АШӘА 78
Анцәа Иажәа дҳарҵоит
- 1. Ҳазшаз дизылԥхоит, хымԥада, - Уи Иажәа дзырҵало. - Ҳаҭыр узақәҵар изакәан, - Иеиҳау насыԥ ҟалом. - Гәыблыла идирҵон Иисус,— - Ҳаиҿымԥшуеи зегь иара. - Изҵо зегь бзиа иаҳбалароуп, - Урҭ дхарҵаларц Анцәа. 
- 2. Ирбароуп, ҳшыҟоу ҳгәы ҭыӷьӷьаа, - Ирбааит ҳа ҳқьиара. - Ауаа лашароуп идҳарбо, - Аҵабырг дырҵауа. - Ҳазхәыцны Ажәа ҳаԥхьалоит,— - Амал ҵәахуп убра. - Иреиӷьу ажәабжь жәлар ираҳҳәар, - Нас ҳбеиамхои ҳара. 
- 3. Ҳаб иаҳҭаху зегь ҳаимҭои, - Уи Иажәа дҳарҵаларц. - Ҳаниҳәауа аҭак ҟаиҵоит, - Мҩа иаша ҳирбаларц. - Нцәа Иажәала ҳанхоит иахьа, - Ҳа ҳаҟоуп ажәабжь ҳҳәартә. - Иҭынчу ҳрыцхраауеит гәыблыла, - Христос иус наӡартә. 
(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 119:97; 2 Тим. 4:2; Тит 2:7; 1 Иоанн 5:14.)