АЖӘАБЖЬ 22
Иосиф абахҭа дҭаркуеит
ИОСИФ Мсырҟа даныргоз, 17 шықәса ракәын ихыҵуаз. Уаҟа уи Потифар захьӡыз ауаҩы диаадырхәоит. Потифар дмаҵуҩуп мсыртәи аҳ, афараон иҟны.
Иосиф игәы ақәкны, знапаҵаҟа дыҟоу Потифар имаҵ иуеит. Убри аҟнытә, Иосиф иҵегь данеиҳаха, Потифар аҩны зегьы дхаданы дырхаиргылоит. Ус акәзар, Иосиф ари абахҭаҿы дзыҟоузеи? Потифар иԥҳәыс лымшала ауп.
Иосиф даара дхаҵа ԥшӡахоит, Потифар иԥҳәысгьы илҭахыуп, иара лара длыцшьҭаларц. Аха Иосиф идыруеит — ари иашаӡам, ус ҟаиҵарцгьы иҭахӡам уи. Потифар иԥҳәыс ари даара даргәаауеит. Убри азы, лхаҵа аҩны данааи, уи дылжьоит: ‘Ари Иосиф мыжда дсыцшьҭаларц далагеит!’ Потифар иԥҳәыс лыгәра игоит, даарагьы иԥсахы еибакуеит. Абри азоуп Иосиф абахҭагьы дызҭеикыз.
Хара имгакәа абахҭа аиҳабы ибоит, Иосиф дышуаҩ бзиоу. Убри аҟнытә уи хылаԥшҩыс дриҭоит егьырҭ абаандаҩцәа зегьы. Ԥыҭраамҭак ашьҭахь афараон дрызгәаауеит иҩынаҳаҩи ичашаҩи, абахҭагьы иҭеикуеит дара. Уахык зны урҭ аҩыџьагьы аԥхыӡ ҷыдақәа рбоит, аха ирзеилкаауам урҭ рҵакы. Адырҩаҽны Иосиф дрыҳәоит: ‘Исзеиҭашәҳәа шәыԥхыӡқәа’. Уи ианизеиҭарҳәалак ашьҭахь, иара Анцәа имчала идеилиркаауеит урҭ рҵакы.
Иосиф аҩынаҳаҩ иеиҳәоит: ‘Хымш рышьҭахь уоурышьҭуеит абахҭа аҟнытә, еиҭахгьы ҩынаҳаҩыс уҟалоит афараон иҟны.— Убри аҟнытә Иосиф иациҵоит: — Ахақәиҭра ануоулак, афараон сыӡбахә иаҳәа, уагьсыцхраа арантәи аҭыҵра’. Иосиф ачашаҩы иеиҳәоит: ‘Хымш рышьҭахьҵәҟьа афараон ухы хиҵәоит’.
Хымш рышьҭахь зегьы Иосиф ишааиҳәаҵәҟьаз иҟалеит. Ачашаҩы ихы хырҵәоит. Аҩынаҳаҩы доурышьҭуеит, ҩаԥхьа аҳ имаҵура далагоит. Аха аҩынаҳаҩ Иосиф зынӡаск дихашҭуеит! Афараон иҟны уи иӡбахә имҳәеит, убри аҟнытә Иосиф иҵегь абахҭаҿы даанхар акәхеит.