Февраль 24 — март 1
АҞАЗААРА 20, 21
Ашәа 108, анцәаиҳәара
Алагалажәа (1 мин)
АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
«Иегова еснагь иқәыргәыӷрақәа наигӡоит» (10 мин)
Аҟаз. 21:1—3. Сарра лцәалтәымкәа дҟалеит, насгьы аԥа длоуит (wp17.5-U 14—15).
Аҟаз. 21:5—7. Иегова ҟалашьа змамыз ҟалартә иҟаиҵеит.
Аҟаз. 21:10—12, 14. Авраами Сарреи ӷәӷәала агәра ргон, Иегова ишынаигӡо Исаак изкыз ақәыргәыӷра.
Адоуҳатә бырлашқәа ҳаԥшаауеит (10 мин)
Аҟаз. 20:12. Избан Авраам Сарра саҳәшьа ҳәа злеиҳәаз? (wp17.3-U 12, албаага).
Аҟаз. 21:33. Ишԥарылеиҳәоз Авраам ауаа Иегова ихьыӡ? (w89-U 1/12 12, абз. 9).
Еилукаазеи уара ари амчыбжь иазалху Абиблиа ахқәа рҟынтә Иегова изкны, ажәабжьҳәара иазкны, мамзаргьы даҽакы иазкны?
Абиблиа аԥхьара (4 мин ма еиҵаны): Аҟаз. 20:1—18 (th аурок 5)
АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ
Ахԥатәи аицәажәара авидеонҵамҭа (5 мин). Аӡырҩцәа злахәу ажәахә. Идырба авидеонҵамҭа, насгьы аӡырҩцәа уразҵаа: дышԥахцәажәеи ажәабжьҳәаҩ абиблиатә цыԥҵәаха, дзацәажәоз ауаҩы иҭагылазаашьа инақәыршәаны? Избан ари зҿырԥш бзиоу иаарԥшыз аинтерес аизырҳаразы?
Ахԥатәи аицәажәара (3 мин ма еиҵаны). Ухы иархәа аицәажәара ахкы (th аурок 4)
Абиблиа аҵара (5 мин ма еиҵаны): bhs 35, абз. 19, 20 (th аурок 3)
АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Амаҵзура иазку есышықәсатәи аҳасабрба (15 мин). Аизара аиҳабы иажәахә. Уаԥхьа амаҵзура иазку есышықәсатәи аҳасабрба атәы ахьаҳәо афилиал аҟынтә асаламшәҟәы. Анаҩс урыҳәа ажәабжьҳәаҩцәа (заа ираҳәа) иҳаҩсыз ашықәсазы амаҵзураҿы ирымаз аинтерес зҵоу ахҭысқәа еиҭарҳәарц.
Аизараҿы Абиблиа аҵара (30 мин): jy-U ахы 105; jyq ахы 105
Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин ма еиҵаны)
Ашәа 119, анцәаиҳәара