АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АҞАЗААРА 29, 30
Иаков аҭаацәара далалоит
Иаков ихаҿгьы изаагомызт аҭаацәалазаара изаанаго ауадаҩрақәа. Иҳәса Рахильи Лиеи еснагь еицлабуан (Аҟаз. 29:32; 30:1, 8). Иаков аҭаацәараҿы ауадаҩрақәа шимазгьы, иара идыруан Иегова дшаанимыжьыз (Аҟаз. 30:29, 30, 43). Аҵыхәтәаны иара ихылҵшьҭра Израиль ажәлар ракәны иҟалеит (Руфь 4:11).
Аҭаацәара иалало зегьы ауадаҩрақәа рзыԥшуп (1 Кор. 7:28). Ус шакәугьы, аҭаацәара ӷәӷәаны насыԥ рыманы иҟалоит хаҵеи ԥҳәыси Иегова иқәгәыӷуазар, насгьы абиблиатә принципқәа ирықәныҟәозар (Ажәам. 3:5, 6; Еф. 5:33).