АҴАРАЗЫ АСТАТИА 3
Иегова ақәҿиара аиура дшәыцхраауеит
«Иегова Иосиф дицын, убри аҟынтә уи дызҿыз аусқәа зегьы рҿы дманшәалан» (АҞАЗ. 39:2).
АШӘА 30 Сыхьчаҩ, Саб, Сҩыза
АХҲӘААa
1, 2. а) Избан аԥышәарақәа ҳанрықәшәо уи зџьаҳамшьо? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
ҲАРА аԥышәарақәа ҳахьрықәшәо џьаҳшьаӡом, избанзар Абиблиаҿы иануп: «Ҳара Анцәа Иаҳрахь ҳнеирц азы имаҷымкәа агәаҟрақәа ҳхаҳгароуп» (Аус. 14:22). Уи адагьы ҳара иаҳдыруеит ҳзықәшәо уадаҩрақәак адунеи ҿыц ҟалаанӡа ишыӡбамхо, усҟан аԥсреи, агәырҩеи, ахьааи уаҳа иҟалаӡом (Аат. 21:4).
2 Иегова аԥышәарақәа ҳарцәихьчаӡом, аха урҭ рыхгара дҳацхраауеит. Иазгәашәҭ апостол Павел Рим инхоз ақьырсианцәа ирзиҩыз. Раԥхьа иара ихаҭеи егьырҭ аишьцәеи зықәшәоз аԥышәарақәа рацәаны еиқәиԥхьаӡеит. Анаҩс абас иҳәеит: «Бзиа ҳазбаз Христос имчала ҳара уи зегь ҳаиааиуеит» (Рим. 8:35—37). Ус анакәха ҳауадаҩрақәа нҵәаанӡагьы Иегова ақәҿиара аиура дҳацхраауеит. Шәааи Иегова Иосиф дышицхраауаз, насгьы шәара дшәыцхраар шилшо ҳахәаԥшып.
ИААЛЫРҞЬАНЫ ЗЕГЬ АҼАНАԤСАХУА
3. Аҽшԥаԥсахи иаалырҟьаны Иосиф иԥсҭазаара?
3 Апатриарх Иаков иԥа, Иосиф, даараӡа бзиа дибон (Аҟаз. 37:3, 4). Иосиф иашьцәа еиҳабацәа уи иахырҟьаны иҵашьыцуа иалагеит. Дара алшара шаароуз еиԥш дырҭиит. Даазхәаз мадиантәи ахәаахәҭыҩцәа ихараз Египетҟа дыргеит. Уа дырҩегь дырҭиит. Даазхәаз Потифар иакәын. Уи афараон дзыхьчоз ауаа дырхагылан. Шаҟа ирласны аҽаԥсахзеи Иосиф иԥсҭазаара: уажәраанӡа бзиа дызбоз иаб иҿы дыҟан, аха уажәшьҭа Египет маҵуҩыс дҟалеит! (Аҟаз. 39:1).
4. Избан Иосиф дзықәшәаз аҭагылазаашьа иеиԥшу ҳақәшәар зҳалшо?
4 Абиблиа иаҳнарбоит дарбанзаалак ауаҩы рыцҳарак дақәшәар шилшо (Еккл. 9:11). Зны-зынла ҳара «ауаа зегь зықәшәо» ауадаҩрақәа ҳрықәшәоит (1 Кор. 10:13). Аха зны-зынла Христос иҵаҩцәа ахьҳакәу азы агәаҟрақәа ҳрықәшәоит. Иаҳҳәап, уи азы ҳара иаҳхыччалар, иаҳҿагылалар, иҳашьҭашәарыцаларгьы алшоит (2 Тим. 3:12). Ҳзықәшәо аԥышәарақәа зеиԥшразаалакгьы, Иегова ицхыраарала урҭ ҳариааир ҳалшоит. Дышԥаицхрааи иара Иосиф?
Иосиф Потифар имаҵуҩ иакәны даныҟалагьы, Иегова уи дирманшәалон. (Шәахәаԥш абзац 5.)
5. Иарбан лкаау Потифар иҟаиҵаз, Иосиф дзакә уаҩыз ангәеиҭа? (Аҟазаара 39:2—6).
5 Шәаԥхьа Аҟазаара 39:2—6. Потифар игәеиҭеит Иосиф дышҟәышыз, насгьы аџьабаа дшацәымшәоз. Уи адагьы иара идыруан Иосиф ус дзыҟаз. Потифар ибон «иусқәа зегьы рҿы Иегова дышицхраауа»b. Ԥыҭрак ашьҭахь иара Иосиф ихазы маҵуҩыс дигеит, насгьы иҩны зегь дахаиргылеит. Уинахыс Иегова Потифар зегь рыла дирманшәалон.
6. Ихы ибозар шԥалшоз Иосиф?
6 Уажәшьҭа ҳазхәыцып Иосиф ихы ибозар шалшоз. Ииҭахызи иара зегь реиҳа? Потифар игәы аҟаҵара акәызма? Иосиф ииҭахыз ахақәиҭра иоуны, иаб иахь ахынҳәра акәызҭгьы ҟаларын. Избанзар Потифар иҩнаҿы аҭакԥхықәра ду шидызгьы, уа маҵуҩыс дыҟан. Иегова Потифар игәазҭеимҵаӡеит Иосиф доуишьҭырц. Уимоу, Иосиф еиҳагьы ицәгьаз аԥышәарақәа изыԥшын.
АҬАГЫЛАЗААШЬА АНЕИЦӘАХО
7. Ишԥеицәахеи Иосиф иҭагылазаашьа? (Аҟазаара 39:14, 15).
7 Аҟазаара 39-тәи ахаҿы иануп Потифар иԥҳәыс Иосиф дышлаԥшықәылҵаз. Лара дааҟәымҵӡакәа дхылхырц дашьҭан. Аха Иосиф еснагь мап лцәикуан. Аҵыхәтәаны лара убриаҟара игәаӷ лкит, лцәа ԥиҽырц иҭахызшәа амц изылҳәеит. (Шәаԥхьа Аҟазаара 39:14, 15.) Потифар уи аниаҳа, Иосиф абахҭа дҭеикит. Уа иара шықәсқәак рыҩныҵҟа дҭакын (Аҟаз. 39:19, 20). Изеиԥшрази Иосиф дахьҭакыз абахҭа? Иосиф ихы иаирхәаз ауриатә ажәа иаанагозар ауеит «аӡеизакырҭа; а́жра» (Аҟаз. 40:15, албаага). Уи иаанарԥшуеит Иосиф дахьҭакыз аҭыԥ лашьцаӡа иҟазар шалшоз, насгьы иҭагылазаашьа ӡбашьа амамшәа ибозар шыҟалоз. Иара убас Абиблиаҿы иануп аамҭак азы Иосиф ашьамҭлаҳәқәа шимӷаз (Аԥсал. 105:17, 18). Ааи, Иосиф иҭагылазаашьа еиҳагьы еицәахеит: маҵуҩыс дахьыҟаз азмырхаӡакәа, зынӡа абахҭа дҭашәеит.
8. Зыгәра ганы ҳаҟазар ҳалшозеи, ҳауадаҩра еиҳа-еиҳа еицәахозаргьы?
8 Иҟалап шәара уадаҩрак шәақәшәазар, насгьы шәӷьаҵәы-ӷьаҵәуа Анцәа шәышиҳәогьы, уи еиҳагьы еицәахозар. Уи аҩыза ҟалар алшоит. Аҩсҭаа напхгара ахьиуа ари адунеи аҿы Иегова аԥышәарақәа ҳарцәихьчаӡом (1 Иоанн 5:19). Аха шәара агәра ганы шәыҟазар шәылшоит, Иегова шәызҭагылоу шидыруа, насгьы дшышәхылаԥшуа (Матф. 10:29—31; 1 Пиотр 5:6, 7). Уи адагьы, иара ҳақәиргәыӷуеит: «Ахаангьы уаансыжьуам, ахаангьы укасыжьуам» (Аур. 13:5). Ҳҭагылазаашьа ӡбашьа амамшәа ҳбозаргьы, Иегова дҳацхраар илшоит. Шәааи ҳахәаԥшып иара Иосиф дышицхрааз.
Иосиф абахҭа данҭаркгьы, Иегова уи даанижьӡомызт. Убри аҟынтә Иосиф иҭакыз зегьы дырхадыргылеит. (Шәахәаԥш абзац 9.)
9. Иаҳзырбозеи Иосиф абахҭа данҭакыз Иегова уи дшаанимыжьуаз? (Аҟазаара 39:21—23).
9 Шәаԥхьа Аҟазаара 39:21—23. Иосиф абахҭа данҭакыз, уадаҩрала иҭәыз аамҭақәа раангьы Иегова ақәҿиара ииҭон. Ишԥа? Зны Потифар Иосиф дшигәаԥхаз еиԥш, уажәы абахҭа аиҳабгьы дигәаԥхеит. Ԥыҭрак ашьҭахь абахҭа аиҳабы Иосиф уа иҭакыз зегьы дырхаиргылеит. Абиблиаҿы иануп иара Иосиф инапы ианиҵаз зегь рзы игәы ҭынчын ҳәа. Убас Иосиф игәы ихазыршҭышаз аус иоуит. Уи иара дыззыԥшымыз ак акәзар ҟаларын! Игәра ганы ишԥаидырҵеи абри аҩыза аҭакԥхықәра зыԥшәма иԥҳәыс лцәа ԥызҽырц зҭахыз ҳәа ахара здырҵаз ауаҩы? Уи злалшоз акызаҵәык алоуп. Аҟазаара 39:23 аҿы иануп: «Иегова Иосиф дицын, насгьы уи иусқәа зегьы рҿы дирманшәалон».
10. Иҳаилшәыркаа Иосиф иусқәа зегьы рҿы дманшәалан ҳәа игәы иаанамгалар залшоз.
10 Уажәшьҭа даҽазнык шәазхәыц ари аҭагылазаашьаҿы Иосиф ихы ибозар шалшоз. Шәгәы ишԥаанаго дзықәшәаз ашьҭахь — амц изҳәаны абахҭа данҭарк — иусқәа зегь рҿы аманшәалара иман ҳәа игәы иаанагозма? Ииҭахызи Иосиф зегь реиҳа? Абахҭа аиҳабы игәы аҟаҵара акәызма? Иосиф ииҭахыз акгьы шихарамыз еилкааны доурышьҭырц акәызҭгьы ҟаларын. Абахҭа ицҭакыз иоурышьҭраны иҟаз аӡәы иара изы афараон диацәажәарцгьы диҳәеит (Аҟаз. 40:14). Аха уи Иосиф дзызиҳәаз ихашҭит. Уи ашьҭахь Иосиф даҽа ҩышықәса дҭакын (Аҟаз. 40:23; 41:1, 14). Аха Иегова уеизгьы Иосиф ақәҿиара ииҭон.
11. Иарбан лшароу Иегова Иосиф ииҭаз, насгьы ишԥацхрааи уи Иегова игәҭакы анагӡара?
11 Иосиф абахҭа данҭакыз Иегова египеттәи аҳ ҩ-ԥхыӡк иирбеит. Урҭ аԥхыӡқәа афараон даараӡа ддыршәеит. Иара урҭ рҵакы еиликаар иҭахын. Иосиф аԥхыӡқәа рҵакы еиҭеиҳәар шилшо афараон ианеиликаа, уи абахҭа дыҭганы дааргарц адҵа ҟаиҵеит. Иегова ицхыраарала Иосиф афараон иԥхыӡқәа рҵакы изеиҭеиҳәеит. Афараон даараӡа иџьеишьеит Иосиф илабжьарақәа шаҟа аҟәыӷара рыҵаз. Аҳ ибеит иқәыԥшыз уи ауаҩы Иегова дышицхраауаз. Убри аҟынтә Египет зегь аҿы аҽаҩра аҭагалареи ахылаԥшреи дахаиргылеит (Аҟаз. 41:38, 41—44). Ԥыҭрак ашьҭахь Египет амлакра ӷәӷәа ҟалеит. Амлакра Иосиф иҭаацәа ахьынхоз Ханаан аҿгьы иҟалеит. Иосиф аҭыԥ бзиа ахьааникылоз абзоурала иҭаацәа еиқәирхеит, насгьы Мессиа иахь уназгоз ашьҭра мыӡӡеит.
12. Дышԥаирманшәалоз Иегова Иосиф?
12 Шәрызхәыц Иосиф дзықәшәаз иџьоушьашаз ахҭысқәа. Игәазырԥхада Потифар имаҵуҩцәа зегь рҟынтә Иосиф иалкаара? Игәазырԥхада абахҭа аиҳабы иҭакыз зегьы Иосиф дырхаиргылартә? Изырбада афараон дзыршәаз аԥхыӡқәа, насгьы изҭада Иосиф алшара урҭ аԥхыӡқәа рҵакы аҳәара? Игәазырԥхада афараон Иосиф аҭыԥ ду иҭара? (Аҟаз. 45:5) Ари зегьы зыбзоураз Иегова Иосиф иусқәа зегьы рҿы дахьирманшәалоз ауп. Иосиф иашьцәа дыршьырц рҭахын, аха Иегова игәҭакы наигӡарц азы зегь даҽакала иҟалартә иҟаиҵеит.
ИЕГОВА ШӘАРА ШӘЫШИРМАНШӘАЛО
13. Иҽрылеигалома Иегова ҳзықәшәо аҭагылазаашьақәа зегьы? Иҳаилшәыркаа.
13 Иаҳнарҵозеи Иосиф иҭоурых? Иҽрылеигалома Иегова ҳзықәшәо аҭагылазаашьақәа зегьы? Цәгьарак ҳанақәшәо Иегова уи ҳзацәимыхьчаз мзызк ыҟан ҳәа ахәыцра иашоума? Мап, Абиблиа ус ҳнарҵаӡом (Еккл. 8:9; 9:11). Аха ҳара ибзианы иаҳдыруеит, аԥышәарақәа ҳанрықәшәо Иегова уи шидыруа, насгьы ҳӷьаҵәы-ӷьаҵәуа ҳаниҳәо ҳабжьы шиаҳауа (Аԥсал. 34:15; 55:22; Ис. 59:1). Уи инеиҳангьы, Иегова ҳауадаҩрақәа қәҿиарала рыхгара дҳацхраар илшоит.
14. Дышԥаҳацхраауеи Иегова аамҭа цәгьақәа раан?
14 Дышԥаҳацхраауеи Иегова? Иаҳҳәап, иара ҳгәы ирҭынчуеит, насгьы ҳгәы шьҭихуеит. Лассы-лассы иара уи еиҳараӡак ианаҳҭаху иҟаиҵоит (2 Кор. 1:3, 4). Зхаҵаразы ҩышықәса ҳәа абахҭа иҭаркыз, Туркменистан инхо Езизгьы уи гәеиҭеит. Абар иара ииҳәо: «Сус рыӡбараны ианыҟаз амш азы, шьыжьымҭан, иашьак Исаиа 30:15 иану ажәақәа сирбеит. Уа иануп: „Шәара мчыс ишәымоу иаашәырԥшуа аҭынчреи сара сахь ишәымоу агәрагареи роуп“. Ари ажәеинраала агәҭынчра ахьчареи зегь рыла Иегова иқәгәыӷреи еснагь исыцхраауан. Абахҭа санҭакыз уи сахьазхәыцуаз даара сгәы арӷәӷәон». Ишәгәалашәома шәара Иегова дышшәыцхрааз, уи еиҳараӡак ианышәҭахыҵәҟьаз?
15, 16. Иаҳнарҵозеи Тори лыхҭыс?
15 Лассы-лассы аԥышәара ҳахганы уи ҳаназхәыцуа ауп ианеилаҳкаауа Иегова дышҳацхраауаз. Тори зыхьӡу аиаҳәшьа уи лхатә ԥышәала агәра лгеит. Лыҷкәын Меисон фышықәса рыҩныҵҟа акьыба чымазара иман. Илахьеиқәҵагоуп, аха Меисон дыԥсит. Тори лгәы тҟәацны ицон. Лара илҳәоит: «Ан абриаҟара лгәы лзырхьуа ак ыҟоуп ҳәа сыҟам». Тори иацылҵоит: «Агәра ганы сыҟоуп ахшара дызмоу дарбанзаалак ихаҭа дгәаҟлар шеиӷьишьо, ихәыҷы дышгәаҟуа ибалар аасҭа».
16 Ԥыҭрак ашьҭахь Тори илгәалашәон имариамыз урҭ аамҭақәа рзы Иегова дышлыцхраауаз. Лара илҳәоит: «Сара избоит сыҷкәын данычмазҩыз ашықәсқәа рзы Иегова дышсыцыз. Иаҳҳәап, зны-зынла Меисон ибара иаауаз рацәажәаразгьы амч имаӡамызт, аха аишьцәеи аиҳәшьцәеи уеизгьы ҳгәы шьҭырхырц азы ахәышәтәырҭахь иаауан. Дара ҩ-сааҭк амҩа ишықәхозгьы, адкыларҭа уадаҿы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рҟынтә еснагь аӡә дыҟан. Уи адагьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ԥарала иҳацхраауан. Зынӡа ианаҳцәыцәгьаз аамҭазгьы акгьы ҳагдырхаӡомызт». Иегова Тори зегь ахгара длыцхрааит. Меисонгьы даанимыжьӡеит. (Шәахәаԥш арамка «Иегова иаҳҭахыҵәҟьаз ҳаиҭон».)
ИЕГОВА ИШӘЗЫҞАИҴАХЬОУ ШӘХАШӘМЫРШҬЛАН
17, 18. Иҳацхраауазеи иуадаҩу аамҭақәа рзы Иегова дышҳацхраауа абара, насгьы уи ахә ашьара? (Аԥсалом 40:5).
17 Шәаԥхьа Аԥсалом 40:5. Альпинист хықәкыс имоу ашьха ақәцәанӡа ахалара ауп. Аха уахь дхалаанӡа дааҭгыланы аԥсабара аԥшӡара дахәаԥшлар илшоит. Убас еиԥш ҳаргьы Иегова имариам аамҭақәа рзгьы ақәҿиара шҳаиҭо еснагь ҳааҭгыланы ҳазхәыцлароуп. Есыҽны, амш анҵәамҭазы шәхы шәазҵаала: «Дышԥасзылԥхеи иахьа Иегова? Сыуадаҩра макьана иӡбамзаргьы, дышԥасыцхраауеи Иегова сгәы акамыжьра?» Арҭ азҵаарақәа рҭак аныҟашәҵало, Иегова дшышәзылԥхаз агәаҭара шәҽазышәшәала.
18 Ҳәарада, ҳзықәшәаз аԥышәара аҵыхәтәа ҟаларц азы Анцәа ҳиҳәозар, уи цәгьарас ҳәа акгьы аҵаӡам (Флп. 4:6). Аха Иегова уажәнатәгьы дшаҳзылԥхо гәаҳҭалароуп. Избанзар Иегова ҳгәы ширӷәӷәо, насгьы зегь ахгара дышҳацхраауа ҳақәиргәыӷит. Убри аҟынтә есыҽны Иегова дахьшәыцхраауа ахә шәшьала. Усҟан шәара ижәбоит Иегова иуадаҩу аамҭақәа рзгьы дышшәыцхраало, Иосиф дышицхраауаз еиԥш. Убасҟан шәусқәа зегь рҿы ақәҿиара шәымазаауеит (Аҟаз. 41:51, 52).
АШӘА 32 Иегова уидгыл!
a Зны-зынла ауадаҩра ӷәӷәақәа ҳрықәшәоит. Уи иахҟьаны ақәҿиара ҳамамшәа ҳбалар ауеит. Ҳара ҳгәы иаанагалар алшоит ақәҿиара змоу ҳәа иԥхьаӡоу, аԥышәара иаиааиз мацара роуп ҳәа. Аха Иосиф дзықәшәаз ахҭысқәа ихадоу ак ҳдырҵоит: ҳзықәшәо аԥышәарақәа ҵыхәаԥҵәара рымамшәа ҳбозаргьы, Иегова ақәҿиара аиура дҳацхраауеит. Ари астатиа иҳаилнаркаауеит уи ҟалашьас иамоу.
b Иосиф дзықәшәаз арҭ ахҭысқәа Абиблиаҿы хә-жәеинраала заҵәык ирҭаӡоит. Аха урҭ маҵуҩыс даныҟаз шықәсқәак рыҩныҵҟа имҩаԥысуазҭгьы алшоит.