АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АҞАЗААРА 40, 41
Иегова Иосиф ихы дақәиҭитәуеит
Иосиф атә иеиԥш дырҭиит, анаҩс абахҭа дҭаркит. Иара Иегова ихы дақәиҭитәаанӡа 13 шықәса раҟара ииашамкәа изныҟәон. Иосиф дгәымбылџьбарамхеит, иара аҟазшьа бзиақәа еизирҳаит (Аԥсал. 105:17—19). Иара еснагь идыруан Иегова иааигәа дшыҟоу. Иҟаиҵози Иосиф иҭагылазаашьақәа рҿы?
Иара дџьабаабаҩын, насгьы уиқәгәыӷыртә дыҟан, убас ала иара Иегова алшара ииҭон азылԥхарақәа иҭаразы (Аҟаз. 39:21, 22).
Иара аус қьиақәа рыҟаҵара иҽырзикуан, дзыргәааз рҿы ашьоура дашьҭамызт (Аҟаз. 40:5—7).
Ишԥасыцхраауеи Иосиф иҿырԥшы ауадаҩрақәа рыхгара?
Иҟасҵалар сылшозеи сара сҭагылазаашьақәа рҿы Армагеддон ааиаанӡа, насгьы Иегова ҳзықәиргәыӷуа аиқәхара ҳаиҭаанӡа?