АШӘА 94
Аџьшьара ааҳарԥшуеит Анцәа Иажәазы
- 1. Иуаҳҭоит аџьшьара, Иегова Ҳанцәа, - Иахьҳаилуркааз Уажәа, иаҳзеиӷьу рацәа, - Иаҳдыруеит, Аԥшьаҩыра доуҳала ишаԥҵоу. - Иҳазҭо адырра лашара иароуп. 
- 2. Иҳацхраауеит шьарда Ҳаб Иажәа, ԥсы зхоу, - Еилаҳкаартә еиԥш ҳхәыцшьа, нас ҳгәаҵа иҭоу. - Уусӡбарақәа қьиоуп, уԥҟарақәагь наӡоуп, - Урҭ роуп ҳа ҳнапхгара, есқьынагь ҳзааӡо. 
- 3. Аԥхарра ду аҵоуп Аҩыра зегьы! - Ианыҩуеит уа аԥааимбарцәа рыбжьы. - Иҳаҭ амч ҳхы иаҳархәартә ҳаԥсҭазааратә мҩаҿы, - Ҭабуп, Иегова, уа Уажәа азы! 
(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 19:9; 119:16, 162; 2 Тим. 3:16; Иак. 5:17; 2 Пиотр 1:21.)