Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w22 маи ад. 20—25
  • Есыҽны иҳацхраауа аҟәыӷара зҵоу алабжьарақәа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Есыҽны иҳацхраауа аҟәыӷара зҵоу алабжьарақәа
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АԤАРА ҲАЗЫҞАЗАР ШҲАХӘҬОУ
  • АУСУРА ҲАЗЫҞАЗАР ШҲАХӘҬОУ
  • ҲХЫ ҲАХӘАԤШЛАР ШАКӘУ
  • «Егьырҭ реиҳа Сара бзиа субауоу?»
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • «Зыхә ҳараку аҟәыӷареи адырреи»
    «Усышьҭаланы уаала»
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
w22 маи ад. 20—25

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 22

Есыҽны иҳацхраауа аҟәыӷара зҵоу алабжьарақәа

«Иегова аҟәыӷара уиҭоит» (АЖӘАМ. 2:6).

АШӘА 89 Аӡырҩра азылԥхарақәа аанагоит

АХҲӘААa

1. Избан ҳара зегьы аҟәыӷара еизҳарҳалар зҳахәҭоу? (Ажәамаанақәа 4:7).

ААМҬА-ААМҬАЛА ҳара зегьы ихадоу аӡбарақәа рыдкылара ҳақәшәоит. Усҟан Иегова аҟәыӷара ҳаиҭарц ҳиҳәоит, избанзар уи ада ԥсыхәа ҳамаӡам (Иак. 1:5). Убри азоуп Соломон изиҩыз: «Зегь раасҭа ихадоу аҟәыӷара ауп». (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 4:7.) Ҳәарада, Соломон ус баша ҟәыӷарак акәӡам зыӡбахә иҳәоз. Иара Иегова иуиҭо аҟәыӷара ауп зыӡбахә имаз (Ажәам. 2:6). Аха ихәарҭоума иахьагьы Соломон иажәақәа? Иҳацхрааҵәҟьома Анцәа иуиҭо аҟәыӷара иахьа ҳзықәшәо ауадаҩрақәа рыӡбара? Ҳәарада иҳацхраауеит. Шәааи уи ҳалацәажәап.

2. Иҳацхраауазеи уаҩ ҟәыӷаны аҟалара?

2 Ажәытәан инхоз, аҟәыӷара змоу ҳәа еицырдыруаз ҩыџьа ахацәа рыӡбахә еиҳагьы еиӷьны еилаҳкаар, насгьы ирҳәоз ҳақәныҟәалар, ҳхаҭагьы ҳҟәыӷахоит. Руаӡәк Соломон иоуп. Абиблиа иаҳәоит, Анцәа Соломон уаҩ иимбац аҟәыӷареи аилкаареи шииҭаз (1 Аҳ. 4:29). Егьи Иисус Христос иоуп. Иара иеиԥш аҟәыӷара змаз аӡә дыҟамызт (Матф. 12:42). Иисус изкны аԥааимбаражәагьы ҳәан: «Иара имазаауеит Иегова идоуҳа, аҟәыӷареи аилкаареи рдоуҳа» (Ис. 11:2).

3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

3 Соломони Иисуси Анцәа иҟынтә аҟәыӷара ахьрымаз абзоурала, иахьа иҳахәаша алабжьарақәа ҳарҭеит. Ари астатиаҿы урҭ рҟынтә хԥа ҳрылацәажәоит: аԥареи аусуреи ҳарзыҟазар шҳахәҭоу, насгьы ҳхы ҳазыҟазар шакәу.

АԤАРА ҲАЗЫҞАЗАР ШҲАХӘҬОУ

4. Излеиԥшымзи Соломони Иисуси рҭагылазаашьақәа?

4 Соломон амал далажьын, иааиҭахыз зегь иман (1 Аҳ. 10:7, 14, 15). Аха Иисус изы ус ҳазҳәаӡом. Иара имаз рацәамызт, аҩнгьы имамызт (Матф. 8:20). Урҭ рҭагылазаашьақәа шеиԥшымызгьы, рҩыџьагьы амал ииашаны иазыҟан, избанзар аҟәыӷара рызҭоз Анцәа Иегова иакәын.

5. Дышԥазыҟаз Соломон аԥара?

5 Соломон аԥара ушахьчо мап ацәикуамызт (Еккл. 7:12). Ус иагьыҟаҵәҟьоуп: аԥара ҳхарџьқәа хнаҩоит, зны-зынла ҳзеилаҳауагьы ҳаанархәоит. Соломон дышбеиазгьы, аԥара зегь раасҭа ишхадам еиликаауан. Иаҳҳәап, иара иҩит: «Ахьӡ бзиа амал ду аасҭа еиӷьуп» (Ажәам. 22:1). Иара убас Соломон иазгәеиҭеит аԥара бзиа избо ауаа ахаан рыԥсы шымҭәуа (Еккл. 5:10, 12). Уи адагьы, иара иҳәон амал ақәгәыӷра шыхшыҩдароу, избанзар уи иахьа иҟазаргьы уаҵәы иҟамлар ауеит (Ажәам. 23:4, 5).

Ихадоузеи сара сзы еиҳа: аԥара акәу Иегова имаҵ аура акәу? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 6, 7.)d

6. Дышԥазыҟаз Иисус аԥара? (Матфеи 6:31—33).

6 Иисусгьы амал ииашаны дазыҟан. Иаҳҳәап, иара афатә бзиеи арыжәтә бзиеи игәаԥхон (Лука 19:2, 6, 7). Ишәгәалашәома раԥхьаӡа иҟаиҵаз аџьашьахәы? Иара аӡы аҩы бзиа алихит (Иоанн 2:10, 11). Даныԥсуаз аҽынгьы зыхә цәгьаз амаҭәа ишәын (Иоанн 19:23, 24). Аха иара изы аԥара зегь раасҭа ихадаӡамызт. Иара иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Ҩыџьа аҳцәа рымаҵ аура аӡәгьы илшом... Анцәагьы амазарагьы узеицбом» (Матф. 6:24). Иисус иҳәан еиԥш, ҳаԥсҭазаараҿы Анцәа Иаҳра зегь раасҭа ихадазар, Иегова зда ԥсыхәа ыҟам зегь ҳаиҭалоит. (Шәаԥхьа Матфеи 6:31—33.)

7. Хәарҭас изаанагазеи Дениел аԥара арҳара дахьашьҭамыз?

7 Аԥара ҳазыҟазар шҳахәҭоу иазку апринципқәа зыцхраахьоу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рацәаҩуп. Абар ҿырԥштәык. Аҭаацәара иаламлац Дениел зыхьӡу аиашьа иҳәоит: «Саныхбыџыз исыӡбеит Иегова имаҵ аура сара сзы зегь раасҭа ишхадазаауа». Дениел аԥара арҳара дашьҭамызт, убри аҟынтә Иегова изы иҟаиҵаз рацәоуп, Вефиль аҿгьы амаҵ аура дахьӡеит. Иара иациҵоит: «Аиаша шәасҳәап, ари аҩыза амҩа ахьалысхыз зныкгьы сахьымхәӡацт. Сара сзы аԥара зегь раасҭа ихадазҭгьы, ҳәарада, ирацәаны аԥара сырҳарын. Аха исырҳаз аҩызцәа аԥара иузадкылома? Иегова имаҵ аура исзаанаго агәырӷьара ԥарала иузаахәарызма? Иегова исзыҟаиҵахьоу ахаан ԥарала иузаахәомызт». Ҳаԥсҭазаараҿы аԥара акәымкәа, Анцәа имаҵ аура ауп зегь раасҭа ихадазар акәу.

АУСУРА ҲАЗЫҞАЗАР ШҲАХӘҬОУ

8. Излоубарҭоузеи Соломон аусура ииашаны дшазыҟаз? (Екклезиаст 5:18, 19).

8 Ҳџьабаа иаанаго агәырӷьара Соломон «Анцәа иҳамҭа» ҳәа азиҳәеит. (Шәаԥхьа Екклезиаст 5:18, 19.) Иара иҩит: «Иарбан џьабаазаалак ахәарҭа аанагоит» (Ажәам. 14:23). Урҭ баша иҳәаз жәақәамызт. Соломон ихаҭагьы ирацәаны аџьабаа ибон. Иара аҩнқәа иргылон, абаҳчақәеи аӡахәаҭрақәеи иман, иара убас ақалақьқәа иргылон (1 Аҳ. 9:19; Еккл. 2:4—6). Соломон ари зегь аџьабаа адибалон, насгьы, ҳәарада, уи агәырӷьара изаанагон. Аха даҽа ганкахьала Соломон еиликаауан анасыԥ умазарц азы уи мацара шазымхо. Убри аҟынтә иара гәыкала Иегова имаҵ иуан. Иаҳҳәап, быжь-шықәса рыҩныҵҟа Иегова изы идыргылоз аныҳәарҭа аргылара дахагылан (1 Аҳ. 6:38; 9:1). Еиԥшымыз урҭ аусқәа иҽанрылаирхә ашьҭахь иара еиликааит Иегова имаҵ аура зегь раасҭа ишхадоу. Иара иҩит: «Абар иҳәаз зегь ҵакыс иамоу: Анцәа уицәшәала, насгьы иԥҟарақәа урықәныҟәала» (Еккл. 12:13).

9. Иабантәиаадыруеи Иисус изы аусура зегь раасҭа ишхадамыз?

9 Иисусгьы ирацәаны аџьабаа ибон. Дхәыҷаахыс иара ауасҭара иҵон (Марк 6:3). Уи аҭаацәара ду аҿы изҳауан. Иҭаацәа дахьрыцхраауаз, ҳәарада, ахә ҳаракны иршьон. Иисус днаӡан, убри аҟынтә ауасҭара ицааиуазҭгьы ҟаларын. Инапы иҟанаҵоз зегьы иргәаԥхозар акәхарын. Ҳәара аҭахума, иџьабаа ихаҭагьы агәырӷьара изаанагон. Аха Иисус уи аус мацара акәӡамызт дызҿыз, Анцәа имаҵ ауразгьы аамҭа алихуан (Иоанн 7:15). Ԥыҭрак ашьҭахь, ихы зегь ажәабжьҳәара ианазик, ауаа абас реиҳәеит: «Шәҽышәшәала, иԥхасҭахаша афатә азы акәымкәа... шәыԥсҭазаара наӡаӡазтәуа афатә аиоуразы» (Иоанн 6:27). Ашьхаҿы ииҳәаз ажәахә аҿгьы иҳәеит: «Еизыжәгала амазара ажәҩан аҿы» (Матф. 6:20).

Иарбан ҭыԥу сыԥсҭазаараҿы аусуреи Иегова имаҵ ауреи иааныркылалар акәу? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 10, 11.)e

10. Ихьыр алшозеи зусура аиҳабы игәы аҟаҵара иашьҭоу ауаҩы?

10 Иегова иҳаиҭо аҟәыӷара аусура иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбара иҳацхраауеит. Ақьырсианцәа раҳасабала ҳара ҳхатә џьабаала ҳхы ныҟәаҳгоит (Еф. 4:28). Аус ахьаҳуа аиҳабацәа лассы-лассы игәарҭоит ламысцқьарала аус шаҳуа, насгьы ҳшымаашьо. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукы Иегова ишаҳаҭцәа рыхьӡ еиҳагьы иҭыргарц азы иахьа хәлаанӡа аус руеит. Уи иахҟьаны дара рҭаацәа рзы, насгьы аизара аусқәа рзы аамҭа рызхаӡом. Аха ҳара ус ҳмыхьроуп. Иегова имаҵ ауреи аусуреи рхатә ҭыԥқәа рымазароуп.

11. Еиликаазеи Уилиам аусура иазкны?

11 Уилиам зыхьӡу иқәыԥшу аиашьа еиликааит аусура ахатә ҭыԥ амазар шахәҭоу. Аизара аиҳабык уи аҿы аҿырԥш бзиа ииҭеит. Уи уаанӡа иусура аиҳабы иакәын. Уилиам уи изкны иҳәоит: «Иара ихы дамеигӡакәа аџьабаа ибоит, насгьы иклиентцәеи иареи реизыҟазаашьақәа бзиоуп, избанзар иҟаиҵаз ҟаҵоуп. Аха аусура амш ашьҭахь аусура ааныжьны амаҵзуреи иҭаацәеи ихы рзикуеит. Ишәасҳәар сҭахуп, иара анасыԥ змоу ҳәа издыруа ауаа дреиуоуп!»b

ҲХЫ ҲАХӘАԤШЛАР ШАКӘУ

12. Избан иаҳҳәар зҳалшо Соломон раԥхьа ихы ииашаны дахәаԥшуан ҳәа, аха иарбан шьацҳәоу нас дызҿашәаз?

12 Соломон гәыкала Иегова имаҵ иунаҵы ихы ииашаны дахәаԥшуан. Иаҳра аура алагамҭазы иара еиликаауан зегь шилымшоз. Убри аҟынтә ацхырааразы Анцәа диҳәон (1 Аҳ. 3:7—9). Соломон еиликаауан ахышьҭыхра шаҟа ихшыҩдароу. Иара иҳәеит: «Аԥагьара ауаҩы дҭанархоит, ахышьҭыхра — дканажьуеит» (Ажәам. 16:18). Аха Соломон ихаҭа убас ихьит. Иара дԥагьахан, Анцәа изакәанқәа еилеиго далагеит. Иаҳҳәап, азакәан аҿы еилыкка ианын аҳ «аҳәса рацәа ааимгалароуп, игәы ԥхасҭамхарц азы» ҳәа (Ҩынтә. 17:17). Аха Соломон уи иара изкымызшәа игәы иаанагозар ауан. Уи 1 000-ҩык аҳәса иман, урҭ рҟынтә аӡәырҩы амцнцәахәқәа ирымҵахырхәон! (1 Аҳ. 11:1—3). Иҟалап, иара акгьы ихьӡом ҳәа ихы агәра аиргозҭгьы. Ишыҟазаалакгьы, Соломон Иегова дахьизымӡырҩыз ихьӡеит (1 Аҳ. 11:9—13).

13. Избан Иисус аԥагьара шиламыз ҳазхәыцлар зыбзиоу?

13 Иисус дԥагьамызт, убри аҟынтә ихы мыцхәы дазхәыцӡомызт. Иара адгьыл ахь даанӡа Иегова ирацәаны аус дуқәа ицҟаиҵон. Абиблиаҿы иануп: «Жәҩани дгьыли рҿы иҟоу зегьы, иаҳбауагьы иаҳамбауагьы, Иара ила иаԥҵахеит» (Кәал. 1:16). Иҟалап Иисус иҽанӡааих ашьҭахь, ажәҩан аҿы Иаб иааигәара даныҟаз иҟаиҵоз зегь игәалашәазар (Матф. 3:16; Иоанн 17:5). Аха иара уи дамырԥагьаӡеит. Иисус ахаан ихы ҳареикӡомызт. Иара иҳәеит адгьыл ахь дзааз «имаҵ руларазы акәым, амаҵ иурци Ихаҭа иԥсҭазаарала шьардаҩы ҿихырци азы ауп» ҳәа (Матф. 20:28). Уи адагьы иара ииҭахыз аҟаҵара ахаан дашьҭаӡамызт (Иоанн 5:19). Ҳаргьы, Иисус иеиԥш, аԥагьара ҳаламзароуп.

14. Ишԥаҳацхраауеи Иисус иажәақәа ииашаны ҳхы ахәаԥшра?

14 Иисус иҵаҩцәа рхы ииашаны иахәаԥшларц реиҳәон. Иара зны ииҳәаз ажәақәа ргәы шьҭнахуеит акгьы иаԥсамшәа зхы збо ақьырсианцәа. Иисус иҵаҩцәа абас реиҳәеит: «Уимоу шәара шәхахәыцқәа зегьы ԥхьаӡоуп» (Матф. 10:30). Ус анакәха, жәҩантәи Ҳаб хьаас ҳимоуп, насгьы ҳахә ҳаракны ишьоит. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи, Иегова иара имаҵ ауреи наӡаӡатәи аԥсҭазаареи ҳаԥсоуп ҳәа иԥхьаӡозар, уи диашаӡам ҳәа ҳгәы иаанамгалароуп!

Иҟалар алшозеи схы ииашаны сахәамԥшуазар? (Шәахәаԥш абзац 15.)f

15. а) Ианузеи «Ахьчаратә бааш» ҭыжьымҭак аҿы? б) Шәрыхәаԥш адаҟьа 24 аҿы иану асахьақәа. Ирымбозеи зхы мацара иазхәыцуа ауаа?

15 «Ахьчаратә бааш» ҭыжьымҭак аҿы иҳәан: «Ҳәарада, ҳара ҳҽырԥагьаны ҳхы шьҭаҳхлар ҳҭахӡам. Аха акгьы ҳаԥсам ҳәагьы ҳгәы иаанамгалароуп. Ҳара абзиарақәа шҳалоу, насгьы иҳагу шыҟоу ҳазхәыцны ииашаны ҳхы ахәаԥшышьа ҳҵалароуп. Абар иаҳәшьак уи иазкны илҳәаз: „Сара зегьы среиӷьӡам, аха зынӡагьы суаҩы цәгьаӡам. Ауаа зегь реиԥш, саргьы аҟазшьа бзиақәагьы сылоуп, исыгугьы ыҟоуп“»c. Игәашәҭама убас еиԥш ҳхы ҳахәаԥшлар зыбзиоу?

16. Избан Иегова аҟәыӷара зҳаиҭо?

16 Абиблиа ала Иегова аҟәыӷара ҳаиҭоит, избанзар иара бзиа ҳаибоит, аԥсҭазаара ҳалагәырӷьаларгьы иҭахуп (Ис. 48:17, 18). Иегова данҳаргәырӷьо ауп ҳаԥсҭазаара ииашаны ҳхы ианаҳархәо. Уи ауп анасыԥгьы ҳзаазго. Убасҟан аԥареи аусуреи ииашаны ирзыҟам, насгьы зхы ииашаны иахәамԥшуа ауаа ирыхьуа агхақәа ҳахьӡом. Ажәамаанақәа 23:15 аҿы Иегова ҳара зегьы хаҭа-хаҭала иҳаиҳәоит: «Уҟәышхар, саргьы сгәырӷьалоит». Шәааи иара дҳаргәырӷьалап!

ИШԤАҲАЦХРААУЕИ АҞӘЫӶАРА ЗҴОУ СОЛОМОНИ ИИСУСИ РЫЛАБЖЬАРАҚӘА...

  • аԥара ииашаны азыҟазаара?

  • аусура ииашаны азыҟазаара?

  • ҳхы ииашаны ахәаԥшра?

АШӘА 94 Аџьшьара ааҳарԥшуеит Анцәа Иажәазы

a Соломони Иисуси ажәытәан инхоз ахшыҩ ду змаз уаан. Аха ирызҭодаз дара аҟәыӷара? Анцәа Иегова. Урҭ аԥареи аусуреи ҳарзыҟазар шҳахәҭоу, насгьы ҳхы ҳахәаԥшлар шакәу аганахь ала Анцәа идоуҳа зҵоу алабжьарақәа ҳарҭеит. Ари астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит иҟәыӷоу урҭ алабжьарақәа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыԥсҭазаараҿы ишрыцхрааз.

b Шәаԥхьа 2015 шықәса, февраль 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану астатиа «Аусура агәырӷьара ҳзаанагаларц».

c Шәаԥхьа 2005 шықәса, август 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану астатиа «Библия поможет обрести радость».

d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Иқәыԥшу аишьцәа Џьони Томи еизарак аҿы амаҵ еицыруеит. Џьон иахьа хәлаанӡа имашьына быбыцк ақәымшәандаз ҳәа давагьежьуеит. Том иакәзар, имашьына ала аишьцәеи аиҳәшьцәеи ажәабжьҳәареи аизарақәеи рахь игоит.

e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Џьон иусура аиҳабы игәы ҟаиҵарц азы аусура ашьҭахьгьы даангыланы аус иуеит. (Аусура ашьҭахь даангыларц иҳәацыԥхьаӡа дақәшаҳаҭхоит.) Уи ахәылԥазы, маҵзуратә цхырааҩыс амаҵ зуа Том, аизара аиҳабы дицны аиаҳәшьа лбара дцоит. (Уи аԥхьа иара иусура аиҳабы иеиҳәеит амчыбжь аҩныҵҟа мышқәак алхны хәылбыҽхала ажәабжь шиҳәо.)

f АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Џьон ихы ада ак ибом. Аха зегь раԥхьаӡа адоуҳатә усқәа ирызхәыцуа Том, Аконгрессқәа рзалқәа рыргылара иҽахьалаирхәуаз аҩызцәа ҿыцқәа иԥшааит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра