәа рыԥшаара ирыцхрааит. Уи адагьы, ҳаҩны араионтә хылаԥшыҩцәеи, амиссионерцәеи, егьырҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи аангылон. Ҳхәыҷқәа дара иахьрыҿцәажәоз ахәарҭа ду рзаанагеит. Урҭ ақьырсианцәа рхы ишамеигӡоз, насгьы Иегова имаҵзура агәырӷьара шырзаанагоз узгәамҭар ауӡомызт. Уи ҳхәыҷқәа Иегова бзиа ибара ирыцхрааит». Аҭаацәа, шәхәыҷқәа аҩызцәа бзиақәа рыԥшаарц азы шәыцхыраара рҭахуп. Убри аҟынтә, ҳшәыҳәоит, ишшәылшо шәрыцхраала.
ШӘГӘЫ КАШӘМЫЖЬЛАН!
16. Ишәхашәмыршҭлар шәыхәҭоузеи шәхәыҷы Иегова имаҵ аура иҭахымзар?
16 Шәара ишәылшо зегь ҟашәҵозаргьы, шәхәыҷы Иегова имаҵ аура иҭахымхар ауеит. Аха уи иаанагаӡом шәхәыҷы дышәзымааӡаӡеит ҳәа. Иегова ауаа зегь, шәхәыҷгьы уахь дналаҵаны, алхра ахақәиҭра риҭеит. Убри аҟынтә доусу ихала иӡбароуп Анцәа имаҵ иулоу-имулоу. Шәхәыҷы Иегова имаҵ аура даҟәыҵзар, шәгәы кашәмыжьын. Ҽнак зны иара дхынҳәыр ауеит. Иисус иҟьалаз аԥа изкны еиҭеиҳәаз ажәамаана шәазхәыцла (Лука 15:11—19, 22—24). Уи арԥыс дышшьақәҟьазгьы аҵыхәтәаны иҽириашеит. Аӡәы иҳәар ауеит: «Уи лакәуп, аԥсҭазаараҿы даҽакала иҟоуп». Аха уи ус акәӡам. Ели́ зыхьӡу иқәыԥшу аиашьа иҭоурых уи шьақәнарӷәӷәоит.
17. Зыгәра ҳнаргозеи Ели иҭоурых?
17 Абар Ели еиҭеиҳәо: «Сҭаацәа Иегова ишаҳаҭцәа роуп. Дара Иеговеи Иажәа Абиблиеи рахь абзиабара сыларааӡарц азы ирылшоз зегь ҟарҵон. Аха маҷк иансызҳа сҭаацәа рҳәатәы хасымҵо салагеит». Ели Иегова имаҵ иуашәагьы даҿын, аха ари адунеигьы бзиа ибон. Иара иҭаацәа ицхраарц рҭахын, аха рҳәатәы иаҳауамызт. Ели аҩны ддәылҵны дцеит, ихы иааҭашәозгьы аҟаҵара далагеит. Ус дшыҟазгьы иҩызцәа руаӡәк Иегова иӡбахә изеиҭеиҳәон. Ели иҳәоит: «Сҩыза Иегова иӡбахә шаҟа изеиҭасҳәоз аҟара, убриаҟара схаҭагьы сизхәыцуан. Хәыҷы-хәыҷла сҭаацәа иларҵаз аҵабырг ажәлақәа еизҳауа иалагеит». Ԥыҭрак ашьҭахь Ели аизарахь дхынҳәит. Шәхаҿы иаажәг иҭаацәа шаҟа игәырӷьоз! Дара Ели дхәыҷаахыс Иегова игәыбылра идыркуан (2 Тим. 3:14, 15). Урҭ рџьабаа мыӡӡеитc.
18. Ирашәҳәарызи зхәыҷқәа Иегова игәыбылра дзыркырц зҭаху аҭаацәа?
18 Аҭаацәа, шәара аԥхьаҟа Иегова имаҵ зуло абиԥара рааӡара шәнапы иануп! (Аԥсал. 78:4—6). Уи ус имариаӡам. Шәҳарҽхәар ҳҭахуп ишәыду аҭакԥхықәра гәыкала анагӡара шәахьазнеиуа. Анаҩсгьы шәхәыҷқәа «Иегова ишиҳәо еиԥш шәрылабжьо, ахшыҩ дырҵо ишәааӡала» (Еф. 6:4, АдҾ). Убасҟан бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб дшәыргәырӷьалоит!
АШӘА 135 Иегова гәыкала уааиԥхьоит: «Уҟәышыз, сԥа»
a Ахәыҷқәа змоу ақьырсианцәа рхәыҷқәа даара бзиа ирбоит. Урҭ рхәыҷра бзиазарц азы акгьы рыгдырхаӡом. Аха дара еилыркаауеит рхәыҷқәа Иегова иҩызахар шхадоу. Убри аҟынтә дара ирылшо зегь ҟарҵоит. Шәааи уи аҿы аҭаацәа ирыцхраауа абиблиатә принципқәа ԥшьба еилҳаргап.
b Шәахәаԥш авидеонҵамҭа «Абилиуи Улеи Аморим. Иегова ахәыҷқәа рааӡашьа ҳирҵеит» асаит jw.org аҿы.
c Шәаԥхьа 2012 шықәса апрель 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану астатиа «Библия меняет жизнь».
d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аб ихәыҷы иҩыза диабадырырц азы ампыл дрыцасуеит.