АҴАРАЗЫ АСТАТИА 52
Аҭаацәа, шәхәыҷқәа Иегова иахь абзиабара рылашәааӡала
«Аԥацәа [«ахшара», АԤ] — Иегова иуиҭаз... ҳамҭақәоуп» (АԤСАЛ. 127:3).
АШӘА 134 Ахшара — Иегова иҟынтә аҭынха
АХҲӘААa
1. Иарбан ҭакԥхықәроу Иегова аҭаацәа ириҭаз?
ИЕГОВА раԥхьатәи хаҵеи-ԥҳәыси ахәыҷқәа рымазарц азы агәаҳәара рылаҵаны ишеит. Абиблиаҿы иануп: «Аԥацәа [«ахшара», АԤ] — Иегова иуиҭаз... ҳамҭақәоуп» (Аԥсал. 127:3). Иаанагозеи уи? Иаҳҳәап, шәҩыза гәакьа ирацәаны аԥара шәиҭеит изышәҵәахырц азы. Иарбан цәаныррақәоу ишәызцәырҵрыз? Иҟалап шәыгәра ахьигаз шәара шәзы ҳаҭыр дузар, аха уеизгьы ишәиҭаз аԥара шәцәыӡыр ҳәа шәшәоит. Иегова зегь иреиӷьу Ҩызоуп, иара аҭаацәа аԥара аасҭа зыхә ҳараку ак риҭеит — рхәыҷқәа ирыхӡыӡааларц, насгьы анасыԥ рымазарц азы ирылшо зегь ҟарҵаларц рыдиҵеит.
2. Иарбан зҵаарақәоу еилҳарго?
2 Изыӡбода хаҵеи-ԥҳәыси ахшара дроуру-дырмоуру, насгьы дроуазар, уи данроуша? Иҟарҵар рылшозеи аҭаацәа, рхәыҷқәа анасыԥ рымазарц азы? Шәааи еилҳаргап хаҵеи-ԥҳәыси иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара ирыцхраауа принципқәак.
ХАҴЕИ-ԤҲӘЫСИ РЫӠБАРА ПАТУ АҚӘЫШӘҴАЛА
3. а) Изыӡбода хаҵеи-ԥҳәыси ахәыҷқәа роуру-ирмоуру? б) Иарбан библиатә принципқәоу хаҵеи-ԥҳәыси рҭаацәеи рҩызцәеи зықәныҟәалар рыхәҭоу?
3 Культурақәак рҿы ауаа ргәы иаанагоит хаҵеи-ԥҳәыси аҭаацәара анаԥырҵалак ашьҭахьҵәҟьа ахшара дроур ауп ҳәа. Убри аҟынтә рҭаацәеи егьырҭ ауааи иаразнак ахәыҷқәа шәоур ауп ҳәа рарҳәозар ауеит. Азиа инхо Џьетро иҳәоит: «Аизараҿы ахәыҷқәа змоу аҭаацәа шьоукы ахәыҷқәа змам еснагь ирарҳәоит ахәыҷқәа шәоур ауп ҳәа». Абар Азиа инхо Џьеффри ииҳәо: «Ахәыҷқәа змоу аҭаацәа шьоукы ахәыҷқәа змам ирарҳәоит шәанажәлак аӡы шәзыржәуагьы дшәоуам ҳәа». Аха хаҵеи-ԥҳәыси рхала ирыӡбар ауп ахәыҷқәа роуру-ирмоуру. Уи дара ирыду ҭакԥхықәроуп (Гал. 6:5). Ҳәарада, ҿыц еибагаз рҭаацәагьы рҩызцәагьы урҭ насыԥ рымазарц рҭахуп. Аха зегьы еилыркаауазар ауп урҭ ахәыҷқәа роуру-ирмоуру рхала ишырыӡбо (1 Фес. 4:11).
4, 5. Иарбан зҵаарақәоу ахаҵеи аԥҳәыси злацәажәар рыхәҭоу, насгьы ианбарыхәҭоу уи аҟаҵара? Иҳаилшәыркаа.
4 Ахшараиура зыӡбо хаҵеи-ԥҳәыси ихадоу ҩ-зҵаарак ирылацәажәароуп. Актәи, ианбарҭаху ахшара дроурц? Аҩбатәи, шаҟаҩы ахшара рҭахыда? Ианбахәҭоу урҭ азҵаарақәа рылацәажәара? Насгьы избан арҭ азҵаарақәа абас изхадоу?
5 Абжьааԥны ари азҵаара ахаҵеи аԥҳәыси еибагаанӡа иалацәажәароуп. Избан? Избанзар даара ихадоуп аҩыџьагьы уи азҵаара аганахь ала еиқәшаҳаҭны иҟазарц. Иара убас дара уи аҭакԥхықәра анагӡара иазхиоу-иазхиаму иазхәыцроуп. Шьоукы ирыӡбеит шықәсык-ҩышықәса иааԥшырц, аҭаацәаратә ԥсҭазаара иашьцыларц азы. Уи абзоурала дара еиҳа еизааигәахоит. Аха ахшара дроур, раамҭеи рымчи ахәыҷы изырклар акәхоит (Еф. 5:33).
6. Ирыӡбазеи шьоукы ихьанҭоу аамҭақәа раан ҳахьынхо азы?
6 Нои иԥацәа рыҳәсеи дареи шааибагазҵәҟьа ахшара рмоуӡеит. Ақьырсианцәа шьоукы урҭ ирҿыԥшырц рыӡбеит (Аҟаз. 6:18; 9:18, 19; 10:1; 2 Пиотр 2:5). Иисус ҳаамҭа Нои иаамҭақәа ирыҿирԥшит. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп ихьанҭоу «аҵыхәтәантәи амшқәа» рзы ҳшынхо (Матф. 24:37; 2 Тим. 3:1). Убри аҟынтә шьоукы ахшара аиура иахымыццакырц рыӡбеит, ақьырсиантә маҵзура аҽалархәразы еиҳаны аамҭа рымазарц азы.
Аҟәыӷара злоу хаҵеи-ԥҳәыси ахшара дроуру-дырмоуру, насгьы шаҟаҩы ахшара роуша анырыӡбо, Лука 14:28, 29 иану апринцип иазхәыцуеит (Шәахәаԥш абзац 7.)c
7. Ирыхәар шԥалшо хаҵеи-ԥҳәыси Лука 14:28, 29, насгьы Ажәамаанақәа 21:5 ирну апринципқәа?
7 Аҟәыӷара злоу хаҵеи-ԥҳәыси ахшара дроуру-дырмоуру, насгьы шаҟаҩы ахшара роуша анырыӡбо, Лука 14:28, 29 (шәаԥхьа) иану апринцип иазхәыцуеит. Абааш зыргыларц зҭаху иеиԥш дара аԥара рымоу-ирымаму иазхәыцуеит. Ахәыҷқәа змоу аҭаацәа ибзианы ирдыруеит ахәыҷқәа рааӡаразы аԥара адагьы, аамҭеи амчи шаҭаху. Даараӡа ихадоуп хаҵеи-ԥҳәыси рзы абарҭ азҵаарақәа рызхәыцра: «Аус ҳаулар акәхома ҳҩыџьагьы зда ԥсыхәа ыҟам ҳамазарц азы? Еиқәшәома ҳгәаанагара „зда ԥсыхәа ыҟам“ закәу аганахь ала? Ҳҩыџьагьы аус ҳаулар, избалода ҳхәыҷқәа? Ианырлода рхәыцшьеи рхымҩаԥгашьеи?» Абарҭ азҵаарақәа ҭынч ирылацәажәо хаҵеи-ԥҳәыси Ажәамаанақәа 21:5 (шәаԥхьа) иану апринцип иқәныҟәоит.
Зыԥҳәыс илеиҷаҳауа ахаҵа иԥҳәыс длыцхрааларц азы илшо зегь ҟаиҵалоит (Шәахәаԥш абзац 8.)
8. Иарбан уадаҩрақәоу ақьырсиантә ҭаацәа зызхиазар рыхәҭоу, насгьы иҟаиҵалозеи зыԥҳәыс илеиҷаҳауа ахаҵа?
8 Ангьы абгьы ахәыҷы раамҭеи рымчи изырклароуп, иара уи даԥсоуп. Аха аҭаацәа ирацәаны ахәыҷқәа рымазар, насгьы урҭ рацәак рыбжьамзар, зегьы аамҭа рызкра рцәыцәгьахар ауеит. Ахәыҷы рацәа змоу аҭаацәа шьоукы ирҳәоит даараӡа ишааԥсо. Ан лымчқәа лылӡаар, насгьы лгәы каҳар ауеит. Лара илцәыцәгьахар ауеит аҭҵаара амҩаԥгареи, Анцәа иҳәареи, иааиԥмырҟьаӡакәа ажәабжь аҳәареи, иара убас аизарақәа рҿы аӡырҩреи илаҳауа ахәарҭа алхреи. Ҳәарада, зыԥҳәыс илеиҷаҳауа ахаҵа илшо зегь ҟаиҵалоит иԥҳәыс длыцхраарц азы аҩнгьы аизараҿгьы. Иаҳҳәап, иара иԥҳәыс аҩнусқәа рынагӡара длыцхраауеит. Иара убас иара аҭаацәаратә мҵахырхәара зегьы ахәарҭа рзаанагартә еиԥш амҩаԥгара иҽазишәоит. Уи адагьы, иааиԥмырҟьаӡакәа иҭаацәа ажәабжь рыциҳәоит.
ШӘХӘЫҶҚӘА ИЕГОВА ИАХЬ АБЗИАБАРА РЫЛАШӘААӠАЛА
9, 10. Иҟарҵар акәзеи зхәыҷқәа ирыцхраар зҭаху аҭаацәа?
9 Ишԥарылшо аҭаацәа рхәыҷқәа Иегова иахь абзиабара рыларааӡар? Ишԥарылшо адунеи анырра цәгьа иацәырыхьчар? Шәааи лабжьарақәак еилҳаргап.
10 Ацхырааразы Иегова шәиҳәала. Шәазхәыц Самсон иани иаби рҿырԥштәы. Манои ианеиликаа иԥҳәыси иареи аԥа дышроуа, Иегова диашьапкны иҳәара далагеит ахәыҷы дшырааӡаша дирҵарц азы.
11. Ишԥарылшо ахәыҷқәа змоу ақьырсианцәа Аӡбаҩцәа 13:8 аҿы зыӡбахә ҳәоу Манои иҿыԥшлар?
11 Босниеи Герцеговинеи инхо Нихади Алмеи Манои иҿырԥштәы рыхәеит. Дара ирҳәоит: «Манои иеиԥш ҳара Иегова ҳиашьапкны ҳиҳәон ахәыҷқәа ибзианы рааӡара дҳацхраарц азы. Иегова ҳаҳәарақәа рҭак ҟаиҵеит Абиблиеи уи шьаҭас измоу апубликациақәеи рыла, насгьы аизарақәеи аконгрессқәеи рыла». (Шәаԥхьа Аӡбаҩцәа 13:8.)
12. Иарбан ҿырԥшу Иосифи Мариеи рхәыҷқәа иддырбоз?
12 Аҿырԥш бзиа дшәырбала. Шәажәақәа ахәыҷқәа рзы аҵак ду рымоуп, аха еиҳарак ихадоу шәхы шымҩаԥыжәго ауп. Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иосифи Мариеи рхәыҷқәа, Иисусгьы дналаҵаны, аҿырԥш бзиа шыддырбоз. Иосиф иҭаацәа ныҟәигаларц азы ирацәаны аус иуан. Аха уи адагьы, иара иҭаацәа Иегова имаҵ руларц ргәазҭеиҵон (Ҩынтә. 4:9, 10). Иосиф Мшаԥы азгәаҭаразы есышықәса Иерусалимҟа данцоз Азакәан иднаҵомызт уахь иҭаацәа игаларц, аха иара уеизгьы урҭ игон (Лука 2:41, 42). Усҟантәи аамҭазы ахацәа аӡәырҩы ргәы иаанагозар ҟаларын аҭаацәара зегьы Иерусалимҟа ргара цәгьоуп ҳәа, избанзар амҩа харан, ахарџьгьы ацын. Аха Иосиф адоуҳатә усқәа рыхә ишьон, ихәыҷқәагьы уи дирҵон. Мариагьы Аҩыра ибзианы илдыруан. Лажәақәеи лусқәеи рыла лара лхәыҷқәа Анцәа Иажәахь абзиабара рылалааӡон.
13. Ишԥарҿыԥшуаз ҭаацәарак Иосифи Мариеи?
13 Хыхь зыӡбахә ҳәаз Нихади Алмеи Иосифи Мариеи ирҿыԥшлар рҭахын. Ишԥарыцхрааи уи рыҷкәын Иегова иахь абзиабара илааӡара, насгьы имаҵ аура далагарц игәазҭаҵара? Дара ирҳәоит: «Ҳхымҩаԥгашьала ҳара ҳаҷкәын иҳарбон Иегова ипринципқәа рыла анхара шаҟа ибзиоу». Нихад иациҵоит: «Шәхаҭа шәхәыҷы дзеиԥшрахар шәҭаху уаҩны шәыҟаз».
14. Избан аҭаацәа рхәыҷқәа зцу рдыруазар зрыхәҭоу?
14 Шәхәыҷы аҩызцәа бзиақәа ралхра шәицхраа. Ангьы абгьы ирдыруазар ауп рхәыҷқәа зцу, насгьы аамҭа шырхырго. Иара убас ирдыруазар ауп рхәыҷқәа асоциалтә каҭақәеи ҭеллеи изацәажәо. Шәхәыҷқәа зацәажәо рхәыцшьеи рхымҩаԥгашьеи ирныруеит (1 Кор. 15:33).
15. Иднарҵозеи аҭаацәа Џьесси иҿырԥштәы?
15 Иҟарҵар рылшозеи аҭаацәа акомпиутерқәеи аелектронтә хархәагақәеи рхархәашьа цқьа ирзымдыруазар? Филиппинқәа рҿы инхо Џьесси зыхьӡу абык иҳәоит: «Ҳара атехнологиақәа ирызкны иаҳдыруа маҷуп. Аха уи ҳԥырхагамхеит урҭ ирыцу ашәарҭарақәа ҳхәыҷқәа рзеиҭаҳәара». Џьесси аелектронтә хархәагақәа рхархәашьа цқьа иахьизымдыруа азы ихәыҷқәа урҭ рхы иадырхәалар ҟалом ҳәа имыӡбаӡеит. Иара иҳәоит: «Схәыҷқәа аелектронтә хархәагақәа рхы иадырхәаларц ргәазҭасҵон иҿыцу бызшәак рҵарц, аизарақәа рҽырзыҟарҵарц, есыҽны Абиблиа иаԥхьаларц азы». Аҭаацәа, еицеилшәыргахьома шәхәыҷқәеи шәареи СМС-аацҳарақәа рынашьҭреи апатреҭқәа аинтернет аҭагалареи ирызку ҳсаит jw.org® аҿы иҟоу астатиақәа? Урҭ шәыԥшаар шәылшоит аҟәша «Ахбыџқәа» аҿы. Шәеицрыхәаԥшхьома абарҭ авидеонҵамҭақәа: «Аелектронтә хархәагақәа. Уара урҭ ураԥшәымоума, мамзаргьы тәыс урымоу?», насгьы «Асоциалтә каҭақәа ҟәыӷарала ухы иархәала!»b? Арҭ амыругақәа рыбзоурала шәара ишәылшоит шәхәыҷқәа аелектронтә хархәагақәа ҟәыӷарала рхархәашьа дшәырҵар (Ажәам. 13:20).
16. Иҟарҵозеи аҭаацәа аӡәырҩы, насгьы иарбан лҵшәақәоу уи иаанаго?
16 Аҭаацәа аӡәырҩы рхәыҷқәа ирыцхраауеит Анцәа имаҵ аураҿы аҿырԥш бзиа рызҭо аҩызцәа аамҭа рыцыхгара. Иаҳҳәап, Кот-д’Ивуар инхо Н’Дении Бомини лассы-лассы рыҩнаҿы араионтә хылаԥшҩы дрыдыркылон. Н’Дени иҳәоит: «Уи ҳԥа даараӡа ицхрааит. Иара пионерс амаҵ аура далагеит, уажәы араионтә хылаԥшҩы ихаҭыԥуаҩ иеиԥш амаҵ иуеит». Ишәылшома шәхәыҷқәа абас еиԥш иҟоу ауаа рыҿцәажәара шәрыцхраар?
17, 18. Ианбалагар акәзеи аҭаацәа рхәыҷқәа Абиблиа иану дырҵара?
17 Шәхәыҷқәа аныԥшқоу инаркны Абиблиа иану дшәырҵала. Аҭаацәа рхәыҷқәа Абиблиа иану шаҟа заа дырҵара иалаго аҟара еиҳагьы еиӷьуп (Ажәам. 22:6). Шәазхәыц Тимофеи иҿырԥштәы. Иара ианизҳа апостол Павел амаҵ ицура далагеит. Тимофеи даныхәыҷӡаз инаркны иан Евникеи ианду Лоидеи Анцәа Иажәа иану идырҵон (2 Тим. 1:5; 3:15).
18 Кот-д’Ивуар инхо Жан-Клод иԥҳәыси иареи фҩык ахәыҷқәа рымоуп, дара урҭ рыфҩыкгьы Иегова иахь абзиабара рыларааӡеит, насгьы Иегова имаҵ аура ргәазҭарҵеит. Ирыцхраазеи урҭ? Дара Евникеи Лоидеи ирҿыԥшуан. Абар ирҳәо: «Ҳара ахәыҷқәа аныԥшқаз инаркны, ишааиҵәҟьаз Анцәа Иажәа рхы иҭаҳгалон» (Ҩынтә. 6:6, 7).
19. Иаанагозеи Анцәа Иажәа шәхәыҷқәа рхы аҭагалара?
19 Ҩынтәзакәан 6:6, 7 аҿы «рхы иҭагалала» ҳәа иану ажәа иаанагоит уааҟәымҵӡакәа аӡәы ак ирҵара. Уи азы аҭаацәа рхәыҷқәа еснагь аамҭа рзырклар ауп. Зны-зынла шәгәы каҳалар ауеит шәхәыҷқәа ирашәҳәахьоу зныкымкәа раҳәара ахьшәықәшәо азы. Аха убас ала шәара шәхәыҷқәа Анцәа Иажәа аилкаареи уи инақәыршәаны анхареи шәрыцхраауеит. Убри шәхашәмыршҭлан.
Аҭаацәа ирыӡбароуп рхәыҷқәа Абиблиа иану шыддырҵало (Шәахәаԥш абзац 20.)d
20. Ишԥарыцхраауеи аҭаацәа Аԥсалом 127:4 иану рхәыҷқәа рааӡараҿы?
20 Шәхәыҷқәа рахь азҿлымҳара аашәырԥшла. 127-тәи Аԥсалом аҿы ахәыҷқәа ахҿақәа ирҿырԥшуп. (Шәаԥхьа Аԥсалом 127:4.) Ахҿақәа злыху, насгьы изаҟароу еиԥшымзар ауеит. Убас еиԥш ахәыҷқәагьы еиԥшӡам. Убри аҟынтә аҭаацәа рхәыҷқәа зегьы хаҭа-хаҭала ирызхәыцны ирыӡбароуп иарбан методу дасу еиҳа инаало. Иахьа Израиль инхо хаҵеи-ԥҳәыси ирҳәоит ҩыџьа ахәыҷқәа Иегова имаҵ аура рҭаххартә еиԥш рааӡара ирыцхрааз: «Ҳара ҳхәыҷқәа хаз-хазы Абиблиа дҳарҵон». Ҳәарада, аҭаацәара ахада иӡбоит уи азнеишьа аҭаху-иаҭахыму.
ИЕГОВА ХЫМԤАДА ДШӘЫЦХРААУЕИТ
21. Иарбан цхыраароу аҭаацәа Иегова иҟынтә иззыԥшызар рылшо?
21 Зны-зынла аҭаацәа рхәыҷқәа Абиблиа иану дырҵара рымч ақәхом ҳәа ргәы иаанагалар ауеит, аха ирхадмыршҭлароуп: ахәыҷқәа Иегова иҟынтә ҳамҭоуп. Иара еснагь рыцхраара дазхиоуп. Иегова аҭаацәа рыҳәарақәа зҿлымҳарала дырзыӡырҩуеит, насгьы Абиблиеи апубликациақәеи рыла урҭ рҭак ҟаиҵоит. Уи адагьы, иара урҭ рыҳәарақәа рҭак ҟаиҵар илшоит ахәыҷқәа рааӡараҿы аԥышәа змоу ақьырсианцәа рҿырԥши рылабжьарақәеи рыла.
22. Иарбан зегь иреиӷьу ҳамҭақәоу аҭаацәа рхәыҷқәа ирырҭар рылшо?
22 Лассы-лассы ирҳәоит ахәыҷы иааӡаразы 20 шықәса аҭахуп ҳәа. Аха ахәыҷы шаҟа ихыҵуазаалакгьы, аҭаацәа шҭаацәоу инхоит. Рхәыҷқәа ирырҭар алшо аҟынтә зегь иреиӷьу рыбзиабареи, раамҭеи, Абиблиа иану адыррақәеи роуп. Ахәыҷқәа зегьы арҵара ишақәҿырҭуа еиԥшӡам. Аха Иегова бзиа дызбо аҭаацәа змаз ахәыҷқәа аӡәырҩы Азиа инхо Џьоанна Меи илҳәо иақәшаҳаҭуп: «Сҭаацәа исдырҵаз зегь саназхәыцуа, сара идуӡӡаны иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп амҩа иаша сахьықәырҵаз, насгьы Иегова иахь абзиабара ахьсыларааӡаз азы. Дара аԥсҭазаара мацара акәымкәа, аҵакы змоу аԥсҭазаара сырҭеит» (Ажәам. 23:24, 25). Миллионҩыла ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи уи аиаҳәшьа лцәаныррақәа лыцеиҩыршоит.
АШӘА 59 Иаг дҳарҽхәалап
a Иаԥсоума ахшара аиура? Ааи акәзар, шаҟаҩы? Ирыцхраауазеи аҭаацәа рхәыҷқәа Иегова иахь абзиабара рылааӡара, насгьы имаҵ аура ргәазҭаҵара? Ари астатиаҿы еилҳаргоит иқьырсиану аҭаацәа рҿырԥштәқәа, насгьы арҭ азҵаарақәа рҭак аҟаҵара иҳацхраауа абиблиатә принципқәа.
b Шәахәаԥш иара убас ииун 2018 шықәсазы иҭыҵыз «Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» аҿы астатиа «Асоциалтә каҭақәа. Урҭ ирыцу ашьацҳәақәа ҳҽырцәаҳахьчалар шҳалшо».
c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: иқьырсиану хаҵеи-ԥҳәыси ахшара дроуру-дырмоуру иалацәажәоит, дара ахшараиура иадҳәалоу агәырӷьарагьы уи иацу аҭакԥхықәрақәагьы ирызхәыцуеит.
d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: ани аби рхәыҷқәа хаз-хазы Абиблиа ддырҵоит, избанзар ахәыҷқәа рықәреи рылшарақәеи еиԥшӡам.