АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АҞАЗААРА 27, 28
Иаков иаб изылԥхара иоуеит
Исаак Иаков ииҭаз азылԥхара, аԥааимбартә ҵакы аман.
27:28. Иегова Иаков ихылҵшьҭра ириҭеит ибарақьаҭу, ахши ацхеи меигӡарахда иахьыҟоу адгьыл (Ҩынтә. 26:15).
27:29. Иаков ихылҵшьҭра (израильаа), Исав ихылҵшьҭра (едомаа) раасҭа иӷәӷәахеит (Аҟаз. 25:23; 2 Сам. 8:14).
27:29. Едомаа израильаа рцәымӷын. Убри азы дара шәиин, насгьы ԥыҭрак ашьҭахь уи ажәлар ықәхын (Иез. 25:12—14).