АЖӘАБЖЬ 17
Ҩыџьа еициз, аха ԥшрала иеиԥшымыз
АРҬ аҷкәынцәа зынӡа иеиԥшӡам ԥшрала, ус акәӡами? Иудыруама урҭ ирыхьӡу? Ишәарыцо аҷкәын Исав ихьӡуп, асарақәа ирхылаԥшуа ихьӡуп Иаков.
Еициз Исави Иакови — Исааки Ревеккеи рԥацәа роуп. Исаак даара бзиа дибон иҷкәын Исав, избанзар уи дшәарыцаҩ бзиан. Лассы-лассгьы иҭаацәа афатә рзааигалон. Аха Ревекка Иаков еиҳа бзиа дылбон, избанзар уи дыҷкәына ҭынчын.
Усҟан урҭ рабду Авраам иԥсы ҭан, уазхәыцыргьы улшоит, Иаков шаҟа бзиа ибоз Иегова изкыз уи иажәабжьқәа рзыӡырҩра. Авраам дыԥсит 175 шықәса шихыҵуаз, еициз усҟан 15—15 шықәса рхыҵуан.
Исав 40 шықәса анихыҵуаз, ханаантәи адгьыл аҟынтә ҩыџьа аҳәсақәа ааигеит. Ари даара ргәы иалсит Исааки Ревеккеи, избанзар арҭ аҳәсақәа Иегова иеихырхәомызт.
Нас Исав ӷәӷәала иашьа дызизгәаашаз хҭыск ҟалеит. Исаак иҷкәын еиҳабы даниԥшьаша аамҭа ааит. Исав Иаков дахьиеиҳабыз аҟнытә уи, ҳәарада, дақәгәыӷуан иаб изылԥхарақәа иара иоуп ҳәа. Аха уи аԥхьаҟа уи Иаков иҟны иҭиихьан азылԥхарақәа риуразы имаз азин. Аҷкәынцәа аниуазгьы Анцәа заа иҳәахьан, Иаков шиакәу азылԥхарақәа зауа. Убас иагьыҟалеит. Исаак иҷкәын Иаков диԥшьеит.
Ашьҭахь Исав ари анеиликаа, уи Иаков убысҟак ӷәӷәала дизгәааит, уи дшишьуа ала агәра ииргаратәы. Ари Ревекка даара даргәаҭеиит. Усҟан лхаҵа Исаакгьы иалҳәеит: ‘Иучҳаратәы иҟам, Иаковгьы ханаантәи аҭыԥҳацәа руаӡәк ԥҳәысс дааигар’.
Усҟан Исаак иҷкәын Иаков дааиԥхьан иеиҳәеит: ‘Ханаантәи аԥҳәыс дааумган. Уца Харранҟа, уабду Вафуил иҩныҟа. Уи иҷкәын Лаван иԥҳацәа руаӡәк даага.’
Иаков иаб иҳәатәы хаҵаны иаразнак иуацәа рахь, Харранҟа амҩа хара дықәлеит.