АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Иурӷәӷәома уара удоуҳара аброшиура «Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит» ухы иархәаны?
Иумоума уара шьцыларас есыҽны абиблиатә жәеинраалеи, насгьы уи ахь иаагоу акомментариеи аԥхьара, аброшиура «Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит» аҟынтә? Мап акәзар, иулшома уи аматериал аԥхьара есыҽнытәи удоуҳатә усқәа рахь ацҵара? Аӡәырҩы абиблиатә жәеинраалеи акомментариеи шьыжьымҭанла иаԥхьоит, амш аҩныҵҟа русқәа ианырҿу изыԥхьаз иазхәыцларц азы (Иис. Н. 1:8; Аԥсал. 119:97). Аха иҵегь иҟаҳҵар ҳалшозеи? Аконтекст аилкааразы ажәеинраала ахьынтәаагоу абиблиатә цыԥҵәаха уаԥхьа. Иарбан принципу ара иҳаԥшаар ҳалшо? Иудыруама уара даҽа жәеинраалақәак, уи апринцип атәы ахьаҳәо? Анаҩс уазхәыц, уи уԥсҭазаараҿы ухы иархәар шулшо. Аӡбара анудукыло Анцәа Иажәа шьаҭас иҟауҵозар, уи умҩақәнаҵалоит, насгьы уԥсҭазаара еиӷьнатәуеит (Аԥсал. 119:105).
Вефильтәи аҭаацәарақәа адунеи ахьынӡанаӡааӡо есыҽнытәи ажәеинраала шьыжьхьафараан еилдыргоит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа раан урҭ ажәеинраалақәа реилыргара анҵамҭақәа рацәаны JW Broadcasting® аҟәша АДОУҲАТӘ ПРОГРАММАҚӘЕИ АХҬЫСҚӘЕИ ахь иҭагалан. Урыхәаԥшхьоума урҭ ааигәа? Иҟалап, урҭ рҟынтә ҭыжьымҭак аҿы уара иуҭахыҵәҟьоу ак уԥшаар. Ирнырыр шԥалшо Лот иҭоурых уара уӡбарақәа?
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АРИ АДУНЕИ БЗИА ИШӘЫМБАН», АНАҨС АБАРҬ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Иарбан библиатә принципу ари ажәахә шьаҭас иамоу?
Ишԥаҳнарбо Лот изку ажәабжь ари адунеи, иара убас уи иҳаднагало бзиа абара шаҟа ишәарҭоу? (Аҟаз. 13:12; 14:12; 19:3, 12, 13, 24—26).
Иарбан усқәоу, насгьы ӡбарақәоу иаазырԥшуа Иегова бзиа дшаҳбо, ари адунеи акәымкәа?
Иаадырԥшуама амш аҩныҵҟа сусқәа Иегова Иажәа ахә ҳаракны ишысшьо?